Апатырџьан

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Апатырџьан

Апатырџьа́н, апамидо́р, атома́т, апаҭырџьа́н (алаҭ. Lycopersicon) — Урыстәылаҟа иаанагеит 1850 шықәсазы Европантәи. Усҟан иҟаз апатырџьан ахкыжәлақәа акы-ҩба ракәын. Уажәы идырҿиеит еиуеиԥшым апатырџьан хкыжәлақәа: рацәак идумхо, заа иҟало, идухо, иаухо, иссахо, ихьшәаны иҟало, аҟаԥшьқәа, аҩеижьқәа, ажьымжәа еиԥшу уб. иҵ. Рызегьы бзиа ирбоит аԥхарра, ираабӡом аӡысаамҭа, ирнаалоит арҵәыра дгьылқәа. Апатырџьан ларҵоит ажәлала, идырхиоит аиҭаҳатә, ииаганы еиҭарҳауеит, алаба аварсны иадырҳәалоит, ирыҵкәоит, аҵармақьа еиҵарԥхьа ақәҭәаны ирхәышәтәуеит. Апатырџьан ашәҭқәа рхала ибыбыцыркхауеит. Иҿало ашәыр аргәыцқәа азныказы ииаҵәоуп (ицәышуп),икьакьоуп, ианшәлакь итатахоит, иҟаԥшьхоит. Иҟоуп апатырџьан хкыжәлақәа 200-300 грамм зкапануа ашәыр зҿало. Апатырџьан иҿало ашәырргәыц рфоит ишаӡоу, иалырхуеит афатәқәа ирыларҵо алаҭәатәқәа (соус), аршқәа, ирҵәахуеит ирҵәны, ирылырхуеит ажьырӡы, апаста, акәаха.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011