Барселона (ашьапылампылтә клуб)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ашьапылампылтә клуб «Барсело́на» (акат.: Futbol Club Barcelona , аисп. Fútbol Club Barcelona, (зегьы ирдыруеит «Ба́рса» еиԥш) — Каталониатә апрофессионалтә ашьапылампылтә клуб, Испаниаҿы, адунеи зегьыҿы зегь реиҳа ахьӡ-аԥша амоуп. Еиҿкаан 1899 шықәсазы швеицариатәы, британиатәи, испаниатәи, каталонтәи ашьапылампыл асыҩцәа рыла Жоан Гампер инапхгарала. Ари аклуб Каталониа иасимволхеит, убри аҟнытә иаауеит иара адевиз - Mes que un club - more than a club. Барселонатә афанатцәа зегьы ирдыруеит cules ҳәа.[1]

«Барселона» Испаниа иамоуп зегьы реиха ирацәаны атитулқәа - 67. «Барселона» х-командак иреуп, испаниатәи чемпионат ишыҟац иаауеит. Егирҭ аҩба Реал Мадридеи Атлетикеи Бильбао роуп.

Убри аклуб ахада астадион - «Камп Ноу» дыҟоуп, зегь реиҳа иҭбааҭыцә истадионуп Европаҿы. 9 ажьырныҳәазы 2009 шықәсазы Барселона иԥсахит азыҟацаратә аҭыԥ, ари иахьӡуп «Сиудад Депортива Жоан Гампер».

Астадион «Камп Ноу»

2012 шықәсазы акаталонцәа иаҵирҩааит хәышықәсатәи ақәшаҳаҭратә Qatar Foundationеи дареи, рдырга рымаҭәақәа иахьанырҵуаз азыҳәан € 30 млн иассышықәса.

5 аре шуркынмонэ валтӥсь тренерез 2021 «Барселона» командалэн капитанэз луэ учыр пусъемын Хави, тренировать каро катарский вазь со «Аль-Садда».

Аклуб аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахантəаҩыс даалхуп Жоан Гампер (1908-1926)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аклуб азыыртыс дреиуп 1908 шықәсы азы ԥасатәи форвард Жоан (Хоан, Ганс) Гампер раԥхьаӡатәи ашьапылампылатә клуб президентс. Убри ҟалит аклуб инҭахоз аамҭазы: 1905 шықәсазы Каталониа аиааира анага ашьҭахь, убри аклуб хәы-шықәса трофеида иҟан, афинанстә ҭагылазаашьа даара ицәгьан. Нас Гампер хәы-шықәса рыҩныҵҟа президентс далархуан. Гампер зегь иреиханы иҟаицыз Барселона иахьаиуаз ахатәы стадион. 1909 шықәсазы хәажәкыра 14 Барселона иасит Carrer Indústria стадион ахь, уи астадион 8000 ауаа акәан.

Жоан Гампер

Кроиф аклуб ахь раԥхьатәи ишьаҿақәа (1974-1978)[аредакциазура | акод аредакциазура]

1973-1974 ш.ш. асезон азы акомандаҿы далалеит ауаҩы, «Барселона» ахьыӡ ҭысгыз, легендас иҟалаз - голландатәи ажәылаҩ их. Аиакс раԥхьаӡа зыхьыӡ дуухаз мастерк иаҳасабла, Кроиф зныкала дҟалеит акоманда аԥхьагылаҩс. Иара ирласны дҟалеит Барселонатәи афутбол ахәаԥшеҩцәа бзиа дырбеит иара ихәмарразыҳәан, еиҳараӡак иара«Реал Мадрид» акәымкәа, «Барселона» иахалеихаз, избан агәзар уи ихы иаҭеимшьит аклуб Франко ихьиӡ зыдҳәылас аҿы ахәмарра. Насгьы, ԥыҭрак ашьҭахь ихылҵыз иԥа каталониатә ахьыӡ Жорди ииҭеит.

Иохан Кроиф 1982

Гвардиола иааиреи иҿыцу аииаирақәеи (2008-2012)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥхын 2008 шықәсазы акоманда напхгаҩыз ҟалоит зегь еицырдыруа Хосеп Гвардиола, иара иааира иадҳәалоуп аилазаара арҿыцра. Акоманда иқәцоит Джанлука Ӡамбротта, Лилиан Тиурам, Эдмилсон, Деку, Эскерро, Роналдиньо. Дара ацынхәра «Барса» ирҳаит Даниел Алвес, Сеиду Кеита, Александр Глеб, Жерар Пике.

Хосеп Гвардиола

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]