Искандер, Фазиль Абдул-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Искандер, Фазиль Абдул-иԥа
Аира хәажәкырамза 6, 1929 ш.
Аҟәа
Аԥсра ԥхынгәымза 31, 2016 ш.
Переделкино
Аԥсра зыхҟьаз остановка сердца
Аԥсыжра аҭыԥ Новодевичье кладбище
Аусура сценарист,
ашәҟәыҩҩы,
ажурналист,
романист,
апоет,
эссеист
Абызшәақәа Аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Урыстәыла
Алма-матер Литературный институт
Ажанр мемуары,
проза,
сатира,
притча,
эссе,
афоризм
Анашьамҭақәа Государственная премия СССР,
орден «За заслуги перед Отечеством» IV степени,
Государственная премия Российской Федерации,
Триумф,
орден «Честь и слава»,
орден «За заслуги перед Отечеством» III степени,
орден «За заслуги перед Отечеством» II степени,
Пушкинская премия,
премия Правительства Российской Федерации в области культуры
Анаԥынҵамҭа
Асаит http://faziliskander.com/
Фазиль Искандер – 80 шықәса

Фазиль Абдул-иԥа Искандер (хәажәкырамза 61929 ш., Аҟәа, ССР Аԥсныԥхынгәымза 312016 ш., Переделкино, Москва, Урыстәыла) — Асовет, Аԥсуа шәҟәҩҩы, аурыс прозаик, ажурналист, апоет, асценарист, ауаажәларратә усзуҩы. 1957 ш. инаркны СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла. Асовет шәҟәыҩҩцәа реидгыла Аревизиатә комиссиа хада далахәын. (1986-1991 ш.). СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгарҭа анапхгара ацхантәаҩы (1991), СССР Жәлар рдепутат Аԥснытәи АССР аҟнытә (1989-1992), УА Ахада иҟны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиақәа, ауаҩы изинқәеи ишаҭареи рзы, акультуреи аҟазареи ирызку ахеилак азы акомиссиа рлахәыла. (РАЕН) (1995), Урыстәылатәи аҟазара академиеи (1995) Ихьыԥшым аҟазара. Аестетикеи зхы иақәиҭу аҟазарақәеи ихьыԥшым ракадемиа (1995), ҵабыргылатәи алахәыла, ЕАА (США) Норвичтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор, Бавариатәи академиа аҟазара ԥшаах алауриат, алахәыла (Германиа).

Диит аџьам-аԥсуа ҭаацәараҿы; иаб 1938 ш. азы СССР аҟынтә адепортациа изуын. 1947 ш. азы Фазиль Искандер далгоит Аҟәатәи аурыс школ хьтәы медалла, дагьҭалоит Москватәи абиблиотекатә институт, 1951 ш. азы диасуеит А.М. Горькии ихьӡ зху Алитературатә институт ахь, далгоит 1954 ш. азы. Аус иуан Курски Воронежи агазетқәа рҿы, 1956 ш. азы дхынҳәуеит Аҟәаҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәшаҿы аус иуан редакторс. Аҭаацәара даналала нахыс, еснагь Москва дынхон.

Раԥхьатәи ипоезиатә ԥҵамҭақәа 1952 шықәса акьыԥхь рбеит, уи ашьҭахь 1956 ш. ипрозатә рҿиамҭақәа цәырҵит ажурнал «Пионер» аҿы. Ф. Искандер раԥхьаӡатәи урысшәала иажәеинраалақәа реизга «Горные тропы» ҭыҵит 1957 ш. азы Аҟәа. 1962 ш. ажурнал «Юность» аҿы икьыԥхьын ҩ-жәабжьк. Иҩымҭақәа икьыԥхьуан ажурналқәа «Литературная Абхазия», «Новый мир», «Неделя». 1966 ш. ажурнал «Новый мир» аҿы икьыԥхьын ашәҟәыҩҩы идибиуттә повест «Созвездие Козлатура», ари Искандер асовет шәҟәыҩҩцәа рыҩныҵҟа раԥхьагылара изҭаз ҩымҭоуп. 1979 ш. ашәҟәыҩҩы ацензура иаҵанамкуаз альманах «Метрополь» далахәын (аповест «Маленький гигант большого секса» ала), иҭыҵит ЕАА (США), уи ашьҭахь 1980 ашықәсқәа рзынӡа џьаргьы ирымкьыԥхьӡеит. Аиҭакра ду аамҭақәа рзы ашәҟәыҩҩы ԥасатәи иҩымҭақәеи иҩымҭа ҿыцқәеи активла рҭыжьра иалагеит, иара убас иҭыжьын антиутопиа ажанр алы иҩу ифилософиатә лакә «Кролики и удавы» (1987), ироман-епопеиа Сандро Чегьемтәи), уб.егь.

Асахь. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, алитературеи аҟазареи рҿы Фазиль Искандер (арымарахь) 2014 ш. рашәарамза 12

1990-тәи ашықәс аҩныҵҟала иҭыҵит иҩымҭақәа ԥшь-томк (Москва, 1991) ф-томк (Харьков 1997) ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа реизга.

2000 ашықәсқәза рылагамҭазы иҭыҵуан Искандер иҩымҭа ҿыцқәа «Ночной вагон», «Где зарыта собака», иара убас иҭыжьын иҩымҭақәа реизга жәа-томк. Искандер иҩымҭақәа ирылхны изныкымкәа акиносахьақәа ҭырхуан, иара убас атеатр аҿы иқәдыргылон.

Лассы-ласс асиужетқәа рҿы иуԥыло Ф. Искандер ипрозагьы ипоезиагьы аперсонажцәа ауаҩышәара ҵаула еиднакылоит. Урҭ ахҭысқәа зегьы Аԥсны имҩаԥысуеит (Мухус-Сухум, Чегьем). Искандер «сара хымԥада соурыс шәҟәыҩҩуп» ҳәа ихы иазиҳәеит, аха уи иҩымҭақәа зегьы рҿы Аԥсны дазышәаҳәон». Аханатә узырччо Ф. Искандер иҩымҭақәа алаф инаркны улахь еиқәызҵо аирониаҟынӡа аџьбароу асарказм адраматизми атрагедиареи еидыркылоит. Ф. Искандер ипрозаҿы иуԥыло ақьырсиан мотивқәа амилаҭтә мифологиеи аепоси рыла еиларсуп аԥсуа лакәқәеи алегьендақәеи астилизациа рзурала. Искандер иессеистика акагьы иалаҩашьаӡом иажәамаанеи, иафоризмқәеи ирыбзоураны.

Ф. Искандер ианашьан Урыстәылеи Аԥсни аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, СССР Аҳәынҭқарратә премиа (1989) УА Аҳәынҭқарратә премиа (1993), А.Д. Сахаров ихьӡ зху «За мужество в литературе» апремиа (1991), А. Тепфер ифонд Пушкин ихьӡ зху апремиа (1992), апремиа «Золотой Остап», «Триумф» (1998), УАА (РАН) «XX ашә. Аурыс литература ашедеврқәа» апремиа, Урыстәыла акультураҟны алагаламҭа ду азы (2003), уҳәа уб. иҵ. 2011 ш. азы ианашьан Л.Н. Толстои ихьӡ зху алитературатә премиа «Ясная Поляна», иара убас «Иалкаау иҩымҭақәа рзы» Урыстәыла аиҳабыра рыпремиа ианашьан. Нобель ихьӡ зху алитературатә премиа алауриатра азы ҩынтә аноминациаҟны дықәгдыргылахьан. (2012 ш. азы – Москва Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ала, 2013 ш. азы – ашәҟәыҩҩы Андреи Битов ила).

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахәыҷреи ақәыԥшреи (1929-1947)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ԥхьаҟа ишәҟәыҩҩ духараны иҟаз ашәҟәыҩҩы иабду – Ибрагим Искандер, шьҭрала Ирантәын, Аҟәаҟа дааит XlX ашәышықәса анҵәамҭазы. Акыр амал змаз дырхылҵышьҭран азы уи илшеит ахашәала бзиа змаз ақьармыт зауад ашьақәыргылара. Ибрагим иԥшәма ԥҳәыс Хамсада Агрба даԥсыуан, 1903 ш. азы аҭаацәара зегь рзы иргылоит аҩны, уи аӡбахә Фазиль Искандер иҩымҭақәа рҿы акырџьара иҳәоит. Урҭ рҭаацәара рҿы еиқәханы иҟоуп Аҟәырҟан зны рыԥсадгьыл хәыҷ аҟынтә иаагаз. Ибрагим ԥшьҩык аԥацәа иман, урҭ реиҳабы Абдул ихьӡиҵеит. Ареволиуциа анаҩс, Абдул Искандер иҭаацәатә наплакы ицәыӡуеит аҟнытә, еиуеиԥшым амҵзурақәа ныҟәигоит, ԥасатәи ақьырмыт зауад аҿгьы. Асоветтә тәылауаҩра идимкылаӡеит. Абдул хатә ԥҳәысс дигоит Лели Ҳасан-иԥҳа Мишьелиаԥҳа. Џьгьарда (Чегьем, арахь нхара иааз лҭынхацәа ахьеиланхоз). Ари аҭаацәар мезалианс ҭаацәаран, еиқәнагомызт рҳәон. Лели Мишьелиаԥҳа аҵара лымамызт, хәахәҭҩын, ақалақьтә ԥсҭазаара бзиа илбомызт. Х-ҩык ахшара лыман: лԥеиҳаб Фиридун, лыԥҳа Гьиули, лԥа еиҵыб Фазиль (заатәи адокуметқәа рҿы Фазыльбеи ҳәа дануп). Аиразы аршаҳаҭгаҿы аҟәатәи ашәҟәҭаҩырҭа (АТӘҬА) аиҳабы усҟан иҵарадаз, ахәбатәи аграфа «персюк» ҳәа ианиҵеит. Анаҩс, Искандер-аиҵбы еиуеиԥшым адокументқәа рҿы аџьам, (аиран) ҳәа данырҵон, иреиҳау аҵараиурҭа аҭалараан ауп уи идокументқәа рырҽеира анилша, уи нахыс аԥсуа ҳәа ашәҟәы данын.

