Аџьынџьал, Анатоли Ҭархәына-иԥа
Аџьынџьал Анатоли Ҭархәына-иԥа (аур. Аджинджал Анатолий Тархунович; 06.06.1930, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 12.11.1977, Аԥсны, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ. СССР-и (1959) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Дрылгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭа (1951) , А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1956), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа (1974).
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа данҭаз. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан 1948 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа (аԥсышәалеи, И. Вронски, М. Борисова, А. Дементиев, Д. Чачхалиа аурысшәахь еиҭаргази) ркьыԥхьуан ажурналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Абаза», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы.
Иҟан апоет иҩымҭақәа анырымкьыԥхьуаз аамҭақәагьы. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа» (М., 1958, урысшәала), «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭ аизгақәа.
Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.
А. Аџьынџьал дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ауаԥс, ақырҭуа, ачерқьес, абаза, аногаи поетцәеи апрозаикцәеи: Л. Толстои, В. Верховски, В. Орелкин, Т. Ч. Шевченко, Лесиа Украинка, К. Л. Хетагуров, , Г. Н. Леониӡе, М. Мирнели, А. Ханфенов, Џь. К. Лаҩыцә, П. К. Цеҟәа, М. Х. Чкәуту, И. А. Цеҟәа, М. С.-Г. Тлабыча уҳәа егьырҭгьы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Игәакьоу асахьақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1957.
- Амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1959.
- Ажәабжь кьаҿқәа. Аҟәа, 1961.
- Амҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965.
- Ацәашьы иаҵәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969.
- Ааԥнуп макьана. Ажәабжьқәа. Аповест. Аҟәа, 1971.
- Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972.
- Аҩадатәи аԥшақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
- Ари адунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976.
- Амшын шкәакәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1979.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1980.
- Ажәеинраалақәа. («Иалкаау аԥсуа лирика» асериала). Аҟәа, 1984.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Аповест. Аҟәа, 2010.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Улья. Стихи. Сухум, 1967.
- Белая Земля. Стихи. М., 1975.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 920
- Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
- Салакая Ш. Самобытный талант: [к 50-летию со дня рождения А. Аджинджал]//Сов.Абх. - 1980. - 17 декабря.
- Аджинджал Анатолий Тархунович//Сов.Абх. - 1977. - 16 ноября. - С.3
