Перейти к содержанию

Аԥҳазоу, Вахтанг Владимир-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Вахтанг Владимир-иԥа Аԥҳазоу
Вахтанг Владимирович Абхазоу

Вахтанг Владимир-иԥа Аԥҳазоу
Аира цәыббрамза 291958 ш.
Кындыӷ ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аусура апоет, ажурналист, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы

Вахтанг Владимир-иԥа Аԥҳазоу (аур. Вахтанг Владимирович Абхазоу; цәыббрамза 291958 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан) – апоет, ажурналист, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003), Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2019), СССР ажурналистцәа Реидгылеи (1985), ажурналистцәа Реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаареи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи дрылоуп (1992). Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016, ажәеинраалақәа реизга «Зымцахә еиқәу» азы). Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа аҭаҭыртә хьӡы ихҵоуп, ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Дыҩуеит аԥсышәала (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ахԥатәи абжьаратәи аԥсуа школ далгеит (1975). 1981 ш. акәзар, иреиҳау аҵара хиркәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны.

1981 ш. инаркны аусура далагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны») аредакциаҿы аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩс, 1985 ш. ииун нахыс корреспондент еиҳабыс, 1992 ш. инаркны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аҟәа аиҳабыс диаргоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) агазеҭ «Аԥсны» арратә корреспондентын. Аибашьра ашьҭахь Аҟәа агазеҭ «Аԥсны» аредакциаҿы иусура иациҵоит. 1994 ш. нахыс аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аредакторс аус иуан. 1996 ш. ҩаԥхьа ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аҟәша аредакторс диаган. 2010 ш. инаркны Аԥсуара азҵаатәқәеи арепатриациеи рыҟәша аредакторс дыҟан. 2012 ш. ианвар инаркны - алитературеи, аҭҵаарадырреи, аҟазареи, акультуреи рыҟәша аредакторс.

2010-2016 шш. раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩси Алитфонд аиҳабыси аус иуан. 2013 ш. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла агазеҭ «Аамҭа» аредактор хада имаҵура дахадыргылоит. 2016 ш. декабр 7 раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟоуп. 2011-2015 шш. раан напхгара аиҭон Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы (иахьа - аминистрра) иҭнажьуаз агазеҭ «Аԥсадгьыл агәеисыбжь». Аԥшьгаҩс дамоуп, аиқәыршәаҩцәагьы дыруаӡәкуп аҭыжьымҭа «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиобиблиографиатә жәар».

В. Аԥҳазоу раԥхьа акьыԥхь аҟны дцәырҵит апоезиа ала. Ихаҭа излазгәеиҭо ала, апоезиа иазхьаԥшра рыбзоуроуп амилаҭтә литература аклассик И. А. Коӷониа ирҿиамҭақәа. Дхырхит иналукааша апоет ипоезиа иаҵоу аԥшӡареи абызшәа ацқьареи. В. Аԥҳазоу ахәбатәи акласс аҟны дантәаз иҩит раԥхьатәи иажәеинраалақәа, ашьҭахь урҭ рахьтә иҟоуп Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» (иахьа – «Ерцахә») ианылаз, иара убас ажурнал «Амцабз». Уи нахыс иажәеинраалақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Республика Абхазия», аизга «Еҵәаџьаа», 1989).

Иажәеинраалақәа агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.», (Аҟәа-Москва, 2001; аԥсышәала; аҩбатәи аҭыжьымҭа – Аҟәа-Москва, 2009). Аурысшәахь еиҭаганы иажәеинраалақәа ркьыԥхьхьеит: Москватәи «Общеписательская Литературная газета», Самаратәи алитература-сахьаркыратә журнал «Русское эхо» (2013, №4), Москватәи алитература-сахьаркыратә журнал «Поэзия (2013. №2), ажурнал «Смена» (2015, №6), иажәеинраалақәа еиҭагоуп иара убас аерман, асерб, аҭырқә бызшәақәа рахь.

Апоет ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит апублицистика, ианапы иҵиххьеит аҳәаанырцәтәи аԥсуааи Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа уҳәа рҟны иҟоу аԥсуа культуратә хеилакқәа реимадареи ирызку алитература-сахьаркыратә очеркқәа. Уи дырҵабыргуеит акымкәа-ҩбамкәа иҭыжьу аизгақәа.

  • аԥсышәала: Еимгеимцарак. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1989.
  • Кындыӷ – имӷьац ахәрақәа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Аҟәа, 1998.
  • Аешьа илакҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2000.
  • Амцахара аамҭа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Аҟәа, 2002.
  • Ахьышьҭрахь амҩа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Аҟәа, 2004. Мышьҭабзиа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2005.
  • Амҩақәа ахьеихало. Асахьаркыратә-публицистикатә очеркқәа. Аҟәа, 2006.
  • Аӡышхәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008.
  • Аӡха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011.
  • Зымцахә еиқәу. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 2015.
  • Сразҟы иалоу. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 2018.
  • аурысшәахь аиҭага: Родник бессмертия. Ажәеинраалақәа. М., 2018.
  • аҭырқәшәахь аиҭага: Амцахара аамҭа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Сҭампыл, 2013.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 942