Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура агерб
Аштаб-квартира ыҟоуп Вена - Жәларбжьаратәи венатәи ацентр

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (иааркьаҿны МАГАТЭ, англ. International Atomic Energy Agency, иааркьаҿны IAEA) – атомтә фымца аҿиареи уи аҭынч ԥсҭазаара аҟны ахархәареи рзы жәларбжьаратәи аиҿкаара. Уи аԥҵан 1957 шықәса рзы. Аштаб-квартира ыҟоуп Вена (Жәларбжьаратәи венатәи ацентр).

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЭ) аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵан 1957 шықәса рзы, иҟаз ашәарҭарақәеи агәыӷрақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны, избанзар иҟан ашәарҭара аиадертә технологиақәа рхархәаразы. Ас еиԥш амаҵзура ацәырҵра зыбзоуроу Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Дуаите Еизенхауер ԥхынҷкәынмза 8, 1953 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҟны «Атом адунеи азы» ажәахә ала иқәгылара ауп.

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аофициалтә иирамшны иԥхьаӡоуп рашәарамза 29, 1957 шықәса – ари амш азы ауп Еизенхауер хадас дызмаз Еиду Америкатәи Аштатқәа амаҵзура аԥҟаԥҵәа аратификациа аназыруз. Вашингтон Агәилԥшшәы змоу абаҳча аҟны имҩаԥгаз апресс- конференциаҿы анапаҵаҩра ацеремониа анымҩаԥыс ашьҭахь, ахада Еизенхауер Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿаԥхьа иқәгылараҟны ажәалагала ҟаиҵеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵазарц. «Ҳара, аиашазы, адунеи зегьы аҟны ауаа ирызцәырҵыз агәыӷра аформа аҳҭеит….атом аиҩырҷҷара иалнаршоит еиҟәыҭханы иҟоу адунеи аизакра», — иҳәеит Еизенхауер иқәгылараҿы.

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аусура (МАГАТЭ)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аусура иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп аиадертә технологиақәа, насгьы урҭ ҩ-хырхырҭакны рхархәаразы алшарақәа ыҟоуп: абџьарк аҳасаб ала, мамзаргьы ауаа ирыхәо ахархәара змоу мыруганы. 1953 шықәса рзтәи апрезидент Еизенхауер иқәгылара аан зыӡбахә ҳәаз аидеиақәа иалдыршеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура Аԥҟаԥҵәа аԥҵара, аӡәыкны уи азы 81 ҳәынҭқарра рыбжьы арҭеит 1956 шықәса рзы. Ари амаҵзура аԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асистема аҟны жәларбжьаратәи еиҿкаарак аҳасаб ала, уи аконцепциа «Атом адунеи азы» аларҵәара иацхраауан. Аханатә ари аиҿкаара аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәеи, адунеи зегьы аҟны хыԥхьаӡара рацәала апартниорцәеи ашәарҭара зцым адунеитә иадертә технологиақәа раԥҵаразы азинмчы дуқәа аман. Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аҩбатәи амиссиас иҟан атом ахархәара хылаԥшра аҭара, уи атәы ҳәоуп аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аҩбатәи ахәҭаҷ аҟны.

«Амаҵзура иаарласны инарҭбааны аҭынчра адгылара аҭаразы атомтә енергиа ахархәара хықәкыс иамоуп. Иахьынӡауа амаҵзура ацхыраара ҟанаҵоит, насгьы хылаԥшра анаҭоит атомтә фымца џьара арратә хықәкыс ахархәара амоурц азы», — ҳәа азгәаҭоуп аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷқәа руак аҟны. Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы – ари аиҿкаара аҭынч ԥсҭазаара аҟны атомтә енергиа ахархәаразы аусеицуразы наука- техникатә еиҿкаароуп. Ари аҿкаара ахықәкы хада – аиадертә бџьар аламырҵәара, насгьы атәылақәа маӡала ари аҭынчра иазырхоу атом арратә хықәкқәа рзы рхы иадмырхәарц аҟаҵара ауп. Жәларбжьаратәи атомтә фымцаз амаҵзура аиадертә материалқәа рхархәаразы хылаԥшра ҟанаҵоит, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, ари ахылаԥшра мҩаԥыргоит Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аинспекторцәа аҭыԥқәа рҟны. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура еиуеиԥшым атәылақәа апрактикатә цхыраара рзыҟарҵоит, насгьы абжьгарақәа рырҭоит атомтә фымца ахархәашьазы апрограммақәа рымҩаԥгаразы. Арҭ апрограммақәа рхықәкы хада – адыррақәа реимдара, атәылақәа атомтә программақәа рхархәара еиҳа ашәарҭара ацымкәа рхархәара алдыршарц ауп. Амаҵзура абжьгаҩцәеи амыругақәеи рзы адгаларақәа ҟанаҵоит, аҟазацәа аҵара днарҵоит.

Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы аиадертә технологиақәа рзы аинформациа еизнагоит, урҭ раларҵәара азы Вена иҟоу Жәларбжьаратәи аиадертә информациатә система ахархәара анаҭоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи рызҵаарақәа рзы ҷыдалатәи аусбарҭеи (ЮНЕСКО) Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзуреи еицхырааны Триест, Италиа иҟоу атеориатә физика азы Жәларбжьаратәи ацентр напхгара арҭоит. Иара убасгьы аиадертә физика ахархәара апринципқәа апрактика аҟны рхархәаразы аҭҵаарақәа ахьымҩаԥырго алабораториақәа хԥа аԥҵаны иамоуп, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзура Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аус ацнауеит амедицинеи абиологиеи рҟны арадиациа ахархәаразы апроблемақәа рызҵаарақәа рзы.

Аиадертә бџьар аламырҵәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы ихадараҵәҟьоу хырхарҭаны иамоуп – аиадертә бџьар аламырҵәара аус аиҿкаара. 1962 шықәса рзы 102 тәыла рнапы аҵарҩит аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра (ДНЯО). Аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иадҵан, ари аиқәышаҳаҭра знапы аҵазҩыз уи шынарыгӡо хылаԥшра аҭарагьы. Амҵзура ахылаԥшратә функциақәа – мамзаргьы Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы агарантиақәа – хықәкыс ирымоуп аиадертә бџьар змам атәылақәа рҟны аҭынчратә атомтә фымца аиадертә ахь ииаргаратәы аҟамҵара. Ас еиԥш агәаҭарақәа рымҩаԥгара алыршахоит аинспекциа мҩаԥысраны иахьыҟоу атәылеи Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзуреи аиқәышаҳаҭра рыбжьазар. Аилкаара агарантиа хатәгәаԥхаратәи еилкаароуп. Ус еиԥш хатәгәаԥхаралатәи агарантиақәа Амаҵзура иқәнаргылеит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа ду, Франциа, Китаи, Урыстәыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура ахәдықәҵарақәа аланарҵәеит, хыхь зыӡбахә ҳәоу хә-ҳәынҭқаррак рнаҩс даҽа 95% рҟынӡа аиадертә шьақәгылақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны. Иахьанӡа 225 еиқәышаҳаҭра аус руеит 141 ҳәынҭқарра рҟны.

Аиҿкаара аилазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура анапхгараҭаратә органны иҟоуп аконференциа Хада, анапхгаҩцәа Рхеилак, Амаӡаныҟәгарҭа. Аконференциа Хада — ари амаҵзура иреиҳаӡоу органуп. Иара аиҿкаара иалоу атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа алахәуп, аконференциа хада ауп анапхгаҩцәа Рхеилак алызхуа, насгьы амаӡаныҟәгарҭа аусура хылаԥшра азҭо, адиректор хада далызхуа. Аконференциа Хада шықәсык ахь знык иаарыԥхьоит. Анапхгаҩцәа Рхеилак акәзар, иара 35-ҩык ахылаԥшратә директорцәа рыла ишьақәгылоуп, амаҵзура анагӡаратә органуп. Иара иалшоит аӡбамҭақәа рыдкылара Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иалоу атәылақәа зегьы рзы зынагӡара хымԥадатәины иҟоу. Анапхгаҩцәа рхеилак иалоу шықәсыкахь хәынтә еизоит. Амаӡаныҟәгарҭа - административтә органуп, иара аилазаараҿы иҟоуп ашәырҭадареи аиадертә фымцеи аҟәша, уи аиадертә енергетикеи ареакторқәеи, аиадертә шәарҭадареи, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи анаука- техникатә информациеи рызҵаарақәа аӡбоит. Иҟоуп убасгьы аизотопқәа рыҭҵаара аҟәша, атехникатә усеицура аҟәшеи администрациа аҟәшеи. Амаӡаныҟәгарҭа адиректор Хада дызхагылоу, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура апрограммақәа рынагӡара ихахьы игоит, урҭ апрограммақәа Ахеилаки аконференциа Хадеи ианышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура адиректор хадацәа Адиректор Хада ԥшьышықәса аҿҳәарас иҭаны далырхуеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы директор хадацәас иҟан: Коул Стерлинг — Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1957—1961 шш.; Сигвард Еклунд — Швециа, 1961—1981 шш.; Ханс Бликс — Швециа, 1981—1997 шш.; Мохаммед ель-Барадеи — Мысра, 1997—2009 шш.; Амано Иукиа — Иапониа, 2009—2019 шш.

