Ажәытәӡатәи Мысра акультура

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ажәытәӡатәи Мысра аҩыра ахкқәа

Ажәытәӡатәи Мысраацивилизациа 4 нызқь шықәса раԥхьа ҳара ҳера ҟалаанӡа  ицәырҵыз, адунеи аҟны зегь реиҳа ижәытәӡатәиу ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсабаратә ҭагылазаашьа  бзиа иабзоураны, Ажәытәӡатәи Мысра заа иҿио иалагеит акультуреи аҟазареи. Абри аамҭазы Ажәытәӡатәи мысраа зыхә ҳараку аихамаҭәа иалхны арԥшӡагақәа ҟарҵон, ицәырҵуа иалагеит аҩыра, есааира  аҭҵаара дыррақәа аҽеизакра иаҿын.

Ажәытәӡатәи мысраа рбызшәа аҵарауаа ирдыруа иҟалеит ахаҳәи амсырқьаадқәеи рыҟны еиқәхаз аиероглифтә ҩырақәа рыла. Мысратәи абызшәа адунеи аҟны зегь реиҳа ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иԥхьаӡоуп, зхатә ҩыра змаз - ҳара ҳҟынӡа иааӡаз заатәи анҵамҭақәа ҳара ҳера ҟалаанӡа 3-4-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит. Мысраа иналукааша реихьӡарақәа ируакуп ирымаз аҩыратә система, уи ахархәарала иаадырԥшуан рхәыцра аҷыдарақәа, рыҩныҵҟатәи рцәаныррақәа, рыгәҭахәыцрақәа. Ажәытәӡатәи Мысра архитектура еицырдыруеит адамрақәа рыргылашьақәа рыла -  Гиза апирамида, аныхабаатә, ахантә комплексқәа - Луксорсктәи аныхабаа, Амарна аҳҭынра.  Ажәытәӡатәи Мысра иҟамызт иаку азеиԥш динхаҵара, иҟан еиуеиԥшымыз аҭыԥантәи акультқәа,  еиуеиԥшым анцәахәқәа ирызкыз. Аҭҵаарадырра, амедицина, аметаматика Ажәытәӡатәи Мысра усҟантәи аамҭазы рыҿиараҟны акыр рыҩаӡара ҳаракын. Ақьабзтә емпиризм, Едвин Смити Еберси рымсырқьаадқәа шаҳаҭра ззыруа (1600ш. ҳера ҟалаанӡа), раԥхьаӡа акәны Ажәытәӡатәи Мысра ицәырҵит.

Ажәытәӡатәи Мысра адунеитә цивилизациа акультуратә ҭынха ду азыннажьит, уи аҟазара аԥҵамҭақәа ажәытәӡатәи аамҭазы адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рахь иалганы иргон, егьырҭ атәылақәа рҟазацәа урҭ ирхырҩылаауан, ирхыркьыԥхьлон.

Абызшәеи аҩыреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡамысратәи абызшәа аҵарауаа ирдыруа иҟалеит ахаҳәқәеи амсырқьаадқәеи рыҟны еиқәхаз хыԥхьаӡара рацәала аиероглифтә ҩыра анҵамҭақәа рыла. Зыԥсы ҭам абызшәақәа излархыԥхьаӡоу ала, аегиптологиа аҿиара аамҭазы иуԥылон аҵакы аилкаара (адешифровка) иацыз ауадаҩра, уи қәҿиарала имҩаԥигеит афранцыз ҵарауаҩ Ж. Ф. Шампольон 1822 ш. ҩ-ьызшәатә еллин-мысратә нҵамҭақәа рхырхәарала.  Ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра мысратәи абызшәа афразиатә бызшәатә ҭаацәара ирхыԥхьаӡалоуп ҳәа иаԥхьаӡоит, ари абызшәатә ҭаацәара аҩныҵҟа уи асемиттәқәа, мамзаргьы ачадтә бызшәақәа ирзааигәоуп. Абызшәа ашьақәгылара мҩапыссуан адинастикатә аамҭа ҟалаанӡа (5200-3000 шш. ҳара ҳера ҟалаанӡа),  Мысра еиуеиԥшым аенолитикатә культурақәа рыҟнытә апротомысратә хылҵшьҭрақәа хазы ралкаара ианалага. Анаҩс, адинастиатә аамҭақәа зегьы раан (2700 ш. раҟара аҵанакуеит), мысраа рбызшәа аҿиареи атрансформациеи рзы еиуеиԥшым аамҭақәа ирхысит, убри алагьы абызшәа ныҟәызгоз, иаҳҳәозар, Заатәи Аҿыц аҳратәреи раамҭақәа рзы, рбызшәа акыр аиԥшымзаарақәа аман. Аеллинисттә аамҭа инаркны мысраа ирныруа иалагеит ажәытәӡатәи аеллин бызшәа, анаҩс римлианаа анаа - алатынтә нырра. Арабцәа ианрыпыҵархала  анаҩс, аҵыхәтәантәи абызшәа аныҟәгаҩцәа Нил архақәеи аӡалаларҭақәеи рыҟны ирыланхаз арабцәа ирылаӡҩеит,  арҭ абызшәа ҿыци аҵасқәеи  рҿырҵааит (2). Урҭ ирыҵанакӡомызт мысраа иреиҵаз рыхәҭак-акоптцәа, акопттә бызшәала ицәажәоз, ажәытәӡамысратәи аҵыхәтәантәи абызшәа иалацәажәоз, ишнеиуаз уи адинхаҵаратә усмҩаԥгатәқәа ирбызшәаны иҟалеит (аҿиара мҩаԥысуан II ашәышықәса инаркны, зыԥсы ҭам ҳәа иԥхьаӡоуп XIX ашәышықәса раахыс).

Мысратәи абызшәа адунеи ажәытәӡатәи абызшәақәа ируакуп, аҩыра змаз - еиқәхаз ажәытәӡатәи анҵамҭақәа ҳера ҟалаанӡа 4-тәи 3-тәи азқьышықәсақәа рынҵәамҭақәа ирыҵаркуеит. Убри аамҭа инаркны Мысратәи аҩыра адыргақәа аман, ажәақәа "аазырԥшуаз", иара убас ацыбжьыҟақәа реицааира аазырԥшуаз адыргақәа, уи моу хазы игаз ацыбжьыҟақәеи азеиԥш ҳәаақәҵагақәа рзы анбантә дыргақәагьы.

Аԥхьаӡаҩцәа рхы иадырхәон ахыԥхьаӡара рацәақәа: 10 000, 100 000, иара убас 1 000 000, урҭ зегьы ирыман рхатәы ажәақәеи адыргақәеи. Мысраа рҩыра еиуеиԥшым ахкқәа рыла ишьақәгылан: иероглифика - сахьанҵа рацәала (иероглифқәа), иератика  - иаазыркьаҿу  урҭ рсахьанҵашьақәа, демотика - еиҳа иаармариоу, насгьы еилаҵоу адыргақәа. Ажәытәӡатәи мысраа еиҳарак ганлатәи цәаҳәала иҩуан, арӷьарахьтә армарахь, еиҳа имаҷны  - армарахьтә арӷьарахь. Зны-зынла хыхьынтә иҩуа ҵаҟа илбаауан, уи есқьынгьы хыхьынтә иаԥхьон.  Мысратәи анапылаҩыра арӷьарахьтә армарахь аԥыжәара амазаргьы, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырреи алитературеи рыҟны еиҳа рхы иадырхәоит армарахьтә арӷьарахь аҩра. Мысратәи анапылаҩыраҟынтә иаауеит амероиттәи акопттәи аҩыра. Актәи азқьышықәса аҽеиҩшамҭазы, Мысратәи аҩыра ахкқәа зегьы ыӡит, анаҩс иԥшааз еиҳа ихьшәоу аиероглификала аҩыра IV ашәышықәса иаҵанакуеит, адемотикала – V ашәышықәса (4).

