Ажәытәӡатәи Еллынтәыла архитектура

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ажәытәӡатәи Еллынтәыла архитектура европатәи архитектура шьаҭас иаиуит, ҿырԥшыгангьы иҟалеит адунеи зегь архитекторцәа рзы. Зегь раасҭа ижәытәӡатәиу крито-микентәии, гомериҟынӡатәии, гомериаантәии аеллын ҭоурыхи архитектуреи рыҿиара аамҭахь иаҵанакуеит Крит иҟоу Кноссеи Фестеи рхыжәжәарақәа, адгьылбжьахақәа рҿы кикладтәи акультура иатәу ақалақьқәа жәпаки, ациклоптәи амеголиттәи аиқәҵашьа змоу Тиинфеи, Елевсинеи Дельфеи иҟоу аҭыӡқәеи, Менелаи «ихазынаҭра» ҳәа изышьҭоу Амкил азааигәа иҟоу, Мациас Орхомен аазааигәа иҟоуи, Павсанеии зыӡбахә иҳәахьаз реиԥш, егьырҭгьы жәпакы. Ажәытәӡатәи Микен ахыжәжәарақәеи ҳ. ҟ. 2- тәи азқьышышықәса аамҭа иаҵанакуа Аргос, Олинф, Орхомен уҳәа ақалақьқәа рҿы хазы иҟоу абаҟақәеи микентәи аамҭа иаҵанакуеит.

Иазгәаҭатәуп, Киклад адгьылбжьахақәа рыҟны ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз аԥшаарақәа Криттәии Еладатәии акультурақәа ирыҵанакуаз, амҩа чаԥақәеи ибзианы еиҿкааз, ҩбаны еихагылаз аҩнқәа еиҳарак напҟазарыла иҟаҵаз рԥенџьырқәеи рышәқәеи рыла, ихьшәоу микентәи аеллынтә бзазаратә ргыларақәа ирԥыргон.

Аеллынцәа рархитектура ихадароу аамҭақәа.[аредакциазура | акод аредакциазура]

Архаикатә аамҭа (Vll ашә. ҳ. ҟ. Писистрат иаԥхьа (530 ҳ. ҟ.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Дельфа иҟоу афинаа рмазараҭра.

Аргыларатә ҟазараҿы апринцип хадақәеи аформақәеи раамҭа иаҵанакуеит. Архаикатә аамҭахь иаҵанакуеит жәаҩа нцәахәы Рӡатәқәҵарҭа – зыхәҭақәак еиқәхаз амҩақәа рауреи ирыбжьази ахьынтәыршәоз, афинтәи Агора аргылара хада, иара убас, аепонимқәа рыстатуиақәеи Толос раандакәыршақәеи руасхыри, иара убра иҟаз ахыбра гьежь ауасхыри.

Зҿлымҳара зуҭаша акоуп Афина иҟоу Акрополь аҿы аџьамцәа ихдырбгалаз Афина аныхабаа ауасхыргьы, уи аиҭашьақәыргылара ҵасым ҳәа ирыԥхьаӡеит.

Дельфа еиҭашьақәыргылоу Афинаа рхазынаҭра – ари «анта» иналукааша иаҿырԥшыга бзиоу, архаикатә аамҭа иаҵанакуа адоритә ныхабаауп

Заатәи аклассикатә аамҭа (530 ҳ.ҟ. – 470 ҳ.ҟ.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ефес иҟоу Артемида лныхабаа ҳара ҳҟынӡа иааӡаз аҩбатәи аамҭа

