Перейти к содержанию

Ажәамаана

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ажәамаана — алитературатә жанрқәа ируакуп. Уи шәагаала имаҷуп. Ажәамаана афырхацәа аԥстәқәа, аҵиаақәа, ауаа роуп. Ажәамаанаҿы ауаҩы ихаҿсахьа аԥстәқәа рыла иаадырԥшуеит.

Ажәамаанаҿы аԥстәқәа ауаҩы ипрототипны иҟалар алшоит.

Ажәамаана ауаҩы ахшыҩ инарҵоит, ахшыҩ узырҵо ҩымҭоуп.

Ажәамаана зыҩуа ауаҩы ажәамаанаҩҩы ҳәа ишьҭоуп.

Еицырдыруа ажәамаанаҩҩцәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ари ашәҟәы аҿы шәара шәаԥхьар шәылшоит, еицырдыруа ажәааманаҩҩцәа – Езоп, Сулхан-Саба Орбелиани, Иван Крылов, Готхольд Лессинг реиԥш иҟоу ртәы.

Езоп, Адгьылаҿ зегь реиҳа иҿаасҭаз, аха зегь раасҭа иҟәыӷаз ҳәа изырҳәон. Езоп ҳера ҟалаанӡа афбатәи ашәышықәсазы Ажәытәӡатәи Еллинтәыла дынхон. Езоп тәыс дыҟан (дтәын). Уи игәаанагара изҳәаӡомызт, иажәамаанала иааирԥшуан ихәыцрақәа. Езоп иԥшра ҿаасҭан. Ибӷа аџьыҟә аман (ибӷа џьыҟәын). Ишьапқәа еицаҟьан, инапқәа ишьамхы аҟынӡа инаӡон, иԥынҵа дуун (иҵәызын), илымҳақәа џарџаруа иҟан. Ихы-иҿы ҿаасҭан, деиқәаҵәан. Аха уи инаҷыдан, иблақәа разын иагьҟәышын.

Дәахьыла дшыҿаасҭазгьы, Езоп даараӡа дуаҩ ҟәыӷан. Иара ажәамаанақәа рацәаны иҩҩуан. Езоп ажәамаанақәа рыла аиашеи абзиабареи ауаа ирылаирҵәон.

Уи иаҿаԥиҽуан ауаҩы икаҷбеира, имцҳәара, игьангьашьра.

Езоп иажәамаанақәа ауаа дара-дара еибырҳәон, ашколқәа рҿы ирҵон, атеатрқәа рҿы иқәдыргылон.

Ацәҟьа аҵаҟа ача ахәашақәа каԥсан. Ашшаӷьыч ацәҟьа иныҵаԥрын, ахәаша афара иалагеит. Ашшаӷьыч ацәҟьа иакын инеимаҭәаны аҵәыуара иалагеит: «сара ахьы сымӡеит, араӡны сымӡеит, ача ахәашақәа рзы абри еиԥш ахьырхәра ззсықәшәазеи ҳәа». Ахшыҩрҵара: Амаҷ заур зҭаху, аикәым ирацәаны дақәшәоит.

Ԥҳәыск деибаны даанхеит. Уи кәтызаҵәык лыман. Есыҽны ақәты кәтаӷьк аҵон. Аԥҳәысеиба ус дхәыцит: саалаган, акәты ахәыӡ рацәаны иасҭар, иара ирацәаны акәтаӷьқәа сзаҵоит. Аԥҳәысеиба ус иагьыҟалҵеит.

Аха акәты цәгьалаҵәҟьа иԥсылахан, акәтаӷь аҵара иаҟәыҵит.

Ахшыҩрҵара: Ауаҩы иԥсы цәгьамхароуп. Иумоу ахәыҷы ҳаҭыр узақәымҵар, (иумоу еиҳаны уанашьҭала), иумоу ахәыҷгьы уцәыӡуеит.

Ардәына еиқәаҵәа ашәыр хаақәа ирымцкласуан. Ашәырқәа даара ихаан азы, ардәына уаантәи ацара аҭахӡамызт. Ардәына еиқәаҵәа ашәарыцаҩ ибеит. Ашәарыцаҩ дахаҩан, ардәына дамҵысны икит. Ардәына еиқәаҵәа ус иаацәажәеит: «Ашәыр хаақәа схырхын, абар сшахьырхәхаз».

