Аӷарра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аӷарцәа, аӷарра — аӷарра ҳәа азырҳәоит убас еиԥш ауаҩы иҭагылазаашьа, иара аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам рыла ихы, иҭаацәа реиқәыршәара анилымшо.

Аӷарра цәырҵуеит асоциалтә цәырҵрақәа реизыҟазаашьақәа реилагара иахҟьаны: аусураҟны аиҟарара; аҭагылазаашьаҟны аиҟарара; аизыҟазаашьақәа рҟны аиҟарара; ауаҩыаилазаара - аԥсабара, ауаҩы — асоциалтә гәыԥ – акласс — аилазаара реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны. Абарҭқәа рышьаҭақәа рҟны ауп ахархәаратәи алҵшәаашьҭратәи мчрақәас иҟоу аилазаарақәа реиҟараразы, уи аҵакы аарԥшрас иҟоуп аусуратә аамҭеи ахақәиҭра аамҭеи реизыҟазаашьа.

Апроблема аҭҵаара аҭоурых аҟны[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аӷарра аҭоурых ауаажәларра ыҟоуижьҭеи аҭыԥ шамоугьы, ари афеномен аҭҵаара ианалагаз 7090- тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ауп. Аӷарӡахара ҳаамҭазы — ари иглобалтәу социалтә шәарҭароуп. Аусурҭа аҟамзаара, аекономикатәи асоциалтәи ҭышәнымтәалара, агәыӷрақәа рынамӡара, апланқәа рхыбгалара — абарҭқәа зегьы аӷаррахь ауааԥсыра кылызго процессқәоуп. Аӷарра апроблема ишиашоу ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьақәа, асоциалтә формақәа, аџьа, аџьа алҵшәақәа уҳәа ирхьыԥшуп. Аҭаацәара ӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарратә статистика ахәшьарақәа рыла, аҭаацәараҟны аӡәы иоуа аԥара, арегионалтә ахархәаратә калаҷкәыр ахәԥса аасҭа еиҵазар.

Аӷарра зыхҟьо аҭҵаара иалагеит XVIII ашәышықәса инаркны XX ашәышықәса азбжанӡа иаҵанакуа аамҭахәҭазы. Уи ҭызҵаауаз иреиуан: А. Смит, К. Маркс, Е. Реклиу, Д. Рикардо, Г. Спенсер, Т. Мальтус, Ж. Прудон, Ч. Бут и С. Раунтри. XX ашәышықәсазы арҭ аҭҵаарақәа ирыцырҵеит Ф.А. Ҳаиек, П. Таунсенд уҳәа егь. XIX ашәышықәсазы аҭаацәара ахьынӡаӷару еилыркаауан аҭаацәаратә биуџьет аҭҵаара ала, раагарҭақәа зеиԥшроу, урҭ ауаҩы иҭахрақәа рзын иахьынӡазхо, аусура ахьынӡаилшо, игәабзиара зеиԥшроу уҳәа азгәаҭаны. Аӷарра апроблема аҭҵааразы даара рлагала дууп аекономистцәа, асоциологцәа, урҭ иазгәарҭон аӷарра аҭыԥ ду шамоу, насгьы аҳәынҭқарра ари апроблема аԥыхразы алахәра хымԥадатәины ишырыԥхьаӡо. Урыстәылагьы Европа еиԥш ари апроблема иазхьаԥшын XIX ашәышықәса азбжазы. Аӷарра аҭыԥ ахьынӡамоу аилкааразы еизган астатистика, урҭқәа ашәҟәы иҭаргалон ахылаԥшратә комиссиақәа. Ари апроблема аарԥшын аекономистцәа — асоциологцәа В. В. Берви-Флеровски, К. А. Пажитнов, М. И. Туган-Барановски русумҭақәа рҟны. Актәи Адунеизегьтәи аибашьранӡа аҭҵаарақәа фба мҩаԥган, С. Прокопович, М. Давидович, И. Шапошников, А. Стопани, В. Андреев, В. Горицки, Г. Наумов рыбзоурала. Зегь реиҳа еицырдыруа ҭҵаарахеит 1909 шықәса рзы А. М. Стопани имҩаԥигаз, уи акьыԥхь абеит 1913 шықәса рзы. Ари аусумҭа амҽхак ҭбаан – 2339-ҩык ауаа рыбзазашьа азгәаҭан, урҭ 80 зҵаара рҟынӡа рҭакқәа дырҟаҵан. Урыстәыла Стопани иусумҭа Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи Агиганттә цәыргақәҵа аҟны, 1913 шықәса рзы, аҳаҭыртә дипломқәа ҩба анашьан. Дипломк — аҭҵаара ахаҭазы ианашьан, аҩбатәи — ахархәара зиҭаз аметодологиа азы. Аусумҭа анефтааглыхратә усуҩы ибиуџьет иазкын, иахьа уажәраанӡагьы ас еиԥш аҭҵаара ыҟам, уи быжь - милаҭк ирыҵаркуа ауаа рҭахрақәеи рбиуџьети ирзынархан.