Ажәытәӡатәи мысраа ирымаз аихьӡарақәа ируакуп зхатә хаҿра змаз анапылаҩыратә система, уи ҩышьала хы-хкыкны ишан: аиероглифика, уи иахылҿиааит еиҳа аласҩразы  иҟаз аиератика, зыҿиара мҩаԥысуаз 700 ш. ҳара ҳера ҟалаанӡа, уи аасҭа еиҳа иласыз акурсив лигатур рацәаны измаз –адемотика (5).

Мысратәи аиероглификатә ҩыра Ажәытәӡатәи Мысра хархәара аман шамахамзар 3500 ш. рҟынӡа, ҳ.ҟ. ахԥатәи аԥшьбатәи азқьышықәсақәа рынҵәамҭа инадыркны. Аиратикатә ҩыра ахархәара аман атекстқәа мысра бызшәала рыҩраҟны. Ари ажәытәӡамысратәи напылаҩыра ласы заатәи аформахь иаҵанакуан, уи цәырҵит I адинастиа аан, ахаҳә, амсырқьаад мамзаргьы асахҭан аҟны аиероглификатә дыргақәа қыцәла иананырҵоз аамҭазы, уи иабзоураны адыргақәа еиҳа ихаргьежьыз, акурсив форма роуит. Адемотикатә ҩыра рхы иадырхәон мысратәи абызшәа ихьшәаны ианыҿиоз аамҭа иаҵанакуа атекстқәа ранҵаразы.

Ажәытәӡамысратәи алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

Итәоу мысратәи аписар истатуиа, зшьамхқәа амсырқьаад  ықәкны изку. Иара ԥшаауп мраҭашәаратәи аԥсыжырҭаҟны Гиза (Мысра V адинастиа XXV—XXIV ашә. ҳ. ҟ.).

Мысратәи алитература, Ажәытәӡатәи Мысра афараонқәа раамҭа инаркны иҩыз аурымтәи аҳра анҵәамҭанӡа шумертәи алитература налаҵаны, адунеи аҟны раԥхьатәи алитература ҳәа иԥхьаӡоуп. Х-нызқь шықәса рыҩныҵҟа мысраа иаԥырҵеит ибеиоу асахьаркыратә литература, еиуеиԥшым ажанрқәа аԥырҵеит.

Ажәытәӡатәи аҳратәра аамҭазы (26-22 ашә. ҳера ҟалаанӡа), алитературатә рҿиара иалан аԥсыжратә текстқәа, асалам шәҟәқәа, адинхаҵаратә гимнқәа, ажәеинраалақәа, зыхьӡ нагоу авельможацәа рмаҵзурақәа еиҭазҳәоз агәаларшәагатә автобиографиатә текстқәа. Абжьаратә аҳратәра аамҭазы (XXI—XVII ашә. ҳера ҟалаанӡа) иаԥҵан ажәабжьҳәаратә литература. Ари "ахархәагақәа рреволиуциа аамҭа", Р. Б. Паркинсон иажәақәа рыла, аписарцәа ринтеллекттә ҩаӡара аизырҳара,  ахаҭаразы иҿыцыз акультуратә цәаныррақәа, зеиԥшҟамлацыз аҵарадырра аҩаӡара уҳәа анапылаҩыратә материалқәа рнеира ахьалыршаз уҳәа ирыбзоураны иҟалеит.

Ажәытәӡамысратәи аҭоурых аҟны аԥхьареи аҩреи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны амаҵзураҟны раԥхьа иргыланы иқәдыргылоз аҭаххарақәа рахь иаҵанакуан, аиҳабыратә чынуаа абжьааԥнытәи русураҟны аҵара змаз асоциалтә гәыԥқәа - аписарцәа (9)(1)(11) рҟынтә ацхырара роуан аха. Рамессидаа рхаан Анастаси II лымсырқьаад иаанарԥшуеит аписарцәа "ишеиҿыркаар акәыз аӡҭачқәа рыҭҵаара, иқьармытлыху пандусқәа рыргылара, аԥсыжарҭатә баҟақәа рымҩангарахь ицараны иҟаз ахацәа рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара, арратә миссиа назыгӡоз реиқәыршәара аиҿкаара». Убри анаҩсангьы, аиҳабыраҟны аусуразы аписарцәа иара убас ацхыраара рырҭон аҵара змамыз ауаа асалам шәҟәқәа рыҩраҿы, аӡыргаратә материалқәеи аиуристтә документқәеи реиқәыршәараҟны.

Аҵара змаз ауаа рхыԥхьаӡара иартәон 1%, егьи иаанхаз ахәҭахьы иаҵанакуан аҵара змамыз анхацәа, ахьшьцәа, анапҟазацәа, егьырҭ аусзуцәа, иара убас ахәаахәҭцәа, писартә амаӡаныҟәгаҩ ицхыраара зҭахқәаз.  Рамессидаа раамҭазы аписарцәа рыстатус ҷыдала ҳаҭыр шамаз атәы иазкуп арҵагатә текст "Азанааҭқәа рсатира" (pSallier II), ара автор аскульптура, аҟәџьалҟаҵаҩцәа, аԥсыӡкцәа, адгьылқәаарыхыҩцәа, уҳәа егьырҭ азанааҭқәа змаз ауаа рҟазара иацыз ахьанҭара дахыччон аписар изанааҭ иадкыланы.

Атекстқәа шьақәдыргылон еиуеиԥшым ахархәагақәа рыла. Ажәытәӡатәи Мысра анапылаҩыраҟны аҟыга ианаврагыланы зегь реиҳа ихадаз маҭәарны иҟан аҟармаш ҩыга, уиа ала ахаҳәқәа аҩырақәа ҭаԥыҟҟааны ианырҵон. Аҩыга апигмент иӡааршьуан: аиқәаҵәа (арацәа), аҟаԥшь (аохра) – амсырқьаад - Cyperus papyrus аҳаскьын агәыцә иалхны иҟаҵаз иҵаӷаз аматериал, иара убас акерамика мамзаргьы ақьыртә хыбаҩқәа рыҟны аҩырақәа анырҵон [1][12][9][7]. Амырқьаадрҳәы акыр зыхә цәгьаз коммерциатә маҭәарны иԥхьаӡан, урҭ реиҳарак апалимпсестқәаны иҟоуп - анапылаҩырақәа, атекст ҿыц анҵара  азырхиаразы ажәытә текст аныӡәӡәааны, мамзаргьы иӷьӷьаны изныхыз11]. Ари ацәырҵра амсырқьаад иалху адокументқәа еиҳа имаҷыз асалам шәҟәқәа рзы иҟарҵоз амыжәжәарақәа иаҳәо иҟалалоз адефицит атәоуп, Cyperus papyrus[11]. аҵиаа аиура аныцәгьаз аамҭазы. Ахаҳә, акерамикатә маҭәахәқәа, амсырқьаад инаҷыданы ирыҩуан аҵла аҟны, аслан баҩы аҟны, иара убас агипс аҟны[1][7][11].

Ажәабжьҳәаратә литература[аредакциазура | акод аредакциазура]

Паирус Весткар, XV—XVII-тәи адинастиақәа  раамҭазы иератикала иҩыз ашәҟәы  "Аҳ Хеоԥс иаҳҭынра иазкыз алакә", абжьарамысратә бызшәала ианҵоуп, ахархәара аман XII династии[8]:295-296 аамҭазы.

