Перейти к содержанию

Баҳиџье Ҳаным-ефенди

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Баҳиџье Ҳаным-ефенди
Бахьие Амаан
Аира жьҭаарамза 101882 ш.
Адаԥазары, Ҭырқәтәыла
Аԥсра жьҭаарамза 221969 ш.
Сҭампыл, Ҭырқәтыла
Аԥсыжра аҭыԥ Иаҳиа-ефенди инышәанҭраҿы
Адин аԥсылманра
Ахаҵа Абдул-Ҳамыд II
Ахәыҷқәа Бедреддин-ефенди
Аҳмед Нуреддин-ефенди
Амаҵура валиде-султан

Беҳиџье Ҳаным-ефенди (Осман. аҭыр. بھیجه خانم;; жьҭаарамза 101882 ш. Адаԥазарыжьҭаарамза 221969 ш. Сҭампыл) — Османтәи асулҭан Абдул-Ҳамыд II иԥшьбатәи иԥҳәыс (иқбал), насгьы ҩыџьа иԥацәа ран лакәын.

Беҳиџье диит 1882 шықәсазы жьҭаара жәаба рзы Адаԥазары иазааигәоу Бенауҭа ақыҭан. Лани лаби, аҭырқәа мемуарист Ҳарун Ачбеи аҳҭынратә аԥҳәызба Леила Ачԥҳеи изларҳәоз ала, аԥсуа ҭауад Албыз Амаани аԥсуа аҳкәажә Назлы Кәычԥҳаи ракәын. Ҳ. Ачба иҩуеит аԥҳәызба даниз Бехьие ҳәа ахьӡ шлоуз. Л. Ачԥҳа иазгәалҭоит, Беҳиџье лнаҩсгьы, Албызи Назлии аӡәы иадамзаргьы ахшара дшырхылҵыз – Ҭасвире-ҳаным, лара Беҳиџье лхаҭа  аҭаацәараҿы ахшара зегьы дреиҳабын. Ҳарун Ачба излеиҳәаз ала, Беҳиџье лаб Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳәынҭқар Михаил Чачба идгылаҩ хада, Кац Амаан диԥан, ус анакәха, Беҳиџье лхаҭа, Абдул-Ҳамыд ииқбал Сазқьар Ҳаным-ефенди лабиашьаиԥҳа лакәын. Аҭырқәа ҭоурыхҭҵааҩы Неџьдеҭ Сакаоглы ишиҩыз ала, Беҳиџье лан арратә политик Ҳалил Куҭ иԥҳәыс лҭынха лакәын.

Абдул-Ҳамыд II иԥҳәыс

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Беҳиџье асулҭан иаҳҭынрахь дааигеит лаб: 1899 ашықәс азы Албыз еиликааит Абдул-Ҳамид II иԥа Меҳмед Бурҳанедин-ефенди изы аԥҳәыс дшиԥшаауаз, аха асулҭан Беҳиџье убриаҟара дигәаԥхеит иара ихаҭа ԥҳәысс дигарц иӡбеит. Ҳ. Ачба иазгәеиҭоит Беҳиџье лара лаҵкыс ҩынҩажәижәаба шықәса рыла еиҳабыз асулҭан ԥҳәысс дигарц шылҭахымыз, аха лаб итәы иаиргеит. Ҳаруни Леилеи Ачбааи, иара убас Османист Антони Олдерсони ирыҩуеит, ачара 1900 шықәсазы лаҵарамза 10 азы Иылдыз ишымҩаԥысыз, Сакаоглу 1900 шықәсазы Беҳиџье иқбалс даныҟалаз ашықәс ҳәа иазгәеиҭоит. Ҳ. Ачба иазгәеиҭоит Бехиџье аԥшьбатәи Иқбал ҳәа атитул шлымаз, аҭырқәа ҭоурыхҭҵааҩы Чагатаи Улучаи иҩуеит лара «раԥхьатәи Иқбал Хада» лакәын ҳәа, иара убасгьы иазгәеиҭоит Фатма Песенд Ҳаным-ефенди ахԥатәи Иқбал ҳәа атитул анлоу, Бехице лхаҭа аԥшьбатәи иқбал титулс лыман. Ачара ашьҭахь шықәсык анҵы, Беҳиџье аимацәа лхылҵит Шаҳзаде Бедреддини Нуреддини. Ҩыџьа аԥацәа зныкала иахьиз иахҟьаны Беҳиџье асулҭан иуадалықь аҿы зегь реиҳа ҳаҭыр зқәыз ԥҳәысны дҟалеит. Нуреддин иқәрахь днеит, аха аҩбатәи Шаҳзаде ҩышықәса анихыҵуаз аменингит ихьны дыԥсит. Леила Ачԥҳа Бехиџье илызкны лгәалашәарақәа рҿы абас илыҩуан:

«Смамида Пеивесте-ҳаным лымҩанызаҩыс дыҟан Бехиџье-ҳаным. Сара сыԥсҭазаараҿы избақәаз зегьы рахьынтә лара зегь реиҳа аамсҭашәара злаз лакәын, зегь реиҳа дыԥшӡан, зегь реиҳа лхы ӷәӷәан. Иҳараку, иԥшӡоу, ахцәы ахьапшәыла, лыблақәа жәҩангәыԥшшәылоу, лцәеижь шкәакәа, зеиԥшиҟам аԥҳәыс ԥшӡа».