Ари аҭҵаара инақәыршәаны, зегь реиҳа заагарҭа маҷу гәыԥны иԥхьаӡоуп — 250 мааҭ иреиҵаны изауаз, урҭ ироуаз аҟынтә аԥшьбатәи ахәҭа зегьы рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵоит, усҟантәи аамҭазы зегь реиҳа заагарҭа дууз 900 мааҭ зауаз аиҳарак рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵон; хықәкыла иҭҵааз аусурҭа змамыз рбиуџьетқәа ракәын. 1918 шықәса рзы ишьақәыргылан раԥхьаӡа акәны иреиҵоу абиуџьет, ақалақьқәа рҟны аусуцәеи амаҵзурауааи рбиуџьетқәа ракәзар, 1927 шықәсанӡа рыҭҵаара мҩаԥысуан, аколхоз амаҵ азызуаз ракәзар, рбиуџьет ҭырҵаауан 1929 шықәсанӡа, аҵыхәтәантәиқәа реиҳарак афальсификациа рызун. Аҭҵаарақәа рҟны аҵак ду аман атранзиттә тәылақәа рҟны аӷарра аҭагылазаашьа, урҭ еиҿдырԥшышаз рыман, даҽакала иаҳҳәозар, асоциал-демографиатә гәыԥқәа, традициала иӷарцәахоз — аҭаацәара рацәақәа, ихаҭәаам аҭаацәарақәа, зықәрахь инеихьо, атәынчахәы мацара ала зыԥсы еивызго, насгьы аинфлиациа иахҟьаны иӷархаз, аусура аҟамзаара уҳәа.

Аӷарра амзызқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аӷарра амзызқәа даараӡа еиуеиԥшымызт; ауааԥсыра рацлара, ахырҵәаратә еибашьрақәа, атәыла аӷарра, ацәаҩашәатә мзызқәа, аграбааԥсқәеи, аихбаалареи рыцлара уҳәа егь.

Аӷарра ацәырҵра амзызқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аӷарра еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьоит аҟынтә, иара еиуеиԥшым агәыԥқәа рахь еидыркылоит:

  • аекономикатә — аусурҭа аҟамзаара, имаҷу ауалафахәы, илаҟәу аџьатә лҵшәа, аусхкы аконкурентра алмыршара;
  • асоциал-медицинатә — аинвалидра, ажәра, ачымазарақәа зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара;
  • адемографиатә — ихаҭәаам аҭаацәарақәа, ахшарарацәа, мамзаргьы аҭаацәара дуқәа;
  • аҵарадырра-квалификациатә — аҵарадырра алаҟәра, апрофессионалтә зыҟаҵара амамзаара;
  • аполитикатә — арратә конфликтқәа, амиграциа;
  • арегионал-географиатә — арегионқәа еиуеиԥшымкәа рыҿиара;
  • адинхаҵара - афилософиатәи аԥсихологиатәи — аскетра, ашарамшара;

Аӷарра аконцепциа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Адунеитә практика аҟны иалыркаауеит аӷарра зыхҟьо азы ихадоу х-концепциак: зынӡа царҭа змам аӷарра; аӷарра азхьарԥшратә концепциа; аӷарра асубиективтә концепциа.