Алакәқәеи ажәабжьқәеи Абжьаратәи аҳра аамҭа иаҵанакуа, абжьаратә Мысратә бызшәала  иҩу еиҳа имаҷу жанруп еиқәхаз алитератураҟнытә.  Аха Аҳра ҿыц Рамессидтәи аамҭа инаркны   Ажәытәӡатәи Мысра ихшәоу аамҭа аҟынӡа,  еиҳа еиқәхаз алитературтә аԥҵамҭақәа рахь иԥхьаӡоуп ажәабжьҳәаратә литература[13].  Хадара злоу ажәабжьқәа рахь иаҵанакуеит «Аҳ Хеопс Иаҳҭынра  иазку алакә», «Аҳ Неферкаре аинрал Сасенети», «Аҿаԥыц бзиа змоу анхаҩы изку аповест», «Иӡааҟәрылаз аӷба иазку алакә» [8][9]. Аҳҭынра ҿыц ажәабжьтә корпус иаҵанакуеит  «Пепии Секененреи реимак», «Иупа агара», «Акгьы зқәым апринц», «Ҩыџьа аишьцәа ирызку аповест», «Уну-Амон иныҟәарақәа».

Актәи азқьышықәса ҳера ҟалаанӡа иаҵанакуа ажәабжьқәа рыбжьара иҟоуп адемотикала иҩу рахь иаҵанакуеит «Амлакра астелақәа»  (Птолемеиа рхаан иҩыз, аха Ажәытә аҳра иазку аисужет ала), птолемеитәи аурымтәи аамҭақәа ирыҵаркуа ажәабжьқәа рцикл, еицырдыруа аҭоурыхтә усуҩцәа рхаҿсахьақәа еиҭакны, иаҳҳәозар, Хаемуас (XIX-тәи адинастиа), Инарос (актәи аперсидтә аамҭа) ихыҭҳәаау фырхацәаны иаарԥшу. Уаанӡа, иҿыцу иҿыцумысра бызшәала иҩу ажәабжьқәа рыҟны авторцәа еиҳа иаадыррԥшуан анцәахәқәеи амифологиатә фырхацәеи.

Ахшыҩрҵарақәа, абжьгарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

остракон аиератикатә салам шәҟәы зцу, уаҟа аиҳабыра рыхьӡқәа ргәаладыршәоит, Мысра XXI-тәи адинастиа аамҭазы аԥсыжырҭақәа ргәаҭареи ррыцқьареи ирылахәыз. (1070-945шш. ҳера ҟалаанӡа).

«Арҵара» («абжьгарақәа») ажанрқәа, иара убас «азхәыцратә дискурсқәа» ржанр еидкылазар алшоит аҟәыӷара алитература аҳәаақәа ирҭагӡаны, ажәытәӡан Мрагылара Ааигәа иаларҵәаз [8]:110.  Ари ажанр адидактикатә хырхарҭа амоуп, излазгәаҭоу ала, Абжьаратә аҳраҿы аписарцәа рҵара апрограмма иалан[8]:110, 235. Убри анаҩсангьы, абжьгарақәа рахь иԥхьаӡоуп арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ажәабжьҳәаратә елементқәа. Ишьақәырӷәӷәоуп, атекстқәа аԥҵан ҳәа зегь раԥхьа иргыланы, аҵарадырразы акәымкәа, аидеалогиатә хықәкқәа рзы ҳәа[8]:236-237.  Ҿырԥштәыс иаагозар, Адольф Ерман иҩуеит, Аменемхет I ихыҭҳәаау иабжьгарақәа (1991-1962 шш.ҳера ҟалаанӡа) иԥацәа рзы «ашколтә философиа аҳәаақәа акыр ирҭыҵуеит, ашкол зынӡагьы акала иадҳәалаӡам иԥацәа аҳ игәра ргаларц азы ргәырҽанҵара аганахьала» [9]:54.  Усҟантәи аамҭазы ажәабжьтә литература (иаҳҳәозар, «Аҿаԥыц бзиа змоу анхаҩы иповест азы») ауаажәларреи усҟан иҟоу аидеологиеи ирҿагыло хаҭалатәи афырхаҵа изку атема аанарԥшуеит; арҵара атекстқәа, уи иаҿагыланы, иаҵшьны ирҳәоит  адогмақәа ишрықәныҟәатәу[5]:217.

"Зыгәра гоу ауаа дырҵара" - Аҳра ҿыц аиератикатә хҩылаа.

Атекст азнагараҟны ихадоу ажәақәоуп "адырра"(rh) иара убас "арҵара" (sba.yt) [8]:110. Арҭ атекстқәа еиҳарак ашаблонтә хьыӡқәа рымоуп  «X ала Y-азы иҟаҵоу абжьгара», Х - ахыԥша бзиа змоу хаҿуп (иаҳҳәозар, визируп мамзаргьы фараонуп), зԥацәа аморал иазхьазырԥшуа. Зны-зынла иуадаҩуп ихәыцу адресатқәа шаҟа ыҟоу раарԥшра, избанзар текст аҟны ахархәара амоуп азаҵәгьы арацәа хыԥхьаӡарагьы[8]:236-238.

Арҵара ажанр аҿырԥшқәа рахь иаҵанакуеит ҳҳәар ҳалшоит «Птаххотеп иабжьгарақәа», «Аменемхет иабжьгарақәа»,  «Харџьедеф иабжьгарақәа», «Зыгәра гоу иабжьгарақәа», иара убас «Аменемоп иабжьгарақәа» [8]:313-319. Абжьаратә аҳра аҟнытә еиқәхаз арҵагатә текстқәа еиҳарак амсырқьаад аҟны иҩын[8]:235-236, аԥыжәжәахақәа рвариантқәа аӷәаҟны, насгьы остраконқәа рыҟны[15]:458. Зегь реиҳа изаатәу ашколтә ӷәы (Птаххотеп иабжьгарақәа) арҵагатә текст ахҩылаа ацны ажәаатәи адинастиа иаԥнагоит. Птаххотепи Кагмени имҩаԥыргоз абжьгарақәа Присс имсырқьаад аҟны иԥшаан, Абжьаратә аҳра XII адинастиа амчраҟны ианыҟаз[16][8]:313-315.  «Зыгәра газ иабжьгарақәа» актәи ахәҭа еиқәхеит Сехетепибр XII династии[8]:318-319 адинастиа аԥареизакҩы ихаҳәтә стеллаҟны, аҩбатәи ахәҭа шьақәыргылан Аҳратә ҿыц 69 хҩылаа рыла[15]. Мерикар, Аменемхет, Харџьедеф рабжьгарақәа Абжьаратәи аҳра аамҭа иатәыз иоригиналтәу текстқәаны иҟан, аха рыхҩылаа ауп еиқәхаз Аҳра ҿыц аҟны[8]:313-319.. Аменемоп иабжьгарақәа Аҿыц аҳраан аҵакы аарԥшын[17].

