Абиологиа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Абиоло́гиа[1] (абырз. βιολογία аагоуп абырзен бызшәахьтә: βίος «биос» - аԥсҭазаара + λόγος «логос» - аҵара) — зыԥсы ҭоу аԥсабара иазку ҵарадырроуп. Абиологиа иаҵоит аԥсҭазаара, адгьыл иқәу, зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа. Иаҵоит урҭ реиҿартәышьа, рыԥсҭазаашьа, рыхкырацәара, насгьы ҭоурыхлеи хаҭалеи реизҳара азакәанқәа.

Ҳапланетаҿы зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа даара ирацәоуп. Аҵарауаа изларыԥхьаӡаз ала, еиуеиԥшым, зыԥсы ҭоу ацәеижь хкқәа ыҟоуп 3,5 миллион раҟара.

Ацәеижьқәа зегьы ршоит аҳрақәа ԥшьба рыла: абактериақәа раҳра; акәыкәбаақәа раҳра; аҵиаақәа раҳра; аԥстәқәа раҳра ҳәа. Аԥстәқәа раҳрахь даҵанакуеит ауаҩгьы.

Абиологиа иаҵанакуа амаҭәар хадақәа:

Ацәеижьқәа ыҟоуп адгьыл иқәу, анышә иҵоу, аӡы иҭоу, аҳауа иалоу. Адгьыл аҿы иҟоу аԥсҭазаара ишьақәнаргылеит абиосфера захьӡу, адгьыл ҷыдала иакәыршоу ахарԥа (абырзен бызшәала «биос» – аԥсҭазаара, «сфера» – акәымпыл). Абиосфера иаҵанакуеит ацәеижьқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа зегьы: атмосфера ҵаҟатәи аҿыгҳара, аӡҭатәарақәа, анышә, анышә иаҵоу алитосфера хыхьтәи аҽыҭ.

Зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа рыԥсҭазаара дара-дара еидҳәалоуп, рызегьы изну аԥсабара иахәҭакуп. Зыԥсы ҭоу ацәеижьқәа рхаҭақәа изну аԥсабара ианыруеит, арахь урҭ рыҟазаара аԥсабаратә цәырҵрақәа – ахьҭа, аԥхарра, ацәаакыра, алашара ирыдҳәалоуп.

Ацәеижьқәа дара-дареи аԥсабареи реиныррақәа ҭызҵаауа абиологиа аҟәша иахьӡуп аекологиа (абырзен бызшәала «ойкос» – аҩны, анхарҭа, аԥсадгьыл, «логос» – аҵара).

Ирацәоуп абиологиатә дырра хәарҭарас иамоу. Ауаҩы абиологиатә дыррақәа ихы иаирхәоит ақыҭанхамҩаҿы, амедицинаҿы уб. иҵ.

Ауаҩы есааира инапаҿы иааигоит адгьыл амалқәа, уи иԥиҟоит абнақәа, дреишәарыцоит абна илоу ашәарахқәа, аԥсаатәқәа, иҭаирбоит аӡқәа, икуеит, хыԥхьаӡара рацәала амшыни аӡқәеи ирҭоу аԥсыӡқәа. Аԥстәқәеи аҵиаақәеи ирылхны иҟаиҵоит ишәиҵо амаҭәа, ахәшәқәа. Аԥстәқәа ихы иаирхәоит ныҟәагас, еибашьыгас, хыхьчагас, рԥшӡагас. Ауаҩы ихы иаирхәарц азы иаԥиҵеит аҵиаақәеи аԥстәқәеи рыхкы ҿыцқәа. Анкьа ибнатәқәаз, иҩнатә ԥстәқәаны, мамзаргьы культуратә ҵиаақәаны иҟаиҵеит. Абиологиатә дыррақәа ихы иархәаны ауаҩы иааирыхуеит арыц, ашәыр, ауҭраҭых уб. иҵ. афатә злыҵуа аҵиаақәа.

Абиологиа амаҭәар аҵара шәалагоит уи аҟәша – аботаника аҵара ала. Аботаника – аҵиаақәа рҵара иазкуп. Ажәа «аботаника» абырзен бызшәа аҟынтә иаауеит – «ботане» иаанагоит аиаҵәара, аҳаскьын, аҵиаа ҳәа. Аҵиаақәа рҵара аан еилышәкаауеит урҭ ирыԥсҭазаашьоу, адәахьалеи рыҩныҵҟалеи ишеиҿартәу, рыҿиашьа, адгьыл аҿы иахьуԥыло, хәарҭарас ирылоу, иахьану аҭыԥ ишаныруа убас иҵ.

Аҵиаақәа иахьырзааигәоу азы урҭ ирываргыланы ишәҵоит абактериақәеи акәыкәбаақәеи. Уаҟа еилышәкаауеит абактериақәа рыхкырацәара, хәарҭараси цәгьараси ирылоу. Убас акәыкәбаақәа анышәҵо еилышәкаауеит урҭ реиҿартәышьа, ишрызҳауа, ишҿио, хәарҭарас ирылоу уб. иҵ. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи аамҭа-аамҭала рҽеиҭаркуеит. Аҵиаақәа ааԥын ишәҭуеит, абӷьы иаҵәа ылыргоит, ҽаҩраҭагалан рыбӷьы каԥсоит, убас аԥстәқәагьы рхәыжә рҟьоит, рцәаԥшшәахәы рыԥсахуеит. Аамҭа еиҭасра иадҳәаланы аҵиаақәеи аԥстәқәеи рҽеиҭакрақәа аҵара иахьӡуп афенологиа (абырзен бызшәала – «фаино» – аҟалара, «логос» – аҵара). Аамҭала аҵиаақәа рыҽшырыԥсахуа здыруа ауаҩы ианаамҭоу длаҵоит, драшәоит, еиҭеиҳауеит, иҭеигалоит. Насгьы аԥсабара зырԥшӡо зыԥсы ҭоу аҵиаақәеи аԥстәқәеи адунеи аҿы зехьынџьара иубаратәы рхыԥхьаӡара иррацәоит, дырхылаԥшуеит.

Абиологиатә дыррақәа змоу ауаҩы аԥсабара бзиа ибоит, деиҷаҳауеит, дацхраауеит.

Биологиатә дисциплинқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акарилогиа — Анатомиа — Альгологиа — Антропологиа — Бактериологиа — Биогеографиа — Биогеоценологиа — Биоинженериа — Биоинформатика — Амшынду биологиа — Биометриа — Бионика — Биосемиотика — Биоспелеологиа — Биофизика — Биохимиа — Ботаника — Биомеханика — Биоценологиа — Биоенергетика — Бриологиа — Вирусологиа — Генетика — Геоботаника — Гидробиологиа — Гистологиа — Дендрологиа — Зоологиа - Зоопсихологиа — Иммунологиа — Ихтиологиа — Космическая биология — Ксенобиологиа — Лепидоптерологиа — Лихенологиа — Микологиа — Микробиологиа — Молекулиартә биологиа — Морфологиа — Неиробиологиа — Палеонтологиа — Палинологиа — Паразитологиа — Радиобиологиа — Систематика — Системная биология — Синтетикатә биологиа— Спонгиологиа — Таксономиа — Теоретикатә биологиа — Токсикологиа — Фенологиа — Физиологиа — Физиологиа ВНД — Аԥсатәқәа гьы уаҩыгьы рфизиологиа — Аҳасакьы́нқәа рфизиологиа — Фитопатологиа — Цитологиа — Еволюциатә учение — Ембриология — Ендокринологиа — Ентомологиа — Етологиа

Фотогалереиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]