1938 ш. рзы атрагедиа ҟалеит: Фазиль иаб атәымтәылауаҩ ҳәа Иранҟа дахыргеит. Уа аихамҩаҿы аус иуан, уарла-шәарла Аҟәаҟа иҭаацәа акы рзааишьҭлон; иԥсҭазаара дшалҵыз азы адырра роуит 1956 ш. Ҩыџьа иаб иашьцәа СССР атәылауаҩра змаз, ырбаандаҩын, иҭахеит алагерқәа рҿы. Абдул Искандер уаҩеиԥхьыттак иакәын, адепортациа изыруаанӡа иусура ицәыӡит, иҭаацәа ақыҭантәи рыуацәа ирырҭоз ацхыраарала, ақалақь аҿы ирымаз аҩны ҩ-уаҭахк қьырала ирыҭо рхы ныҟәыргон. Ани ахәыҷқәеи дрыцынхон зхызтәымыз раншьа. Фазиль ихәыҷра ақалақь аҿы имҩасит, ахәыҷбаҳчахьгьы дныҟәон, усҟан ахәыҷбаҳчақәа рацәамызт Аԥсны. Аԥсшьараан ахәыҷқәа рыуацәа рахь ақыҭахь ирышьҭуан, 1942 ш. аибашьра азы ауп Фазильи, иани, иаҳәшьа Гьиулии Чегемҟа ианаа, ара қьырала ауаҭах рган, аколхоз аҟынтә адгьылгьы рырҭеит ауҭра аҟаҵаразы. Ишырҳәо ала, Фазиль дахьеиҵбыз азы ихы даужьын, аус хьанҭақәа идырҟаҵомызт. Уи иабзоураны «мчыла абзазаратә уадаҩрақәа дрылагаламызт» аҭаацәаратә традициақәагьы дырцәыхарашәа дҟалеит. Фазиль ашәҟәыԥхьарахь имаз агәбылра заа иааԥшит (фы-шықәса ихыҵуан ашкол ахь данцоз), уи еиԥшны урысшәалагьы аԥсышәалагьы дцәажәон. Ибиографцәа ишырҳәо ала, аурыс школ дҭарҵеит, ашкол аҩны иахьазааигәаз азы, насгьы 1930 ш. азы иинтернационалтәыз Аҟәа ақалақь аԥсуа бызшәа рацәак ҳаҭыр амамызт. Ашкол аҿы аурыс бызшәеиԥш, ақырҭшәагьы ддырҵон, аха Искандер уи абызшәа зегь акоуп имҵаӡеит.

Фазиль уи аамҭазы ахәыҷқәа зегьы зыԥхьоз ахәыҷтәы шәҟәқәа дрыԥхьон: Жиуль Верн, Конан Доил, Маин Рид, ажурнал «Вокруг Света» аҟнытә ажәабжьқәа бжьыҭгала ашҭаҿы дрыԥхьон. Ақыҭаҿы аԥсшьарамшқәа раан иаҳәшьцәа руаӡәк ақалақь аҟынтә иаалгеит Шекспир итомқәа руак, усҟан жәашықәса зхыҵуаз Искандер арҭ акомедиақәа анырра дуӡӡа ирҭеит. 13 шықәса анихыҵуаз «Анна Каренина» даԥхьеит, ақыҭаҩны аҟны имԥыхьашәан. Ашкол аҿы иҵара жәаҩа шықәса иҭаӡеит: амилаҭтә республикақәа рҿы аҵара ацикл жәеиза шықәса аман, иара шықәсык ицәыӡит аибашьра иахҟьаны. Уи аамҭа иалагӡаны Фазиль Аҟәа х-школк иԥсахит: № 1, № 2, № 4; 1945 ш. азы акомҿар еидгыла далалоит.

Иреиҳаӡоу аҵара. Аусура аихшарала (1947-1956)[аредакциазура | акод аредакциазура]

1947 ш. азы Фазиль ашкол хьтәы медалла даналга, Москваҟа дцоит иԥсҭазаара агуманитартә хырхарҭа, еиҳаракгьы, алитература иадиҳәалар иҭахын аҟнытә иреиҳаӡоу аҵара аиуразы.

Москватәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дышҭалоз аҭоурых еиҭеиҳәоит акыр шықәсқәа рышьҭахь иажәабжь «Алагамҭа» аҟны, уа афилософиатә факультет МАУ (МГУ) дҭаларц шиҭахыз атәы иҳәоит. Аха аҵыхәтәан дҭалоит Абиблиотекатә институт ԥшьышықәса аҵара ацикл змаз. Аинститут Химки иҟан, уаҟа аҵара ицырҵон анаҩсан ипоетхаз Зори Иахнин, Васили Василев. Аинститут данҭаз ашықәсқәа раан Ф. Искандер раԥхьаӡакәны апрофессионалла апоезиа напы аиркит.

Хышықәса абиблиограф изанааҭ ала аҵара ашьҭахь, Фазиль Искандер аҵыхәтәантәи акурс аҿы Алитературатә институт ахь диасуеит, арҿиаратә конкурс далахәхоит иажәеинраалақәа рцикл ала, уи иацын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа ррекомендациагьы. 1952 ш. нанҳәамза 31 рзы Искандер аҩбатәи акурс дахыԥхьаӡалан, аха нас цәыббрамзазы ахԥатәи акурс ахь диаган, аполитекономиеи, ҳаамҭазтәи аҭоурыхи, аҳәаанырцәтәи алитературеи рлекциақәарахь ихы дақәиҭны дныҟәо азин иҭан. Переделкино анхара далагоит, усҟан уакәын азеиԥш нхарҭа ахьыҟаз. Арҵаратә курс аҟны алитературатә программа амҽхак ҭбаан; Ара Ф. Искандер раԥхьаӡакәны Достоевскии ирҿиамҭақәа анырра ӷәӷәа ирҭеит, еиҳаракгьы Лебиадкин иажәеинраалақәа данрыԥхьа. Аинститут аҿы иара рҵаҩыс диман, дагьилабжьалон апоет-ашәаԥҵаҩ Александр Коваленков. Искандер уи имаз адыррақәа рыхә ҳаракны ишьон, иагьигәалаиршәалон уи иажәақәа – аӡәы иҿыԥшра ашәҟәыҩҩы изы ҵакыдароуп, ари аус нарха шамам атәы. 1952 ш. рашәарамза 15 рзы Фазил Искандер раԥхьатәи иажәеинраала «Аԥсны ашьхақәа рҿы» агазеҭ «Советская Абхазиа» ианылеит. Аинститут далгаанӡа зынӡа ԥшь-жәеинраалак роуп иикьыԥхьыз, хԥа урҭ рахьтә «Советская Абхазиа» аҿы.

Аҵара аниҵоз Фазиль искандер Аҟәа «Советская Абхазия» аҿы аԥышәаиура дахысуан (1952 ш.) иара убас Махачкала («Дагестанскаиа правда» 1953 ш.) аҟны,1954 ш. ԥхынгәымза 24 рзы аҳәынҭқарратә ԥышәаратә комиссиа ақәҵарала ианашьан алитературатә усзуҩы ҳәа аквалификациа. Усҟан уи ицаужьын: Маиа Танина, Владимир Карпов, Кирилл Ковальџи, Леонид Жуховицки, Зоиа Крахмальникова. 1954 ш. нанҳәамзаы аихшараан дрышьҭуеит Брианск агазеҭ «Бриански комсомолец» ахь. Уи икьыԥхьымҭақәа 1954 шықәса цәыббрамза 9 – 1955 лаҵарамза 9 рыбжьара иҭыҵуеит иара инапаҵаҩны, иааизакны 14 статиеи, азгәаҭақәеи аамзы ирҭагӡаны иҟаҵаз ауп. Аредактор Л.А. Мирошини иареи ирыбжьалаз аимак иахҟьаны, - акорреспондет иусура дамхын, уи анаҩс диасуеит Курскҟа.