Аҵәыуарақәа, аицәажәарақәа, адиалогқәа, аҿаҳәатәқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абжьаратәи аҳра «аҿаҳатәы атекстқәа», «аҵәыуарақәа», «аицәажәарақәа», «апокалипстә  литература»[8]:110, 193[14]:283[17]:6-7 ажанрқәа –рахь иаҵанакуеит абас еиԥш иҟоу аԥҵамҭақәа, «Ипувер иҳәамҭа», «Неферти иҿаҳәатәы» «Згәы каҳаз Ба иацәажәараан» (актәи Аиҭаҵратә аамҭа иаҵанкуеит). Излеилкаау ала, ари ажанр аҿырԥштәы амаӡамызт Ажәытәӡатәи аҳра аамҭазы, иоригиналтәу аԥҵамҭакгьы цәырымҵӡеит Аҳра ҿыц ахаан [18]:103. Аха егьа убас иҟазаргьы, «Неферти иҿаҳәатәы» аԥҵамҭа лассы-лассы ихырҩылаауан Аҳра ҿыц рамессидтәи аамҭазы[17]:6-7. Абжьаратәи аҳразы ари ажанр аанкылан. Мысратәи аиҿцәажәаратә литература аиҭарҿиара иалагеит Птолемеев иберзентә династиаҟны аурым аамҭазы, усҟан иҩын абас еиԥш иҟаз аԥҵамҭақәа «Адемоттикатә хроника», «Асыс аҿаҳәатәы», «Акыцӡҩы иҿаҳәатәы», иара убас аиҿцәажәаратә текстқәа ҩба,  фырхаҵа хадас  Нектанеб аҩбатәи дахьыҟоу (360-343 ҳера ҟалаанӡа). Арҵагатә текстқәа инарҷыданы, арҭ атекстқәа аҟәыӷара алитература иагәылоуп, Мрагылара Ааигәа акыр иаларҵәоуп.

Асахьаҭыхратә  ҟазара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Небамон идамра аҟынтә Мысратәи асахьанҵа (1400 ҳ ҟ.).

3500 шықәса аҩныҵҟа зегьы асахьаҭыхыҩцәа аканони аформақәеи ирықәныҟәон Ажәытәӡатәи аҳра аамҭазы аахыс ишьақәгылаз, апринципқәа реизга еилагмакәа, адәныҟантә аныррақәа, аҩныҵҟатәи аҽыԥсахрақәа аныҟаз аамҭазгьы. [19]. Ас еиԥш иҟаз асахьаҭыхратә стандартқәа аарԥшын имариаз ацәаҳәақәеи аформақәеи рыҟны, афигурақәа ирҟазшьаз иҟьаҟьаз апроекциаҟны, анаӡаӡааратә ҵаулара арбарада, ари аиҿкаареи акомпозициа абаланси уныруа иҟанаҵон. Асахьақәеи атексти аныхабаа аҭыӡқәеи,  ақардамеи, аԥсыжырҭақәеи, астелеи, астатуиақәеи рыҟны еилаӡҩаны иаарԥшын. Ашәыгақәа аминералқәа ирылырхуан, иара убас аихатәы маден (аҟаԥшьи аҩежь охреи), абҩатә маден (аиаҵәеи ашьацԥшшәи), алҩақҷышә, мамзаргьы амҿы иалху арацәа (аиқәаҵәа), акьыр (ашкәакәа). Урҭ аларыԥсар рылшон   агуммиарабика ахь, акнаҵларазы, анаҩс ҽыҭ-ҽыҭла еиҩыршон, ианаҭахха, ӡыла идырбааӡон. [19]:74.

Ажәытәӡатәи Мысра аҟазара аканонқәа зқьышықәсала ишеиқәдырхозгьы, асахьаркыратә стиль еиуеиԥшым аамҭақәа рзы акультуратәи аполитикатәи ҽыԥсахрақәа рныԥшуан. Убас, Аварис иԥшаан афрескақәа аминоиск стиль змаз, агиксосқәа анрықәыла ашьҭахь, Ехнатон амчраҿы даныҟаз аҿиара аиуит «амарнтәи аҟазара», иааҳакәыршаны иҟоу адунеи ареалтә сахьа аҟәынҵаразы аҵак ду змоу.

Аҿыханҵа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи Мысра арелиефқәа аԥшшәы рацәала иршәуан, асахьанҵақәа еиҳа имаҷын аханқәа, аныхабаақәа, адамрақәа рыҟны, урҭ рхыхь акәын асахьақәа ахьырныз. Ажәытәӡатәи Мысратәи арелиефқәа жәпакы еиқәхеит аԥсабараҟны аарҩара ахьыҟаз иабзоураны. Ахаҳә ахыхь ашәра иаздырхион - аҳәынҵәа аҿыгҳара аџьаџьара иҟәымшәышәу агипс ақәырҭәон, анаҩс акьыр, абасҟан ашәыга бзианы иакуеит. Аргыларатә пигментқәа, шамахамзар, минералтәқәан,  асахьақәа амра алашара ацәыхьчаразы. Ашәыга еиуеиԥшымкәа еилан - акәтаӷьтә темпера, иканҵло еиуеиԥшым амаҭәашьарқәеи амзашеи. Убри аангьы аҭыӡсахьа ишахәҭаз еиԥш аҟаҵара алшаӡомызт. Убри аҭыԥан рхы иадырхәон ирҩоу ақәҵакәырџьабга аҿыгҳараҟны ашәыга, а secco ҳәа изышьҭаз аҭыӡсахьа. Аҿыханҵа хыхь алаки амзашеи рыла ихҟьан, асахьанӡа акыраамҭа аиқәырхаразы. Ас еиԥш иҟаз атехникала иҟаҵаз идумыз асахьақәа бзианы еиқәхон, аха астатуиа дуқәа рыҟны шамахамзар, ари аҩыза уԥыломызт. Еиҳараӡак абас еиԥш иҟаз аметодқәа ахархәара рызун имаҷыз амҿлыхтә статуиақәа рҟны [21].

Архитектура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гиза аирамидақәа

Ажәытәӡатәи Мысра архитектурақәа рыхьӡ еицырдыруеит адамрақәа рыргыларақша рыла - Гиза апирамидақәа, аныхабаақәа, аныхатә комплексқәа - Луксорсктәи аныхабаа, Карнактәи акомплекс, Амарна аханқәа.

Аҭыӡқәа адәныҟатәи аҩныҵҟатәи рганқәа, иара убас аколоннақәа еиуеиԥшым аԥшшәқәа змоу аиероглифқәеи афрескақәеи рыла ихҟьан[22].  Хыԥхьаӡара рацәала Мысратәи аорнаментқәа рмотив, аҽкьырбылгьа, мамзаргьы иԥшьоу абжы асахьақәа, амратә диск, акьаш, урҭ асимволтә ҵакы змоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Егьырҭ ирылаҵәаны иҟоу амотивқәа рахь иԥхьаӡоуп апальма абыӷьқәа, амсыр қьаад, иара убас лотос ашәҭқәеи аларҭақәеи. Акульт хыбрақәа жәпакы реиҿкаашьа амши аҵхи реиҟарареи,  амш агхара ианалагои ирхьыԥшын[24].. Адекоративтә хықәкы инаҷыданы, аиероглифқәа хархәара рыман аҭоурыхтә хҭысқәа реиқәырхаразы, аибашьратә хҭысқәа раарԥшразы,  иара убас изымҵахырхәоз анцәахәқәа, ажәытәӡатәи мысрааа рыбзазара, ажәытәӡатәи аҳәынҭқарра иахагылаз афараонқәа рыԥсҭазаареи, рыԥсреи.

