Аԥсны аныҳәақәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ара иаагоуп «Ареспублика Аԥсны аныҳәақәеи агәалашәаратә мшқәеи ирызкны» 1995 шықәса ажьырныҳәамза 5 рзы ирыдыркылаз, аҵыхәтәаны 2014 шықәса лаҵарамза 15 рзы ихарҭәааз азакәан инақәыршәаны

Аԥсны аныҳәақәеи агәалашәаратә мшқәеи рсиа.

Ԥшшәы ҩежьла иарбоуп аныҳәатә ԥсшьара мшқәа,      шьацԥшшәыла — аныҳәатә усура мшқәа,      шәкәакәала — агәалашәаратә усуратә мшқәа.

Арыцхә Ахьӡ Акомментари́қәа (Ахҳәаақәа)
Ажьырныҳәамза 1-2 Ашықәс Ҿыц
Ажьырныҳәамза 7 Қьырса, Ақьырсиан ныҳәоуп. Уи Аԥсны ижәытәӡатәиу атрадициа ҷыдақәа ирыдҳәалоуп .
Ажьырныҳәамза 14 Ажьырныҳәа .Ихадоу аԥсуа традициатә ныҳәақәа ируакуп. Аамҭала Ажәытәтәи Ашықәс Ҿыц иақәшәоит; иазгәарҭоит ажьырныҳәамза 13 ауха. Уи ажьиратә напҟазара иахылаԥшуа анцәахәы Шьашәы идҳәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Хәажәкырамза 4 Аԥсны Асовет мчра анышьақәыргылаз амш 1921 шықәса хәажәкырамза 4 рзы Н. Лакоба еиҿикааз аԥсуа еибашьцәа реиҿкаара «Кьараз» Ар Ҟаԥшь рыцырхырааны, ақырҭуа меншевикцәа ирымпыҵархалаз Аԥсны ахы иақәиҭтәны, Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы аҿы Асовет мчра шьақәдыргылеит.
Хәажәкырамза 8 Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш.
Мшаԥымза 14 Ареспублика Аԥсны Ашәахтә маҵзурақәа рымш Ари аныҳәа азгәарҭоит 1994 шықәса мшаԥымза 14 рзы - Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура анаԥҵаз ахьӡала.
Мшаԥы Ақьырсиантә ныҳәа хадоуп. Уи Аԥсны ижәытәӡатәиу атрадициақәа ирымадоуп.
Лаҵарамза 1 Аџьаныҳәа
Лаҵарамза 9 Аиааира Амш Уи азгәарҭоит Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы Асоветтә жәлар иргаз аиааира амш ахьӡала – 1945 шықәса, лаҵарамза 9 рзы.
Лаҵарамза 21 Кавказтәи аибашьра иқәнахызи мчыла ихырҵәази ашьхарыуа жәларқәа ирызку Агәалашәара амш Амҳаџьырқәа (мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз) Ргәалашәара амш. Ашьхарыуа жәларқәа Кавказтәи аибашьра иахҟьаны рыԥсадгьыл рахцара иазку Агәалашәаратә мшы.
Лаҵарамза 23 Ацҳаражәҳәаҩ Ацқьа Симон Канонит имш Ақьырсиан ацқьа имш. Иԥсшьара мшны иԥхьаӡоуп 2014 шықәса раахыс.

Симон Канонит Аԥсны ҷыдала изымҵаныҳәо ацқьацәа дреиуоуп. Избанзар уи раԥхьаӡа Аԥсны ақьырсианра алазырҵәыз иакәны дрыԥхьаӡит.

зульҳиџьа 10 Кәырбан-баирам, Кәырбан ныҳәа) Аԥсылман ныҳәа; 1994 шықәса раахыс ари аныҳәа Аԥсны иԥсшьара мшны иԥхьаӡоуп.
Лаҵарамза ахԥатәи амҽыша Амедицинатә усзуҩцәа Рымш
Рашәарамза 23 Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ]Иазгәарҭоит Ареспублика Аԥсны ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә бираҟ анышьақәырӷәӷәаз арыцхә – 1992 шықәса рашәарамза 23 инаркны.
Нанҳәамза аҩбатәи амҽышазы Аргылаҩ имш
Нанҳәамза 14 Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш 1992 шықәса нанҳәамза 14 иалагаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра агәалашәара иазку алахьеиқәҵаратә мшуп.
Нанҳәамза 15 Ахатәгәаԥхарауаҩ имш ]Иазгәарҭоит Аԥсны аибашьра ианалага адырҩаҽны, 1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы Нхыҵ Кавказынтәи аԥсуа жәлар рыцхраара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсныҟа иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ ахьӡала.
Нанҳәамза 26 Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш Иазгәарҭоит Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз амш ахьӡала - 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы.
Нанҳәамза 28 Нанҳәа Ақьырсиантә ныҳәоуп. Уи Аԥсны ижәытәӡатәиу атрадициақәа ирымадоуп. Ԥсшьара мшуп 2014 шықәса раахыс.
Цәыббрамза 30 Ареспублика Аԥсны Ахьыԥшымреи Аиааиреи рымш Иазгәарҭоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы ақырҭуа рыр ықәцаны, аԥсуаа рыр аиааира аныргаз амш ахьӡала – 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы.
Жьҭаарамза 11 Ареспублика Аԥсны Арбџьартә мчқәа рымш Иазгәарҭоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵара ахьӡала – 1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы.
Жьҭаарамза 30 Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра амш Иазгәарҭоит Аԥсны аҭҵаарадырратә академиа (АНА) аԥҵара ахьӡала – 1997 шықәса жьҭаарамза 30 раахыс.
Аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны ибжьадырӡыз ауаа ргәалашәара амш 1930—1940- тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Сталин ирҿиаз арепрессиақәа ирыхҟьаны ибжьадырӡыз ауаа ргәалашәара иамшуп.
Абҵарамза 26 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш Иазгәарҭоит Аԥсны Аконституциа адкылара амш ахьӡала – 1994 шықәса абҵарамза 26 раахыс.
Ԥхынҷкәынмза 13 Ацқьа Цҳаражәҳәаҩ Андреи Аԥхьанаԥхьа имш Иԥшьоу ақьырсиануаҩ имш агәалашәара иазку Амш.

Андреи Аԥхьанаԥхьа ҷыдала Аԥсны имҵаныҳәоит. Уи Аԥсны раԥхьаӡа ақьырсианра алазырҵәоз иакәны дыԥхьаӡоуп.

Ԥхынҷкәынмза 14 Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭархаз ахәыҷқәа рымш Аԥсны аибашьраан 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы ақыҭа Лаҭа азааигәара ақырҭуа еибашьцәа иҭадырхаз аҳәсеи ахәыҷқәеи зҭаз авертолиот иҭаблыз ргәалашәара иазкуп.