Сахаров, Андреи Дмитри-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Андреи Дмитри-иҧа Сахаров» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Андреи Дмитри-иԥа Сахаров

Андреи Дмитри-иԥа Сахаров (аур. Андре́й Дми́триевич Са́харов; лаҵарамза 211921 ш., Москваԥхынҷкәынмза 141989 ш., Москва) – еицырдыруа афизик, аҵарауаҩ, академик, аводородтә бомба аԥҵаҩы. А. Сахаров уаажәларратә усзуҩын, зинхьчаҩын, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Сахаров – 1975 шықәсазы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.[1]

Дмитри Сахаров ихәыҷреи иқәыԥшреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Андреи Дмитри - иԥа Сахаров диит маи мза 21, 1921 шықәсазы Москва. Иара иаб, Дмитри Сахаров, афизика амаҭәар арҵаҩыс дыҟан, иара дравторуп акыр арҵага шәҟәқәеи анаукатә усумҭақәеи. Иан, Екатерина Сахарова, аҩныԥҳәысын, аха лышьҭра даара еицырдыруаз шьҭран.

Андреи Дмитри - иԥа Сахаров аҩнытә ҵара ауп иоуз, ашкол ахь данца акәзар, иаразнак абыжьбатәи акласс ахь дрыдыркылеит. 1938 шықәсазы иара Москватәи аҳәынҭқарратә университет (МГУ) афизика афакультет дҭалоит. Аибашьра ианалага, Арратә академиахь дцараны дыҟан, аха игәамбзиара иԥырхагахеит, убри аҟынтә иара ибзиаӡаны ҳәа 1942 шықәсазы ауниверситет далгоит.[2]

1942 шықәсазы Андреи Сахаров аус иуан Улиановсктәи арратә зауад аҟны, 1944 - тәи ашықәс анҵәамҭазы дҭалоит П.И. Лебедев ихьӡ зху СССР Анаукақәа Ракадемиа афизикатә институт латәарадатәи аспирантура аҟәша (ФИАН), 1945 шықәса алагамҭазы латәаралатәи аҟәшахьы диасуеит.

1948 шықәсазы Андреи Дмитри - иԥа Сахаров анаукатә гәыԥ далаҵан, Игор Тамм напхгаҩыс дызмаз. Ари агәыԥ анапы злакыз атермоиадертә бџьар апроблемақәа роуп. Сахаров иакәын абомба аԥҵаҩыс иҟаз (иара иоуп аводородтә бомба аԥҵаҩысгьы иԥхьаӡоу), 1953, 1955, 1961-тәи ашықәсқәа рзы иԥыржәаз. Иара убри аамҭазы аҵарауаҩ аус адиулоит атермоиадертә синтез апроблема.

1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Андреи Сахаров еиликауеит атермоиадертә бџьар иаҵоу ашәарҭара зегьы, 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны активла ауаажәларратә усура далахәуп. Уи иахҟьеит 1986 шықәсазы аҵарадырра аҟынтәи инаскьагара, аҟәыҭхара.[3]

Аҭҵаарадырратә усура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иаазыркьаҿу Андреи Дмитри-иԥа Сахаров ибиографиа аҟны ишазгәаҭоу ала, 1944 шықәсазы аспирантура дҭалоит, 1947 шықәсазы Сахаров акандидаттә диссертациа ихьчоит, МЕИ аҟынгьы аусура далагоит, 1948 шықәсазы – маӡалатәи агәыԥ аҟны, ари агәыԥ напы алакын атермоиадертә бџьар аус адулара.

1953 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчоит, иаразнакгьы акорреспондет – алахәылас аҟалара аҭахымкәан, дакадемикхоит (иара изын абжьгара ҟаиҵеит академик И. В. Курчатов). Уи аамҭазы иара 32 шықәса ракәын ихыҵуаз.[4]

Сахаров – азинхьчаҩ[аредакциазура | акод аредакциазура]

50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сахаров иаарласны аиадертә бџьар азы имаз агәаанагара аҽаԥсахит. Уи дықәгыло далагеит уи аҭыжьра аанкыларазы. 1961 шықәсазы аҵарауаҩ Н. С. Хрушьов диеисуеит, аиадертә бџьар Адгьыл ҿыц (Новая земля) аҟны аԥышәара, «Аиадертә бџьар х-ҭагылазаашьак рҟны аԥышәара азин аҟамҵаразы аиқәышаҳаҭра» аус адулара ихы алаирхәит, Андреи Сахаров азинхьчаҩцәа рҵысра даԥхьагылеит, дагьықәгылоит И. В. Сталин ириашара даҿагылаҩны, уи азын Л. И. Брежнев иахь иаарту ашәҟәы инапы аҵаиҩит.