Мысратәи апирамидақәа - Ажәытәӡатәи Мысра зыҩаӡара ҳараку архитектуратә баҟақәоуп, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп адунеи аџьашьахәқәа быжьба ируаку - Хеопс ипирамида. Апирамидақәа ахаҳәқәа рыла еиқәҵоу, апирамидаә форма змоу ргыламҭақәоуп. Урҭ рахьтә Ажәытәӡатәи Мысра афараонцәа рзы рыԥсыжырҭас рхы иадырхәон. Ажәа «апирамида» - еллин ажәоуп. Аҭҵааҩцәа гәыԥҩык ргәаанагарала, еизгоу ачарыц иаҽырԥшуп апирамида.  Егьырҭ аҭҵааҩцәа ргәаанагарала, ари ахьӡ аагоуп апирамидалтә форма змоу аԥсаҭатә пирог ахьӡ аҟынтәи.  Зынӡа Мысра иԥшаауп 118 пирамида. Иазхаҵоу азеиԥш гәаанагарала, раԥхьатәи Мысратәи апирамида ргылан Џьосер III идинастиа афараон идҵала - Саккара иҟоу аҿаԥса змоу апирамида, ажәытәӡамысраатәи атрадициақәа инарықәыршәаны, архитекторс дыԥхьаӡоуп Џьосер иреиҳау ичинуаҩ  Имхотеп. Агиптологцәа ргәаанагара ала, ари апирамида мастаб – Заатәии Ажәытәӡатәии Мысра ахаан инагаз ауаа ирызкыз итрадициатәу адамра иацҵаны ирҿиоу акоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Зегь реиҳа еицырдыруа апирамидақәаны иҟоуп Гиза ахәҟьаҟьараҿы иҟоу апирамида дуқәа (Хеоԥс, Херфен, Микерин рпирамидақәа)[25].

Идуу агипостильтә зал (XIV —ашәышықәса анҵәамҭа-XIII ашәышықәса алагамҭа ҳ.ҟ.)  Карнакстәи аныабаа.

Ажәытәӡатәи Мысра, архитектура хацзыркыз, аргыларатә абнамаҭәахә тәылан [22]. Аҵлақәа дааа имаҷын, егьырҭ африкатәи ацәҳәырақәа роазисқәа рыҟнеиԥш, ара изызҳауаз аҵиаа хадақәа рахь иԥхьаӡан - апальмақәа, зхаҭабзиара ҽеимыз ҵламаҭәаны иҟаз, иара убас акалам. Абри зегьы иахҟьаны ихадоу аргыларатә маҭәахәқәаны иҟан иблымыз ақьырмыт еиҳарак, акьыр, Нильсктәи адәҳәыԥш аҟны иҵырхуаз, иара убас аԥслымӡхаҳә, агранит. Ахаҳә еиҳарак рхы иадырхәон адамраҟаҵараҟны, аԥсыжрақәа рзы, усҟантәи аамҭазы ақьармыт ахархәара аман аханқәа, абаақәа рыргыларазы, иара убас аныхабаақәа ақалақьқәеи рыкәша-мыкәша иҟаз аргыламҭақәа рыҟны, насгьы аныхабаақәа рзы ицхыраагӡаз аргыламҭақәа рзы. Ажәыҭәеллинтәи аҩнқәа Нил иҭыргоз аҳәынҵәа иалхны идыргылон. Иара амра ицәырҵон ибзианы иҩарц азы, аргылараҟны ахархәара маншәалазарц азы.

Мысратәи ақалақьқәа жәпакы ҳара ҳҟынӡа изымааиӡеит, избанзар урҭ шьҭан Нил аӡхыҵрақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рыҟны, есзқьышықәса иара шьҭыҵуны ирылалаон аҟнытә аҟынтә ақалақьқәа аӡы рыҵалон, иӡааҟәрылон, аҳәынҵәа, аргыларазы рхы иадырхәоз, анхацәа рынхамҩа аус аҟны адгьылқә рырҵәразы рхы иадырхәон. Ажәытәқәа рҭыԥан ақалақь ҿыцқәа дыргылон, убри аҟынтә ажәытә еиланхарҭақәа еиқәымхеит. Ажәытәӡатәи Мысра иҟаз аарҩара ақьырмыт аӡа иалхыз ахыбрақәа реиқәырхара алнаршеит - ақыҭа Деир-ель Медин, Кахун[26],, ақалақь Абжьаратәи аҳраан ашәҭыкакаҷра зылшаз (ҳазҭагылоу аамҭазы - Ель-лахун), Бухенеи[27] Миргиссе  иҟоу абаатә ргыламҭақәа. Аныхабаақәеи ахыбрақәеи жәпакы реиқәырхара алыршахеит, ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит, избанзар нилтәи аӡхыҵра ԥырхага рнаҭомызт, ахаҳә иалхын.

Ажәытәӡатәи Мысра архитектура аилкаараҟны шьаҭас иамоуп еиҳа еиқәхаз ахыбрақәа рыла имҩаԥгаз адинхаҵаратә ҭҵаарақәа рыла. Карнак еиқәхаз аколоннақәа шаҳаҭра руеит мысраа ахаҳәқәа реиқәҵара иалагаанӡа ахагәҵәы шыхдырҷоз, ахаҳә адәахьтәи ахаҿра рцәуан ахыбра ргылан ианалгалак анаҩс. Ари аҿырԥштәы ашьҭахь рхы иадырхәон еиллинаа. Ахаҳәқәа еиқәырҵон аиларшьышьла реибаркрада, иара убас аиқәҵараҿы даҽа маҭәахәыкгьы рхы иадырхәомызт. Фивантәи аепохазы аихатәы еибаркырақәа хархәара рымамызт, ажәҵыс аҵыхәа змаз амҿтәы хыц ала ахаҳәқәа еибадыркуан (Мединет-Абу, Абидос), мамзаргьы ишьаз амонолит аҟны рхы иадырхәон (Луксорстәи абаҟа)

Аскульптура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи Мысра аскульптура - зегь реиҳа ижәытәтәиу зхатә хаҿра змаз канонла еиҿкааз Ажәытәӡатәи Мысра аҟазара ахкқәа ируакуп. Аскульптура аԥҵан, аҿиарагьы аман Ажәытәӡатәи Мысратәи анцәахәқәа, афараонцәа, аҳцәа, аҳкәажәцәа цәала-жьыла раарԥшразы. Анцәахәқәеи афараонцәеи рыстатуиақәа зегьы иахьырбарҭаз иқәдыргылон, шамахамзар, ахрам анҭыҵ иҟоу иаарту аҭыԥқәа рыҟны, аныхабаақәа рыҩныҵҟа акәымкәа.

Астатуиақәа ахаҳә ҽыҭ ду аԥхьа иамаз аформа мамзаргьы иара злыху аҵла аҽыҭ раԥхьатәи ахаҿы еиқәдырхоит.

Ажәытәӡатәи Мысра аскульптура зеицакра алымшоз канонла иаԥырҵон: ахаҵа ицәеижь аԥшәы  аԥҳәыс лцәеижь аасҭа еиқәаразар акәын – итәоу ауаҩы инапқәа ишьамхы иқәкын; мысратәи анцәахәқәа раарԥшраҟны ахатә ԥҟарақәа ыҟан. Ашьха Анцәахәы ашьауардын ахы асахьа амазаракәын, иԥсхьоу рынцәахәы Анубис  - абгалаџ ахы.  Аскульптурақәа зегьы абарҭ аканонқәа рыла иаԥҵан, Ажәытәӡатәи Мысра  х-нызқьшықәсатәи аҭоурых аҩныҵҟала шамахамзар аҽамыԥсахӡеит[21].