Аиҿкаара абиуџьет[аредакциазура | акод аредакциазура]

Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аусура шьақәгылоуп аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәа, аҳәынҭқаррақәа- адонорцәа, аиҿкаара иалам рбиуџьентнҭыҵтәи лагалақәа рыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аконференциа Хада есышықәса ишьақәдырӷәӷәоит. Ҿырԥштәыс иаагозар, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура абиуџьет 2010 шықәсазы ишьақәнаргылеит 315 400 000 евро.

Атәылақәа-алахәылацәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

2019 шықәса, жәабранмза 5 рзы ари амаҵзура иалаз атәылақәа рхыԥхьаӡара 171 рҟынӡа инаӡеит. Ҵаҟа иаагоу асиа иаанарԥшуеит иарбан тәылоу, насгьы иарбан шықәсоу Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура ианалалаз.

  • 1957 шықәса: Австралиа, Австриа, Албаниа, Аргентина, Афганистан, Беларусиа, Болгариа, Бразилиа, Венгриа, Венесуела, Виетнам, Гаити, Гватемала, Германиа, Грециа, Даниа, Доминикантәи Ареспублика, Египет, Израиль, Индиа, Индонезиа, Исландиа, Испаниа, Италиа, Канада, Куба, Марокко, Монако, Мианма, Нидерланды, Зеландиа ҿыц, Норвегиа, Пакистан, Парагваи, Перу, Польша, Португалиа, Кореиатәи ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа, Румыниа, Сальвадор, Иԥшьоу Престол, Еиду Акралра, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Асоциалисттә Федеративтә Республика Иугославиа, Таиланд, Тунис, Ҭырқәтәыла, Украина, Франциа, Швеицариа, Швециа, Шри-Ланка, Ефиопиа, Ҩадатәи Африка, Иапониа
  • 1958 шықәса: Бельгиа, Иран, Лиуксембург, Мексика, Судан, Филиппины, Финлиандиа, Еквадор
  • 1959 шықәса: Ирак
  • 1960 шықәса: Гана, Колумбиа, Сенегал, Чили
  • 1961 шықәса: Адемократиатә Республика Конго, Ливан, Мали
  • 1962 шықәса: Либериа, Саудтәи Аравиа
  • 1963 шықәса: Алжир, Боливиа, Кот-д'Ивуар, Ливиа, Сириа, Уругваи
  • 1964 шықәса: Габон, Камерун, Кувеит, Нигериа
  • 1965 шықәса: Кениа, Кипр, Коста-Рика, Мадагаскар, Иамаика
  • 1966 шықәса: Иорданиа, Панама
  • 1967 шықәса: Сингапур, Сиерра-Леоне, Уганда
  • 1968 шықәса: Лихтенштеин
  • 1969 шықәса: Замбиа, Малаизиа, Нигериа
  • 1970 шықәса: Ирландиа
  • 1972 шықәса: Бангладеш
  • 1973 шықәса: Монголиа
  • 1974 шықәса: Маврикиа
  • 1976 шықәса: Катар, Еизаку Арабтәи Аемиратқәа, Танзаниа
  • 1977 шықәса: Никарагуа
  • 1983 шықәса: Намибиа
  • 1984 шықәса: Китаи
  • 1986 шықәса: Зимбабве
  • 1992 шықәса: Словениа, Естониа
  • 1993 шықәса: Ермантәыла, Литва, Словакиа, Хорватиа, Чехиатәи Ареспублика
  • 1994 шықәса: Иемен, Ҟазахстан, Маршаллтәи Адгьылбжьаха, Аҩадатәи Македониа, Узбекистан
  • 1995 шықәса: Босниеи Герцеговинеи
  • 1996 шықәса: Қырҭтәыла
  • 1997 шықәса: Латвиа, Мальта, Молдова
  • 1998 шықәса: Буркина-Фасо
  • 1999 шықәса: Ангола, Бенин
  • 2000 шықәса: Таџьикисҭан
  • 2001 шықәса: Азербаиџьан, Сербиа, Агәҭатәи Африкатәи Ареспублика
  • 2002 шықәса: Ботсвана, Еритреиа
  • 2003 шықәса: Гондурас, Кыргызсҭан, Сеишелтәи Адгьылбжьахақәа
  • 2004 шықәса: Мавританиа
  • 2005 шықәса: Чад
  • 2006 шықәса: Белиз, Малави, Мозамбик, Черногориа
  • 2007 шықәса: Кабо-Верде*
  • 2008 шықәса: Непал, Палау
  • 2009 шықәса: Бахреин, Бурундиа, Камбоџьиа, Конго, Лесото, Оман
  • 2011 шықәса: Лаос Жәлар Рдемократиатә Республика, Тонга*
  • 2012 шықәса: Доминика, Папуа-Гвинеиа ҿыц, Руанда, Того, Тринидади Тобагои, Фиџьи
  • 2013 шықәса: Сан-Марино, Есватини
  • 2014 шықәса: Багамтәи Адгьылбжьаха, Брунеи-Даруссалам, Комортәи Адгьылбжьахақәа*
  • 2015 шықәса: Антигуеи Барбудеи, Барбадос, Вануату, Гаиана, Џьибути
  • 2016 шықәса: Гамбиа*, Туркменисҭан
  • 2017 шықәса: Сент-Винсенти Гренадинеи
  • 2018 шықәса: Гренада
  • 2019 шықәса: Сент-Лиусиа
  • Кореиа Жәлар Рдемократиатә Республика (КНДР), Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура (МАГАТЭ) 1974 шықәса рзы иалалаз, уи аилазаара иалҵит 1994 шықәса рзы.
  • Хыхь иаагоу асиа аҟны курсивла иалкаау егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ари аиҿкаара аҟны ишьақәырӷәӷәан Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аконференциа Хада ала, иахәҭоу аиуристтә документқәа аналарҵа анаҩс (Гамбиа, Кабо-Верде, Комортәи Адгьылбжахақәа, Тонга).

