Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аԥсуа абираҟ» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Аԥсуа бираҟ (Автор — Валери Гамгиа. Апропорциа — 1:2)

Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟАԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә ҳәынҭқарратә символуп.

Ахҳәаа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ зкәакьҭа иашоу аш иалхуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аурала ашьацԥшшәылеи ашкәакәеи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп.

Хыхьла илбаауа актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа шьацԥшшәылоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Ашьац ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ ахәы иазааигәаны иануп абираҟ аурала зоура  0, 38, зыҭбаара  х-цәаҳәак ираҟароу иҟаԥшьыхәхәароу акәакьҭа иаша. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп хыхьынтә ҵаҟала иаарту арҕьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Апсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аԥшшәахәы ҟаԥшь ианубаало анапы шкәакәа – Апсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжь-еҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Дара ирыҵаркуан апсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи, Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Атоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абасгаа рбираҟ

Аԥсуа бираҟқәа еиҳа ижәытәӡоу рсахьақәа рнуп Кәыдры ахаҿы Гәараԥ ашьха ишьҭоу далаа ркульттә хаҳә аҿы. Ишәдыру еиԥш, анапы акульт ажәытәтәи ажәларқәа аӡәырҩы рыҩныҵҟа ахархәара аман... Аԥсны, ари зыӡбахә ҳәоу Гәараԥ ашьхаҿы ишьҭоу акульттә хаҳә аҿы адагьы асахьа ануп Афон ҿыц иҟоу аҳаԥы Агца аҟны. Аҵарауаа изларҳәо ала, абираҟ ахьыӡ VIII-IX-X-XI –тәи ашәышықәсақәа раан Аԥсуа ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атопонимқәа рҿы иуԥылоит, иаҳҳәап, “Анаԥа” ахьыӡ аҟны... Абаза бызшәаҿы иҟоуп абираҟ ахьыӡқәа ҩба – “абираҟ” иара убас “анапы”.

XIII –тәи ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны амшын аԥшаҳәа лассы рхы иадырхәо иалагеит ақ. Генуиа аҟнытә италиатәи ахәҳахәҭцәа: идыргылоит ахәаахәҭратә факториақәа, абаашқәа. Танаиси (Азови) Себастополиси (Аҟәеи) рыбжьара генуеаа зынӡа иаԥырҵеит 39 колониеи, факториеи, ҳаблеи. Аҟәа аҭыԥан иаԥҵан аҩыратә хыҵхырҭақәа рыҟны еиуеиԥшымкәа зыхьӡ аагоу афакториа: Себастополис, Санастополи, Сканосколполи, Сант-Себастиан, Севаст. Ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ари аамҭазы 2000-2500–ҩык рҟынӡа ыҟан. Ара иҟан атәыҭиирҭа џьармыкьа, акафедралтә католикатә ныхабаа, аконсул итәарҭа, абанкқәа рхаҭарнакцәа, аҳаза алхыҩцәа уҳәа уб. егь. Ақалақь иахаргылоу зегь раасҭа изаатәу абираҟ асахьа арбоуп аиталиауаҩ Пиотр Висконти ихсаалаҿы 1320 ш. (шәахә. алада). Абри ашықәсан ари абираҟ асахьа аҩызаҵәҟьа ҭихуеит аҭоурыхҭҵааҩ, асенатор Санудо... 1320 шықәса инаркны 1327 шықәсанӡа шьҭа аџьар ҟаԥшьи уи аганқәа рҿы агьежь хәыҷқәа ԥшьбеи зныз аш шкәакәа Аҟәа иахашәыршәыруан.

1385 шықәсазы Аҟәа иахагылаз анапы асахьа зныз абираҟ ҭихуеит Гвильельма Солери. Анапы абираҟ ахәы ашҟа ихоуп. Инеиҭак-ааиҭакуа Аҟәа иахагылаз абираҟ анапы асахьа анҵара, аԥсуаа иааиԥмырҟьаӡакәа ақәылаҩцәа ирҿагыланы имҩаԥыргоз ақәԥареи аиааирақәа ргареи иазҳәазар ҟалоит.

