Перейти к содержанию

Аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт
Қарҭли аҳәынҭқарԥҳәыс
Аира 10 ашәышықәса
Аԥсуа Аҳра
Аԥсра 1002
Аԥсуа Аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Агәы-Бедиа
Аусура аполитик
Адин ақьырсианра
Ахаҵа Гәырген II Багратиони
Ахәыҷқәа Баграт II
Аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт лԥа ― Аԥсҳа Баграт II

Аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт — диит Аԥсҳа Гьаргьи II иԥшәмаԥҳәыси Аҳкәажәи Еленеи рҭаацәараҿы. Раԥхьаӡатәи арегент Аԥсуа Аҳраҿы.

Гәырандыхәт диит арацәа ҭаацәараҿы, 4-ҩык иашьцәеи 2-ҩык иаҳәшьцәеи лыман. Урҭ рахьтә лашьцәа хҩык (Аԥсҳа Леуан III, Аԥсҳа Дырмит III, Аԥсҳа Феодоси III) Аԥсҳара рылшеит. 929 шықәсазы лаб, Аԥсҳа Гьаргь II, иԥа еиҳабы, ақәгылара ҟазҵаз аҳиԥа Константин дишьит. 957 шықәсазы лаб Аԥсҳа Гьаргь II иҭахын Кахеҭ дақәларц. Аха ичымазара иахҟьаны, ар напхгара рзиуан иҷкәын, Қарҭли анапхгаҩы, аҳиԥа Леуан. Кахеҭ даннеи, Леуан еиликааит ажәабжь лахьеиқәҵага, иаб «Аԥсҳа Дуӡӡа, Анцәа бзиа иибоз» Гьаргь дышԥсыз. Кахеҭ Анапхаҩы Ҳорепископ Квирке II иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц акәын, ашьҭахь иаарласны Аԥсныҟа дхынҳәит. Аԥсны данааи, аҳра ауразы агәыргьынхаҵара мҩаԥиргеит, Аԥсҳа Леуан III иакәны дҟалеит. 959 шықәсазы Гәырандыхәт ԥҳәысс дигоит Таик ампыҵакҩы-Гәырген Багратиони. 960 ш. диит лԥа-аҳиԥа Баграт. 967 ш. лашьа, Аԥсҳа Леуан иԥсҭазаара далҵоит. Аԥсҳас дҟалоит лашьа-Дырмит III. 968 ш. Дырмит ихьыԥшцәа адҵа риҭоит, иашьа еиҵбы-Феодоси дыркырц. Феодоси, Гегәыҭҟа, Аԥсҳа иахь данаарга, Дырмит иԥсҳара ашәарҭадеитәарц азы, адҵа риҭеит, иашьа еиҵбы Феодоси иблақәа ҭырблаарц. Аԥсуа аамсҭашәара ари даара иргәамԥхеит. 7-шықәса рышьҭахь, хшара имамкәа дыԥсит Дырмит. Аԥсҳас дҟалоит Феодоси III Блаҭыбла. 975 шықәсазы Қарҭли аԥшәмацәа, ишаԥу еиԥш, дырҩегьых аичарчаҩрақәа рыҟаҵара иалагеит, уимоу, Уԥлис-Цыхь, аԥсҳацәа раҳҭынра, иақәлеит. Ари абааш акәша-мыкәша иҟаз атәылақәа рыбжьара еицырдыруан, даараӡа иахьчоз, уаҩы дызҭамлоз ҳәа. Аха агьангьашцәа ақырҭцәа Накурдеви Сабоҭари рҟынтәи қахцәа раамсҭашәара ԥыҭҩык ачарҳәарахь ргәазҭарҵеит, Уԥлис-Цыхь ақәгылаҩцәа ирырҭеит, убри аамҭазгьы рыдгьылқәа рҟынтәи арратә агәыԥ ааӡеит. Абри ацәгьаршра иахҟьаны, Қарҭли Аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргени, урҭ рыҷкәын – аҳиԥеи Баграти итҟәаны Кахеҭҟа иахыргеит. Уԥлис-Цыхь иҟалаз ақәгылара атәы Амагистр Дауҭ адырра шрырҭазҵәҟьа, иаразнак ируаа зегьы еизганы, аҩадатәи ахырхарҭахь иҿынеихеит. Аҳәынҭқар Самцхе днеины, Триалеҭи иҭыԥ иқәиргылеит, Кахеҭ ақәлара иҽазыҟаиҵон, ақарҭцәеи каҳақәеи иаразнак рмиџьлисуаа Дауҭ иахь идәықәырҵеит аиқәшаҳаҭразы. Қарҭли аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргени, урҭ рыҷкәын аҳиԥа Баграти иоушьҭны, Уԥлис-Цыхьеи, Қарҭли ахаҭагьы рырхынҳәразы ажәа ирҭеит. Иара убри аамҭазгьы Кахеҭ ашәарҭадаразы акыр зҵазкуаз Қсани аиҩхааҿы иҟаз Ҵыркәалеи Груи абаахырӷәӷәарҭақәа аҩбагьы аҿагылаҩцәа рышьҭахьҟа иаанрыжьит.

Гәырандыхәт лрегентра.