Афаианс, асаркьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи  Мысра  Аҳра Ҿыц исаркьалыху амкьаҭ (аӡҭра). Лувр (Франциа)

Ажәытәӡатәи аҳра аԥхьа, мысрааа иаԥырҵеит исаркьаԥшра змоу аматериал, мысратәи афаианс ҳәа изышьҭоу, уи иԥсабаратәым хәызмоу ахаҳә инаваҟәыло иҟоу хаҳәуп ҳәа иахәаԥшуан[20]. Ари аматериал рхы иадырхәон акакаҷқәа, ахаҳәцәқәа, астатуиақәа, агалантереитә аԥҵамҭақәа рыҟаҵараҿы. Мысрааа рхы иадырхәон еиуеиԥшым аметодқәа афаианс аԥҵаразы, аха шамахамзар, уи аҭыжьраҿы рхы иадырхәон сақәҵаз иҟаз аматериал, уи анышәаԥшь аҵан апаста аҳасабала иахьыршьуан, анаҩс ирбылуан. Абри атехника иеиԥшын Ажәытәӡатәи Мысрааа апигмент аҟаҵараҟны рхы иадырхәозгьы, ижәҩангәыԥшшәылоу фритта ҳәагьы изышьҭаз, ашьанҵа оксид , абҩа, акьыр  уҳәа  еиладырҭәаны ииалырхуан,иаҳҳәап асода. Аалыҵ хны, апигмент аҳасабала рхы иадырхәон[20].

Ажәытәӡатәи мысрааа ҟазары дула асаркьа иалхны амаҭәарқәа жәпакы ҟарҵон, аха еилкаам апроцесс дара рхала ишаԥырҵааз атәы, мамзарагьы шьоукы ирҿырҵаау[20]. Иара убас еилкаам, асаркьа аӡа дара иҟарҵозу, мамзаргьы аханатә иҟаҵаз асаркьа еиҭа еиладырҭәозу. Иагьа ус акәзаргьы, асаркьа аҟаҵаразы атехникатә дыррақәа рыман, иара убас ихиаз аалыҵ аԥшшәы аҭаразы амикроелементқәа рхархәашьа рдыруан. Рхы иадырхәоз аԥшшәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан: аҩежь, аҟаԥшь, ашьацԥшшәы, аиаҵәа, ашкәакәа, асаркьа еилыкка иҟазар алшон, мамзаргьы алашара алымԥхогьы[20].

Адинхаҵараеи  амифологиеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи Мысра иҟамызт азеиԥш динхаҵара, иҟан еиуеиԥшымыз аҭыԥантәи акультқәа, еиуеиԥшым Анцәахәқәа ирызкыз. Урҭ рыбжеиҳарак агеноетистикатә ҟазшьа рыман (нцәахәык имҵаныҳәон, аха убри аан егьырҭгьы азхарҵон), убри аҟынтә Мысратәи адинхаҵара политеистикатәу ҳәа иахәаԥшуеит[29].

Анцәахәқәа, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны изымҵахырхәоз, аԥсабаратә мчи ауаажәларратә цәырҵрқәеи ирызкын. Ажәҩан ԥҳәысуп мамзаргьы ажә ахаҿы иадкыланы иахәаԥшуан, адгьыли аҳауеи - ахаҵа нцәахәқәа ҳәа иԥхьаӡан. Анцәа Тот аҩыреи аҟәыдырԥареи дрынцәахәын, Анцәахәы Маат аиашара дахаҿран. Аԥсабара ацәырҵрақәа еиуеиԥшым анцәахәқәа реизыҟазаашьа иадырган. Ажәытәан Анцәахәқәа ԥыҭҩык арахәи аԥсаатәқәеи ирынцәахәқәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон.    Ашьауардын   мысрааа зегь зымчу ажәҩан Анцәахәы ҳәа ихәаԥшуан. Ашьауардын ахылҵшьҭратә штандартқәа ирнын, иара Алада Мысраҟны Намер аиааира изаазго ҳәа иарбоуп. Аҳәынҭқарра анышьақәгыла анаҩс, Гор афараонцәа рынцәахәыс иҟоуп, убри нахыс дара рхаҭақәа Гораа ҳәа  рхы иазырҳәон.  Гор акульти аҳратә культи реилаӡҩара анаҩс, иԥсхьоу афараон иаҳасаб ала Осирис иашьапкуа иалагоит, Гор осиристәи амифқәа ирхыԥхьаӡалахоит[30]. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы реиҳа изашьапкуаз нцәахәқәоуп ҳәа иԥхьаӡан Ра, анаҩс уи иаҟараз Амон, Осирис, Исида, Сет, Птах, Анубис[31].

XIV –тәи ашәышықәса ҳара ҳера ҟалаанӡа, адинхаҵаратә еиҭакрақәа акыр мҩаԥигон афараон Аменхотеп IV (Ехнатон), Атон икульт алазгалаз (атонизм). Ехнатон идинхаҵаратә еиҭакрақәа реиҟарареи раԥхьатәи  амонотеизм ацәырҵреи рзы иҟоу агәаанагара аҭҵааҩцәа еимактәыс ироуит: Ехнатон , Атон азеиԥш культ дзадгылаҩыз (генотеизм, мамзаргьы монолатриа) егьырҭ анцәахәқәа хаиҵомызт азакәмызт, уи Атон ида даҽа нцәахәык имҵахырхәара иҽацәихьчон[34]. Ехнатон иеиҭакрақәа адин мацара иазкымызт, урҭ Ехнатон ихаҭа иаԥшьгарала иаԥҵаз акультурагьы иадҳәалан[35]. Иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, еиҭа иреиҳаӡоу нцәахәыс дҟалеит Амон[36].

Аԥсыжратә қьабзқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Тоти Анубиси аӡбарҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵхьоу Осирис игәы ркапануеит. Асцена аагоуп Ани Аԥсцәа рышәҟәы аҟынтә.

Ажәытәӡатәи Мысрааа аԥсыжратә қьабзқәа мҩаԥыргон, урҭ дара ргәаанагарала, иаҭахын ацәеижь аныԥслак ашьҭахь аԥсы ыҟазарц азы. Иԥсыз ауаҩы ицәеижь рыхьчон амумификациа азуны, аԥсыжратә қьабзқәа емҩаԥыргон, аԥсыжырҭаҟны иҭарҵон иԥсыз имаҭәақәа, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, уахьгьы ихы иаирхәарц азы. Ажәытәӡатәи аҳра аамҭа ҟалаанӡа, аԥсыбаҩқәа ацәҳәыраҿы иҟаз ажрақәа рыҟны иржуан, дара уа иҩон азы иеиқәхон. Ацәҳәыраҿы аҭыԥ змаз аарҩарақәа агәаҟцәа рыжрақәа рзы ибзиан, амал змаз рхы иадырхәоз зыхә ҳаракыз аԥсыжрақәа реиԥш, агәаҟцәа рымч ақәхомызт азы. Амал змаз Мысрааа рыԥсцәа ахаҳәтә дамра иҭарҵон, иԥсабаратәым амумификациа рхы иадырхәон, рарҳәарахқәа рҭыхрагьы налаҵаны, рцәеижь акәырша илаҳәаны, амҿтәы кубақәа, мамзаргьы асаркофагқәа ирҭарҵон. IV адинастиа инаркны аԥсцәа рырҳәарахқәак аканопқәа ирҭарҵон[37].

Мысраа Аҳра ҿыц аан 70 мшы рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз амумификациа аҟазара аиӷьтәра аларгалеит, уахь иаҵанакуан аҩныҵҟатәи арҳәарақәа рҭыгара,  иара убас  аԥынҵа ала ахшыбаҩ аҭыгара, ацәеижь, аџьыкақәа реиларшьышьы, натр захьӡыз иӡааҵаны идырҩон. Ацәеижь абинт иларҳәон, урҭ рыбжьара  изыхьчоз амулетқәа бжьарҵон, анаҩс иԥшӡаны ирхиаз антропоморфтә куба иҭарҵон. Ихьшәоу аамҭазы амуммиақәа ишәыз акартонтә саркофагқәа ирҭарҵон. Амумификациа ахархәара еиҳа акырӡа имаҷхеит еллинтәи аамҭазы, еиҳа зҿлымҳара арҭо иалагеит амумиа адәахьтәи аԥшра[37].