Абжьарашәышықәсазтәи абираҟқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҟәа – Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықә аҟны акырӡа зҵазкуа хәаахәҭратә баӷәазаны, иара убас генуеаа аколонизациа ззыруаз амшын аԥшаҳәаҿы хадара зуаз ҭыԥны иҟалоит. Ақалақь XIV-XIV- тәи ашәышықәсақәа раантәи ахсаалақәа рыҟны, иаҳҳәап, абжьарашәышықәсазтәи амшынтә хсаалақәеи, иара убас амшынҿықәқәа рыхҳәаанҵақәа (алоциа ҳәа изышьҭоу) жәпакы рыҟны иарбоуп. Урҭ реиҳарак рҿы иаарԥшуп аԥшшәы змоу усҟантәи ақалақьқәеи аҳәынҭқаррақәеи рбираҟқәа. Убарҭ ақалақьқәа ирылоуп Аҟәагьы. Уи иеиуеиԥшым аамҭакәа раан еиуеиԥшым абираҟқәа ахашәыршәыруан. Аҟәа иахагылаз италиатәи (генуеатәи) абираҟқәа руакы иамаз аԥшшәқәа ҵакык -ҵакык рыман.

1428 шықәсазы Аҟәа еиҭа иахашәыршәыруеит иаарту анапсыргәгыҵа зну абираҟ. Ари абираҟ арбоуп алаҭин хсаалаҿы, “58 ҳәынҭқарра рбираҟ” ҳәа хьӡысгьы иамоуп. Иара еиқәзыршәазз Жохас де Виллдестес иоуп. 1428 шықәсазы абри аҩызаҵәҟьа абираҟ асахьа ирхиоит Иакуб Бертран. 1439 шықәсазы ицәырҵуеит Габриел де Валсеква иеиқәиршәаз ахсаала, уи аҿы Себастополис еиҭа иахаргылоуп генуеатәи абираҟ. Ари иаҳәоит генуеаа рымчхара шыӷәӷәахаз атәы, хара имгакәа урҭ рылшарақәа ԥызкуаз аԥсуа ҳәынҭқар имчхара шеиҭашьақәыргылазгьы. Кавказ рнапаҿы аагаразы ақәԥара мҩаԥысуан мчы змаз ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара – Ҭырқәтәылеи Ирани.

Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны иршеит рымчхара аҳра ахьауаз, рнапаҵаҟа иҟалоз аҭыԥқәа. Убас Ҭырқәтәыла анапаҵаҟа иҟалеит Мраҭашәаратәи Кавказ зегьы, Аԥсынгьы убрахь иналаҵаны. Абри инаркны Аԥсны Ҭырқәтәыла иампыҵанархаларц иалагоит (уи аҵыхәанӡа анагара шзалымшазгьы). 1571 шықәсазы Аҟәа ицәырҵуеит амзаҿа зну аҭырқәа бираҟ ҟаԥшь.

1578 шықәсазы Себастополис аҭырқәа ир иртәеит. Уи атәы рҳәоит ақалақь аҩныҵҟа адамра хаҳәқәа ирну аҩырақәа.

20-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа поет, Ҭырқәтәылатәи аҵарауаҩ Омар Беигәа иԥшаауеит Стамԥылтәи архив Ҭоԥканы аҟны ажәытә сахҭан хсаалақәа рыхҳәаа – аҭырқәа хсаалаҩҩы Ҳаџьы Абуласан (мамзаргьы Ҳаџьы Ебульхассан) ихсаалақәа. Иара абри ашықәсан 1578 шықәсазы ақалақь иаха- иргылоит амзаҿақәа хԥа рсахьа зну абираҟ еиқәаҵәа. Ақалақьгьы хьӡыс иарҭеит Сухум-кале.

XIX шәышықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

"Ашьхаруаа рреспублика" абираҟ

Урыстәылатәи аимпериа анхыбгала анаҩс Аԥсны зҽеидызкылаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Реидгылеи Алада-Мрагыларатәи Аидгылеи иалалеит. 1918 шықәса лаҵарамза 11 рзы Баҭым имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аҭынчратә конференциаҿы иаԥҵан “Ашьхарыуаа рреспублика”. Даӷьысҭани, Ачечен-Игәуштәи, Ауаԥстәыла, Аҟабарда тәыла, Аҟарач-балкартә тәылақәа реиԥш ари афедерациа иалалеит Аԥсынгьы. Абасала, еиҭашьақәыргылан 1864 шықәсазы ихырбгалаз Аԥсуа ҳәынҭқарра. Ашьацԥшәи ашкәакәеи еиҭныԥсахло инашьҭу быжь-цәаҳәак (ашьацԥшшәы змоу ԥшьба, ашкәакәақәа хԥа) Кавказ ажәларқәа рыхдырраҿы аԥсылманреи (ашьацԥшшәы) ақьырсианреи (ашкәакәа) реи- нырнаалара, реиҿамгылара иадыргоуп. Аԥсны, ижәытәӡоу қьырсиан тәылак аҳасабала егьырҭ аҩ-тәылак (Ауаԥстәылеи Ҟабардеи) надкыланы, Ашьхарыуаа р-Республика абираҟ аҿы цәаҳәа шкәакәала иарбан. Ашьхарыуаа р-Республика Ҭырқәтәыла иазханаҵеит, уи шықәсык ауп нҵырас иаиуыз.