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Агәы-Бедиатәи аныхабааш, 10 ашә. аргыламҭа.

Феодоси имчымхара збоз аԥсуа аамсҭашәара, Гәырандыхәти дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит, лыҷкәын, аҳиԥа, жәохә шықәса зхыҵуаз Баграт, Феодоси дицҳәынҭқархарц азы. Гәырандыхәт уи дақәшаҳаҭхоит, избанзар илдыруан Баграт иқәранамӡареи, лашьа Феодоси имчымхареи ирыхҟьаны, лара Аҳәынҭқарра арегент иаҳасабала Аԥсны Аҳра напхгара шалҭо. Лара лрегентраан қәгыларак ҟамлаӡеит, еибашьрак ҟамлаӡеит. Аамысҭашщара ари даара иргәаԥхон. Хышықәса, 975 инаркны 978 рҟынӡа, Гәырандыхәт Аԥсны Аҳра напхгара азылуан регент иаҳасабла.

Баграти Аԥснытәи иабшьа лашәи реицаҳра ашьҭахь, имҩаԥысит агәыргьынахаҵаратә ныҳәа. Ари ҟалеит 978 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Қәҭешь аҟны, мамзаргьы еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳтә қыҭа Гегәыҭ аҟны. «Баграт инаркны, иалагеит Багратидцәа Раҳра аура Аԥсны аҟны». Егьырҭ Аԥсҳатә ҭаацәара аҳра руан 199 шықәса." Аԥсуа уаажәларра, еи-башьуаз аганқәа рыцәгьаршрақәеи рыгәымбылџьбарарақәеи ргәы ԥнажәахьан, Баграт II дырҭахын, избанзар икандидатура дара рзыҳәан еиҳа иманшәалын. Феодоси иҳәынҭқарратә мчра анҵәамҭазы, Баграт II иабшьа иахь Таикҟа дишьҭоит, абс иҟарҵаз, Амагистр Дауҭ ихылаԥшра аҵаҟа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳ иӡбеит ақарҭцәа рҳәатәхамҵара аҵыхәтәа аԥҵара, урҭ рхатә ԥҟарақәа рыла инхон, аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт лҳәатәы иамӡырҩуа уҳәар алшоит. Аԥсҳа ари аҭагылазаашьа ибзианы идыруан. Баграт II Қарҭли далалеит, уи Ҭыгәа аҭыԥаҿы даанкылеит. Аԥсҳа хырԥашьа змам иаара рҽазыҟарҵо, Қарҭли аамсҭашәара напхгаҩыс далырхит - аамсҭа Ҟавҭар Ҵбели, иагьаҿагыларц рыӡбеит. Аӡиас Могриси ааигәара рымчқәа еизганы аибашьра рҽазыҟарҵеит. Аԥсҳа Баграт ирр ҿааиҭит, иеибашьцәа аӷа иҿалеит, аибашьрагьы иалагеит. Дук мырҵыкәа ақырҭцәа ҵысит, ибналеит. Аԥсуаа, аӷа данишьҭалаз, ирацәаҩны иҭахеит, ԥыҭ-ҩык итҟәаны иргеит. Аҩныҵҟатәи Қарҭли аамсҭашәара рҿаԥхьа аиааира ганы, Баграт Уԥлис-Цыхьынӡ днаӡеит, мышқәак уа дыҟан. Ахара зду, рыгәрагара иақәымшәоз иқәицеит, урҭ рҭыԥан ишьақәиргылеит зыҽзырҵабыргуаз, иҟәышыз ахылаԥшыҩцәеи зыгәра угартә иҟаз аҳҭынрауааи.

Гәырандыхәт лполитикатә хҵәара.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уи аамҭа иалагӡаны Баграти Гәырандыхәти еицәҳаит. Реимак мацара акәымкәа, иҟалап, ацәгьаршра аҽазыҟаҵараҿы гәҩарас иҟаиҵахьазҭгьы, уимоу, ицәыригазҭгьы. Ус анакәха, аҳкәажә Уԥлис-Цыхьынтә Қәҭеҭшьҟа лыхынҳәра амчра лымхра, ашьауӷа, ажәакала, аполитикатә хҵәара акәзар алшон. Баграт Гәырандыхәт диԥхьагыланы Уԥлис-Цыхьтәи абаа дынҭганы, Лыхтәи ахыҵырҭа днықәсны, Аԥсны аҳҭнықалақь ахықәан иҟаз Гегәыҭтәи иаҳҭынраҿы днаӡеит. Аха Аԥсҳа иан Гегәыҭ даанмыжькәа, харатәи атәылаҿацә ахь (Бедиа) дишьҭит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Бедиатәи атәылаҿацә аҿы лара ауахәама аргылашьа дацклаԥшуан. Гәырандыхәт 988-999 шш. раан ахҵәара дыҟан. 999 шықәсазы Гәырандыхәт лԥеи лареи еинаалаеит, уи азы Бедиатәи аныхабаа Ахьтәы асандыҟәра ҳамҭас иарҭеит. 1002 шықәсанӡа Аҳкәажә Гәырандыхәт лыԥсҭазаара далҵит, дамадоуп Бедиатәи Аныхабаа аҩныҵҟа.