1956 ш. нанҳәамза 17 рзы аусура далагоит «Курскаиа правда» аҟны; ихатә усшәҟәаҿы ихьӡ «Фазыльбеи Абдул-иԥа» ҳәа данын; раԥхьатәи икьыԥхьымҭа нанҳәамза 12 ҳәа иарбоуп. Хара имгакәа арепортиор асатиратә фельетон «Епопиа» азы ианашьахоит апремиа. Шықәсык аредакциаҿы иусура инҭагӡаны икьыԥхьит 20 инареиҳаны аматериалқәа, иара убас, Грем Грин ироман «Тихии американец» арецензиагьы. Аџьашәҟәы ианыԥшуеит 27 шықәса зхыҵуаз алитературатә усзуҩы иааиԥмырҟьаӡакәа иоуаз аџьшьарақәа ртәы. Фазиль Искандер апрозаҿ идебиут: ажурнал «Пионер» № 11 ианылоит иажәабжь «Первое дело». Искандер аинститут данҭаз еибадырхьан Бенедикт Сарнови иареи, абри аҩымҭа акьыԥхьра дацхрааит.

1957 ш. жәабранмзазы Фазиль Искандер ихатә харџьала аԥсшьара дцан, аԥхын Аҳәынҭҭыжьырҭа аԥсуа ҟәшахьы диасуеит, уа шықәсык иназынаԥшуа иажәеинраалақәа реизга ашәҟәы «Ашьха мҩахәасҭақәа» аҭыжьразы аџьабаа адибалеит. Ашәҟәы акьыԥхь абеит уи ашықәсан мшаԥымзазы, 2000 екземплиар атираж ала, ари Москватәи апресса арецензиақәагьы анаҭеит.

Алитературатә карьера алагара. Аҟәа – Москва (1957-1969)[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ф. Искандер иқалақь гәакьахь даныхынҳә, иан лҿы анхара далагоит, уи ацхыраара илҭон зегь рыла, ицәамаҭәа инаркны зегьы лара лакәын иаазхәоз. Аҳәынҭҭыжьырҭа аредактор иуалафахәы зынӡа имаҷӡан (60 мааҭ мызкы) аха иусура аҩразы аамҭа инаҭон, уи иабзоураны иоууан агонорарқәа. 1957 ш. Асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылас дҟалоит. Искандер икьыԥхьуеит имаҷымкәа ажәеинраалақәа, иара убас аҭыжьырҭақәа «Иуность», «Новыи мир» рыҟны, ари ашьҭахь Гьаргь Гәлиагьы зҿлымҳара ииҭо далагеит, 1960 ш. азы илшоит зтираж 2000 екземплиар ыҟаз иажәеинраалақәа реизга «Советский писатель» аҟны аҭыжьра. Иԥсадгьыл аҿы аҟазаара шицәыуадаҩызгьы, иҭахын аҳҭнықалақь аҿы илшарақәа раарԥшра, иҭахӡамызт аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аурысшәахь еиҭазго иаҳасабала даанхарц.

1959 ш. нанҳәамзазы Фазиль Искандер зҭаацәа ирыцны ԥсшьара Аҟәаҟа иааз Антонина Михаил-иԥҳа Хлебниковеи иареи еибадыруеит. Лара Плеханов ихьӡ зху аинститут аҩбатәи акурс аҿы аҵара лҵон. Ашәҟәқәа рыбжьыслон акыраамҭа, хаҭала аиҿцаара иалагеит аӡын Москва, Искандер ипоезиатә еизгазы агонорар аниоу ашьҭахь.Искандери Хлебниковеи рыԥсҭазаара еиларҵеит 1961 ш. азы, наҟ-ааҟгьы рҭаацәарақәа ргәы ишаҭахымызгьы, ачарагьы даара еиҩцамкәа ируит. Рыԥсҭазаара аԥхьатәи амшқәа рзы Фазиль ауаҭах ылихит идагәаз еллин ԥҳәыск лҿы, аратәи аҭагылазаашьа аҭаацәара иаланагалаз иргәаланаршәон Лермантов иҩымҭа «Таман». 1962 ш. анҵәамҭа инаркны Москва даанхоит Антонина лцәалтәымкәа дахьыҟаз азы. Хлебниковаа нхон Горки имҩаду аҩны № 9 аҟны, ара хә-ҩык ауаа акоммуналтә уадак рҽаларыгӡар акәын. Анаҩс, аҭаацәара қәыԥш ауада ылырхуеит, уи абхәа ахә ишәон. 1963 ш. азы диит аԥҳа, хьӡыс илырҭеит Марина.

Аҭаацәара даналалагьы Искандер апоезиа аанимыжьӡеит. 1961 ш. Аԥсны иҭыҵит аизга «Дети Черноморья», анаҩс, 1964 ш. – 1969 ш. Москва иҭыҵит апоезиатә еизгақәа хԥа, анаҩс, Фазиль Абдул-иԥа лакҩакрада апрозахь диасуеит «Иунность» аҿы иажәабжьқәа ркьыԥхьрала, урҭ ирхылҿиаауеит ацикл «Чик ихәыҷра». 1964 ш. ашәҟәыҩҩы далахәын агазеҭ «Неделиа» аҿы иркьыԥхьуаз аколлективтә детектив «Смеется тот, кто смеется», аҵәҭаԥсарала иара иаӡоит жәба рахьтә аабатәи ахы. Ашәҟәыҩҩы усҟан даара ирацәаны аус иуан, ԥшьышықәса инарҭагӡаны икьыԥхьуеит 20-инарзынаԥшуа ажәабжьқәа.

1966 ш. иҭыҵуеит иажәабжьқәа реизга «Запретныи плод» (тиражла 65 000 екземплиар). «Новый мир» аҿы икьыԥхьын иповест «Созвездие Козлотура». Ашәҟәыҩҩы даларҵоит заҳаҭыр ҳаракыз есышықәса иҭыҵуаз «Апоезиа амш» аредакциатә коллегиа, асовет литератураҟны аԥхьатәи аҭыԥ аанызкылоз. Александр Твардовски, Ф. Искандер иҩымҭа «Созвездие Козлотура» ркьыԥхьыртә иҟазҵаз, ҩынтә Аҳәынҭқарратә премиа аиуразгьы дықәиргылахьан (1966-1968). Хазы тыжьымҭаны иҭыҵит аповест 1968 ш., уи аахыс 40 – антә еиҭаҭыжьын. Амассатә тираж иаҭныҵуаз агонорар аҭагылазаашьа инаҭеит акооперативтә нхарҭа алалара, раԥхьатәи алагала 4000 нызықь ашәарагьы – усҟантәи аамҭазы уи ԥара дуӡӡан. Ауада № 104 Аеропортовскаиа амҩаҟны аҩны 23 аҿы иҟан. 1969 ш. раԥхьаӡаакәны Искандер ипроза аекран ахь ииаган – иҭыжьын афильм Времиа счастливых находок».

Ахьӡ ашәымҭа. Альманах «Метрополь», ашәҟәыҩҩы даадырбуам (1969-1985)[аредакциазура | акод аредакциазура]

1960-1970 шш. Фазиль Искандер ирацәаны аус иуеит. 1969 ш. апрозатә ҩымҭақәа жәба цәырҵуеит, 1970 ш. азы иҭыҵуеит аизга «Дерево детства», уа ианылоит «Созвездие Козлотуреи» ажәабжь ҿыцқәа жәабеи, урҭ анаҩс «Чик ихәыҷреи», «Сандро Чегьемтәи» ирылалоит. 1972-еи 1973 –еи шш. иҭыҵуеит Искандер ипрозатә еизга ҿыцқәа, шә-нызықь тиражла.

Адепрессиа ӷәӷәа изцәырнагоит А. Твардовскии ажурнал «Новый мир» анапхгара аҟынтә ихы дахьақәиҭыртәыз, Фазиль Абдул-иԥа акыр имчыз ацҳамҭа изишьҭуеит А.Н. Косыгин. Аха уи икариера иаԥырхагамхаӡеит: Ф. Искандер «анҭыҵныҟәара» азин иоуит, 1970 ш. азы ныҟәара ҳәа Чехсловакиеи Афедеративтә Германиеи дцоит. 1971-1973 ш. дрыдыркылеит Алитературатә институт аиҭагара акафедраҿы, арҵаҩы еиҳабыс, аԥсуа еиҭагаратә гәыԥ асеминар мҩаԥигон; иара убас, ашәҟәыҩҩы даларҵоит «Сельская молодежь» аредколлегиаа. Уи ашықәсан англыз бызшәа даланахалан иҽазишәоит Киплинг иҩымҭа «Баллады о Западе и Востоке» аиҭагара.