Зураб Шервашиӡе аҳра аниуаз аԥсуаа изныкымкәа аҭырқәцәа Аҟәа иалырцарц иалагахьан, аха аҵыхәтәан, урҭ ара еиҭа аҽышьақәырӷәӷәара рылшеит. Аҭырқәцәа Зураб днықәганы, XVIII –тәи ашәышықәсазы 80-тәи ашықәсқәа раан амчраҿы инеиз Қьелешьбеи Чачба иаҳра азхарҵеит. Қәҿиарала имҩаԥигаз аибашьра ашьҭахь аҭырқәа ир ржәыларақәа аанкыланы, Қьелешьбеи Аԥсны аҳәаақәа еиҭашьақәиргылеит. Уи ицирхыраауан бџьарла, аҳәала, кьарахәла ибзианы иеибыҭаз абжьаратә аамсҭцәеи анхацәа “цқьақәеи”. Еснагь аибашьра иазыҟаҵаз ар рхыԥхьаӡара наӡон 500-ҩык рҟынӡа. Аибашьразы ашәарҭа аныҟаз Қьелешьбеи аамҭа кьаҿк ала илшон бџьарла еиқәных 25 нызықьҩык ар рыргылара. Уи иман артиллериеи, аҽsуааи, иӷәӷәаз амшын ари (аӡсҭар). 600- ҩык рыҟнынӡа аҳәынҭқар ишхәар (галер) иааԥмырҟьаӡакәа Баҭым инаркны Анаԥанӡа Амшынеиқәа аԥшаҳәа рыхьчон, насгьы Ԥуҭи Баҭыми рбаашқәа хылаԥшҩыс иахагылаз иара иашьеиԥацәа, Чачаа ракәын. Қьелешьбеи ихаан, иара иԥеиҳаб Асланбеи ианиасакьаҳәамҭаз, Аԥсни Аҟәеи ирхагылан абри абираҟ. Аԥсны Османтәи Ҭырқәтәылеи Аурыс ҳәынҭқари рполитикатә интересқәа ирыҵаркит. Иалагеит аурыс-аҭырқәа еибашьра, аурыс-кавказтә еибашьра, уи иахҟьаны ажәлар арыцҳара инҭагылеит. Иҟалеит амҳаџьырра. Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мызкы анааҵ, 1864 шықәса рашәарамзазы аҳра зуаз аурыс имчра Аԥсуа аҳра хнарбгалан, иқәнаргылеит “аамҭалатәи жәлар-русбарҭа”. Абри инаркны Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи арратә ҟәша ҳәа ахьыӡ ԥсахын.

1866 шықәса ԥхынгәымза 26 рзы Лыхны ақыҭа имҩаԥысуаз быжь-нызықьҩык злахәыз жәлар реизараҿы аԥсуа жәлар ықәгылеит аурыс иколониалтә политика иаҿагыланы. Уи иамҽханакит Калдахәара ақыҭа инаркны Ҵабал, Дал, Аҟәа. 20 нызықьҩык рҟынӡа абџьар кны игылт. Ахыҵхырҭақәа рыҟны ишарбо ала, ажәлар реизараҿы ицәырган абираҟқәа. Убас, Аҟәа Баалоу ашьхаҿы абџьар шьҭыхны иқәгылаз рахь иааргеит “аамысҭа” бираҟқәеи “анхацәа” рбираҟқәеи ҳәа изышьҭаз. Анхацәа рбираҟ икын Гәмаа ақыҭантәи Џьыгра Аҩӡба. Изларҳәо ала, ари абираҟ ҟаԥшьын, аҳәа асахьа қәҵаны ианын.