Сакаоглу, уи аҭыԥан, иҳәоит лара “ҳаҭыр ду зқәу, иԥшӡоу, ицрыхә-зыхәуаҩу” ҳәа. Ҳарун Ачба Беҳиџье длылацәажәоит "иауу, зхахәы цәышу, зыблақәа жәҩангәыԥшшәу" ԥҳәыск лаҳасабала. Иара убасгьы иазгәеиҭоит Беҳиџье убриаҟара дахьыԥшӡаз азы, асулҭан аҳҭынратә асахьаҭыхҩы Фаусто Зонаро дҵас ииҭеит лпортреҭқәа ԥыҭрак ҭихырц. Ҳарун Ачба иҩуеит Беҳиџье аԥшӡара даараӡа бзиа ишибоз, дҽырԥагьаны, дпаџьаны дыҟан ҳәа. Аӡәгьы ажәак изҳәомызт, илҭахыз ҟалҵон. Иҟалап лара лаб иҟынтәи лҟазшьа лҭынхазар:

"Албыз аҳҭнықалақь аҿы дыҽхәон асулҭан имаҳә шиакәу, убри азы Сҭамԥылынтәи Сивасҟа дахыргеит. Беҳиџье лхаҵа асулҭан иҿаԥхьа лаб дидгылеит, Албыз аҳҭнықалақь ахь ддырхынҳәит, иԥҳа лҟынтәи ҳамҭас иоуит ахазҩынду Серенџьбеи аҟны."

1909 шықәсазы Абдул-Ҳамыд II данырхырга ашьҭахь, Беҳиџье Сҭамԥыл аҵара зҵоз лԥа ихҟьаны Салоникҟа ахҵәара дымцаӡеит. Нуреддини лареи еицны қьырала ҩнык ргеит, аха лара лныҟәгареи ашаҳзаде иныҟәгареи рзы илырҭоз аԥара зынӡа имаҷын. Леила Ачԥҳа лгәалашәарақәа рҿы абри аҭагылазаашьа далацәажәоит абас:

"Беҳиџье асулҭан Меҳмед V Решад иахь лхы рханы, Абдул-Ҳамид II хаҭала иитәыз Маслақьтәи авилла лхы иалырхәарц азы аҳәара ҟалҵеит, аха Меҳмед лабжьара лиҭеит Енвер-ԥашьеи Ҭалаҭи-ԥашьеи рахь лхы лдырхарц, апартиа "Акзаареи Аҿиареи" алахәылацәа. Уи лыҳәара хшыҩзышьҭра азнамҭеит."

Амала, Сакаогли Улучаии ирыҩуеит, аԥашьацәа убриаҟара ргәы ԥнаҵәеит Беҳиџьеи лаҳәарақәа, убри аҟнытә, Маслақьҟа диасырц азин лырҭеит. Леила иацылҵоит:

"1912 шықәсазы Абдул-Ҳамыд арратә хьчарала Беилербеи аҳҭныҟны даныргоз, Беҳиџье лхаҵа ӷәӷәала дычмазаҩуп ҳәа ларҳәеит, аха аҳҭныҟны даннеи, еилкаахеит уаанӡатәи асулҭан игәабзиара шимаз, уи зегь ҟаҵан игәыфагоу Абдул-Ҳамыд II ииқбал лықәгаразы."

Сакаоглу иациҵоит:

"Беҳиџье Енвери Ҭалаҭи рыцәҟьа дышҭаҳаз анылдыр, аԥенџьырқәа ԥҽны ацхыраара дшаԥхьо ҳәа дцәажәо далагеит. Беҳиџье хымз Беилербеи дыҟан, нас Маслақьҟа дхынҳәит."

Леила Ачԥҳа ари ахҭыс абас дахцәажәоит:

"Ҽнак шьыжьык Беҳиџье лхаҵа иуадақәа дрыҩналан, лыҷкәыни дшыгәхьаалго ҳәа адырра ҟалҵеит, нас, ԥасатәи асулҭан аҭагылазаашьа анырра ҟасҵом ҳәа аҭак аныҟаиҵа, асалон ахь дцеит, Абдул-Ҳамыд дрыхьчоз аруаа рахь, иралҳәеит ма лара аҳҭынра дҭыҵуеит, ма асалон аҟынтә дшымцо ҳәа; Ари аҭагылазаашьа Енвер-ԥашьа иахь инеит, уи адҵа ҟаиҵеит, Беҳице Вилла Маслақь ахь диаргарц."

