Аҟәатәи асинагога

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аҟәатәи асинагога (ақырҭ. სოხუმის სინაგოგა) — Аԥсны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу асинагога. Игылоуп Инал-иԥа имҩаҿы (ԥаса К. Маркс имҩа). Иргылан XX ашәышықәсазы, ауриацәа рԥарала.

Асинагога аадыртит 1953 шықәсазы. Азалтә ргыламҭоуп, аплан ала акәакьҭаиаша ауп. Мрагыларахьала аҩналарҭа амоуп. Азал агәҭаны акафедра иҟоуп, уи иаакәыршаны апартақәа гылоуп. Мраҭашәарахьала ҩ-ԥенџьырк амоуп, аҩадахьалеи аладахьалеи — ԥшьба-ԥшьба аԥенџьырқәа. Асинагога аус ауеит.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]