Перейти к содержанию

Асакара

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ливиатәи асакара иҟоу аԥслымӡи аԥслымӡҳәыгәрақәеи

Асакараҳәа иашьҭоуп Адгьыл аҿы зегь реиҳа иахьшоуроу, ихбарроу аҭыԥқәа ахьыҟоу. Араҟа зынӡаскгьы ақәа леиӡом. Иҟоуп ҭыԥқәак 400 шықәса ақәа ахьымлеиц. Ҽынла асакарақәарҿы даара ишоуроуп. Лассы-ласс ашоура 60 градус аҟынӡа ихалоит. Аԥхын ҳара ҳҿы аасҭа ҩынтә еиҳаны уаҟа ишоуроуп. Уахынла даара ихьҭоуп. Уаҟа аԥслымӡ шьхақәа зеқь келометра инаӡоит. Асакараҿ амҩа аԥшаара даара иуадаҩуп. Мышқәак уныҟәозаргьы, аԥслымӡ шьхақәа рыда ԥсы зхоу акагьы уԥылаӡом. Асакара аҭынчра, аԥшашьҭыбжь мацара ауп еилазго. Аныҟәаҩцәа ара лассы-лассы ашоура бааԥси, ахьҭеи, аԥслымӡсыҭәҳәеи ирыниалоит. Убри аҟынтә, уа ухала аныҟәара шәарҭоуп. Уи азоуп ауаа агәыԥ дуқәа еизганы аныҟәарақәа зымҩаԥырго. Асакараҿы нхашьа амаӡам. Уи азоуп лассы-ласс ԥсы зхам адгьыл ҭыԥ ҳәа изашьҭоу.

Адгьыл аконтинетқәа зегьы рҿы, Антрактида ада, захьынџьара асакара уԥылоит. Ари идуӡӡоу аԥслымӡ шьхақәа, ма иҩежьуп ма ишкәакәоуп, урҭ ирацәаӡаны аҭыԥ рымҽхаркуеит. Аԥслымӡ фырҭын иахҟьаны асакара аформа есымша аҽаԥсахуеит. Асакараҿ анхара уадаҩуп. Уи азоуп уаҟа, уарла-шәарла ақалақьқәа зуԥыло. Аԥслымӡ шьхақәа рҿы аԥстәқәа маҷны инхоит. Урҭ ашоура бааԥс аҿы анхара рцәыуадаҩуп. Асакараҿы аҵиаақәа рдацқәа, дара шыҟазар ахәҭоу аасҭа, ҩажәантә роура еиҳауп. Усоуп урҭ адгьыл ацәаакыра шалырцәцәаауа. Зны-зынла урҭ рымахә шәпақәа рҿы, аӡы рҵәахуеит ашора бааԥс аныҟоу рхы иадырхәарц.

Асакараҿ аԥсҭазаареи аоазисқәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ԥсҭазаара ахьыҟам иҵыхәаԥҵәарадоу аԥслымӡра мшынаҿ зны-зынла иуԥылоит аҭыԥ иаҵәақәа-аоазисқәа. Аоазисқәа рҿы адгьыл-аҵантә аӡы халоит азы, уаҟа аԥсҭазаара ҟалар алшоит. Адгьыл аҵан аӡқәа анҭабалакь, аоазисқәа рҿы аԥсҭазаара аанҿасуеит. Нас уаҟа инхоу ауаа иҿыцу аоазисқәа ирышьҭалоит.

Адунеи иреиҳаӡоу асакарақәа
Мароккотәи асакара инхоз абедуинцәа

Сахара асакараҿы инхоит ахьшьцәа, абедуинцәа. Урҭ лассы - ласс ҭыԥк аҟынтәи, даҽа ҭыԥкахь ииасуеит, аоазисқәа рҿы аӡы ахьҭабо иахҟьаны. Абедуинцәа аҩнқәа рымаӡам. Урҭ ақәацәақәа рҿы инхоит. Рҭыԥ иахыҵырц анырҭахыу, рқәацә аарбганы, иаарласны даҽаџьара идыргылоит. Абедуинцәа амҩа ишықу ианрықәыхәла, амца еиқәырҵоит. Абедуинцәа амаҭәа шкәакәақәа ршәырҵоит. Ашоура бааԥс аныҟоу амра иамблырц азы. Рхырҿы лассы-ласс иҭарыҳәҳәоит амра иамблырц.

Абедуинцәа реидарақәа амахҽқәа рыла еиҭаргоит. Амахҽ - асакараҿы зегьы иреиҳау ԥстәуп. Иара амч ӷәӷәа амоуп, ирласны иҩуеит. Уи адагьы, асакараҿы фатәы-жәтәыда мыздуӡӡак иачҳауеит. Амахҽ афатәи аӡи абӷа аџьыҟәраҿ иҭаҵәахны иамоуп, ианаҭаххо хәыҷы-хәыҷла ахы ианархәарц.

Абедуинцәа амҩа иқәларан ианыҟо, џьарак рҽеидыркылоит. Реидарақәа амахҽқәа ирықәҿаҳәан, рыхәдақәа аҵәҵәақә ахшьны амҩа иқәлоит. Аҵәҵәақәа рыбжьы асакараҿы хараӡагьы иуаҳауеит. Уи ала амахҽқәа амҩа ишықәыу ала адырра рырҭоит амҩа иқәу. Асакарақәарҿы амахҽқәа реиԥш инхоит ажьақәа, абгахәыҷы злымҳа дуу, амаҭ, аҳәынаԥ…

Урҭ зегьы дара ртәыла, ари асакараҿы аԥсҭазаара рҽандраалоит. Аҵиаақәа рҟынтә зегь раасҭа ирацәаны иуԥылоит акактус, абаобаб, апальма.