1973 ш. азы «Новый мир» аҿы иновеллақәа ркьыԥхьра иалагеит, анаҩс «Сандро Чегьемтәи» иалалаз, аха аҭыжьҩцәа дара рцензуратә ԥҟарақәа ықәдыргылеит, аҩымҭаҿ иргәамԥхоз алхразы, (ҷыдала, ановелла «Пиры Валтасара»). Уи даара ихьанҭаз адоуҳатә кризис изцәырнагеит: ганкахьала, Ф. Искандер ипринципқәак дрыцәхьаҵыр акәын, даҽаганкахьала, алитература заҵәык акәын аагарҭас имаз аҟнытә иҭаацәа рныҟәгаразы ауадаҩрақәа изцәырҵит. Уи ауп ҵаҵӷәыс иаиуз Мраҭашәара ари анапҩымҭа аҭыжьра. 1979 ш. Еиду Америка Аштатқәа рыҟны аҭыжьырҭа «Ардис» аҿы иҭыҵит ароман, уи ахҟьа-ԥҟьа бааԥсқәагьы аиуит. 1970 ш. аҩбатәи азбжа Искандер асоветтә система аҩныҵҟа акариератә қәҿиарақәа иоуа далагеит. Уи аҳәаанырцә ацарагьы даҟәымҵӡеит, 1977 ш. азы иҭыҵит иалкаау иҩымҭақәа реизга, уи иацлоит уаанӡа икьыԥхьыз «Сандро Чегьемтәи» аҟынтә ановеллақәа. Убас ишыҟазгьы, аофициалтә мчқәа рхымҩаԥгашьа дақәыӡбомызт, иҩызцәақәак «узқәымгәызшаз» дрылацәажәаӡомызт (Лев Капелев реиԥш иҟаз). Дәахьыла зегь рыла иманшәалаз Фазиль Искандер даргәамҵуан иҩымҭақәа ацензура ирзыруаз, убри аҟнытә ЕАА рҿы иҭыҵыз ацензура змамыз альманах «Метрополь» далахәхоит. Ацәаҿы ианын уи аредакциатә коллегиа дшалахәыз атәы. Альманах ианиҵеит иҩымҭа «Маленький гигант большого секса», «Возмездие» ацикл Чик аҟынтә, уи кьыԥхьын СССР 1977 ш. азы ацензура иалнагаз аҭыԥқәа алхны.

1979 ш. ажьырныҳәамза 19 рзы Искандер иҩызцәеи иареи (В Аксенови, В. Ерофееви, Б. Ахмадулинеи, А. Битови) рнапы зҵаҩыз иаарту ашәҟәы КПСС Ацентр Комитет ахьӡала, хаҭала Л.Н. Брежнев иахь Москватәи ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаара аҭагылазаашьазы. Уи аҭакс иҟаҵан адҵа ажьырныҳәамза 22 рзы СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгарҭа инеиҵыху аилатәара амҩаԥгаразы, зда ԥсыхәа ыҟам алкаақәа ацҵаны. Аилатәара иалахәын В. Аксионови Ф. Искандери, Искандер иқәгылара аӷьцәан, акьыԥхьразы иҟоу ауадаҩрақәа рзы ицо ацәажәарақәа азҵаара цәырҵуеит: «Иҟалазеи, ӡәыр аоккупациа ҳзиума?» ҳәа. Америкаҟа иганы«Ардис» аҿы икьыԥхьыз альманах азы Аксионов Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далцан, Искандер иакәзар, иҩымҭақәа ркьыԥхьра мап ацәкын ицәыргаӡамкуа. Ари Фазиль изы ԥсихологиатә ааха ӷәӷәан, иамаз аматериалтә ган аасҭагьы. Агонорарқәагьы зынӡа имаҷхеит, иара уигьы уарла-шәарлахеит. 1979 ш. азы Искандер иԥҳа ажурналисикатә факультет дҭалеит Москватәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны, лаб икәша-мыкәша аҭыӡшәа иҟаз дшацәшәозгьы, ибзиаӡаны аԥышәарақәа лҭиуеит.

1980 ашықәс аҩныҵҟала рыԥсҭазаара иалҵуеит Фазиль иаҳәшьеиҳаб Гьиули, иашьеиҳаб Фиридуни, иҩынажәамш аамҵыкуа – 79 ш. дышҭагылаз лдунеи лыԥсахит Лели Искандер. Фазиль иоуыз ацәыӡ аҟнытә ихьаа, игәырҩа ааирԥшит ажәабжь «Утраты» аҟны.

Фазиль иҩымҭақәа ркьыԥхьуан, иҭыҵуан агрампластинқәа автортә ԥхьарақәа зныз, ажәабжь «Начало», 1983 ш. азы икьыԥхьын аизга «Защита Чика». Аҳәаанырцә икьыԥхьын афилософиатә лакә «Ажьақәеи амаҭқәеи», иара убас «Сандро Чегьемтәи» аҟынтә ахәҭа ҿыцқәа аус зыдулара даҿыз. Ашәҟәыҩҩы данаадмырбуаз аамҭазы апоезиахь дхынҳәуеит, аиҭагарагьы далагоит. 1983 ш. азы Фазили Антонинеи дроууеит аԥа. Раԥхьа урҭ адача ылырхын инхон, аброуп Ф. Искандер аб Александр Мень дахьидырыз, зҩызара акырӡа дахӡыӡаауаз анцәахаҵара шимамызгьы.

Аиҭашьақәыргылара. 1985-1991[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аиҭашьақәыргылара аамҭа Фазиль Искандер изы ауаажәларратә активра дуӡӡан анааирԥшуаз акәын, акы еиԥшымкәа иҭыжьымҭа атиражқәагьы ирызҳаит. 1985 ш. анҵәамҭазы аҭыжьымҭа ҿыцқәа цәырҵит. 1986 ш. иҭыҵит аизгақәа ҩба «Один день большого дома», «Праздник ожидания праздника», 3 000 атираж змаз. 1987 ш. раԥхьаӡакәны иҭыҵит иажәеинраалақәа реизга «Путь». 1988 ш. азы Ашәҟәы апалата иҭнажьит 100 нызықь зтираж ыҟаз «Ажьақәеи амаҭқәеи». 1989 ш. иҭыжьын «Сандро Чегьемтәи» ахәҭақәа зегьы х-томкны. Еиҳагьы массала аҭыжьра иацлеит зтираж 800 нызықь ыҟаз «Стоянка Человека». 1991 ш. 60 шықәса ихыҵра аиубилеи инамаданы, Фазиль Искандер ианашьан СССР Аҳәынҭқарратә премиа. 1986 ш. Фазиль Абдул-иԥа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара далахәхоит. 1987 ш. ашәҟәыҩҩы илшоит аҳәаанырцәҟа инеиҵыхны аныҟәарақәа рылахәхара, икомпетентәу аусбарҭақәа ицымкәа. Раԥхьатәи иныҟәарақәа раан Ньиу-Иорк 1987 ш. А. Гениси иареи еибадырит. 1988 ш. хәажәкырамзыз Копенгаген еиҿкаан аофициалтә конференциа, асовет шәҟәыҩҩцәеи аемигрант шәҟәыҩҩцәеи ргәаанагарақәа ахьеимырдоз. Аполитикатә хырхарҭа змаз афрум аҿы, Искандер заҵәык иакәын изҳәоз ашәҟәыҩҩы ихаҭара ҵакыс иамоуи «наӡаӡатәи» ртәы. 1990 шықәсазы Фазиль Искандер иҭаацәара ааԥхьара рыҭан Норвичтәи ауниверситет асимпозиум ахь Б. Пастернак 100-шықәса ихыҵра инамаданы. Уи иалахәын Наум Коржавини Булат Окуджавеи: Искандери Окуджавеи ҳаҭыр зқәу ауниверситет адокторцәа ҳәа ахьӡ рыхҵан. 1989 ш. Фазиль Искандер Жәлар рдепутатцәа Реизара ду ахь делегатс далхын, аполитикаҿы рацәак активра шааимырԥшуазгьы. Анаҩс, уи С. Рассадин изеиҭеиҳәон «шаҟа ибааԥсыз» атәы, аизарақәа зегьы дагымхакәа дагьрылахәын аҟнытә.

Иҿыцу аҭагылазаашьа (1992-2016ш.)[аредакциазура | акод аредакциазура]

1992 ш. Фазиль Искандери Олег Волкови Тепфер афонд Пушкин ипремиа (40 000 анемец маркақәа) еицеиҩыршеит. Уи ашықәсан еиҿкаан апрезидент иҿы агәшаҭаразы акомиссиа, уи иалахәын Булат Окуджава, Аркадии Ватнер, Александр Бовин уҳәа уб.иҵ. Уи акомиссиа далахәхеит Фазиль Искандергьы, уа иоуз аԥышәа иҩымҭа «Мини убиица» асиужет ианыԥшит. Ашәҟәыҩҩы итәылауаҩратә позициа мап ацәимкӡеит илибералтә дунеихәаԥшра аганахь ала, уи аныԥшит Чечентәыла ицоз аибашьра аанкыларазы «Шәҩык рышәҟәы» инапы аҵаҩрала 1996 ш. 2000 шықәсазы Апрезидент иалхраан, адгылара ииҭеит Гриорги Иавлински.

