Баслатәи ауахәама

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Баслатәи ауахәама (ақырҭ. ბესლეთის ეკლესია) — Аԥсны Басла ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп иҿиоу абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. Ауахәама иргылан иҿиоу абжьарашәышықәсақәа раан.

Ауахәама – акыр идуу азалтә ргыламҭоуп, уи аҩадахьалагьы мраҭашәарахьалагьы аҿаԥшьқәа аман. Азал аплан еиҵыху аԥшькәакьҭа аформа амоуп. Ауралатәи аҭӡамцқәа рҿы абаҟәқәа ҩба-ҩба иҟан, абарҭ абаҟәқәа аҭӡамцқәа еиҟароу хԥа-хԥа хәҭакны иршон. Уажәазы абаҟәқәа рфрагментқәа иаанханы иҟоуп аҩадатәи аҭӡамц аҿы. Агежьбжататә апсида аганқәа азал аҭӡамкәа ирыдҳәалоуп аҿаԥсақәа рыла. Аныҳәарҭа формас иамаз еилкаам. Аргыларатә маҭәахәы аҳасабала ахархәара аман аҳаш, аконструкциатә ахәҭақәа ирылаԥсоуп ахаҳә ширим.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]