Џьениа, Алықьса Камыгә-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Алықьса Камыгә-иԥа Џьениа (жәабранмза 211930 ш. — ԥхынгәымза 71998 ш.) — ашәҟәыҩҩы-апрозаик, Зҽаԥсазтәыз акультура усзуҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын. А. Џьениа иҟазара ажанртә, атематикатә диапазон ҭбаауп, еиуеиԥшым. Иара даԥсаны дыԥхьаӡоуп иаарылукааша новеллистны. Алықьса Џьениа ироманқәеи иповестқәеи рыда ухахьы иузаагом иахьатәи аԥсуа епикатә проза. Алықьса Камыгә-иԥа Џьениа аус иуан “Аԥсны ҟаԥшь”, ажурнал “Алашара” рредакциақәа рҿы, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәыҟәҭыжьырҭа директор хадас дыҟан. Алықьса Џьениа ишәҟәқәа иахьа абиблиотекақәа рҿы ус баша аҭыԥ ааныркылаӡом, урҭ ахархәара ҭбаа рымоуп Аԥснытәи аԥхьаҩцәа рыҩнуҵҟа, иара убас Аԥсны анҭыҵгьы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Восьмой цвет радуги. – Сухум, 1976;
  • Избранное. – Сухум, 1980.