Атәылаҿ иҟаз аҭагылазаашьа ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара ианымԥшырц залшомызт. 1991 ш. 200 нызықь тираж ала иҭыҵраны иҟаз иҩымҭақәа реизга ҩ-том заҵәык ҭыҵит. Атираж иубартә еиԥш ирласны иагхо иалагеит: аизга «Человек и его окресности» 1993 ш. иҭыҵит 50 000 нызықь екземплиар, иара убри ашәҟәы ҩышықәса аамҵыцкәа 10 000 екземплиар еиҭаҭыҵит, аизга «Софичка» еиԥш, 1997 ш. Иҩымҭақәа реизга жәа-томк 2003-2008 ш. 3000 екземплиар атираж аманы. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иахҟьаны Искандер Аҟәатәи аҩны ицәыӡит. 1990-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩы Переделкино аҩны ааихәоит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа уа дынхон. 1990-тәи ашықәсқәа рзы Ф. Искандер зыԥсы шҭаз иклассикхаз истатус иоуит. 70-75-80 иубилеитә ныҳәа инамаданы ианашьан аҳаҭыртә ҳамҭақәа «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы» аордени, 65-85 шықәса ахыҵразы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиеи, 2011 ш. азы ианашьан Урыстәыла Аиҳабыратә премиеи, «Иасная полианеи», «Большая книгеи» апремиақәа. Нобель ипремиа аиуразы ҩынтә дықәдыргылахьан, 2012 ш. азы – аԥшьгаратә гәыԥ ахьӡалеи, 2013 ш. – Аурыс ПЕН-центр ахьӡалеи. Аԥсны уи еиҳагьы ҳаҭыр иқәырҵон, Москватәи аԥсуа диаспора дахаҭарнакын. Искандер идунеи иԥсахит агәыхьчымазара иахҟьаны 2016 ш. ԥхынгәымза 31 рзы Переделкино Москватә идача аҟны, 88 шықәса дырҭагылан. Урыстәыла Ахада В. Путин уи иуацәеи иҭынхацәеи, ибаҩхатәра абзиабаҩцәеи гәалсра дула дрыдышшылеит. Анышә дамардеит Новодевиче аԥсыжырҭаҟны нанҳәамза 2 рзы, Москва. Уи аҽны Аԥсны зегь алахьеиқәҵара мшны ирылаҳәан.

Аҭаацәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1961 ш. азы Фазиль Искандер Антонина Хлебникова ԥҳәысс дигоит. (диит 1940 ш.), иԥҳа Марина (диит 1963 ш.), иԥа Александр (диит 1983 ш.).

Алитературатә усура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Искандер дыҩуан урысшәала. 2011 ш. азы, 82 ш. анихыҵуаз аҽны Фазиль Искандер аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Сара, жәаҳәарада, Аԥсны ирацәаны иазышәаҳәоз урыс шәҟәыҩҩуп. Ԥсышәала акагь смыҩӡеит, рыцҳарас иҟалаз. Иалсыхыз аурыс культура хҳәаара аҭахӡам. Искандер – дсоциалтә аналитикуп, дсатирикуп. Ишәҟәқәа зегь иҷыдоу ажанр ала иҩуп. Ипроза ажанртә мҽхакы: ароман епопеиа «Чегьемтәи Сандро», ахәыҷтәы епос «Чик ихәыҷра», аповест – ажәаманаа «Ажьақәеи амаҭқәеи», аессе-адиалог «Америкатәи ауаҩы Урыстәыла иазхәыцуа», аповестқәа «Ауаҩы икәша-мыкәша», «Ашколтә вальс» «Апоет», «Софичка», «Ауаҩы игыларҭа», ажәабжьқәа «Геракл жәахатәи ифырхаҵара», «Алагамҭа», «Арбаӷь», «Амшын иазку ажәабжьқәа», «Бабаду» уҳәа. уб. иҵ. Ифырхацәа зегьы рыхҭысқәа еиҳарак имҩаԥысуеит Чегьем ақыҭан, уоуп автор ихәыҷра еиҳарак ахьихигаз.

Ароман-епопеа «Чегьемтәи Сандро» 32 хы рыла ишьақәгылоуп, 1100 бӷьыц ыҟоуп, асовет цензура 2/3 атекст иагнархоит. Ароман аҟнытә ахәҭақәак 240 журнал бӷьыц кьыԥхьын. Ихааҭәаны атекст ҭыжьын Америка «Ардис» аҭыжьымҭаҿы 1979-1980 шш., СССР – 3-томкны еизакны иҭыжьын 1989 ш. азы. Ароман еиднакылоит ажәабжьҳәаҩ ианшьа изку ановеллақәа рцикл. Сандро Кавказтәи ашьха қыҭа еиуоу ауаҩы, Урыстәылеи Аԥсни имҩаԥысуа аҭоурых драматә хҭысқәа XX-тәи ашәышықәсазы ирылахәхаз дреиуоуп. Аҩымҭа зегьы еиларсуп асатиреи, аиумори, афилософиатә рефлексиеи, асоциалтә ҭагылазаашьа адкылара аҷыдареи, автор уи аԥсҭазаара иазыҟазаашьеи, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аепизодқәа рҿы иаарԥшуп ареволиуциа ҟалаанӡатәи ихьшәоу асовет аамҭақәеи рҟынӡа. Аперсонажцәа дреиуоуп Сталини уи аамҭаз иҟаз анапхгаҩцәеи. Искандер иҩымҭақәа рҿы дазхәыцуеит XX-тәи ашәышықәсазы ауаҩы иҭыԥ, ихы дақәиҭны иалихуа ҵаҵӷәыс иамоу акцентазуны, насгьы уи иацу ауадаҩрақәа асовет аамҭазы. Уи ифилософиатә темақәа еиҳа бзиа иибо иреиуоуп иҩымҭақәа рҿы – аиашара, аҳаҭыр, ахпатуқәҵара, аскетизм, аԥсра апроблема. Д. Быков ишазгәеиҭо ала: Искандер аурыс литература иалеигалеит аҩны аидеиа, уи Искандер ипрозаҿы есқьынгьы амораль символра азнауеит, аҟазаара шьаҭас, ҵаҵӷәысгьы иамоу. Искандер архаикатә культура иамоу абзиарақәа ауаҩы еиликаарц, ихы иаирхәаларц азы идигалоит: ауаҩы иуалу иламыси. Урҭ ихьанҭоу аилкаарақәа рықәныҟәара иацу ауадаҩрақәа аԥхьаҩ изааигәаны, иара итәны иҟалартә идигалоит, ахәышҭаара, аҭаацәара, аиуара аидеиақәа ауаа рылааӡарала. Искандер ипроза зегь рахәыц ҟаԥшьны иагәылсуеит шәышықәсала ишьақәгылоз ажәлар ретика ахаршҭра, ахатәфеида ашьҭалара иахҟьаны абиԥарақәа рхыбгалара, рықәӡаара, ауаа рԥеиԥш агәхьаамкра. Ауаҩы идоуҳатә ԥсҭазаара аиқәырхара иуадаҩӡоу аамҭақәа рзы, ауаҩра ацәыӡреи, адоуҳассареи рахь анкылашьа амамкәа иаҳзааигәахо аамҭа атәы аҳәоит аҩымҭа «Ажьақәеи амаҭқәеи» асарказми, аамҭа-аамҭала иҵәылаҵароу аоптимизми реилаӡҩара, аԥхьаҩ ихы-ихадыршҭуеит «ччарыла ишәаӡыӡара» аиаааиразы. Искандер иажәақәа рыла иуҳәозар, аҩысҭаарала аччара зегьы ириааиуеит. Искандер иҩымҭақәа рҿы зынӡагьы иуԥылаӡом атрагедиатә финал. Искандер ифырхацәа ҩ-аамҭак рыблақәа ирыҵаӡаз ахәыҷы идунеи, абырг идунеи рдунеиқәыԥшылара, рдунеидкылашьа аиҭаҳәаҩ ихаҿала иааирԥшуеит, иахьа, иацтәи агәалашәарақәа рыла дышьҭрақәланы. Волфган Казак иажәақәа рыла иуҳәозар, Искандер ихыҭҳәаара даараӡа ибеиоуп. Искандер иҩымҭақәа рцәаҩа алитератураҭҵааҩцәа ишыршьо ала, «амагиатә реализмуп», мамзаргьы «амистикатә реализмуп».

Искандер ишәҟәқәа еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рыла.

Искандер ддыршанхон Александр Пушкини Иосиф Бродскии, Феодор Достоевскии Иван Тургеневи рҩымҭақәа.

Аҳамҭақәа. Агәалашәара.[аредакциазура | акод аредакциазура]

Фазиль Искандер ианашьан аҳәынҭқарратәи егьырҭ аҳамҭақәеи жәпакы.

