Перейти к содержанию

Џьонуа, Алықьса Нестор-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа
Алексей Несторович Джонуа

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа
Аира лаҵарамза 7, 1920 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла
Аԥсра жәабранмза 27, 1989 ш.
Москва
Аусура аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Анашьамҭақәа орден Отечественной войны II степени
Ахәыҷқәа Џьонуа Беслан Алықьса-иԥа

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа (аур. Алексей Несторович Джонуа; лаҵарамза 7, 1920 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла – жәабранмза 27, 1989 ш.) – аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1984, ажәеинраалақәеи апоемақәеи рышәҟәы «Ашьеи абзиабареи» рзы). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп Аџьар Ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, амедалқәеи, адырга «СССР аҵара зҽалызкааз». СССР-и (1952), Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара иҵон Аимаратәи ҩ-классктәи ашкол (1927-1928) аҟны, ашьҭахь - Ҷлоутәи ԥшь-классктәи ашкол даналга диаргоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ ахь (1932-1938). 1938 ш. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә аррамаҵура ашҟа иԥхьоит. Аханатә аррамаҵура дахысуан Туркментәыла (ақ. Мари) атанктә архәҭа аҟны. Ари аамҭазы Москватәи аҭыжьырҭа «Советский писатель» аурысшәала иҭнажьит аизга «Аԥсны апоетцәа». Уи иагәылалеит А. Џьонуа иажәеинраалақәа рыхәҭак. Ашәҟәы аррамаҵура дахьахысуаз архәҭахь изынарышьҭит, ирыԥхьеит, арратә ҭӡыгазеҭ «За родину» ианырҵеит иажәеинраалақәа ҩба: «Амҳаџьыр», «Аҟармаҵыс». Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага дызлаз атанктә архәҭа афронт ахь иналагылеит. Раԥхьатәи ажәыларақәа раан А. Џьонуа дхәын, ҩымз ахәшәтәырҭаҿы дыҟан, аԥхьа – Новошахтинск ақалақь аҟны, ашьҭахь – Сталинград амҵан астанциа Илиниц. Игәабзиара шьақәыргыланы ирхәҭахь дхынҳәит, аԥшыхәратә рота аҟны сержантын. 1942 ш. ааԥынразы Барвенково-Лозоваиа (Украина, Харковтәи аобласт) араион аҟны дрытҟәеит, аха иаарласны абналара илшеит; Украина, Винницатәи аобласт аҟны апартизанцәа ргәыԥ «За родину» аԥшыхәратә гәыԥ далалеит. Апартизантә гәыԥ Асовет Ар рырхәҭақәа ианрыларҵа, 1944ш. февраль азы А. Џьонуа даарышьҭуеит Аҟәатәи арратә комиссариат ахь.

Аԥсныҟа даныхынҳә , иҵара иациҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, дагьалгоит 1947 шықәсазы. Аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс, Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1947-1953) аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, ашьҭахь – апартиатә бзазара аҟәша аиҳабыс (1953-1956), ажурнал «Алашара» аредактор хадас (1956-1978), Аԥсны аҵара аминистр (1966-1978), 1978-1986 шш. раан – Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз Архивтә усбарҭа анапхгаҩыс, 1986-1989 шш. рзы – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс дыҟан.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа «Миха иԥҳа», «Аусуҩы», «Џьота», «Абарбарҩы», анылеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь». Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советкая Абхазия», «Литературная Украина» уҳәа егьырҭгьы. А. Џьонуа иажәеинраалақәа маҷымкәа икьыԥхьын «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Жәохә инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.

Иажәеинраалақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

А. Џьонуа дырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭеигеит араб, аурыс, аукраин, адыга, ақырҭуа уҳәа апоетцәа Маҳмуд Сами Аль Баруди, Баирам Ат-Туниси, Муфида аль Багдади, Сурџьиҭ Рампури, С. А. Есенин, В. В. Маиаковски, И. И. Франко, Л. Г. Тычин, Х. Х. Гашоков, И. И. Тлиустен, Г. Н. Леониӡе, Ш. С. Акобиа, К. Р. Калаӡе, Х. Гагуа ражәеинраалақәа, М. А. Шолохов, А. Н. Толстои, И. В. Бондарев, Л. Қьиачели уҳәа рырҿиамҭақәа.

  • аԥсышәала: Ашьыжьтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1949.
  • Аԥсадгьыл ахьӡала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1953.
  • Аҭоуба. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956.
  • Арҩаш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1958.
  • Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961.
  • Уаҵәазы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1970.
  • Сара сгәыӷра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
  • Еснагь иҳацу. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа, 1978.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи абалладеи. Аҟәа, 1980.
  • Ашьеи абзиабареи. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1982.
  • Ажәеинраалақәа. (Асериа «Иалкаау аԥсуа лирика» ала). Аҟәа. 1985.
  • Аԥхьарца. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1986.
  • Иалкаау. Актәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1990.
  • Иалкаау. Ҩ-томкны. Аҟәа, 2010.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Журчащий родник. Стихи. М., 1965.
  • Верность. Стихи. Сухуми, 1969.
  • Прибой весны. Стихи. Сухуми, 1984.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 912-913