Аӷарра акультура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари атермин асоциологцәеи антропологцәеи иҳадыргало иӷару ауаа рынхашьа-нҵышьа аиҭаҳәаразы иаанаго уи ауп, аӷарра иалааӡоу абиԥарақәа иҷыдоу анхашьа ишашьцылоу, анаҩс изызҳауа абиԥара ишрымардо. Зегь реиҳа аӷарра акультура аидеиа иазааигәаз антрополог Оскар Лиуис иоуп. Уи игәаанагарала, иара аҿиара иаҿыз, акапиталисттә ҿиара змаз, аилазаарақәа рҟны имҩаԥигоз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аӷарцәа рхымҩаԥгашьа, рыԥсҭазаашьа, рыгәрахаҵарақәа зехьынџьара ишеиԥшыз. Иахьатәи амш ала анхара, уаҵәтәи азымхәыцра, ахацәа ршовинизм, аҭаацәарақәа рматриархалтә еилазаара, афатализм, абарҭқәа зегьы ауаажәларра аҟны иӷарӡаз ирылаҽны иҟан. Убри анаҩсгьы аӷарцәа азанааҭеидгылақәа, аполитикатә партиақәа, аекономикатә усура уҳәа рхы рыламырхәра, насгьы илаҟәӡоу ауаажәларратә еилазаараны рыҟалара дара рмаргиналтә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуан. Лиуис ас еиԥш игәаанагаразы, аӷарцәа рҭагылазаашьа ауадаҩра дара рхаҭақәа иахьырхараиҵоз азы жәаҳәарада акритика ӷәӷәа изыруан. Аха ус шакәызгьы, Лиуис игәаанагарала, аӷарра акультура, аӷарра ацәцара иаҿагылон, уи иԥхьаӡон аӷарцәа ркультура ацәхьаҵра рыԥсҭазаара шеиӷьнатәуа.

Аӡәырҩы аспециалистцәа, асоциалтә еиқәыршәара ахырхарҭаҟны аус зуаз, даара иџьаршьон аӷарцәа ирыдыргалоз ацхыраара адкылашьа иахьақәымшәоз. Даҽа џьоукы ргәаанагарала, асоциалтә цхыраагӡақәа аӷарцәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иацхраауам ҳәа рыԥхьаӡон. Уимоу, ас еиԥш ацхыраара ишьақәнарӷәӷәоит status quo ҳәа агәаанагара рыман, асоциалтә усзуҩцәа рнапы злаку аӷарцәа ирзоурыжьуа аԥарақәа асоциалтә хылаԥшра рыҭара ауп ҳәа рыԥхьаӡон, убри аан аҭагылазаашьа аиӷьтәра акәымкәа. Аилазаарақәа, иӷарӡаз араионқәа рҟны аԥсҭазаара аиӷьтәразы иаԥырҵоз апроектқәа иџьбараз акритика рызун, избанзар урҭ хыхь-хыхь иҩыз, иҭҵаамыз проектқәан. Аӷарра акультура атермин акыр акритика шазузгьы, уи даара анырра ҟанаҵеит асоциалтәи аԥсихологиатәи цхыраара аҟаҵаразы амеханизмқәа раԥҵара аҟны. Аӡәырҩы асоциалтә усзуҩцәа русура аҟны ирықәшәон хаз игоу ауаа, аҭаацәарақәа, аилазаарақәа, урҭ зегьы Лиуис итеориа шьақәдырӷәӷәон дара рдунеихәаԥшышьа ала.