Амал змаз мысраа аныржуаз ирыцырҵон зыхә ҳаракыз амаҭәахәқәа. Аҿатә аҳраан, аԥсыжырҭақәа рыҟны ицәырҵуа иалагеит аԥсцәа рышәҟәқәа, ушебти- астатуеткақәа, урҭ аԥсҭазаара анахыстәи адунеи аҟны аԥшәмацәа рымаҵ зуа ҳәа иԥхьаӡан [38].  Аԥсыжрақәа раан имҩаԥыргоз ақьабзқәа рыла нашанала ҩаԥхьа аԥсы «иԥсы ҭалон». Аԥсыжра анаҩс иԥсыз иҭахцәа анышәынҭрахь ахәы наргон,   иԥсыз ихьӡала иматанеиуан[31].

Ахәыҟаҵарҭа (амаҵурҭа)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Менна анышәынҭра аҟынтә асахьанҵа, 1400 ш. ҳ. ҟ.

Афатә еиҳараӡак излашьақәгылаз ачеи ауараши рылоуп, уи хадырҭәаауан ауҭраҭыхқәа аџьымшьы, аџыш, ашәыр, афиникақәа, алаҳа. Аҩи акәаци аныҳәақәа раан акәын ианрыдыргалоз.

Иуԥылон хыԥхьаӡара рацәала ачалыхқәа, излыху ачашылеи аформеи рыла, ӡышьала марҭхәла еиԥшымыз, иаларҵон ацха, ахш, ашәыр, акәтаӷьқәа, ахәша, афиникқәа уб. Егь. Ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоуп 15 ажәа рҟынӡа, Ажәытәӡатәи аҳраан аамҭазы ачалых хкқәа рыхьыӡқәа зныԥшуа. Иҟан ахшлыхқәа - ахҷаҭ, ахәша, ахаҷа. Аӡыхаааи ачыс хааи рыҟаҵараҟны мысрааа рхы иадырхәон ацха, иара убас ачарыц аалыҵқәа[40]:399—400.

Ихьшәоу аҳрааан, Геродот шаҳаҭра злаиуа ала, мысрааа  аԥсыӡ рфон, иҵааз, мамзаргьы амраҟны ирҩаз. Аԥсаатәқәа рахьтә рыфатә иалан ачарцына ҵааны, акәата, аԥсаатә маҷ. Аԥсаатәи аԥсыӡи, иара убас иӡны, мамазаргьы ижәны ирфон. Ажәытәӡатәи мысрааа рыкрыфараҿы аҭыԥ аман арысҟәыд, аҟәыджәлац, анаша, хыԥхьаӡара рацәала иаадрыхуан асалаҭ - латук. Ҷыдала иалкаан рыфатә аҟны аџыши аџьымшьи. Даара ирылаҵәаны иҟан акырпыжәи ашьынкеи. Аԥхын иҟалон ажь, алаҳа, афиникқәа, сикомор ашәыр. Гиксос ихаан аахыс иаадрыхуан азеиҭын, аҵәа, амыҵмыџь. Акокостә раса аӡбахә рдыруан, аха уи зегьы ирымамызт. Рхы иадырхәон афат аҟны иара убас амимоза иҿалоз, баланитес мысратәи, уи аҵла ахаҭара иахьагьы еилкааӡам [40]:399—400.

Есҽнытәи аԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мысрааа акырӡа азҿлымҳара арҭон рҭеиҭыԥш, иара убас ацқьара. Рҽыркәабон аӡиасқәа рҟны, арахә ашшеи амели ирылхны асапын рхы иадырхәон. Ицқьаны рхы ныҟәыргарц азы ахацәа рцәеижь зегьы рсон, афҩыхаақәа рхьыршьуан, аффҩы бааԥса рааигәа инарышьҭуамызт, амазқәа рхьыршьуан рцәа татахарц[40]:403. Ажәхәшеи аҵиаақәеи ахәшақәа рылырхуан, арафы, афҩыхаақәа, ма аскипидар аларҵон. Аџьыкахыш ахкқәа рахь иԥхьаӡан -bed - ахәда аҭыршаразы рхы иадырхәон. Рҽанырыӡәӡәалак ашьҭахь рнапхыцқәеи ршьапхыцқәеи ршәуан, рхы-рҿы сақәла идырхион. Рылацәақәа ашьацԥшшәыла змаз амалахит ахьыршьуан. Еиқәараз ацәеижь дыршкәакәон аҩежьшәыга охра ала, иара убри рқьышәқәеи рӡамҩақәеи ирхьыршьуан. Рылақәа ашәыга еиқәаҵәала ацәаҳәа анырҵон. Рнапхыцқәеи, рнапсаргәыҵеи, ршьапсыргәыҵеи амыхәшәыг (хна) ала иршәуан[40]:403.

Амаҭәақәаақәны иалхны ирӡахуан. Аҳәса аҵкқәа-акалазирисқәа ныҟәыргон, ахацәа – аԥраҳәақәа схенти, аусуҩцәа амаҭәа рышәӡамкәа иныҟәон, зны-зынла аба ҽыҭк аарыкәдыршон. Мысрааа ршьапы хтны, мамзаргьы аҟармаш еимаақәа рышьаҵаны иныҟәон. 12 ш. рҟынӡа ахәыҷқәа рҽыхтны иныҟәон. Аҷкәынцәа рыхқәа рсон. Ахацәеи аҳәсеи иреиҳаӡоу ауаажәларрахәҭа иалҵыз апарикқәеи арԥшӡагақәеи ныҟәыргон, ахаҿы рхиагақәа рхы иадырхәон. Апарик кьаҿқәа ныҟәыргон, аха ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа урҭ ршәага-зага аҽаԥсахуан. Ахәыҷқәа ахцәшьыҵәрақәа ныҟәыргон, аныхаԥааҩцәа рыхқәа рсон[39].

Анацәа ахшара рааӡараҿы аҭакԥхықәра рыдын, абацәа ракәзар, аҭаацәа рныҟәгара рхахьы иргон[40]:403..

Ажәытәӡатәи Мысра агәырҿыхырақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи Мысрааа ашахмат асҩцәа (1879). Асахьаҭыхҩы Лоуренс Альма-Тадема

Мысраа рхы-ргәы дырлахҿыхуан еиуеиԥшым ахәмаррақәа рыла (иаҳҳәозар, мехен, сенет).  Аҵарауаа ирдыруеит, Ажәытәӡатәи мысраа аишәатә хәмаррақәа бзиа ишырбоз, аха урҭ аԥҟарақәа еиқәымхеит. Излахәмаруаз амаҭәахә еиуеиԥшым аҵлахкқәа ирылырхуан, егьырҭ амаҭәахәқәагьы рхы иархәаны.

Ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟан еицырдыруаз ахәмаргақәа, ажонглиорреи, ампыл асреи, иара убас иԥшаауп ақәԥара рылаҵәаны ишыҟаз атәы зҳәо адырраҭарақәагьы. Амал змаз ауаа шәарыцон (алақәа азыҟаҵара ҷыда змаз рыцын), нышьлагьы иӡсо аӡы ихылон[39].