1918 ашықәс азы Беҳиџье дыԥҳәысбахеит. Сакаоглуи Улучаии ирыҩуеит 1919 азы арратә школ акомендант Аиазаг Џьелал-беи бзиабарала ԥҳәысс дигеит ҳәа; Сакаоглу иара убасгьы иҩуеит Беҳиџье 1924 шықәсазы лԥа дицны ахҵәара дцарц азы ишеилыҵыз. Аҭырқә драматург Наҳид Сирри Орик иӡбахә аниҳәо, Сакоаоглу иазгәеиҭоит Џьелал-беи Беҳиџье лаҵкыс дшеиҵбыз, насгьы акыр ҵуеит лыҷкәын иҩыза, игәрагараҩ шиакәыз. Аха, Ҳарун Ачба иԥхьаӡоит, Беҳиџье аҩынтә раан лхаҵацара иазкны иҟоу ажәабжьқәа мцуп ҳәа. Иара иҩуеит, Џьелал-беи Маслақь анапхгаҩыс аус шиуаз, џьоукы аҳкәажәи амаҵуҩи реизыҟазаашьақәа ииашамкәа ишрыдыркылоз ҳәа. Аха 1924 шықәсазы Османтәи адинастиа атәыла ианҭырца, Џьелал-беи Беҳиџьеи Нуреддини дрышьҭалеит. Бехиџье Ҳаным-ефенди лԥеи лареи Италиа, Неаполь ақалақь аҿы нхара иалагеит, уаҟа Виа Аинрал Орсини имҩа аҿы қьырала ҩнык ргеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Нуреддин иԥҳәыс Анделип-ҳаными (Фашрие Анделиб) Парижҟа ицеит, иан Џьелал-беи ихылаԥшраҿы дааныжьны. Беҳиџье дычмазаҩын, лҭагылазаашьа еицәанатәит 1944 ашықәс азы Нуреддин-ефенди иԥсра. Леила Ачԥҳа илҩуеит, лыҷкәын ицхыраарада Беҳыџье аквартира зегьы лзышәаӡомызт, ауада хәыҷы ахь диасит. Ҳарун Ачба иазгәеиҭоит, Ҭырқәтәыла иаанхаз Беҳиџье лан Назлы-ҳаным Анкара аҳәынҭқарраҿы афинанстә цхыраара азы арзаҳал шыҟалҵаз, ацхыраара аналыршаха, Неаполҟа Беҳиџье аԥара лзышьҭит ҳәа. Бехиџье Назлы лҟынтәи ацхыраара зынӡа лмоуӡеит: Џьелал-беи аԥара лцәигеит, иқәирӡит. Италиа атташес амаҵ зуаз лҭынха Беҳиџье данылҭаа, лҭагылазаашьа даара дшәаны дыҟан: амчыбжқәе амзақәеи рыҩнуҵҟа иԥшӡаз Беҳиџье, зхахәы еилажәжәаз ҭакәажәны дҟалалеит, лҽылӡәӡәомызт, лхы лхылаԥшуамызт убриаҟара, ауада даараӡа ихәымгоу фҩыла иҭәын, убри азоуп лысас иԥынҵа кны ауада дыҩналон. 1969 шықәса хәажкырамзазы Беҳиџье лҭынхацәа Сҭампылҟа лнагара рылшеит, аха уа дынхон 7 мзы раҟара: 1969 шықәсазы жьҭаара 22 азы, Беҳиџье, дыԥсаанӡа лыӡӷабжәла Амаан лыдылкылеит, уи аамҭазы лаҳәшьаԥҳа Суад-ҳаным лыҩнаҟны Баӷдаттәи амҩаду аҿы дыԥсит, Иаҳиа-ефенди ихьӡ зху анышәынҭрақәа аҿы анышә дамадоуп. Сакаоглу ишиҩуа ала, Беҳиџье лхаҵа мацара иакәымкәа, Абдул-Ҳамыд II иҳәсақәа зегьы раҵкыс дынхеит. Беҳиџье дзықәшәаз аилаҩынтра иахҟьаны, лыԥсы анҭаз лхшыҩтә гәабзиара еицәахеит. Лыҷкәын иԥсра ахаангьы илзықәшаҳаҭымхеит, убри аҟынтә иахь илымаз абзиабара акьанџьа ахь ииасит, уи акьынџьа ахаан иаанлыжьӡомызт. Беҳиџье Ҳаным-ефенди дыԥсаанӡа дызбаз аҭынхацәа ирҳәон уажәы-уажәы италиантә, аҭырқәа, афранцыз бызшәақәа лҳәон ҳәа. Идыруп Џьелал-беи аҵыхәтәанӡа лааигәара дшыҟаз.