Бганба, Витали Решь-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Витали Решь-иԥа Бганба (диит жәабранмза 251955 ш.) – аԥсуа аҵарауаҩ-афилософ, афилосовиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи аекологиатә академиеи, Урыстәылатәи Афедерациа асоциалтә ҵарадырра академиеи, Аноосфера жәларбжьаратәи академиеи дыркадемикуп.

Витали Решь-иԥа иглобалтәу-аекологиатә проблемақәеи, афинанстәи абанктәи системақәеи асоциал-философиатә анализ азурала иҭиҵаауеит. Аԥсабареи ауаҩи реиҭакрақәеи, адоуҳаи амифи рышьақәгылареи, ирызкны акыр ҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, уаҟа иара иҽазишәоит аԥсуа философиа ауасхырқәа раарԥшра. Витали Решь-иԥа Жәлар Реизара депутатс дыҟан. 1998ш. раахыс Урыстәылатәи Афедерациа асоциалтә ҵарадырра академиа дакадемикуп.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Солнцев Н.В. В.Р. Бганба: Научная библиография. - М. 2003. - 29 с.
  • Саманба Л. Убедительная аргументация, широта обобщений: //РА. - 2009. - 30 июн. 1 июл., (№ 71). - С.2.