Ахьиба, Владимир Александр-иԥа
| Владимир Александр-иԥа Ахьиба | |
|---|---|
| Владимир Александрович Ахиба | |
|
Владимир Александр-иԥа Ахьиба | |
| Аира |
ажьырныҳәамза 23, 1938 ш. Жәандәырԥшь ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра |
ажьырныҳәамза 31, 2000 ш. Аҟәа |
| Аусура | аԥсуа поет |
| Абызшәақәа | Аԥсуа бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
Владимир Александр-иԥа Ахьиба (аур. Владимир Александрович Ахиба; ажьырныҳәамза 23, 1938 ш., Аԥсны, Гәдоуҭа араион Жәандәырԥшь ақыҭа – ажьырныҳәамза 31, 2000 ш., Аҟәа) – аԥсуа поет. СССР-и (1989) Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]8-шықәса даԥхьеит Жәандәырԥшьтәи ашкол аҟны, ажәбатәи акласс Мгәыӡырхәатәи ашкол аҟны ихиркәшеит. 1956 ш. Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанахамҩатә техникум даанахәеит. Ҩышьықәса рышьҭахь уи Аҽгәараҟа (Гал араион) ииаган. Атехникум далгеит 1961 шықәсазы.
Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Бзыԥ» уҳәа рҟны.
В.Ахьиба иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Иажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭыжьуп.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Еихызгоит сшьаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1971.
- Адац. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976.
- Исԥыло, сызԥыло. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979.
- Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982.
- Ааԥын сызҭаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
- Абри сыдгьылаҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988.
- Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1992.
- Амцеи аеҵәеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1994.
- Сышьхақәа раамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 932