Уи аамҭазы иара КГБ ишьклаԥшуа иалагахьан, акьыԥхь аҿы акәзар, иара изкыз анҵамҭақәа рыла иҭәын, иҩны, идача акырынтә азинхьчаратә усбарҭақәа еимырдахьан, уи зегьы зыхҟьоз Еиду Америкатәи Аштатқәа рзы ашпионаж идырҳәаларц иахьашьҭаз ауп.[5]

60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи, 70-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Андреи Сархаров аҳәаанырцәтәи акьыԥхь аҟны дцәырҵуеит, иара активла «сталинтәи арежим» даҿагыланы дыҩуан, даара дақәыӡбон СССР Чехословакиа иахьақәлаз, аполитикатә репрессиақәа, акультура аусзуҩцәа ркыдцалареи ацензуреи дырҿагыланы дықәгылон. Абри аамҭазы иара иаартны адиссидентцәа рахь аинтерес ааирԥшуан, дрылахәын аӡбаратә процессқәа. Урҭ руак аҟны иара длабадыруеит Елена Боннер, аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз.

1975 шықәсазы Сахаров ианашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа.[6]

Горкиҟа иахгара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1980-тәи ашықәсазы Андреи Сахаров дахганы Горки ақалақь ахь дрышьҭуеит. Уа иара иусура иациҵон, ихьӡқәеи иҳамҭақәеи зегьы шихырхызгьы, ишимырхызгьы. Сахаров иҩымҭақәа аҳәаанырцә иркьыԥхьуан, урҭқәа иара иԥсадгьыл аҟны иақәыӡбон. Дахганы даныҟаз аамҭазы изныкымкәа акрыфара даҟәыҵуан, ачгара рылеиҳәахьан, иԥҳәыси иҭацеи рыдгылара ала. Аха убри аан Мраҭашәара Сахаров идгыланы акомпаниақәа мҩаԥнагон.[7]

Москваҟа игьежьра, аполитикатә усура алагара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1986 шықәсазы Андреи Сахаров иԥҳәыси иареи Москваҟа игьежьуеит. Иара ириашара зыбзоурахаз М.С. Горбачиов иоуп, уи иахгара аҟынтәи иргьежьра Иу.Андроповгьы дшазхәыцуазгьы. Москва уи иус дазыгьежьит, азинхьчаратә усура хациркит, 1988 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа дцоит, дырҭаауеит Англиа, Франциа, Еиду Америкатәи Аштатқәа. Сахаров аҳәаанырцә иҟазаара аан М. Тетчер, Ф. Миттеран, Д. Буш, Р. Реиган реиԥш иҟаз аполитикатә ԥхьагылаҩцәа дырԥылеит.

1989 шықәсазы иара далхын жәлар реизара адепутатс, насгьы далахәын жәлар рдепутатцәа актәи реизара ду, аус адулара далагоит аконституциа ҿыц апроект. Аҵыхәтәантәи иқәгыларақәа раан Андреи Сахаров иаахтны иҳәон Афганистанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ахәҭаны ишиԥхьаӡо, иагьшалгатәу.[8]

Асоветтә водородтә бомба аб[аредакциазура | акод аредакциазура]

Андреи Дмитри-иԥа Сахаров – даара дуаҩ дуун, иара ганкахьала даара дуникалтәын, аха убри аан имариамыз аҭагылазаашьа дақәшәоит: ҵабыргны иара асоветтә водородтә бомба аб ҳәа изырҳәоит, аха убри аан иара иаҟарагьы аиадертә бџьар иаҿагыланы иқәгылоз дмаҷуп.

Андреи Сахаров иԥсҭазаара зегьы аус иуан атермоиадертә синтез апроблемақәа рыӡбара иадҳәаланы, аха уи иара иԥырхагамхеит ауаажәларратәи аполитикатәи ус амҩаԥгаразы.

