Перейти к содержанию

Барцыц, Аслан Чачурбеи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Барцыц, Аслан Чачурбеи-иԥа


Аслан Чачурбеи-иԥа Барцыц (аур. Аслан Чачурбеевич Барциц; лаҵарамза 221965 ш., ақыҭа Ԥсырӡха, Гәдоуҭа араион) — аԥсуа политик.

Диит лаҵарамза 22, 1965 шықәсазы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан; 1982 ш. аҵара иҵон Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол; 1982 ш. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азындырратә факультет дҭалеит; 1983-1985 шш. аррамаҵура дахысуан Асовет Ар Аҳаирхьчаратә архәҭақәа (АХЬА) рыҟны; 1989 ш. ауниверситет далгеит аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩ изанааҭ ала; 1989-1990 шш. аус иуан изанааҭ ала Гәдоуҭа араион Орџьоникиӡетәи абжьаратәи ашкол аҟны; 1990 ш. аус иуан Аҟәа ақ. Абзазаратә маҵзура аусбарҭа (АМА) акомҿартә еилакы зхы иақәиҭу амаӡаныҟәгаҩыс; 1992 ш. Аԥсуа гвардиа Афонҿыцтәи аҟәша далан; 1992-1993 шш. Афон-Ешыратәи абаталион далан; Анаҩс, Гәымысҭатәи афронт аԥшыхареи аконтрԥшыхареи рыҟәшаҟны дыҟан; 2000-2001 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура 10 аҟәшаҟны аус иуан; 2001-2005 шш. нӡа Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент IV ааԥхьара адепутатс дыҟан; 2017 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада и-Администрациа Аексперттә усбарҭа аиҳабыс дыҟан; 2018 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны Ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» хантәаҩра азиуеит.