Перейти к содержанию

Акьанџьа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Акьанџьа — ахәыҷқәа бзиа ирбо хәмаргоуп. Еиҳараӡак акьанџьақәа рыла ахәмарра бзиа избо аӡӷабцәа роуп. Лассы-лассы акьанџьақәа ахьӡқәа рырҭоит. Ахәыҷқәа лассы-лассы бзиа ирбо акьанџьақәа рыцышьҭарҵоит ианыцәо. Аҷкәынцәагьы акьанџьақәа бзиа ирбоит.

Иаҳҳәап: Пиноккио, ма Чебурашка аҷкәынцәа бзиа ирбо акьанџьақәа роуп. Аӡӷабцәа еиҳарак бзиа ирбо акьанџьақәа Барби ауп. Сара ишәзеиҭасҳәоит ахәыҷқәа бзиа ирбо акьанџьақәа ртәы. Уара ухала иалых, еиҳараӡак бзиа иубо, иугәаԥхаз акьанџьа.

Барби – аӡӷаб хаҿсахьа змоу кьанџьоуп. Лара лхаҿсахьа ԥшӡоуп, лыхцәы дууп. Барби илшәуп еиуеиԥшым амаҭәақәа. Ахәыҷқәа ирылшоит акьанџьақәа иршәу амаҭәақәа ршәыхны, даҽа маҭәақәак. Барби ҭрыжьит 1960 ш. азы. Раԥхьаӡатәи акьанџьа Барби дхышын. Усҟан Барби акьанџьақәа зегьы рыхцәқәа шкәакәан. Анаҩс ицәырҵит зхы-зҿы иеиқәоу акьанџьақәа. Иҟоуп азиатә, иапониатә, африкатә акьанџьақәа Барби.

Барби лгәы мҿыӷьырц азы иҭрыжьит лара лҩызцәа акьанџьақәа. Барби лҩызцәа даара иагьылахҿыхуп, иагьыԥшӡоуп. Барби длымоуп бзиа илбо аҩыза. Барби бзиа илбо ихьӡуп Кен. Барби даара еицырдыруа кьанџьоуп. Лара илызкны иҭыхуп ирацәаны акиносахьақәа.

«Барби амшынҟызтә ӡиаҿы»
«Барби хҩык амушкетиорцәеи»
«Барби абырлаш хани»

Пиноккио амҿы иалху кьанџьоуп. Пиноккио аҷкәын хаҿсахьа змоу кьанџьоуп. Даара узырччо аԥынҵа ду амоуп. Пиноккио изызку алакә аԥиҵеит италиатәи ашәҟәыҩҩы Карло Коллоди. Шәара ижәдыруама ишыҟарҵаз акьанџьа Пиноккио? Зны, хаҵак амҿы иалхны иҟаиҵеит акьанџьа. Акьанџьа даара ирччагахеит. Ахаҵа акьанџьа данахәаԥшуаз даара дарыччон. Уи ашьҭахь акьанџьа ахьыӡ аиуеит – Пиноккио. Пиноккио аиталиан ажәоуп иаанагоит «амҿтәы бла». Пиноккио изку алакә аҿы акьанџьа аԥсы ҭаланы, анахь-арахь иҩуа иалагоит. Ахаҵа уи даара деигәырӷьеит. Пиноккио иаарласны амҩахь дцәырҵит. Аҩызцәа рацәаны ирҳаит. Пиноккио иҩызцәа ирыхьӡуп Мальвина, Пьеро, Арлекин. Пиноккио иҩызцәеи иареи анеицу даара илахҿыхуп.

Чебурашка – даара иԥшӡоу кьанџьоуп. Чебурашка иазкны аҭоурых иҩит аурыс хәыҷтәы шәҟәыҩҩы. Чебурашкагьы иара иоуп изхәыцыз. Чебурашка даара ихәыҷу, иузеилымкаауа ԥстәуп. Иара егьымшәӡам, иегьжьам. Уаанӡа ижәбахьаз агыгшәыгқәа иреиԥшӡам. Ицәҩабжьу ахәы ақәуп. Чебурашка ақалақь аҿы аӡбахә аӡәгьы издырӡом. Есымша ахала иҟоуп. Нас, акрокодил иабадыруеит. Акрокодил иахьӡуп Гена. Акрокодил Гена азоопарк аҿы аус ауан. Чебурашкеи, Генеи лассы-лассы азоопарк ахь еиццон. Даара бзиа ирбоит аицәажәареи, еицны акаҳуажәреи. Чебурашкеи Генеи ирацәаҩны аҩызцәа рымазар рҭахуп. Чебурашкеи Генеи даара ргәы разуп. Дара лассы-лассы ауаа ирыцхраауеит. Чебурашка аҩызцәеи ирызкны иҭыхуп даара аинтерес зҵоу амультфильм. Шәара ари амультфильм даараӡа ишәгәаԥхоит.

Арҭ акьанџьақәа адәқьанқәа рҿы ирҭиуеит. Иара убас амузеи аҿгьы иуԥылар алшоит. Ара ирацәоуп акьанџьақәа: Барби, Чебурашка, Пиноккио убас егьырҭгьы. Атәылақәа зегьы ирымоуп рхатәы кьанџьақәа.

Аԥсны иҟоуп даара иԥшӡоу акьанџьақәа рмузеи.

Акьанџьақәа рбарц азы уи иаҭаауеит ирацәаны ауаа.