Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымшЛаҵарамза 8, 1953 шықәса раахыс иазгәарҭоит Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш. Ари швеицариатәи агуманист Анри Диунан даниз амш ауп. Иара иаԥшьгарала, 1863ш. рзы имҩаԥган аконференциа, ихацзыркыз жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшь аԥҵара. Жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи еиднакылоит 175 тәыла рҟынтәи 400млн. инареиҳаны ауаа. МККК Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы имаҷымкәа ацхыраара рынаҭеит згәабзеира уашәшәыроуи лшарала ихьысҳауи ауаа. МКК имҩаԥнаго аус азы ауааԥсыра аӡәырҩы зхала зуадаҩрақәа ирызныжьу ракәны рхы рыԥхьаӡаӡом, ирымоуп уаҵәтәи амш азы агәыӷра.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Красный Крест отметил 150-летие гуманитарной деятельности: [история создания Общества Красного Креста]//РА. - 2013. - 18-19 мая, (№ 53). - С.5.
  • Кучуберия А. Бывшие подопечные Красного Креста без помощи не останутся/А. Кучуберия//КП. - 2011. - 8 апр., (№ 13). - С.6.