Ефес иҟоу Артемида лныхабаа

иаҵанакуа аргыларақәа рхыжәжәарақәа шаҳаҭра руеит еллынаа рархитектура атәым нырра аҟынтә, Азиантәи Мысрантәи иаланагалаз аелементқәа дара рыжәлар рдоуҳа, рдинтә дунеихәаԥшра аформақәа ирықәыршәаны хәыҷы-хәыҷла ирыладырҵәоз аҟнытә ахы иақәиҭхо ишыҟалаз узырбо ихадоу аҷыда ҟазшьақәа. Ари аамҭа иаҵанакуа аргыларақәа зегьы адоратә стиль иаҵанакуеит, раԥхьанатә ихьанҭоу, рацәак игәылыршәамкәа, анаҩс еиҳа иласны, агәаӷьра аҵаҵаны, иԥшӡаны иаԥҵоу. Ари аамҭа иаҵанакуа иара Еллынтәыла иҟоу аныхабаақәа рҟынтә Олимпиатәи Гера лныхабаа, Афина иҟоу Зевс иныхабаа, Дельфа иҟоу Аполлон иныхабаа (ари зегь раасҭа еицырдыруа иссиру ажәытәӡатәи Еллынтәыла аԥшьаҭыԥқәа ируакуп), иара убас Егин адгьылбжьахаҿы иҟоу Афина Паллада лныхабаа афронтонқәа зырԥшӡоз аскульптурақәа ргәыԥ ала ҳаамҭазы зыхьӡ зыԥша адунеи иахыҵәаз, иахьагьы миунхентәи аглипотекаҿы иҵәахуп.

Гораздо многочисленнее древнедорические храмы в Сицилии и Южной Италии, где в эту пору существовали богатые греческие колонии. В Сицилии насчитывается свыше 20-ти колоссальных памятников этого рода, а именно в Селинунте, Акраганте (Агридженто); Сиракузах и Эджесте (Сегесте). Храм Посейдона в Пестуме близ Амальфи — одно из наиболее уцелевших и изящных сооружений рассматриваемой эпохи; к ней относятся в той же местности остатки храма Деметры в Пестуме и так называемая Базилика в Пестуме. Наконец, к этой эпохе должен быть причислен храм Артемиды в Эфесе, считавшийся одним из чудес света, сожжённый Геростратом, возобновлённый при Александре Македонском и исследованный английским археологом Вудом.

Ажәытәдоратәи аныхабаақәа еиҳагьы ирацәоуп Сицилиеи Аладатәи Италиеи, уи аамҭазы ибеиаз аеллынцәа рколониақәа ахьыҟаз. Сицилиа 20 инареиҳаны ус еиԥш иҟоу ҵҩа змам абаҟақәа уԥылоит, хаҭала Селинунҭ, Аграгант (Агриџьенто); Сиракуза, Еџьест (Сегест). Посеидон иныхабаа Песҭум иҟоу Амальф азааигәара – ари уи ашәышықәса иаҵанакуа иреиӷьӡо аргыларақәа рахьтә еиҳа еиқәхаз ируакуп; уахь иаҵанакуеит ари аҭыԥ аҟны Песҭум иҟоу Деметра лныхабаа ахыжәжәахақәа, иара убас Пестум иҟоу Абазиликагьы. Аҵыхәтәан, ари аепоха иахыԥхьаӡалатәуп Ефес иҟоу Артемида лныхабаа, уи адунеитә аџьашьахәқәа ируакуп, Героскрат ииблыз, аха Александр Македонтәи еиҭашьақәиргылаз, англыз археолог иҭиҵааз.

Аргыларақәа рҳәаақәҵара иазкны Аристотель иҩуеит уи аамҭазы иҟаз афинатәи атиран Писистрат иалеигалаз аԥкрақәа ртәы, амҩа ҭшәақәа рыҟны ахатәы ҩынқәа абарҵақәеи аҿаԥшьқәеи рыцҵаны рыргыларазы, урҭ аклассикатә аамҭазгьы иаабац ақьырмыт аӡа иалхны идыргылон аҟнытә рҭыӡқәа жәпан, ихьанҭан. Анышәаԥшь иалхыз ақьырмытқәа, амҿлыхыз зкәақьҭа иашоу аформақәа рҿы зынӡа икьакьахаанӡа акыраамҭа идырҩон. Ақалақь аҿы иҟаз ахатәы ҩны х-еихагылак аман, урҭ иӡу кыцла ирхыбуан, иара убас урҭ аҩнқәа аҳәсеи ахацәеи рҭыԥқәа еихшаны иаман.