Ажәытәӡатәи Мысра амузыка иамаз аҵакы аныхабаақәеи аԥсыжырҭақәеи рҭыӡқәа ррелиефқәа ирҳәоит. Ажәытәӡатәи амузыкатә инструментқәас мысрааа рхы иадырхәон арфеи афлеитеи. Аҿатә Аҳрааан мысрааа хәмаруан Азиантә иааргоз асаркьал аҟны, адаул, алираҟны[41]. Амалуаа абаҩхатәра змаз ашәаҳәаҩцәа ааԥхьаны аиԥыларақәа еиҿыркаауан[39]. Акыр ирылаҵәаны иҟан акәашарақәагьы.

Аҭынха[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи Мысра акультуратә ҭынха ду ааннажьит адунеитә цивилизациазы, уи аҟазара аԥҵамҭақәа еиуеиԥшым адунеи акәакьқәа ирыларҵәан аҟнытә атәым ҳәынҭқаррақәа рҟазацәа рхы иадырхәон, ихырҩылаауан[42]. Мысратәи акультура анырра ду рнаҭеит ажәытәӡатәи аурымқәа. Анцәахәы Исида лкульт акырӡа ирылаҵәаны иҟан Рим. Мысратәи аскульптуратә портрет, апеизажтә ҿыханҵа, абаҟақәа уҳәа, иара убас архитектура егьырҭ ахәҭақәа, алымқәеи асфинксқәеи антикатәи аҟазара иаднакылеит, уантә европатәигьы.

Ажәытәӡатәи мысрааа ркультура,  рцивилизациа, адунеи ажәларқәа ркультура аҿиара шьаҭас иаиуит. Зхатә хаҿра змаз архитектуратә формақәа - апирамида дуӡӡақәа, аныхақәа, аханқәа, абаҟақәа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аныҟәаҩцәеи аҭҵааҩцәеи хнахуан. Мысратәи аҟазацәа рыла иаԥҵан аҭӡтәы ҩырақәеи астатуиақәеи, рнапахьы иааргеит асаркьеи афаианси рҭыжьра, апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи алитературазы иаԥырҵеит аформа ҿыцқәа.

Ажәытәӡатәи мысрааа рыҭҵаарадырратә еихьӡарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҩыреи аматематикеи  рзы аоригиналтә система аԥҵара, иара убас агәабзиарахьчара, астрономиатә згәаҭарақәа, урҭ рышьаҭала иаԥҵан амзар.

XVIII—XIX-тәи ашәышықәсақәа рзы Ажәытәӡатәи Мысра, абаҟақәа, артефактқәа, археологиатә ԥшаарақәа рахь ирымаз азҿлымҳара аҭҵаарадырра аԥнаҵеит (шәахә.Египтологиа), иара убас амодаҟны хархарҭақәак(шәахә.Египтоманиа, Египтызтәуа)[42].

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • История Древнего мира / Под редакцией И. М. Дьяконова, В. Д. Нероновой, И. С. Свенцицкой. — М.: Главная редакция восточной литературы издательства «Наука». История Древнего мира. — Т. 1. Ранняя древность. — С. 97.
  • Авдиев В. И. Культура Древнего Египта. — Л.: Госполитиздат, 1953. — С. 292—311.
  • El-Daly O. Egyptology: The Missing Millennium. Ancient Egypt in Medieval Arabic Writings. — London: UCL Press, 2005. — 256 p. — ISBN 1-84472-062-4.
  • Allen J. P. Middle Egyptian: An Introduction to the Language and Culture of Hieroglyphs. — Cambridge: Cambridge University Press, 2000. — 524 p. — ISBN 0-521-77483-7.
  • Betrò M. C. Hieroglyphics: The Writings of Ancient Egypt. — New York: Abbeville Press, 1996. — 251 p. — ISBN 0-7892-0232-8.
  • Clarke S. Ancient Egyptian Construction and Architecture. — Unabridged Dover reprint of Ancient Egyptian Masonry: The Building Craft originally published by Oxford University Press/Humphrey Milford, London (1930). — Dover Publications, 1990.
  • Erman, A. Ancient Egyptian Literature: A Collection of Poems, Narratives and Manuals of Instructions from the Third and Second Millennia BC / Translated by A. M. Blackman. — New York: Kegan Paul, 2005. — ISBN 0710309643.
  • Fischer-Elfert, H.-W. Representations of the Past in the New Kingdom Literature // 'Never Had the Like Occurred': Egypt’s View of Its Past / Edited by J. W. Tait. — London: University College London, Institute of Archaeology, an imprint of Cavendish Publishing Limited, 2003. — P. 119—38. — ISBN 1844720071.
  • Gozzoli R. B. The Writings of History in Ancient Egypt during the First Millennium BC (ca. 1070—180 BC): Trends and Perspectives. — London: Golden House Publications, 2006. — ISBN 095502563X.
  • James T. G. H. The British Museum Concise Introduction to Ancient Egypt. — Ann Arbor, Michigan: University of Michigan Press, 2005. — 208 p. — ISBN 0-472-03137-6.
  • Loprieno A. Ancient Egyptian: A Linguistic Introduction. — Cambridge: Cambridge University Press, 1995. — 340 p. — ISBN 0-521-44849-2.
  • Manuelian P. Der. Egypt: The World of the Pharaohs. — Bonner Straße: Könemann Verlagsgesellschaft mbH, 1998. — ISBN 3-89508-913-3.
  • Nicholson P. T., Shaw I. Ancient Egyptian Materials and Technology. — Cambridge: Cambridge University Press, 2000. — 724 p. — ISBN 0-521-45257-0.
  • Parkinson R. B. Poetry and Culture in Middle Kingdom Egypt: A Dark Side to Perfection. — London: Continuum International Publishing Group, 2002. — 352 p. — ISBN 0826456375.
  • Robins G. The Art of Ancient Egypt. — Cambridge, Massachusetts: Harvard University Press, 2000. — 272 p. — ISBN 0-674-00376-4.
  • Siliotti A. The Discovery of Ancient Egypt. — Edison, New Jersey: Book Sales, Inc, 1998. — 359 p. — ISBN 0-7858-1360-8.
  • The Literature of Ancient Egypt: An Anthology of Stories, Instructions, and Poetry / Edited by William Kelly Simpson (англ.)рус.. Translations by R. O. Faulkner (англ.)рус., Edward F. Wente Jr. (англ.)рус., and William Kelly Simpson. — New Haven and London:: Yale University Press, 1972. — ISBN 0-300-01482-1.
  • Smith W. S. The Art and Architecture of Ancient Egypt / Revised with additions by W. K. Simpson. — Yale University Press, 1998. — 296 p. — ISBN 0-300-07747-5.
  • Forman, W. and Quirke, S. Hieroglyphs and the Afterlife in Ancient Egypt. — Norman: University of Oklahoma Press, 1996. — ISBN 0806127511.
  • Foster, J. L. Ancient Egyptian Literature: An Anthology. — Austin: University of Texas Press, 2001. — ISBN 0292725272.
  • Wente, E. F. Letters from Ancient Egypt / Edited by E. S. Meltzer. — Atlanta: Scholars Press, Society of Biblical Literature, 1990. — ISBN 1555404723.
  • Wilson, P. Sacred Signs: Hieroglyphs in Ancient Egypt. — Oxford and New York: Oxford University Press, 2003. — ISBN 0192802992.
  • Wilson, P. Hieroglyphs: A Very Short Introduction. — Oxford and New York: Oxford University Press, 2004. — ISBN 0192805029.
  • Morenz, L. D. Literature as a Construction of the Past in the Middle Kingdom // 'Never Had the Like Occurred': Egypt's View of Its Past / Translated by M. *Worthington. Edited by J. W. Tait. — London: University College London, Institute of Archaeology, an imprint of Cavendish Publishing Limited, 2003. — P. 101—18. — ISBN 1844720071.