Царҭа змам аӷарра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Миллиардла ауаа зланхо аӷарреи арыцҳахәхареи ари XXI ашәышықәсазтәи уаажәларратә проблема дуны иаанхоит. 1992 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аӡбамҭа ала ишьақәырӷәӷәан аӷарра аԥыхра, уи иаҿагыланы ақәԥаразы Жәларбжьаратәи амш, иара 1993 шықәса раахыс жьҭаарамза 17 рзы есышықәса иазгәарҭоит. Ари арыцхә алхра машәыршақә иҟамлеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ари арыцхә алнахаанӡа хәышықәса уи аԥхьа, 1987 шықәса жьҭаарамза 17 рзы, Париж, Брокадеро адәаҟны имҩаԥысит ауаа рзинқәа рыхьчареи, аӷарра аԥыхреи ирызкыз амитинг, уи шә-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизнагеит. Амитинг ду иалахәыз иазгәарҭон миллионла ауаа рӷарра уи рзин еилагара шакәу. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи ззырхаз адунеи ахԥатәии аԥшьбатәии атәылақәа рахь иаҵанакуа шракәу — урҭ зекономика акыр илаҟәу атәылақәа роуп.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аӷарра аҩаӡара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Анаука — техникатә прогресс даара аҿиара шамоугьы, ҳаамҭазы адунеи аҿы иҟоу аиҟарамра иазымҳауазар иагхом. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп адунеи атәылақәа зегьы рҟны, аҿиара бзиа змоугьы уахь иналаҵаны. Даҽакала иуҳәозар, иӷарыз еиҳагьы иӷархеит, амал змаз рмал иацлеит. 2016 шықәса рзы иҟаҵаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны зегь реиҳа амал змоу 62-ҩык ауаа убри аҟара амал рыман, зегь реиҳа иӷарыз х-миллионки фышә нызқьҩык ауаа, мамзаргьы адгьыл аҟны иӷару рыбжаҩык иааизакны ирымаз амал аҟара шьақәнаргылон. 2010 шықәса инаркны — 2016 шықәсанӡа аамҭа иалагӡаны х-миллионки фышә нызқьҩык аӷарцәа ироуаз аԥара триллион доллар рҟынӡа еиҵахеит. Убри аан зыӡбахә ҳәоу 62-ҩык амалуаа рактивқәа ҩынтәны еизҳаит, уи ишьақәнаргылеит 1,76 трлн. америкатәи адоллар. Амультимиллионерцәа идырҳаз амал зыхҭнырҵара анырзымдыруа аамҭазы, миллиардла ауаа адунеи зегьы аҟны имлагоит, рӷарра изаҵыҵуам. Адунеи аҟны афатә апроблема даара иҵарны иқәгылоуп. Амлакра — ари иацтәи мшым, ари иахьатәи рыцҳара дууп. Амлакра иахҟьаны иахьа уажәраанӡагьы ауаа ԥсуеит, урҭ рыбжьара иҟоуп имаҷымкәан ахәыҷқәа.

Есыҽны ҳаамҭазтәи адунеи аҟны имлаго рхыԥхьаӡара миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз ажәахә инақәыршәаны, 852 миллионҩык ауаа иахьа адунеизегьы аҟны имлагоит. 1,2 миллиардҩык ауаа, ари адунеи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аҟынтә ахәбатәи ахәҭа шьақәнаргылоит, мышкы долларк ҳәа инхоит. Адунеи аҟны 54 % ахәыҷқәа рыԥсра зыхҟьо амлакра ауп. Ас еиԥш алкаақәа ҟанаҵеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара. Амлакра амзыз хадақәа ауаа ирызхо аԥара ахьырмоуа ауп, ахԥатәии аԥшьбатәии адунеи атәылақәа рахь иаҵанакуа ауаа аԥара рымамзаара анаҩсгьы, иахьынхо аԥсабаратә ҭагылазаашьақәагьы ҽеим, уи иахҟьаны дара ақыҭанхамҩа рнапы рзалакуам, аарҩара, аԥслымӡ, арра — политикатә конфликтқәа уҳәа аҿиара рырҭом. Адунеи аҟны зегь реиҳа амлакра ахьыҟоу ҭыԥуп Атропикатә Африка. Ари арегион амлакра аепицентр ауп ҳәа азуҳәар ҟалоит, ара ес-ҽны имлашьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом. Уи зыдҳәалоу еиҳаракгьы ауаарацәа ахьиуа ауп. Зегь реиҳа ауаа ахьиуа адунеи аҭыԥқәа рахь иаҵанакуеит — Нигериа, Мали, Буркина-Фасо, Либериа, Сиерра - Леоне, Уганда, Адемократиатә Республика Конго уҳәа егьырҭ Африкатәи аҳәынҭқаррақәа. Арҭ атәылақәа рҟны аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиара амам, насгьы аарҩара иахҟьаны ауаа аԥсреи анхареи ирыбжьагылоуп. Аха, Африка мацара акәым ауаа ахьымлаго. Миллионла ауаа млашьуеит Непал, Бангладеш, Индиа, Индонезиа, Пакистан. Арагьы ауаарацәа ииуеит, аӷарра аҭыԥ ду шамоугьы. Индиа акәзар, регионалтә тәыланы, насгьы економикатә ҿиарала ишхәыдамгьы, имлашьуа рпроблема аӡбара алшом. Уи зыхҟьо ауааԥсыра рырацәара, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, аҵарадырра алаҟәра роуп. Латинтәи Америка акәзар, ара аҭагылазаашьа маҷк еиӷьзаргьы, амлакра аҭыԥ амоуп. Амлакра алыркаауеит Боливиа, Перу, Гондурас, Гватемала уҳәа рҟны. Карибтәи амшын аҟны «Амлакра адгьылбжьаха» ҳәа иашьҭоуп Гаити. Европеи Аҩадатәи Америкеи рҟны акәзар, ари апроблема шыҟоугьы, егьырҭ адунеи атәылақәа ирыҿурԥшуазар, усҵәҟьа иҵарны иқәгылам. Ара имлашьуа аҩны змами ҭынха дызмами роуп. Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа ртәы ҳҳәозар, амлакра азҵаара ықәгылоуп Абжьаратәи Азиа атәылақәа рҟны — Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Кыргызсҭан. Иара убасгьы ари азҵаара ықәгылоуп Урыстәылагьы, арагьы заагарҭа маҷу ауаа рахьтә амамзаара зныруа маҷҩым.