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аштаб-квартира[аредакциазура | акод аредакциазура]

1957 шықәса, жьҭаарамзазы аконференциа Хада актәи асессиа аделегатцәа ирыдыркылеит аӡбамҭа, Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аштаб-квартира Вена, Австриа, аиҿкааразы. Венатәи жәларбжьаратәи ацентр аадыртаанӡа, нанҳәамза 1979 шықәса, Амаҵзура аамҭалатәи аштаб-квартираны иҟан асасааирҭа «Гранд- отель», Венатәи аопера азааигәара игылаз. Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура иамоуп, иара убасгьы, арегионалтә ҟәшақәа ҩба –Торонто, Канада (аус ауеит 1979 шықәса раахыс), Токио, Иапониа (аус ауеит 1984 шықәса раахыс), иара убасгьы ҩ-биурок: Ниуи-Иорк, Еиду Америкатәи Аштатқәа (1957 шықәса раахыс), Женева, Швеицариа (1956 шықәса раахыс). Амаҵзура Венеи Заиберсдорфи, Австриа (1961 шықәса раахыс иаартыз), аиадертә технологиақәа рлабораториа напхгара анаҭоит, иара убасгьы Монако иҟоу алабораториа (1961 шықәса раахыс). Насгьы аҭҵааратә центр аԥҵоуп Италиа.

Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа ахеилак, жьҭаарамза 7, 2005 шықәса рзы Осло ирыланаҳәеит Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзуреи (МАГАТЭ) уи ахада Мохаммед ель-Барадеи ишранаршьо. Уи ишьақәнаргылеит 10 миллионк швециатәи акронқәа, имҩаԥысит Норвегиа аҳҭнықалақь аҟны, ԥхынҷкәынмза, 2005 шықәса рзы. 1997 шықәса раахыс аиҿкаара иахагылаз Мохаммед ель-Барадеи (Mohamed ElBaradei) Мысратәи (Египет) профессианалтә дипломатын. Ари аҭыԥ ахь иара ҩынтәны далхын – аҩынтәраан Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЭ) 2001 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа ахадас дыҟан.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]