XX шәышықәса[аредакциазура | акод аредакциазура]

1921 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы Никәала Ақырҭаа напхгара зиҭоз аԥсуа отриад 9-тәи Ар Ҟаԥшьаа рыцхыраарала абџьар шьҭыхны ԥсоу ахықәан Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра рыр иаҿагылеит. Аԥхьа игылан “Кьаразаа”... Хәажәкырамза 4 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Анаҩс, Очамчыреи Гали – Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Асовет мчра шьақәыргылан. Баҭым имҩаԥысит Кавказбиуро Ацентртә Комитет аҭакзыԥхықәу аусзуҩцәа злахәыз аизара – аилацәажәара. Ара Аԥсны аиҳабыра “ихьыԥшым ареспублика” Аԥснытәи ССР аԥҵаразы иҟарҵаз ажәалагала рыдыркылеит.

Хәажәкырамза 31 рзы Аԥсны Аревком Ленини егьырҭ асоветтә республикақәа зегьи адырра рырҭеит Аԥсны советтә республиканы ишрылаҳәаз атәы. 1922 шықәса жәабранмзазы имҩаԥысит Аԥсны Асоветқәа I Реизара ду. Ара ишьақәырӷәӷәан Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара “ҷыдалатәи аидгыларатә еиқәшаҳаҭра”. Қырҭәыла Аԥсны иақәыӷәӷәо ишалагазгьы, ари аиқәшаҳаҭраҿы аҩ- республикак рзинеиҟарара арбахеит. 1922 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥснытәи ССР ахаҭарнак инапы аниҵеит ССР Аидгыла ашьақәгыларазы Аиқәшаҳаҭра. 1924-25 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан Аԥснытәи ССР Агерби Афлаги.

Асоветтәи период[аредакциазура | акод аредакциазура]

1931 шықәса жәабран мзазы Сталини Бериеи, Орџьоникиӡеи уҳәа “ирыбзоураны” Аԥсны Асоветтә Қырҭтәыла иалаҵан автономиак аҳасабала. Ари аԥсуа ҳәынҭқарра анаԥыххаз аамҭазоуп, абызшәа ахархәара азин ыҟамызт, активла аԥсуа жәлар ассимилиациа рзура апроцесс мҩаԥысуан (Қырҭтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә ақырҭқәа ааганы Аԥсны индырхон), иԥсахын атопонимика, аԥсуа жәлар даҽаџьарантә иааз жәларуп ҳәа рылаҳәаны, рыԥсадгьыл аҿы изинданы иҟаҵан. Аԥснытәи аобкоми Қырҭтәыла ацентртә комитети рхыбрақәа рҿы Аԥсны икнаҳан амаганеи ажьаҳәеи, “ижәҩанԥшшәу ацәаҳәа зылдаз амра” асахьеи зныз абираҟ ҟаԥшь. Ашьҭахь урҭ рыҵаҟа “Аԥсны АССР” ҳәа ианҵан.

ХХ –тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭази 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭази Аԥсны амилаҭ – хақәиҭратә ҵысра аан иазгәаҭоуп (Аԥсны аҳәынҭқарратә статус архынҳәра иасимволхаз) анапы асахьа зну абираҟ ҟаԥшь еиҭа ашьақәгылара. 1922 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит асимволика ҿыци Аԥсны Ареспублика ҳәа ахьӡи.

Абираҟ авторс дамоуп Валера Гамгьиа. Абираҟ: аурыла ианҵоуп ҭбаарыла еиҟароу ашьацԥшшәи аԥшшәы шкәакәеи змоу, еиҭныԥсахло быжь-цәаҳәак. Урҭ рахьтә 4 шьацԥшшәуп, 3 шкәакәоуп. Ахәы инадкыланы арымарахьтәи акәакь аҿы хыхьла иануп иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша, зышәагаа абираҟ аура иадкыланы 0,38 иаҟароу, аҭбаара ах-цәаҳәак еидкыланы иаҟароу. Иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша агәҭаны аҩадаҟа ахы рханы иануп арӷьа напы иатәу иаарту анапсыргәыҵа шкәакәаны. Анапсыргәыҵа ахыхь иаакәыршаны хә-кәақьҭак змоу быжь-иаҵәа шкәакәак ануп.