Ахшыҩрҵара: Араҟагьы ауаҩы иԥсымҭәра атәы аҳәоит. Ауаҩы аԥсыцәгьара дақәӡуеит (дахьнархуеит).

Сулхан-Саба Орбелиани

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Сулхан-Саба Орбелиани ақырҭуа шәҟәыҩҩуп, дҵарауаҩуп. Сулхан-Саба дынхон XVII ашәышықәсазы. Сулхан-Саба ақырҭуа аҳ Вахтанг Афбатәи диааӡамҭоуп. Сулхан-Сабеии Вахтанг Афбатәии раԥхьаӡатәи атипографиа (ашәҟәҭыжьырҭа) аадыртит. Раԥхьаӡакoны аевангелиа атипографиаҿы икьыԥхьын. Анаҩс, иркьыԥхьит Шоҭа Русҭавели ипоема «Абжьасцәа зшәу».

Сулхан-Саба иҩит ажәамаанақәа реизга «Амцҳәара аҟәыӷара».

Сулхан-Саба Орбелиани иажәамаанақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Тәылак аҿы дынхон блазаҵәык зызҭаз аҳ. Аҳҭынраҿы аус иуан асахьаҭыхҩы. Аҳ иҭаххеит асахьаҭыхыҩ гызмалрыла диҵаларц, иагьиӡбеит ипортрет иирҟаҵарц. Асахьаҭыхҩы даахәыцит: «Длашәны исахьа ҭысхыр, сахьирхәеит, сишьуеит, слашәны сышԥаҭухи ҳәа, иҩ-блак иҭаны дҭысхыр, игәы иахәаӡом, ҩ-блак сызҭазеи ҳәа»… Асахьаҭыхҩы аҟәыӷара ааирԥшит. Даалаган, аҳ ашьабысҭа дашьҭашәарыцо исахьа ҭихит. Аҳ ашәақь иркны, излак хҩаны дкылԥшны, ацәҟьара дахәаԥшуа исахьа ҭихит. Аҳ асахьа аниба, асахьаҭыхҩы акгьы изиамҳәӡеит.

Ҽнак, ацгәы алым кашәарах хәыҷы абеит. Ацгәы алымхәыҷ иара ашҟа иаган, иааӡеит. Алым хәыҷы иазҳаит. Ҽнак, алым амла иакит, афатә аназымԥшаа, изааӡаз иҩны иашьҭалеит. Ацгәы аҵла ихалеит. Алым аҵла иныҵаҩан, ацгәы иазҵааит – «бзиа избо сааӡаҩ, зегьы сурҵеит, аха аҵла ахалашьа зсумырҵазеи ҳәа?». Ацгәы ус аҳәеит «уи сара схазы иаансыжьит, уажәы ианыцәгьараха, сара исыхәеит».

Иван Крылов ажәамаана зыҩуаз урыс шәҟәҩҩуп. Уи азеижәтәи ашәышықәсазы дынхон. Крылов иажәамаанақәа, Езоп иажәамаанақәа рыла иаԥҵоуп. Крылов иажәамаанақәа жәеинраалала иҩуан. Иван Крылов иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еицырдыруа ақырҭуа поетцәа, урҭ иреиуоуп Акаки Ҵереҭелии Рафаел Ериставии.

Иван Крылов иажәамаанақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҳәак аџь амҵа ашәаӷьқәа афон. Аҳәа ашәаӷь рацәаны ианафа, азхара ҟалан ицәеит. Ианааԥш, еиҭа амла иакит. Инеин аџҵла адацқәа аҵыхра иалагеит. Аџь иқәтәан ахьажь. Ахьажь аҳәа ианаҳәеит: « ус изыҟауҵозеи ҳәа. Аџь адацқәа ыҵыухыр аџь ҩоит». Аҳәа аҭакс иаҳәеит: «суыс иалоузеи, иабасҭаху ари аҵла, иахьсыхәо ҳәа акгьы збом. Усҟан аџь гәаан ҿаанаҭит. «Аҳәажә, ишԥыкәу акгьы сшумыхәаз, ашәаӷь са сакәӡами иузҭо! Аха уара ухы шьҭыхны хыхь аԥшра улшаӡом!» Ахшыҩрҵара: Ауаҩы гаӡа аҳәа деиԥшуп – аҵара бзиа ибаӡом, иагьизеилкааӡом уи анасыԥ шинаҭо.