Ашә хадақәеи, ашҭахь иааиуаз агәашәқәеи ҩба-ҩба ҿы рыманы иҟазар акәын хымԥада, есқьынгьы аҩныҵҟала иаатуан. Авазақәа ирну асахьақәа ишаҳдырбо ала, иҳаракны иҿан, амҿтәы қырсҭақәа рыла еихыршьны иҟаҵан, аԥенџьыркыӷәрақәеи аганҵыргәақәеи рыман.

На перекрестках и у ворот традиционно выставлялись гермы - статуи или знаки покровителя дорог и путников Гермеса с обозначениями головы и мужской принадлежности.

Амҩеихысырҭақәеи агәашәқәеи традициала идырԥшӡон агермақәа – мамзаргьы амҩа ахылаԥшҩы астатуиақәеи идыргақәеи, иара убас, Гермес иныҟәаҩцәа рыхқәа рхаргыланы.

Аклассикатә аамҭа (470 ҳ.ҟ. – 338 ҳ.ҟ.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аеллынцәа рҟазара иреиӷьӡаз аамҭазы, ахԥатәи ааамҭазы зегьы дориатәи астиль, мамзаргьы доритәи архитектуратә ордер ҳәа изышьҭаз, уи хадаратәла ишыҟаз иацҵо, аформақәа еиҳа иласхеит, агәаӷьрагьы роуит урҭ реишьашәалараҿы. Ионитәи астиль, мамзаргьы аордер еиҳа-еиҳа иалаҵә иалагеит, аҵыхәтәан, хәыҷы-хәыҷы ахархәара иалагоит коринфтәи аордер, мамзаргьы архитектуратә стиль. Аеллынтәыла аныхабаақәа еиҳа иаамысҭашәаны, еинааланы ахәҭақәа реицеиҟарара иацклаԥшуа иалагоит; азиамаҷ аколониақәа рҿы аргылаҩцәа аматериал шьахәқәеи, аформақәеи, арԥшӡагақәеи рыгәцаракра иалагеит, усҟан азы Сицилиа, архитектура доритәи аелементқәа изрылҵуамызт, аргылаҩцәа аргылара дуӡӡақәа рыла ауаа дыршанхон. Акьырхаҳәи, аԥслымӡхаҳәи рҭыԥан, аргыларақәа рҿы рхы иадырхәон амармалташь, уи еиҳа ҷыдала аус адулатәын, аха уи ачаԥашьа ҷыдеи, аорнамент ианызи акы еиԥшмызт.

Афина иҟоу Тесеи Иныхабаа, ахԥатәи ааамҭа алагамҭазы иргылаз доритәи аамҭа иаҳнаҭаз иреиӷьӡоу усумҭоуп. Уи аамҭазы ари иаццәырҵит даҽа ҩ-баҟак, аицеиҟарареи аинырнаалара анагӡашьала ионтәи астиль аттикатә еилкаара иақәыӡбаз, ҷыдала, Илисстәи аныхабаа (уажәы ихырбгалоу) иара убас, Ника Аптерос лныхабаа (Имҵәыжәҩадоу Ника) афинтәи Акрополь аҭаларҭаҿы игылоу.

Афина зегьы Перикл инапаҵаҟа ианыҟаз аамҭа аргылара аус иашыкьаамҭаны иҟан.

Иара ихаан, акрополь ажәытәтәи аԥшьаҭыԥқәа, аџьамцәа идырбгаз рҭыԥан, ирызҳаит зеиԥшыҟам анцәахәы лныхабаа – ақалақь ахылаԥшҩы Парфенон, уи архитекторцәа Иктини Каликрати иаԥырҵаз, Фидиа иҵаҩцәеи иареи рскульптурақәа рыла меигӡарахда ирҩычаз.

