Аџьба, Таиф Шьаадаҭ-иԥа
Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба (аур. Таиф Шаадатович Аджба; хәажәкырамза 11, 1939 ш., Аҷандара ақыҭа, Гәдоуҭа араион — 1992?) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, поет.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1939 шықәса хәажәкырамза 11 рзы Аҷандара ақыҭа Гәдоуҭа араион.
1956 шықәсазы Таиф Аџьба иқыҭа гәакьаҿ абжьаратәи аҵара-дырра иоуит. 1957 - 1960 шықәсқәа рзы дыҟоуп арратә маҵураҿы.
1962 шықәсазы Таиф Аџьба дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет агерман бызшәақәа рыҟәша. Далгоит 1967 шықәсазы.
1983 - 1985 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Москва, Алитературатә институт аҟны иеиӡкаау Иреиҳау Алитературатә курсқәа рҿы.
Аус иуан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашараҿ», агазет «Аԥсны ҟаԥшь», ажурнал «Ашколи аԥсҭазаареи» рредакциақәа рҟны, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ.
Иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа (хабарда даныбжьаӡ ашьҭахь).
1992 шықәса жьҭаарамза 9 рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан, Таиф Аџьба аибашьцәа-қәылаҩцәа дырбаандаҩтәны дыргоит, уинахыс ихабар ҟамлеит. Макьана цқьа ишьақәырӷәӷәам хыҵхырҭақәак изларҳәо ала, уи, акыр дандыргәаҟ ашьҭахь, дыршьит.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ажәеинраалақәа. аҟәа, 1968 шықәса.
- Аҵхи амши. Аҟәа, 1970 шықәса.
- Амш ианицло. Аҟәа, 1973 шықәса.
- Сара сҭынчра. Аҟәа, 1977 шықәса.
- Ааԥын ашәа. Аҟәа, 1978 шықәса.
- Амҩа иқәу. Аҟәа, 1979 шықәса.
- Ашәҭқәа рыччаԥшь. Аҟәа, 1980 шықәса.
- Уахынлатәи ашәт. Аҟәа, 1984 шықәса.
- Аныҳәаԥхьыӡ. Иалкаау. Аҟәа, 1989 шықәса.
- Ашәҭқәа рырыччапшь. /Еиҳа ихарҭәаау аҩбатәи аҭыжьра/. Аҟәа, 1991 шықәса.
- бзиала иаҳзырша. Амшынҵа. Аҟәа. 1994 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 930
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аджба Таиф Шаадатович (аур.)
- Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иԥа (аԥс.)