Амаамыни абласаркьақәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Амаамын ажәит, ҽеила иамбо иалагеит. Абласаркьақәа аанахәарц аӡбеит. Абласаркьақәа аанахәан, аҩныҟа иааит. Аҩны ианааи, ишанаало абарцаз, знык аҵыхәа иахьыннарҳалеит, нас иақәтәеит, иафҩит, агьамагьы абеит, аха иазеилымкааит уи ахархәашьа. Аҵыхәтәан игәаан, ус аҳәеит. «Агаӡа, рыгәра шԥазгеи уҳәан-сҳәанқәа, абри ублақәа изларыхәузеи». Иаагәаан абласаркьақәа ахаҳә ианҟьаны иԥнаҽит. Ахшыҩрҵара: Абас ихьуеит ауаҩы, амаҭәахә ахархәашьа ззымдыруа.

Готхольд Лессинг днемец шәҟәҩҩуп. Лессинг жәаатәи ашәышықәсазы дынхон. Лессинг иҩҩуан апиесақәа, ажәабжьқәа, ажәамаанақәа. Лессинг ажәеинраалала ажәамаанақәа ииҩуан.

Готхольд Лессинг иажәамаанақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ҽнак, Пиотр аҵааҩы иҿы дааит. Уи лассы дыԥсраны дшыҟаз иаиҳәеит. Петр илахь еиқәнаҵеит, иаашар хәлаанӡа аҩыжәра далагеит, ақьафурҭақәарҿы аамҭа ихго. Уи убри еиԥш иԥсҭазаара ахьымҩаԥигоз, ииашаҵәҟьан лассы дыԥсит.

«О, сара шаҟа срыцҳаузеи» - ҳәа игәыла иеиҳәеит каҷбеик. – «Иухьзеи уара» дҵааит агәыла. Акаҷбеи аҭак ҟаиҵеит – «Иаха сбаҳчаҿы смазара ҭаҵәах рӡеит. Уи аҭыԥан ахаҳә шьҭарҵеит». – «Уи уара ухы иаурхәаӡомызт, арыцҳа иԥшаан ихы иаирхәеит, дагьбеиахеит» - аҭак ҟаиҵеит агәыла». – Убри ауп сыхшыҩ сахызгогьы» - аҭак ҟаиҵеит акаҷбеи.

Абга млашьы амҩан аҽада аԥылеит. Аҽада абга иаҳәеит ирыцҳанашьарц, иамфарц. Аҽада абга ианаҳәеит, ашьапы амаӷ шалалаз, ишычмазаҩу. Абга аҭак ҟанаҵеит. «Даара сгәы уалоуп, убри аҟынтә сыламыс исыднаҵоит ахьаацәгьа уҟәыскырц». Абас аҳәан аҽада афеит.

  • Басня // Литературная энциклопедия терминов и понятий / Под ред. А. Н. Николюкина. — Институт научной информации по общественным наукам РАН: Интелвак, 2001. — Стб. 73—74. — 1596 с. — ISBN 5-93264-026-X.
  • Басня // Словарь литературоведческих терминов / Ред.-сост.: Л. И. Тимофеев и С. В. Тураев. — М.: «Просвещение», 1974. — С. 28—29. — 509 с. — 300 000 экз.
  • Гаспаров М. Л. Античная литературная басня. — М., 1972.
  • Гринцер П. А.. К вопросу о соотношении древнеиндийских и древнегреческих басен. — Гринцер П. А. Избранные произведения: В 2 т. — М.: РГГУ, 2008. — Т. Т. 1. Древнеиндийская литература. — С. 345—352. Архивная копия от 25 сентября 2009 на Wayback Machine