  • «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭазы аорден – ll-тәи аҩаӡара (2004 ш. цәыббрамза 24) – Аџьынџьтә литература аҿиараҿы иналукааша алагалазы.
  • «Аџьынџь аҿаԥхьа алшамҭазы» аорден lll-тәи аҩаӡара (1999 ш. хәажәкырамза 3), ҳаамҭазтәи алитература аҿиараҿи алшамҭақәа рзы, ауаажәларратә усура ду азы.
  • «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭазы» аорден lV-тәи аҩаӡара – аџьынџьтә литература аҿиараҿы алагалазы, кыршықәсала арҿиаратә усуразы 2009 ш. март 13 рзы.
  • «Ахьӡ-Аԥша» аорден l-тәи аҩаӡара (Аԥсны 2002 ш. ԥхынгәымза 18 рзы)
  • «СССР Аҳәынҭқарратә премиа» (1989 ш.) ароман «Чегьемтәи Сандро» азы.
  • Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра апремиа (2011 ԥхынҷкәын 26) Иалкаау аҩымҭақәа рзы.
  • Пушкин ипремиа (1993 ш.)
  • Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа (1994 ш.)
  • Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа – аџьынџьтә литератураҟны алагалазы (2014 ш.)
  • УАР агәалашәаратә медаль «Аурыс литература XX ашәышықәса ашедеврқәа» Урыстәыла акультура аҿиараҿы алагала ду азы (2003 ш.)
  • Апремиа «Триумф» (1999 ш.)
  • Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла.
  • Афантастикаҟны «Великое кольцо» апремиа алауреат аноминациа «Крупная форма» ала аповест «Ажьақәеи амаҭқәеи» рзы (1987 ш.)
  • Аԥхьахә ҷыда «Ахьӡ аԥшеи рзы» «Большая книга» апремиа (2011 ш.)
  • «Иаснаиа полиана» апремиа Л.Н. Толстои ихьӡ зху аноминациа «Современная классика» Бунин ипремиа алауреат (2013 ш.)

Фазиль Искандер 1988 ш. акьыԥхь аирбеит атеатр азы апиеса «Амшын аҿы акаҳуажәырҭа». Ашәҟәыҩҩы иԥҳа – Марина иазгәалҭоит – лаб иҩымҭақәа рыла аспектакльқәа лассы-ласс ишықәыдмыргыло, аха иааиԥмырҟьаӡакәа ишықәдыргыло жәлартә театрқәеи атеатртә ҵараиурҭақәеи рҿы.

2015 ш. азы Аҟәа имҩаԥган афестиваль «Ауаҩы игыларҭа», Фазиль Искандер иҩымҭақәа руак ахьӡ змаз. 2016 ш. имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә атеатр иазкын, уи аартын Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль «Ажьақәеи амаҭқәеи» апремиера ала, иара убас идырбан Москватәи Останкино ателехәаԥшреи арадиодырраҭареи ринститут атеатртә факультет астудентцәа рыспектакль «О Марат» Сергеи Коковкини Анна Радионовеи иқәдыргылаз. 2022 ш. Аҟәа иқәыргылан аспектакль «Абырг Ҳабыгә игәыжь ажәабжь» ароман «Чегьемтәи Сандро» ахқәа руак иалхны. Арежиссиор-ақәыргылаҩ Антон Корнилов – арежиссиортә лабораториа «Сандро» аҟны ааиааира игеит, тема хаданы иҟан Фазиль Искандер ироман. Арежиссиор абас иҳәоит:

Искандер аурыс театр аҿы иаарԥшра шалшогьы, аԥснытәи аурыс театр аҿы артистцәа реиҳарак аԥсуаауп азы, сгәаанагарала, уи алыршаразы уадаҩра ыҟаӡам. Дарбанзаалак артист изы ари иара изгәакьаӡоу, даҽакала еиликаауа акы акәын, уи иахьагьы исзеилкааӡом ишымҩаԥысуа. Убри аҟынтә артистцәа рыгәра згеит. Дыҟоуп амилаҭтә автор Фазиль Искандер, иҟоуп уи итекст, аԥснытәи аурыс театр артистцәа ирыдыркылаз, ирнаалаз, аҿҿаҳәа излацәажәо

Аусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абӷаџьма аеҵәаџьаа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Фазиль Искандер – аурыс шәҟәыҩҩы, иповест кьыԥхьын 1966 ш. азы ажурнал «Новый мир» аҿы. Ажурналист қәыԥш ихаҿала еиҭаҳәоуп ауаа иаразнак ирылаҵәаз ажәабжь џьашьахәы, абӷаби аџьмеи аԥстәы џьашьахәы шырхылҵыз.

Ф. Искандер ирҿиамҭақәа ҭызҵаауа ишазгәарҭо ала, ари аповест аҿы еиларсуп алирикеи асатиреи, уи автор шәҟәыҩҩык иаҳасабала дрыланарҵәеит.

Асиужет[аредакциазура | акод аредакциазура]

Асиужет еиҭаҳәоуп ажурналист ихаҿала, аҩымҭа афырхаҵа хада, ажурналист қәыԥш, ихьӡ зынӡак иҳәаӡам атекст аҿы. Аинститут даналга анаҩс, аусуразы «ибжьаратәу аурыс газеҭ ақәыԥшцәа рзы» аҿы маҷк аус зуз, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь Аԥсныҟа, уаҟа аусурагьы далагоит аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә газеҭ «Асубтропика ҟаԥшьқәа» рҿы. Уи аамҭазы ареспубликаҿы абӷаџьмақәа ранҵаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон акколекционерцәа, урҭ ирылшеит абӷаџьмеи аџьмеи аԥстәы џьашьахәы рхылҵразы аексперимент амҩаԥгара, «даара интересу акоуп ари еиԥш аус, иагьа ҳҳәаргьы, ҳәа иазгәеиҭоит уаҩ дук. Ас еиԥш аҳәамҭа злымҳа иҭасыз автор, Платон Самсон-иԥа, ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабыс агазеҭ аҿы, аус зуаз, ари еиԥш аус хада ҿыц апропаганда азиуа далагеит: агазеҭ аҿы лассы-ласс иркьыԥхьуа иалагеит аҭыԥантә арепортажқәа аԥшьгара адгыларазы, насгьы инаҵшьны иазгәарҭон абӷаџьма баша аџьма аҿаԥхьа аԥыжәара шамаз атәы, уи иақәыз аласа уҳәару, иара акәац атәыҩа дуқәа, урҭ рыԥшӡара, ачҳареи алшареи иамаз уҳәа, аџьма ааигәа иузыргыломызт.

Кавказтәи абӷаб[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажурналист қәыԥш адҵа иҭаны дрышьҭуеит ақыҭа Ореховыи клиуч ашҟа. Уаантә иааит анонимтә шәҟәы, уи иаҳәон ақыҭсовет аиҳабы абӷаџьма иҽеимкуа дшазныҟәо. Афырхаҵа хада иӡбоит дцарц уи ақыҭахь, амҩан игәалашәоит ихәыҷра, аибашьраан дзықәшәаз ахҭыс: ҵхыбжьон иуацәа рахь дрышьҭуеит адырра риҭарц азы, аха амҩан дышцоз дҟьалан, анышәынҭрақәа рахь дҭанагалан, ажра дҭаҳаит, уа иара иаԥхьа иҭаҳахьазаарын аџьма. Ақыҭа Ореховыи клиуч аҟны ираҳауеит анаукатәи, аполитикатәи аҭҵаарақәа Реилазаара алахәыла Вахтанг Бочуа имҩаԥигаран дшыҟоу алекциа «Абӷаџьма ҳара ҳгәадура» захьӡу. Абӷаџьма акәзар, хазы иҭакуп, аџьмақәа ааигәара инанашьҭӡом, тәыҩала икшоит. Аха ақыҭсовет аиҳабы интересс имоу аҽаҩра бзиа рызҭараны иҟоу ачаи аплантациақәа роуп. Ажурналист дцарц анақәик, ақыҭсовет аиҳабы амашьына рныҟәцаҩ диҳәеит ажурналист ибзианы аҩы иржәны, ишахәҭоу дымҩаԥигарц «ҿаасҭак ҳара ҳзыҳәа имҩырцаз» ҳәа. Ақыҭсовет аиҳабы игәҭакы наӡеит, ажурналист бзиа зқьаф ҟазҵаз, ажәҩан данаҵаԥш, илаԥш ақәшәеит абӷаџьма асахьа змаз еҵәаџьаа. Ус автобус дшазыԥшыз, дамхацәоит, данааԥш амилициацәа рҿы дыҟоуп, исааҭгьы имӷаӡам. Ақалақь ахь даныхынҳә, арепортаж шааҟаиҵаз Платон Самсон-иԥа ажәабжь ҿыц иаиҳәоит: ирыдигаларц шиҭаху абӷаџьмеи атаџьиқь џьмеи реиниарала ахәы рацәа зқәу абӷаџьма ариирц азы. Аредактор хада Автандил Автандил-иԥа, ажурналист истатиа акьыԥхьра мап ацәикуеит, уи хырҳа алаӡам, избанзар абӷаџьма ҽеила аус ахьадырмулаз, лыҵшәа ахьамоуз, насгьы аҳауа ахьанымаалаз азы. Уи Платон Самсон-иԥа инапы ианиҵеит астатиа ҿыц аус адиуларц даҽакала, афырхаҵа хада диаигоит акультура аҟәшахьы, аиндаҭлара амҩаԥгаразы, абӷаџьма иазку иреиӷьу асахьаркыратә ҩымҭа алхразы.

