Ахалшентәи абаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ахалшентәи абаа (ақырҭ. ახალშენის ციხე) — Аԥсны Ахалшени ақыҭан иҟоу абаа. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зы ԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. Абаа аҩхаа хәыҷы аҟны игылоуп, абӷьыҵлара ала ихҩоу ашьха ҳаракқәа рыгәҭа. Ашьхеибаркыра мрагылара-мраҭашәаратә хырхарҭала еиҵыхуп, абаа аплангьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Абаа ахәҭа хада - мрагырахьтәи аган аҿы, зегьы реиҳа иҳаракыз аҭы ԥ аҿы акәын иахьыҟаз. Абаа агалуан ала ихкаан, уи аконтурқәа зегьы реиҳа ибзианы иубарҭоуп алада-мраҭашәарахьтәи ахәҭаҿы. Иҟоу агәаанагарала, ашьхеибаркыра мраҭашәаратә ахәҭаҿы иҟоу ашьхаҟьаҟьагьы агалуан ала ихкаазар ҟаларын.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]