Адунеизегьтәи акультура амш

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Адунеизегьтәи акультура амш (лаҵарамза 31) — мҩаԥыргоит акультура ахьчараз Жәларбжьаратәи Алига аԥшьгарала. Лаҵарамза 31, 2003 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны иазгәарҭо иалагеит еиуеиԥшым акультурақәа рыдиалоги рыҿиареи рзы Адунеизегьтәи амш. Адунеизегьтәи акультура амш хықәкы хадас иамоуп– аглобализациа анырра иахҟьаны акультурақәеи, абызшәақәеи, ақьабзқәеи рыбжьаӡра алмыршара. Аԥсны акультура ахьчара азҵаара азҿлымҳара ду арҭоит. Ҳара ҳазгәыдууп амузеиқәа, атеатрқәа, абиблиотекақәа ирымоу аҳаҭыр ҳарак, иара убас урҭ имҩаԥырго ароль ҳауаажәлар ринтеллектуалтәии рдоуҳатәии ԥсҭазаараҿы. Акультура хаҭала ауаа ирыцхраалароуп, еиҳарак абиԥара ҿа, ииашоу амҩа алхраҿы, иарҿыхароуп ацәанырра рмилаҭ азгәыдуреи ртәылауаҩра аԥсахареи рзы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Копешавидзе Г.Г. Культура и быт абхазов, проживающих в Аджарии: (историко-этнографический очерк). - Тб.: Мецниереба, 1985.