Ажәытәӡатәи еллинааи аҩреи
Адәныҟатәи асахьа
Ажәытәӡатәи еллинааи аҩреи
Ажәытә Еллинтәылан ус рҳәон: «Уӷәӷәахарц уҭахызар – уыҩла, уԥшӡазарц уҭахызар – уыҩла, уҟәышзарц уҭахызар – уыҩла». Абри еиԥш аҩыра ахаҳә ианырҵеит.
Ажәытә Бырзентәыла аҩра даара аҵак дуӡӡа арҭон. Аҩра-аспорт хкқәа ируакуп. Ажәытә Еллинтәылан аҩра иазҟаз ауаа рхы иадырхәон ажәабжь анацҳаразы.
Бырзентәыла ақалақьқәа иреиуаз Олимп шықәсык ахь знык аҩраз аиндаҭлара мҩаԥыргон. Ас еиԥш иҟаз аиндаҭларақәа «Олимпиатәи ахәмаррақәа» ҳәа ирышьҭан. Арҭ ахәмаррақәа аеллинқәа реиԥш, даҽа тәылақәак ратлетцәагьы алахәын. Зегь раасҭа иласыз даиааиуан. Аиааира згаз адаԥ гәыргьын ихарҵон.
Амарафон аҿы аҩразы иаиааиз, ақалақь аҿы ибаҟа дыргылон. Ажәытә Еллинтәылан аҩра даара хшыҩзышьҭра арҭон.