Перейти к содержанию

Амаршьан, Витали Џьота-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Витали Џьота-иԥа Амаршьан
Виталий Джотович Амаршан

Витали Џьота-иԥа Амаршьан
Аира цәыббрамза 221941 ш.
Џьгьарда ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аԥсра хәажәкырамза 242020 ш.
Аусура апоет, апрозаик, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) алахәыла

Витали Џьота-иԥа Амаршьан (аур. Виталий Джотович Амаршан; цәыббрамза 221941 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа — хәажәкырамза 242020 ш.) – апоет, апрозаик, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) алахәыла. Аԥсны жәлар рпоет. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (2015). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡареи ианашьан. Дыҩуан аԥсышәала.

Акыр заа иаб диԥхеит (1943 ш.). Витали, иара убас иашьцәа еиҵбацәа Валерии Артури рааӡеит рани ран лаҳәшьеи. В. Амаршьан далгеит Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол (1959). 1962 ш. нахыс А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аҵара иҵон. 1965 ш. иҵара ааныжьны А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1970 шықәсазы. Алитинститут аҟны апоетикатә ҟазара амаӡақәа аҵихуан еицырдыруа аурыс поет, алитератураҭҵааҩ С. С. Наровчатов напхгаҩыс дызмаз асеминар аҟны. Аҵара еицырҵон, егьеиҩызцәан иналукааша аурыс поет Иури Кузнецови иареи. Аус иухьеит ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь аредактор хада ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс.

В. Амаршьан заа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1962 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны») аҟны, уи нахыс - ажурнал «Алашара» (№4) аҟны. Раԥхьатәи иажәабжьқәагьы кьыԥхьын «Алашара» адаҟьақәа рҟны (1966). Апоет ҿа ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба рырҿиара, иара убас аурыс классикцәа: А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит иара убас ажурнал «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Правда», «Известия», «Литературная газета», «Литературная Россия» уҳәа. Иҭижьхьеит хыԥхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, аповестқәа, ароманқәа, аочеркқәа. 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи еидызкыло ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.

В. Амаршьан иажәеинраалақәа жәпакы, иҭоурыхтә роман «Аԥсҳа» еиҭагоуп аурыси аҭырқәеи бызшәақәа рахь.

Аԥсшәахь еиҭеигеит В. Н. Соколов, С. С. Наровчатов, З. М. Тхагазитов, И. Ш. Машбаш, К. С.-Г. Џьегуҭанов, Р. Гамзатов ражәеинраалақәа, В.М. Шукшин, Г.Д. Гәлиа, Е.Ф. Басариа ражәабжьқәа, М. Твен ироман «Том Соиер ихҭысқәа» уҳәа егьырҭгьы.

  • аԥсышәала: Агәеисыбжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966.
  • Еиуеиԥшым аҟазшьақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1967.
  • Сразҟы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969.
  • Ааԥынтәи ақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1972.
  • Мрагыларахь зхы хоу акәасқьа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1974.
  • Аигәныҩра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975.
  • Амш ахәлара иҳамнахаанӡа. Ароман. Аҟәа, 1981.
  • Ашьхыцқәа ртәыла. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983.
  • Аччаԥшь. Ажәабжьқәа. Аҟәа. 1986.
  • Схәыҷра аӡынра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1988.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1991.
  • Аԥсҳа. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 1994.
  • Уашхәа мақьаԥсыс. Аҭоурыхтә хьӡыртәра. Аҟәа, 1999.
  • Бзиала уаабеит, Том Соиер! Ажәабжьқәа, аиҭагақәа, ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002.
  • Иҩымҭақәа реизга: 6-томкны. Аҟәа, 2005-2010.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Месяц сева. Стихи. М., 1980.
  • Там где люди, там и я . Стихи. Сухуми, 1980.
  • Леон Апсха. Исторический роман. Сухум, 2003.
  • Апсха Леон. Историческии роман. (2-е издание). Сухум, 2012.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 928-929