Агәмаа, Қьаазым Ҟараман-иԥа
| Қьаазым Ҟараман-иԥа Агәмаа | |
|---|---|
| Киазим Караманович Агумаа | |
|
Қьаазым Ҟараман-иԥа Агәмаа | |
| Аира |
лаҵарамза 1, 1915 ш. иахьатәи Очамчыра араион Ӷәада ақыҭа |
| Аԥсра |
ԥхынҷкәынмза 8, 1950 ш. Аҟәа |
| Аусура | аԥсуа поет, апрозаик |
Қьаазым Ҟараман-иԥа Агәмаа (аур. Киазим Караманович Агумаа; лаҵарамза 1, 1915 ш., иахьатәи Очамчыра араион Ӷәада ақыҭа – ԥхынҷкәынмза 8, 1950 ш.) – аԥсуа поет, апрозаик. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Ӷәадатәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны, ашьҭахь Џьгардатәи ихарҭәаам ашкол аҿы (1927-1929). Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭан (1929-1932). Москватәи ажурналистикатә инстиут аҿы аҵара иҵон (1932-1934). 1937 ш. далгеит Калининградтәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Аԥсныҟа даныхынҳә рҵаҩыс аус иуан Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1938 ш. инаркны - агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1940 ш. аррамаҵура ашҟа иԥхьеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Аррамаҵура ахьихигоз архәҭа амацәаз иҭаркит, аха Қь. Агәмаа дызлаз аибашьцәа аӡәырҩы рхы рцәыргеит. Ашьҭахь ашәҟәыҩҩы Белоруссиеи Украинеи абнақәа рҟны апартизанцәа ргәыԥқәа дрылахәны деибашьуан. Ӷәӷәала дхәын. 1944 ш. игәабзиара ануашәшәыраха Аԥсныҟа доужьын. Аҟәа аус иуан аҟазара азы Аилак аҟны, иара убас Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ашьҭахь агазеҭ «Аԥсны» аредакциаҿы. Ихәрақәа ирыхҟьаны иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит.
Иҩымҭақәа икьыԥхьуа далагеит 1933 ш. инаркны. 1934 ш. иажәеинраалақәа агәылалеит апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Раԥхьатәи ашьаҿақәа». Иажәеинраалақәа рнылон: «Алитературатә журнал», агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», ажурнал «Алашара» уҳәа егьырҭгьы. Авторс дрымоуп аԥхьаҩцәа ибзианы ирдыруа иажәеинраалақәа иреиуоу: «Асолҭад иҳаҭгәын», «Асалам шәҟәы Аҟәаҟа», абаллада «Аҿырпын», аповестқәа «Абаандаҩы», ажәабжьқәа «Ан лыбзиабара», «Икамшәаз алаӷырӡ», «Аԥсҭазаара аҟнытә ажәабжьқәа», апиеса «Адгьыл ду» уҳәа.
Қь. Агәмаа аԥсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ақырҭуа классикцәа ражәеинраалақәа, урҭ рхыԥхьӡараҿы иҟоуп А. С. Пушкин, Т. Г. Шевченко, Н. Бараҭашвили, аерманқәа рфырхаҵаратә епос «Давид Сасунтәи» ацыԥҵәахақәа. Иҩит амилаҭтә литературеи аҟазареи ирызку астатиақәеи арецензиақәеи.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1949.
- Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1955.
- Ажәеинраалақәа. (Иалкаау аԥсуа лирика» асериала). Аҟәа, 1972.
- Иалкаау Аҟәа, 1976.
- Абаандаҩы. Аповест. Аҟәа, 1986.
- аурысшәахь еиҭаганы: Родная земля (Рассказы, пьеса). Сухум, 1962.
Биографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1915 шықәса лаҵарамза аказы, Ӷәада ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1950 шықәса ԥхынҷкәынмза 8 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.
Аҵара иҵон Џьгьарда, Аҟәати апедагогтә техникум аҿы. Уи даналга, 1932 шықәсазы, Москва ажурналистикатә институт даанахәоит. Араҟа аҵара иҵоит ҩы-шықәса, нас, 1934 шықәсазы, калининтәи апедагогтә институт аҭоурыхтә факультет ашҟа диасуеит, далгоит 1937 шықәсазы.
Далахәын аҩбатәи адунеитә аибашьра.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1933 шықәса инаркны.
Қьаазым Агәмаа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абиблиогрҭфиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥхьатәи ашьаҿақәаҿ Аколлекҩҩтивтәӡәизҩа. Аҿәа, 1934 ҽықәса.
- Иҩымҭақәа. ҿАҟәа, 1955 шыҿао́аӡ
- Иаԥкаау. Аҟәа, 1972 шҟқәса/«Иалкаау аԥҟуа лирикҷӡаериаҿ/.с
- Иалкаау. Аҟәа, 1976 шӡаәса.
Алитератураҩҩ
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 906-907
Азҿьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Агумаа Киазим Карамович (аур.)
- Аԥәмаа Қьаазыә Ҟараман-иԥаҟ(аԥс.)