Даара рҭагылазааша бзиам ахымхәацәа, атәанчаҩцәа, аҭаацәара дуқәа, урҭ зынӡа имлашьуа иҟамзаргьы, раагарҭақәа даара имаҷуп. Европа тәылақәак рҟны акәзар, иахьатәи амҭазы абанк аҟны аԥара ззалам ауаҩы дӷаруп ҳәа дрыԥхьаӡо иалагахьеит. Даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп анхаразы имаҷӡоу аагарҭа змоу ауаа, уи шаҟа ыҟоу аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит.

Аӷарра иаҿагыланы ақәԥара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари апроблема аӡбаразы иҟоуп еиҿагыло ҩ - азнеишьак. Актәи азнеишьа еиҳа аларҵәара амоуп. Уи иӷару ауаа ԥарала ацхыраара рыҭара, аԥара рызшәара ауп. Ари зегь реиҳа имариоу знеишьоуп, аха апроблема ахаҭа азыӡбом, аҭагылазаашьагьы еиӷьнатәуам. Аҳәынҭқаррақәа, иара убасгьы, ахныҟәгага змам ауаа рзы рдырра аизырҳаразы, азанааҭ роуразы аусқәа еиҿыркаауеит, аха азанааҭ змоу ауаҩы усурҭа ҭыԥла иеиқәыршәара ус имариам, дара аусурҭа аҭыԥқәа рыҟамзаара иахҟьаны, мамзаргьы аусура азы алшара аҟамзаара иахҟьаны.

Абасала, актәи азнеишьа аҟны, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарра амалуаа ашәахтәқәа рықәнаҵоит аӷарцәа рыцхырааразы, мамзаргы асоциалтә программақәа аԥнаҵоит. Аҩбатәи азнеишьа аҳәынҭарра аекономика аҽаламгалара аидеиа ауп шьаҭас иамоу. Ари атеориа адгылаҩцәа ргәаанагара ала, аҳәынҭқарра иӷару ауаа рыԥсҭазааратә позициа ашьҭыхра иашьҭазар ауп. Уи анаҩсгьы амалуаа рмазара аекономика ашьҭыхра иаларгалалар ауп, уи иабзоураны ицәырҵуеит аусурҭа ҭыԥқәа, уи иагьалнаршоит аӷарцәа рыпроблема аӡбара аҳәынҭқарра аламырхәӡакәан. Ас еиԥш азнеишьа аларҵәара лҽазылшәеит 1970—1980-тәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду анапхгара рхада Маргарет Тетчер.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

аур. бызшәа:
  • Бедность // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
  • Бедность // Демографическая энциклопедия / Редкол.: Ткаченко А. А., Аношкин А. В., Денисенко М. Б. и др. — М.: Издательство «Энциклопедия», 2013. — 994 с.
  • Вавилина Н. Д., «Бедность в России как социальное явление и социальная проблема», Рос. акад. гос. службы при Президенте Рос. Федерации, Сиб. акад. гос. службы. Новосибирск, СибАГС, 2000 — с. 510.
  • Вавилина Н. Д., «Бедность в России как социальное явление и социальная проблема : Социологические аспекты» онлаин, автореферат дис. ... доктора социологических наук : 22.00.04. М. Российская академия государственной службы при Президенте Российской Федерации. 2000 — с. 45.
  • Мальтус Т. Р.. «Опыт закона о народонаселении».
бызшәақәа инхаз
  • Foster, James, J. Greer and Eric Thorbecke. «A class of decomposable poverty measures», — Econometrica. 1984. — 52(3). — рр. 761—765.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]