Амикроскоп

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Амикроскоп

Амикроско́п[1] (абырзен бызшәахьтә иаагоуп абырз. μικρός «микро» – ахәыҷӡа аанагоит + σκοπέω «скопиа» – ахәаԥшра)

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Зыԥсы ҭоу ацәеижь аԥсҭазаашьа аилкааразы адәахьала ахәаԥшра мацара азхом. Ибатәуп, еилкаатәуп уи аҩныҵҟа злы- ху ацәеижьхәҭақәа шеиҿартәу, аус шыруа. Ауаҩы ибла еилкаа- ны иабоит иҟәазу амаҭәарқәа. Ацәеижь злыху амаҭәашьарқәеи ахацқәеи убысҟак иссоуп, ардугала уахәамԥшыкәа иубом.

Аҵиаақәеи аԥстәқәеи рцәеижьқәа рыхәаԥшразы рхы иадырхәоит алупеи амикроскопи. Алупа захьӡу ардуга маҭәар ихәыцит Афанасии Кирхер XVII ашәышықәса алагамҭазы. Уи шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны. Изхәаԥшуа, ирдуны ирбарц ирҭаху амаҭәар иақәыркуа, зыҩганк ылгәыгәу асаркьалых алинза иамоуп излаукыша амаа. Алупақәа ыҟоуп ихәыҷуи, идуи. Урҭ ирылшоит ардура 2-нтә инаркны 300-нтә рҟынӡа. Лупала акы иахәаԥшуа амаа кны асаркьа далԥшуа иазааигәеитәуеит дызхәаԥшырц ииҭаху амаҭәар цқьа ибо иҟалаанӡа.

Алашаратә микроскоп захьӡу ардуга маҭәар алшарақәа еиҳауп. Уи иалшоит 3600-нтә рҟынӡа ардура.

Иҟоуп аелектронтә микроскопқәа жәанызқьла азырҳара зылшо. Урҭ хархәара рзыруеит аҭҵааратә лабораториа дуқәа рҿы. Амикроскопқәа рыҟаҵашьа ауаа ирдыруеит XVII ашәышықәса аахыс. Усҟан зегьы иреиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡон Голландиатәи аҟаза Антони ван Левенгук иҟаҵамҭа.

1665 шықәсазы англыз ҵарауаҩ Роберт Гук микроскопла зегьы раԥхьаӡа акәны дахәаԥшит апробкаҵла ацәа. Уи уаҟа иибаз аҿаԥарақәа ибеит микроскопла данахәаԥш амҵырбӷьы агәыцә аҿгьы. Ашьҭахь уи дрыхәаԥшуан аҷых (морковь), ауапа- лашьшьы, аҭырас убас иҵегьы акыр аҵиаақәа рыҩныҵҟатәи ргәыцәқәа. Иибоз асахьақәа акырџьара еиԥшын. Ақьырмыт хәыҷқәа реиԥш еиваԥсаны иибоз ацыра иахьӡиҵеит цитос – аԥсышәала уи иахьӡуп ахац (урысшәала – клетка). Аҵиаақәа адәахьала еиԥшӡам, аха рызегьы излыху излашьақәгылоу ахацқәа рыла ауп. Ахац зхала аҟазаара зылшо, зхала ау- сура зылшо, зыԥсы ҭоу, ацәеижь злашьақәгылоу, иреиҵоу цәеижьхәҭоуп. Уи иамоуп ахатәы еиҿкаашьа. Амикроскоп ала ахац аиҿартәышьа аҵара еиҳа имариоуп. Уи ирдуны иунарбоит ауаҩы ила иазгәамҭо ахац аформеи ишеиҿартәуи.

Амикроскоп аиҿартәышьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. Амикроскоп ахәҭақәа зегьы еидызкыло амаа (аштатив).
  2. Атубус, аокулиар, аобиектив. Иаазыхәхәоу, зыҩныҵҟа ардуга линзақәа зҭоу атрубка иахьӡуп атубус. Хыхьтәи аҭаԥ- шырҭа иахьӡуп аокулиар. Атубус ҵаҟатәи анҵәамҭаҿы иаҿарҵо, зыԥсахра ауа атрубка хәыҷы иахьӡуп аобиектив.
  3. Амаҭәарқәҵарҭа. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар ықәҵаны ахьдырҟацо. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар иҵаӷаӡаны иԥҟаны асаркьа кеикеи хәыҷы ақәырҷабны заа идырхиоит.
  4. Асаркьа. Алашара зынҷҷаланы, изхәаԥшуа амаҭәар ҵаҟантәи изырлашо.
  5. Архиага бруқәа. Руакы – еиҳау – инықәырԥшны иазааигәазтәуа, аҩбатәи – еиҵоу – икылкааны иақәзырхио.

Амикроскоп лашарада акгьы унарбаӡом. Убри азы алашаратә микроскоп ҳәа азырҳәоит.

Амикроскопқәа рыла изхәаԥшуа амаҭәар ҵаӷазароуп алашара алсыртә еиԥш. Амаҭәар ахәҭақәа зегьы еилыхха иубо иҟаларц азы шәыгала иршәуеит. Ус иҟаҵоу амаҭәар иахьӡуп апрепарат. Уи заа алабораториақәа рҿы идырхиоит, нас ашколқәа рахьгьы инаргоит, кыраамҭа рхы иадырхәоит.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]