Ари аныхабаа аргылара иаалгаанӡа, акрополь гәашә ду Пропилеев ҳәа изышьҭаз аргылара ианалагаз, уи архитектор Мнезикл илшеит доритәи астили ионитәи астили реилагӡара, актәи – аҿаԥшыларатә аҿы ихы иархәеит, аҩбатәи-аҩныҵҟатәи аколоннадаҿы. Афина зегьы аҿы аргылараҟазара қәҿиарала аихьӡарақәа Аттикеи Пелопоннеса уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рыҿгьы анырра ӷәӷәа ҟарҵеит. Убас, убри аамҭазы Парфенон архитекторцәа ируаӡәкыз Иктин инапхгарала иргылан зеиԥш ыҟамыз Деметра лныхабааи Епикуреитәи Апполон иныхабааи Басса (Фигелеи, Аркадии) аҿы. Уи аамҭахь иаҵанакуеит Олимпиа иҟоу Зевс иныхабаагьы, зыскульптура аԥшӡарала зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу, еиҳараӡак анцәақәа раб истатуиа дуӡӡа Фидиа иаԥиҵаз.

Активла аҿиара иалагеит ақалақьаргылареи ахырӷәӷәарҭақәеи. Аелын-џьам еибашьра анаҩсан, Фемистокл инапхгарала афинаа идыргылеит ақалақьи абаӷәазеи спартаа атәыла ралалара ацәыхьчаразы Иауыз аҭыӡқәа. Ҳ. ҟ. 5-тәи ашә. ахԥатәи азбжазы Афинаҟа ааԥхьара иҭан архитектор Гипподам Милеҭтәи афинаа рхаҭарнак Метани, урҭ ақалақь ашьақәгылашьа аплани Пиреи абаӷәаза апроект ҿыци ҟарҵеит, уи амш ала урҭ асатиратә критика рызун Аристофан еицырдыруа икомедиа аҿы: «Сара – адгьылшәаҩ Метон, Еллада зегьи уи акәша-мыкәшеи еицырдыруа». Апроект иарбан абаӷәазақәа реиԥш, аџьармыкьа, амҩадуқәа, ашҭақәа, иара убас атауар ҿыцқәа рӡыргара аҟаҵаразы аргылара ҷыдақәа, аказармақәа афлот азы. Гиппадам исистема шьаҭас иаиуит ақалақь Родос аиҿкаашьа ҳ. ҟ. 404 ш., иара убас, Сиракуз ахәҭак, уҳәа антикатәи ақалақьқәа жәпакы. Ақалақь ҿыцқәа рыҿиареи, реиҿкаареи, ақалақь араионқәеи, мҽхакы ҭбаала ашьҭыҵра иалагеит Александр Дуӡӡа иеибашьраан, аеллинизм апериод азы.

Ҳ.ҟ. v-тәи ашә. анҵәамҭазы ибеиаз аҩнқәа руадақәа шәыгала рҩычара аҵас алаҵәара аиуит, уаанӡа кьырла мацара иршәуазҭгьы. Ақалақь ӡыршәқәа ҷыдалатәи аргыларақәа ируакхеит, урҭ ахыбрақәагьы рыман, авазақәа ирну асахьақәа иҳарҳәоит аӡы аҵәахрадагьы, аӡы ныхтәысгьы рхы ишадырхәоз.

Аеллинизм аамҭа (338 ҳ.ҟ. – 180 ҳ.ҟ.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥшьбатәи ааамҭа зегьы аеллынтә ҟазара архитектура уи аԥхьатәи аепоха иамаз агьама ҳаракы амаӡамызт. Еллада иалаҵәаз Мрагыларатәи ацәанырреи, аҟәымшәышәреи рныррала, асахьаҭыхҩцәеи архитекторцәеи еиҳараӡак идыргылоз аргыларақәа дәахьыла арԥшӡацәареи, ахыркрацәеи еиҳа иацклаԥшуа иалагеит; идыргылоит атеатрқәа, ахан дуӡақәа уҳәа.уб. Ԥахьа ирымаз ахырхарҭа аҟынтә аҿыц ахь аиасра аанарԥшуеит Амҵәыжәҩа змоу Афина лныхабаа, аскульптор Скопас иргылаз Тегеа. Анаҩс, аԥшьбатәи аамҭа абаҟақәа рахьтә Немеа иҟоу Зевс иныхабаа акырӡа аҵанакуеит, иара убас, Афина иҟоу усҟак идуцәам аха, даара зычаԥашьала еинаало аргыларақәа, ҷыдала, Лисикрат ибаҟеи, Аԥшақәа Рбааи ҳәа хьӡыс измоу.

