Аламиа, Геннади Шьаликәа-иԥа
Геннади Шьаликәа-иԥа Аламиа (аур. Геннадий Шаликович Аламиа; ԥхынгәымза 24, 1949 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион) — Аԥсны шәҟәыҩҩы, поет, политик.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1949 шықәса ԥхынгәымза 24 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. 1966 шықәсазы дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт афизика-математикатә факультет. 1968 шықәсазы дцоит Москваҟа - дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт. Далгеит 1973 шықәсазы.
Генади Аламиа - ауаажәларратә хеидкыла, жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп, редакторс даман абри афорум агазет «Аидгылара». Уаанӡа аус иуан ажурнал «Амцабз» аредакциаҿ.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Генади Аламиа аԥсуа-абаза (абаза) жәлар адунеижәларбжьаратәи рассоциациа маӡаныҟәгаҩ хадас дамоуп, дыҟоуп иара убас аџурнал «Абаза» аредактор хадас.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1964 шықәсазы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Адәы иаҵәа. Аҟәа, 1971 шықәса.
- Мышкы аԥсҭазаара. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Амцажәла. Аҟәа, 1979 шықәса.
- Аҳаԥи ацәашьи. Аҟәа,1979 шықәса.
- Аԥшьа ҭыԥ. Аҟәа,1982шықәса.
- Хара ицатәуп. Аҟәа, 1985 шықәса.
- Иҟоуп ус амшқәа. Аҟәа, 1987 шықәса.
- Геннади Аламиа иеиҭагамаҭақәоуп Шекспир - «Акрал Лир», «Иули Цезар», Кальдерон - «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», А.Грибоедов - «Зыхшыҩ зызрыцҳараз», хаз-хаз еизгақәаны иҭыҵхьоу К. Хетагуров, М.Чкуту рырӡиамҭақәа.
- Геннади Аламиа дравторуп жәлар рҳәамҭа шьаҭас измоу Апсны агимм ажәакәа.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 933
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аламиа Геннадий Шаликович (аур.)
- Аламиа Геннади Шьаликәа-иԥа (аԥс.)