Мексика Катавиньа арегион Ҵаҟатәи Калифорниатәи асакара иҟоу акактусқәа

Акактус ари дара иџьоушьаша аформа змоу ҵиаауп. Урҭ ргәыцәқәа шәпоуп, ақәыцқәа рымоуп, аха ашәҭ ԥшӡақәа рҿалоит. Акактус агәыцә аҿы, аӡы рацәаны еизнагоит, убри аҟынтә, ашора ахгара азымариоуп. Урҭ ақәыцқәа ирыцәшәо аԥстәқәа рацәоуп.

Абаобаб

Абаобаб Африка иазҳауеит. Ари ҵиа дуӡӡоуп. Уи ашәпара жәаҩа метра инаӡоит. Абаобаб зқьышықәса аԥсы ҭоуп. Иҟоуп 5000 шықәса зхыҵуа абаобабқәагьы. Ари иџьоушьаша аҵиааақәа иреиуоуп, ақәа анауа адацқәа рыла убриаҟара аӡы ажәуеит азы, даара ишәпахоит. «Аӡы злачыз абаобаб ашәымӷьар еиԥш итатоуп.

Аарҩарақәа аныҟоу абаобаб еиҭах «иагхоит». Абаобаб жәымзы бӷьыда игылоуп. Иара шықәсыкахь знык ишәҭуеит. Ашәҭқәа ҵхыбжьоноуп рҽанаадыртуа. Абаобаб ашаха алырхуеит, уи убри аҟынӡа иӷәӷәоуп, аслангьы иазыԥҵәашам. Ирҳәоит абаобаб уаҵагылар, угәы иҭоукыз хымԥада инаӡоит ҳәа.

Еицырдыруа асакарақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Сахара - адунеи аҿы зегьы иреиҳауп. Уи Африкатәи аконтинент аҿы иҟоуп. Сахара, ҵакырала Австралиа иаҟароуп. Убри аҟара идуӡӡоуп, аԥслымӡ мшын ҳәа иашьҭоуп. Иара есааира ацлара иаҿуп. Сахара уарла-шәарлоуп ақәа шауа. Ара убас ишоуроуп, ақәа цәыкәбарқәа адгьыл иқәҭәаанӡа ихылҩа-ԥсылҩахоит аҳауаҿы. Ацаҟьақәа шьыжьы инаркны хәлаанӡа 100 градуск рҟынӡа ишуеит.

Уи аамҭазы амра аӡы ицәургылар ахәараҳәа ишуеит. Аха, уахынла даара ихьҭоуп. Аныҟәаҩцәа ақәацәқәа дыргылоит, амца еиқәырҵоит рыҽдырԥхарц.

Сахара лассы-ласс аԥслымӡ фырҭынқәа асуеит. Урҭ угәуҽанӡамкәа ирласны ицәырҟьоит, убри аҟынтә ақалақьқәа лассы-ласс ихырҩоит. Ишыу аԥслымӡ фырҭын анаҩс, Сахара аҳауа убас аҽаԥсахуеит, аихалыхқәа, амаҭәа, ауҩы ихцәы амцабзхәыҷқәа рыхҟьоит.

Зегь раасҭа иҵаау, иԥсҭазаарадоу асакара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари адәеужь шкәакәа раԥхьа ианубо сыла ихҟьаз џьушьоит. Аха, аиашазы, ари иҵаау сакароуп. Уи Аргентина иҟоуп. Уаҟа аминералтә џьыка мацароуп иҟоу уи азы, ԥсы зхоу акагьы зынхаӡом.

Зегь раасҭа ихбарҭоу асакара, асакара Атакама ауп. Уи Америкатәи аконтинент аҿы иҟоуп. Атакама асакараҿы, ԥшьышә шықәса ақәа амуӡац.

Асакараҿ аԥслымӡ еиҳарак иҩежьуп, аха Египет асакара шкәакәеи, асакара еиқәаҵәеи уԥылоит. Аҩбагьы даара иԥшӡоуп. Ус еиԥш аԥштәеиқәаҵәа заиуз, уаҟа изызҳауа аҵиақәа рзоуп. Урҭ анҩалакь, еиқәаҵәамҳаҳараӡа иҟалоит азы аԥслымӡгьы дыреиқәаҵәоит.

Асакараҿы еилкаашьа змам ацәырҵрақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Асакараҿы зегь раасҭа иџьоушьоу цәырҵроуп алаԥшҵашәарақәа (амираж): Шьыбжьагәазы, амра анкаццеиуа, аныҟәаҩцәа рылаԥш иҵашәоит алаԥшҳәааҿы ақалақьқәа, амшын, аоазисқәа… Ашоура бааԥс иаркараз аныҟәаҩцәа рыбла иажьоит избанзар, урҭ ирбо зынӡагьы иҟаӡам. Амра иаршыз аҳауеи асабеи анеилалалакь, иџьоушьаша асахьақәа рылҵуеит. Урҭ амираж ҳәа ирышьҭоуп. Амиражқәа лассы- ласс ицәырҵуеит Атакамеи Сахареи асакарақәа рҿы.

Ахархәара змоу алитература

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • George, Uwe (1978). In the Deserts of this Earth. Hamish Hamilton. ISBN 978-0-241-89777-5.
  • Pye, Kenneth; Tsoar, Haim (2009). Aeolian Sand and Sand Dunes. Springer. ISBN 978-3-540-85910-9.
  • Bagnold, Ralph A. (1941). "The physics of blown sand and desert dunes". Nature. 148 (3756): 480–481. Bibcode:1941Natur.148..480H. doi:10.1038/148480a0. S2CID 38251361.
  • Macmahon, James (1988). Deserts. National Audubon Society nature guides. Random House / Chanticleer Press. ISBN 978-0-394-73139-1.