Ирацәоуп аргылара шьахәқәа, уи аамҭазы Азиа маҷгьы, хаҭала, кариитәи аҳ Мавсол изку еицырдыруа адамра иахагылоу абаҟа (Галинаркас амавзолеи аҿы), Приена иҟоу Афина лныхабаа Пифеи иргылаз, иара убас, Милеҭ иҟоу Феб Дидимсктәи иныхабаа дуӡӡа, Пергама иҟоу иҳаракӡоу Зевс иӡатәқәҵарҭа аскульптуратә фриз шьахә змоу, уи ахәҭақәак Берлинтәи амузеи ахь ииагоуп.

Аеллынтә аамҭа иаҵанакуеит атеатрқәа жәпакы, ауаажәларратә хыбрақәа, ахыжәжәарақәа, урҭ Адгьылбжьара-мшын зегьы аҿы иубоит. Аолимпиатә стадионқәа рахьтә еиқәхаз Родос иҟоу иҟоу аспорттә стадион, даара аинтерес ду аҵоуп. Афинтәи агора раԥхьаӡатәи ансамбль ахыбрақәа руасхырқәа реиҳарак, урҭ рахь иаҵанакуеит Булевтери, Метроон, алада-мраҭашәаратәи аӡыршә аргыламҭа ахәҭак, мамзаргьы ишеибаку уи аамҭа иаҵанакуеит. Керамика ашҭа ансамбльқәеи, Ахшьапқәа рымҩақәеи, анапҟазацәа рыкварталқәеи адамратә монументалтә баҟақәеи, Афина иҟаз аӡымҩангага ҿыцқәа убасҟан ауп ианышьақәыргылазгьы.

Александр Дуӡӡа импыҵахалара аааҭазы азы ишьаҭаркын, апроектқәагьы ҟаҵан аргыларақәа гипподамовтәи асистемала Александриа Мысратәи, иара убас, жәабала Александриақәа, аибашьратә мпыҵахалара ахьцоз зехьынџьара. Ақалақьқәа рхатә хырӷәӷәарҭақәеи, аӡымҩангагақәеи, абаӷәазақәеи, зкәақьҭа иашоу амҩадуқәеи, заа иазгәаҭаз ауаажәларратә, акультуратә ргыламҭақәа, атеатрқәеи, аҵәахырҭақәеи, аџьармыкьақәеи налаҵаны. Аҵыхратә ԥшаарақәа излаҳарҳәо ала, ари аамҭазы агорақәеи атеатрқәеи рааигәа ашьышьмаҭрақәа дыргыло иалагеит, урҭ иааизыгьежьны атәарҭа ҭыԥқәа рацәаны иаҭаны, ркылҵәарсҭақәа аҭӡамц иаваҵаны ишьҭын.

Аурым аҳра аамҭа (180 ҳ.ҟ. – 90 ҳ.ҟ.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Еллынтәыла Рим анапаҵаҟа ианыҟала анаҩс, архитектуратә ҟазара аус зынӡаск иаанкыланы иҟан; аха ахаантәи ақалақь иалаҵәаз иара асахьаҭыхҩцәеи архитекторцәеи дара рыԥсадгьыл аҟнытә аҟазара атрадициақәа аларгалеит, уи алагьы аурымтә ргыларатә ҟазара аиӷьтәра иацхрааит, иаиааиз – ажәлар ргьама ԥагьа рҽақәдыршәар, рҽаандырнаалар шакәызгьы.

Аеллынтә архитектура аҭоурых аҵыхәтәантәи аамҭазы аурым ҟазара аҭоурых иалаӡҩеит. Афина иумбарц залшомызт анаҩстәи аурымтә ргыларақәа раамҭазы активла аҿиара ишалагаз, еиҳарак ажәытә раионқәеи агора ҿыци рҿы, аха ари шьҭа аурым архитектуроуп.