Андреи Сахаров имҩа афизик-иадершьикк иаҳасаб ала иалагеит 1945 шықәсазы, иара ФИАН аспирантура данҭала инаркны. Аҵарауаҩ қәыԥш еицырдыруа афизик-атеоретик Игор Тамм инапхгарала аусура далагоит. Сахаров раԥхьатәи иусура алҵшәақәа аанашьҭит ҩышықәса ааҵхьаны – иара зызкыз иуадаҩыз аиадертә процессқәеи ацәырҵрақәеи ракәын, атомтә гәыцәқәа рҟны имҩаԥысуаз.[9]

Анаҩстәи Сахаров илагалақәа ртәахьы ҳаиасаанӡа маҷк аҭоурых атәы.[аредакциазура | акод аредакциазура]

1945 шықәсазы, америкаа имҩаԥыргоит аиадертә бомба раԥхьатәи аԥышәара, Асовет Еидгыла акәзар, ас еиԥш аԥышәара мҩаԥнагеит 1949 шықәсазы. Аха ари аамҭазы иаԥырҵахьан атермоиадертә синтез атеориа, уи иабзоураны иаԥҵазарц алшон жәантә, шәынтә еиҳа иӷәӷәаз абџьар, аиадертә аасҭа.

Теориала атермоиадертә реакциа даара имарианы иаарԥшуп: ҩба, мамзаргьы цырақәак иласу аиадертә елементқәа (иаҳҳәозар, аводород, уи ихьанҭоу аизотопқәеи) иаку гәыцәны еидылоит, иагьаԥырҵоит ихьанҭоу амаҭәашьар (иаҳҳәозар гели) уи иоунашьҭуеит аенергиа ӷәӷәа. Атермоиадертә реакциа амаҵ ауеит, аиаҵәақәа ренергиа азы ихыҵхырҭоуп, иара убас амрагьы.[10]

Атермоиадертә синтез асхема[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари атеориа аҟны ишьақәыргылам рацәоуп, агәыцәқәа реилалара алыршахоит иҳаракӡоу ашоурақәеи ақәыӷәӷәара дуқәеи раан. Убри аҟынтә атермоиадертә синтез Адгьыл аҟны аԥҵара уадаҩын, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аҭахны иахьыҟаз азы. Абри аҳасабтә аӡбара акәын аҩажәатәи ашәышықәсазы афизикцәа-аиадершьикцәа, Сахаров дназлаз, зҵаара хаданы рҿаԥхьа иқәгылаз.

1948 шықәсазы даара аҵакы змаз ахҭыс ҟалоит Андреи Сахаров иԥсҭазаараҿы – иара (еиҳаракгьы хыхь зыӡбахә ҳәоу аусумҭа иабзоураны) – Тамм напхгара зиҭоз ҷыдалатәи агәыԥ даларҵоит, урҭ аводородтә бомба аус адырулон. Аханатә дара рнапы злакыз абомба аԥҵара акәмызт, игәарҭон атермоиадертә бџьар аԥҵара ахьынӡауа атеориа ала, урҭ аԥҵан аҵарауаҩ Иаков Зельдович инапхгарала.[11]

Иара убасгьы, Сахаров аус адиулеит атермоиадертә еиҵаҵа азы ихатәы шьақәгылашьа, уи хьӡыс иаиуит «слоика». Уи абомба аиҿартәышьа бзианы иаанарԥшуан – агьежь, атермоиадертә еиқәҵақәа рыла ишьақәгылоу (деитерии) насгьы, аиадертә (аԥсабаратә урани, еиҵаҵо урани) еиҵаҵақәеи рыла.

Ари атеориа аус адулара «раԥхьатәи аидеиа» ҳәа ахьӡ ахьаиуз, анаҩсгьы иара мҩаԥызгоз Андреи Сахаров иоуп. Аха раԥхьатәи аводородтә бомба ҩ-идеиак рсинтез акәын шьаҭас иамаз: актәи зтәыз Сахаров иакәын, аҩбати – адгалара ҟаиҵеит 1948 шықәсазы Витали Гинзбург. Аиҵаҵага иаанарԥшуан «аслоика», аха уа адеитери ахаҭыԥан ҷыдалатәи аизакра ахархәара аман – деитерид литии захьӡыз. Ари амаҭәашьар атомтә еиҵаҵа атҟәацра аан ихьанҭаз аводородтә изотоп ахылҵуан (тритии) уи зегь реиҳа аеффективра злаз, иманшәалаз термоиадертә былтәын. Асоветтә ҵарауаа ахыццакуан ари абомба аԥҵара, аха америкатәи аҵарауаа урҭ ираԥыргеит, аҵыхәтәантәиқәа раԥхьатәи абомба аҿырԥшы аԥышәара мҩаԥыргеит ноиабр 1, 1952 шықәсазы. Андреи Сахарови иара игәыԥи ракәзар (раԥхьа иргыланы Сталин), ргәы зларҟажоз акәны иҟан америкатәи аҵарауаа иаԥырҵаз хымцабџьарны иахьыҟамыз, уи ԥышәагак аҳасаб ала иаԥҵаз акакәын. Аиашазы, адунеи зегьы аҟны раԥхьатәи аводородтә бомба х-еихагылак змаз аҩны еиԥшын.[12]

