Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа (2019)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа 2019 шықәса — афбатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәршәан Жәлар реизареи Аԥсны аҳәынҭқарра апардаменти аҿҳәара ԥырҵәеит ԥхынгәымза 21 азы амҽыша 2019 ш-зы. Аха анаҩсан урҭ ииаган нанҳәамза 25 2019 ш-зы.

Аҳәынҭқарра ахада далырхуеит ишахәҭоу имаӡоу бжьыҭырала хә-шықәса рыҩныҵҟа.

Знызынла актәи атур аҿы ишахҭоу алыҵшәа рмоур акандидатцәа, ирзымгар 50% абжьқәа, ҩ-мчыбжьа рыҩнуҵҟа иалагӡан иҟалоит аҩбатәи атур.

Иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ихатә кандидатура ықәыргылоит аҩбатәи аҿҳәарахьы.

Абжьыҭира алыҵшәақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит. Аҩбатәи атур ахь инеит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, уи иоуит 24,83% (20 551 бжьы), аоппозициатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, уи иоуит 22,91% (18 995 бжьы), Олег Аршба изы рыбжьы арҭеит 22,56% (18 668 бжьы). Асҭамыр Ҭарба иоуит 6,89% (5 703 бжьы), Леонид Ӡаԥшьба — 5,97% (4 938 бжьы), Шамиль Аӡынба — 4,32% (3 579 бжьы), Алмас Џьапуа — 2,12% (1 755 бжьы), Артур Анқәаб — 1,7% (1 403), Асҭамыр Какалиа — 1,02% (841 бжьы). Арҭ акандидатцәа рахьтә аӡәгьы атәыла ахадас дырбар рҭахым 1,9% алхыҩцәа — 1 666-ҩык ауаа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббрамза 8 рзы. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны иара изы рыбжьы ирҭеит 47,39%, Алхас Кәыҵниа изы – 46,17%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3155-ҩык алхыҩцәа.

Ахадарахьы
кандидатцәа
Ихаҭыԥуаҩразы
кандидатцәа
I атур[1] II атур[2]
Абжьқәа % Абжьқәа %
Рауль Ҳаџьымба Аслан Барцыц 20,551 24.83 39,793 47.39
Алхас Кәыҵниа Дмитри Дбар 18,955 22.91 38,766 46.17
Олег Аршба Олег Барцыц 18,668 22.56
Астамур Ҭарба Ҭамаз Қьецба 5,703 6.89
Леонид Ӡаԥшьба Вианор Ашба 4,938 5.97
Шамил Аӡынба Рафаель Амԥар 3,579 4.32
Алмас Џьапуа Вадим Смыр 1,755 2.12
Артур Анқәаб Сослан Салаҟаиа 1,403 1.7
Асҭамыр Какалиа Асҭамур Аиба 841 1.02
Зегьы ирҿагылоу 1,666 2.01 3,155 3.76
Мчы змам абиуллетен 4,693 5.67 2,249 2.68
ААИРА 82,752 100 83,963 100
Алхҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 126,950 65.18 127,232 65.99

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. ЦИК РА (2019-08-27). "ИТОГИ ВЫБОРОВ ПРЕЗИДЕНТА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ 25 АВГУСТА 2019" (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2020-06-19 ахь. Ириашоу 2019-09-12 шықәсазы.
  2. ЦИК РА (2019-09-12). "ИТОГИ ВЫБОРОВ ПРЕЗИДЕНТА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ 9 СЕНТЯБРЯ 2019" (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-10-28 ахь. Ириашоу 2019-09-13 шықәсазы.