Зыҵа ҟаԥшьу иаарту анапсыргәыҵа шкәакәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра иасимволуп. Иара Аԥсуа ҳәынҭқарра (VIII-X–тәи ашәышықәсақәа) ахаан ишьақәгылеит. 12 шәышықәса аҵанакуеит. Ари аҩыза абираҟ асахьа ануп генуеатәи амшын хсаалақәа рҿы 13-тәи 14 –тәиашәышықәсақәа рзы. Анапсыргәыҵа шкәакәа зну иҟаԥшьыхәхәароу абираҟ абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иахьатәи аҳҭнықалақь Аҟәа аҭыԥаҿы ишьҭаз ақалақь Себастополис иахашәыршәыруан. Анапсыргәыҵа ахыхь иаакәыршаны ианҵоу хә-кәақьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны ихадароу аҳаблақәа быжьба ирдыргоуп: Саӡен (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәмаа, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Убри аан абираҟ ашәагааи, аеҵәақәа рхыԥхьаӡареи, ашьацԥшшәи аԥшшәы шкәакәеи змоу ацәаҳәақәа реиҭныԥсахлара уҳәа, Нхыҵ Кавказтәи Ареспублика (Ашьхарыуаа р-Республика ҳәа изышьҭоу) аҭоурыхтә бираҟ аҷыдарақәа угәаладыршәоит.

Иахьатәи аамҭа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иеиуеиԥшым аамҭақәа раан атәым қәылаҩцәа изныкымкәа Аԥсны дара рбираҟ ахаргылара шрылшозгьы, аԥсуаа ашәышықәсақәа иргәылганы еиқәырханы иааргон рхатә символқәа... Аҳәынҭқарреи уи адыргақәеи, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә бираҟ, цәырҵуеит ажәлар рмилаҭтә хдырра аҩаӡара акырӡа ианышьҭыҵлак, иара убас ажәлар акны аҽеидкылара анрылша, аҭоурыхтә ԥеиԥш агәра рго ианыҟала. Аԥсуа жәлар абарҭ аетапқәа зегьы ирхысит, уажәы иааиз аамҭа ҿыц ашә инылагылеит, ауаатәҩса рҭоурых иагәылганы иаанагоз амҩа ԥхьаҟа иацҵо.

Ҳара ҳбираҟқәа –хьӡи-ԥшеи змоу ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳареи аимадара ҳабжьазҵо иԥшьоу дыргақәоуп. Аԥсуа бираҟқәа зықьҩыла ҳабиԥарақәа ршьеи рыԥхӡашеи рхьыршоуп!

Зқьышықәсала аԥсуа анацәа рыхшара ирықәныҳәаны идәықәырҵон, аӷа иҿагыланы ақәԥараҿы хьӡи-ԥшеи рыманы Аиааира ргаразы. Урҭ ҭахон ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы, иахьатәи амш азы – Аԥсуа баагәара Ду амҵан, Трахеии Ҵабали рымҵан византиаа ианрабашьуаз, Анаҟәаԥиа ашьапаҿы арабцәа ианрабашьуаз, Аҟәа абаа азааигәара аҭырқәцәа ианрабашьуаз, Афон Ҿыци, Драндатәи аныхабааи рымҵан ақырҭуа қәылаҩцәа ианырҿагылаз, актәи аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы Европа иеиуеиԥшым атәылақәа рыҟны, мраҭашәаратәи мрагыларатәи аганқәа рҿы 1992-1993 шықәсқәа раан... Имариам урҭ ҳҭоурых ду иагәылоу ахҭысқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара, Аԥсуа еибашьҩы иԥсҭазаара ахҭынҵаны иахьатәи амш ахьихьчаз. Леони, Қьелешьбеии, Нестори, Владислави рыр ирылҵыз, аамҭақәа, азқьышықәсақәа зегьы Реибашьҩы. Хашҭра рықәым ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа!

Ауаатәҩса рҭоурых иақәлоуп ҳажәлар знысыз амҩа. Имариам, ҳажәлар зну амҩа, иахьагьы ԥсахра ақәӡамкәа иаарту анапсыргәыҵа асимвол имҩақәҵаганы изку. Иахьа – насыԥ зцыз ари адырга аҭоурых аҿы аиаша ашьақәгылара иасимволхеит. Абасала, азқьышықәсақәа рнаҩсгьы анапы асимвол ҳажәлар еиқәырханы иаанагоит. Уи ҳаԥхьаҟа аиааира ҿыцқәа рахь ирыԥхьоит!

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]