Асоветтә бомба раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥысит август 12, 1953 шықәсазы, аха аамҭак анаҩс, Андреи Сахаров академикс далхын, Сталин ипремиагьы алауреатс дҟалоит, иагьиоуеит Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа амедал.

Анаҩстәи асоветтә водородтә бомба ԥжәан ноиабр мза, 1955 шықәсазы, аха 1961 шықәсазы аԥышәара иахыжьын зегь реиҳа иӷәӷәаз 50 - мегатонна иҟаз абомба. Арҭ аҩ-проектк рҟынгьы Андреи Сахаров иакәын ихадаз ароль аанызкылоз, иара иакәын атермоиадертә синтез аԥҵаразы атеориагьы апрактикагьы аамҭак азы аус адызулоз.

Андреи Дмитри-иԥа Сахаров инапы злакыз атермоиадертә бџьар аԥҵара мацара акәмызт – уи изын даара аинтерес аҵан атермоиадертә реакциақәа зегьы. Абарҭқәа зегь раан иара дақәыӡбон аҵарауаа аводородтә бомбақәа раԥҵара рнапы ахьалакыз, насгьы даара дақәгәыӷуан атермоиадер аҭынчразы ахархәара аиуп ҳәа. Ари ахырхарҭалагьы Сахаров иҟаиҵаз маҷым.

Иҳәатәуп Андреи Сахаров ихаҭа аводородтә бомба аԥҵаҩыс ихы шимыԥхьаӡоз. Иара ишьақәирӷәӷәон, асоветтә термоиадертә бџьар коллективла иаԥҵаз акы акәын ҳәа. Абра иазгәаҭатәуп Гинзбург, Тамм, Зельдович русумҭақәа, иара убасгьы аӡәырҩы егьырҭ афизикцәеи ыҟамызтгьы, СССР иаԥҵахомызт ари аҟара иӷәӷәаз абџьар хкы. Аха зегь акоуп, атермоиадертә синтез аԥҵара аус аҟны Андреи Сахаров илагала даараӡа идууп, иара акыр иидеиақәа шьаҭас ирымоуп акыр ареакторқәа, ауаа рзын ҵыхәаԥҵәара змам аенергиа иахыҵхырҭаны иҟаларц зылшо раԥҵарагьы.

Андреи Сахаров иидеиақәа ируакуп – аплазма иӷәӷәоу мхылдызтә дәык аҭакра.[13]

Иԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Андреи Дмитри-иԥа Сахаров иԥсҭазаара далҵит, иаалырҟьаны игәы аанкылара иахҟьаны, декабр 14, 1989 шықәса рзы.[14]

Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Андреи Сахаров ихьӡқәа рыхҵоуп адунеи 33 тәыла рҟны еиуеиԥшым аобиектқәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нидерланды, Франциа, Германиа, Латвиа, Литва, Швециа, Швеицариа уҳәа егьырҭ атәылақәагьы рҟны.
  • Андреи Сахаров инысмҩа иаку хәшьарак аҭара уадаҩуп, аха иара ихаҭагьы ибзианы еиликаауан ауаажәларра иқәыӡбалар шакәу, ирҽхәара акәымкәа.[15]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-01-03 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich
  3. https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html
  4. http://yakov.works/libr_min/04_g/or/elik_05.htm
  5. https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html#i-6
  6. http://www.seaofhistory.ru/shists-122-1.html
  7. https://putdor.ru/famous/gorkovskaya-ssylka-andreya-dmitrievicha-sakharova.html
  8. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2020-02-16 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  9. https://vikent.ru/enc/4170/
  10. https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich
  11. https://calcsbox.com/post/andrej-dmitrievic-saharov.html
  12. http://gubernia.media/number_469/03.php
  13. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2020-02-16 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  14. https://echo.msk.ru/blog/baltshuler/2553659-echo/
  15. https://www.abcfact.ru/4826.html