Аконкурс лыҵшәа бзиала имҩаԥысит, аха дук рацәа имгакәа амш бааԥсхоит, адыд мацәыс рылалоит: ацентртә газеҭқәа руак аҿы ицәырҵуеит астатиа, «ақыҭанхамҩаҿы ҵаҵӷәы змам ацәырҵрақәа», ирхыччаны, еиҳарак акритика ӷәӷәа азун «абӷаџьма мхәыцӡакәа иҟанаҵаз абжьагажәазы». Уи акәхеит, Платон Самсон-иԥа аҟәша еиҳабыс амаҵзура имаз аҟынтә ихы дақәиҭыртәит, лахьыӷәӷәагьы ирҭеит. Аамҭа кыр аныбжьыс Платон Самсон-иԥа афырхаҵа хада ааԥхьара ииҭоит аԥсыӡкрахь, ажурналист қәыԥш маӡаны имоу апланқәа рытәгьы иеиҳәоит: иара иҭахуп амшынҿықә инаркны ҳаԥык аҟынӡа аканат мҩа быжьганы, аԥсшьацәа амшын аҟынтә аҳаԥахьы ишиашоу инеиуа «асталактитқәеи асталагмитқәеи зеиԥш ыҟам» рыԥшӡара дырбаразы.

Аԥҵара аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Фазиль Искандер иажәақәа рыла иуҳәозар, ас еиԥш иҟаз аидеиа изцәырнагеит аԥсуа газеҭ дшаԥхьоз абӷаџьма иазкны иԥыхьашәаз астатиа ҿыц. Абӷаџьма «ажәа шибаз еиԥшҵәҟьа, ари аус» хыда еиҿызкааз акомпаниа агаӡара ибеит. Ари аҩымҭа аҩра аҽазикаанӡагьы Искандер, Курск даныҟаз, ибон аԥш иазкыз акомпаниа аусқәа акагь шрылымҵуаз, иаҭахымзт аԥш Курсктәи атәылаҿы азҳара. Аԥш атәы дхәыҷаахыс ибзианы идыруан. Аха уи иазкны ииҩыз астатиақәа акьыԥхь рымбаӡеит. Ашәҟәыҩҩы изы ари аматериал акраҵанакуан, избанзар ашәҟәыҩҩы ас еиԥш ухаҿы иузаамго аус лҵшәадақәа ахархәара рыҭатәым!» ҳәа.

1966 ш. азы аповест кьыԥхьын «Новый мир» аҿы. Уи аԥхьа ажурнал аҿы икьыԥхьын Искандер иажәеинраалақәа, «Абӷаџьма еҵәаџьаа» ркьыԥхьаанӡа ҩажәа жәабжь ракәын акьыԥхь збахьаз. 1970 ш. иҭыҵыз ашәҟәы «Ахәыҷра ҵла» иагәылалеит ажәабжьқәеи аповест «Абӷаџьма аеҵәаџааи». Сахьала еиқәиршәеит Лев Збарски.

Аповест анҭыҵ ашьҭахь акритикцәа ирацәаны иахцәажәеит, ахҳәаақәа иҟаҵаз еиҳарак ибзиан: 1966-1969 ш. ирҭагӡаны ҩажәа инареиҳаны инеиҵыху арецензиақәа ҟаҵан, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рҿы.

«Новый мир» аредколлегиа Твардовскии хадара ззиуаз аповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа» ҩынтә, 1966-1968 шш. рзы Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәнаргылахьан.

Ахәшьара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Михаил Гундаринеи Евгении Попови ргәаанагарала Искандер «ахьӡ-аԥша иманы, зегьы деицырдыруа дҟалеит» «Новый мир» аҿы аповест «Абӷаџьма аеҵәаџьаа» аникьыԥхь адырҩаҽныҵәҟьа. Уаанӡа дыздыруаз еиҳа имаҷзар, аповест акьыԥхь анаба, Искандер иабиԥараҿы еицырдыруа шәҟәыҩҩны дҟалеит.

«Абӷаџьма еҵәаџьаа» аҿы Искандер асахьа ҭихуеит акомпаниа имҩаԥнагоз аусқәа ахы инаркны: лҵшәа змамыз агәыӷрақәеи, урҭ реилабгара афинал бааԥс аҟынӡа. Драматизмла иҭәу афинал аибарххара, ииасуа аамҭа аестетика аҵубаауеит, аҩымҭа афырхаҵа имчқәа ҭаланы, игәацԥыҳәарала иаҳирбоит уи изыԥшу аиааира ҿыцқәа, аповест афинал аҿы аҽеибыҭара иаҿуи, даҽа компаниа ҿыцк.

1966 ш. аповест анҭыҵ анаҩсан Александр Твардовски ахәшьара ҳаракы аиҭеит аҩымҭа. Фазиль Искандер иналукааша абаҩхатәра змоу иҟазара, шаҟа имарианы, ччарала еибаркны еиҭаҳәоузеи», аха «уи имариоушәа иубо аформа иагәылаҵәахуп аҵакы ҵаула», «аповест амч асатираҿ мацара иаанкылаӡом. Уи уаднаԥхьалоит иара алирикатә еиҿкаашьала». Наталиа Иванова ишазгәалҭо ала, ари аповест «алитературатә мҩақәа реихысырҭаҿ ицәырҵыз акоуп», ганкахьала Искандери Аксионови злеиԥшу ыҟоуп («Апельсины из Марокко»), иара убас Владимир Воинович «Жизнь и необычные приключения солдата Чонкина»), даҽаганкахьала, хымԥада, ҩныҵҟала еидҳәалоуп Борис Можаеви «Из жизни Федора Кузькина»), Василии Белови «Первичное дело» реиԥш иҟоу аҩымҭақәа.

Адаптациа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Георги Данелиа игәалашәарақәа рҿы иҳәон Искандер ифильм асценариазы аҭыхра залмыршахаз азы:

«Аҳәынҭкино» аҿы:

- Иаҭахӡам, - рҳәеит.

Сара сҵааит:

- Избан?

Аҭак сырҭеит:

- Абри азы, - ҳәа.

1989 ш. азы арежиссиор Мартирос Фаносиан иҭихит Искандер иповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа» афильм, ароль хада наигӡон Андреи Илин. Афильм аҿы Фазиль Искандер иажәеинраалақәа ирылхыз ашәақәа хархәара рыман.

«Чегьемтәи Сандро»[аредакциазура | акод аредакциазура]

«Чегьемтәи Сандро» Фазиль Искандер ироман ажәабжь кьаҿқәа рыла ишьақәгылоуп, автор уи ажанр аганахь ала ароман маана ҳәа азиҳәоит.

Раԥхьаӡа акәны ановеллақәа рцикл аҟынтә 1966 ш. азы икьыԥхьын. Ԥасатәи СССР аҿы ажурналтә ҭыжьымҭа ацензура ӷәӷәа иахыжьны иҭыҵит 1973 ш. азы, анаҩс Фазиль Искандер ацикл аус адулара иациҵоит. Ароман бызшәа рацәала иҭыжьуп. 1989 ш. азы ароман «Чегьемтәи Сандро» азы СССР Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан.

Ароман аԥҵара аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Автор ароман актәи ахаҿы иҳәоит ашәҟәы идеиас иамаз, «ажәлар рыԥсҭазаара апоезиа» азышәаҳәара ишазикыз, уи дхәыҷаахыс гәҭакыс ишимаз. Фазиль иан шьҭрала Чегьемтәын, ихәыҷра зегьы уа ихигеит. Ари аҩымҭа кыршықәса аус адиулон, иавтобиографиатә мотивқәа рыла ихарҭәаауа, аԥсҭазаара ахаҭа иҵанаҳәоз асахьақәа рыла еидкыло.

Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа ҭызҵаауа ишазгәарҭо ала, уи алитературатә диссидентцәа Александр Солженицин реиԥш иҟаз рахь иаҵанакуеит ҳәа узрызҳәаӡом, аха егьа ус иҟазаргьы, ишәҟәыҩҩратә лахьынҵа даара ауадаҩра дуқәа ацын. 1966 ш. азы Фазиль Искандер иажәабжьқәеи иажәеинраалақәа рсериа анаҩс диасуеит идуу алитературатә формақәа рахь, иҭыҵуеит Фазиль Искандер иповест «Абӷаџьма еҵәаџьаа», ашықәсан ажурнал «Неделиа» ианылеит ановелла «Чегемтәи Сандро». Уи аамшьҭахь, есышықәса еиуеиԥшым асовет ҭыжьымҭақәа рҿы иҭыҵуа иалагеит ироман аҟынтә ановеллақәа. Уи ааидкылан раԥхьаӡа алашара абеит 1973 ш. азы («Новый мир» аҿы № 8-11) иуҳәар алшоит ароман ахԥатәи ахәҭа ауп иҭыжьыз ацензура убысҟак иаркьаҿит.

«Ардис» ашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит Фазиль Искандер ироман атекст зегьы шынеибаку 1979-1981 ашықәсқәа рзы (еиҭалгеит Сиузан Браунсбергер). Аиҭашьақәыргылара аамҭазы, уаанӡа ирымкьыԥхьуаз ахәҭақәа ароман аҟынтә «О Марат» (1988 ш.) иҭыҵит. Ароман ах-томк иааизакны иҭыҵит 1989 ш. азы.

Асиужет[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ароман шьақәгылоуп 32 новелла рыла. Ановеллақәа иаку сиужетк еиднакылаӡом, аха урҭ еиҭарҳәоит афырхаҵа хада Сандро Чегемтәи иԥсҭазааратә ҭоурыхқәа, иуацәа рлахьынҵа, Чегемаа рыхҭысқәа ртәы. Ароман аҿы реалла иҟаз аҭоурыхтә хадақәа рыӡбахә ҳәоуп: Иосиф Салин (ароман аҿы ԥаҵаду ҳәа ишьҭоуп), Нестор Лакоба, Нои Жорданиа, Олденбургтәи апринц, уҳәа ихыҭхәыцаау афырхацәа, амилаҭ (аендурцәа, акенгурцәа) уҳәа аметафарақәа уԥылоит. Ановелла афырхаҵа хада – «Алахьҟьаҟьа» - акамбашь ауп. Ароман аҿы ахҭысқәа мҩаԥысуеит ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭеи, брежневтәи аепоха аҟынӡа. Ароман аҭоурых – Чегемтәи аԥсҭазаара асахьа, ақыҭа аԥсҭазаара, иахьеи-уахеи имҩаԥысуа, урҭ зегь еиҭаҳәоуп ахԥатәи ахаҿала – уи зегь ирхаану заамҭазы аԥсҭазаара иԥнашәаз абырг Сандро ила, ароман автор зыхьӡ ҳәам, изеиҭеиҳәо ахҭысқәа рыла. Жанрла ароман ашьақәгылашьа еиуеиԥшӡам: адрама, алакә, ажәамаана, адетектив. Сандро – дынхаҩуп, абырг Хабыгә диԥоуп, кыршықәса зхыҵуа, аҭоурых џьашьахәы иахаану, аҩынду аԥшәма. Иазныкымкәа зышьра иақәыркхьаз. Ашәануаа раҳкәажә лыбзиабаҩ. Ашәаҳәареи, акәашареи рфольклортә нсамбль иалахәыз. Анаҩс, Сандро зыхьӡ-зыԥша атәыла иахыҵәаз ҭамадак иаҳасаб ала.

Ахҭыс мҩаԥысуеит Чегьем ақыҭан. Уи ақыҭа ҭоурыхла иҟаҵәҟьан, иахьа игәыгәҭажьу, аӡәгьы дахьнымхо. Иара убас, ахҭысқәа мҩаԥысуеит Аԥсны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, иҟоуп реалла иҟоугьы, ихыҭхәыцааугьы: Мухус, Баҭым, Кенгуртәи, Анастасовтәи). Реалла иҟоу аҭыԥқәа рсахьа шыҟаҵәҟьоу иҭыхуп. Ароман аҿы аҭыԥ хада ааннакылоит кыр шықәса зхыҵуа араҵла, акыр ажәытә хҭысқәа ирхаану ақыҭаҿ зегь зымҵаныҳәоз. Ароман аҵыхәтәантәи ановелла иҳанаҳәоит Чегем аԥсҭазаара хәыҷ-хәыҷы аԥсра ишаҿу, иара араҵлагьы изымҵаныҳәоз ажәын, ибажәхан ишкаҳаз. Уи ахаҿы аӡбахә ҳәоуп Ҳабыгә ииԥшаз аӡыхь, уажәы аарла зыԥсы ҭоу. Ҷыдала иалкааны хшыҩзышьҭра рыҭоуп аԥсуаа ртрадициақәеи, рҵасқәеи, ритикети, уи ауп аԥсуаа рморалтә Кодекс аԥҟарақәа еидызкыло. Нарҭаа репос еиԥшуп. Уаҟа аԥсуа милаҭ ахәышҭаара ишазыҟоу, ажьра-цәара, аиуара, абиԥарақәа еимаздо адоуҳатә ԥсҭазаара инарҵаулан иаарԥшуп. Ароман аҿы инаҵышьны иаарԥшуп ашьоура атема иадҳәало ахҭысқәа. Уи ахьча Махаз иҭоурых зҳәо ановеллаҿы. Араҟа Махаз иԥҳацәа рцәа ԥызҽыз иуа гәакьа дишьуеит, ихымӡӷь ихихырц азы.

Ароман аҿы атемақәа рацәаны иаарԥшуп: ахәыҷра гәалашәарақәа рҟынтә, Сталини ирепрессиақәа, аколлективизациа, Кавказ иқәынхо ажәларқәа рдинтә – етикатә уадаҩрақәа реиҿагыларақәа, уҳәа.

Апроблематика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажанр аганахь ала «Чегьемтәи Сандро» иуадаҩуп жанрла изҵазкуа ашьақәыргылара. Алитератураҭҵаааҩцәа уи ароман – епос ҳәа ахьӡ арҭеит. Ароман афырхаҵа хада – ажәлар роуп. Асиужетқәа зегьы иудырбоит аԥсуаа реизыҟазаашьа, рҟазшьа, аҭыԥантәи аҵасқәеи, азакәанқәеи рықәныҟәашьа, аԥсабара ианааланы анхашьа ақәшәара. Ароман аҿы хадара иуеит Анцәа ду, ауаҩы игәы – ҩныҵҟала аҽрыцқьара мҩаԥысуеит ауаҩы акрыфара нап анаиркуа, ибысҭа анԥиҽуа инаркны, раԥхьатәи аныҳәаҿа «Анцәа улԥха ҳаҭ» аниҳәо ала. Фазиль Искандер аинтервиу анриҭоз иҳәеит, ари ароман ауаатәыҩса рхәыҷра иазкуп ҳәа.

Фазиль Искандер ииумор акы иалаҩашьом, уи иара аԥсабара ахаҭа иахылҵит, аԥсабара иазааигәоуп, асиужет иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп. Сандро ажәлар рфырхацәа дреиуоуп, маҷк игызмалу, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы иманшәаланы алҵшьа иақәшәо, есымша зхатә феида алызхуа. Сандро иԥсҭазаара зегьы аҭамада иус хадақәа ируакуп, аныҳәаҿақәа рҳәараҿы еиԥш зеиԥшу иԥшаара уадаҩуп. Уи ибзиаӡаны иаарԥшуп «Напыхьараџь» ановеллаҿы, афырхаҵа хада иԥсхәы аураҿы. Аԥсра маанала иацәцаз ауаҩы, иԥсхәы анымҩаԥырго ихьӡ бзиарыла иахцәажәоит. Аԥсра-аԥсҭазаара азганк ахаан аикәшараҿы. Ароман аҿы аҳәынҭқәрратә лидерцәеи амчрақәеи рганахь ала, афилософиатә ирониеи асатиреи аҵубаауеит. Уи еиҳарак иубоит асоциализм асистемеи, аԥсуаа рпатриархалтә бзазареи рконфликт ала. Усҟантәи аамҭазы иҟаз авождцәа (Сталин, Бериа, Хрушьов) ирҿагылоит асиужет аҿы анхацәа. Ароман аҷыда ҟазшьақәа иреиуоуп абилингвалтә ԥсабара. Уи еиԥш аҿырԥштәқәа убалоит аурыс советтә литератураҿы: Чингиз Аитматов, Иури Рытхеу, уҳәа ашәҟәыҩҩцәа зхатәы бызшәала ииҩуаз, аха урҭ еицырдыруа иҟазҵаз урысшәала иахьҩҩуаз ауп. Урысшәала иҩу Фазиль Искандер ироманқәа зегьы Аԥсни аԥсуааи рзышәаҳәара иазкуп. Фазиль иҩымҭақәа рҿы еиҭеиҳәоит алегендақәа, алакәқәа, аҵасқәа аҭыԥантәи ауаа уахи-ҽни еибырҳәо, Чегемтәи аџьанаҭ иахҳәаау. Автор иԥсабара ирҿиамҭақәа рҿы ипарадоксалтәуп, шьаҭала аурыс классика ишаларсу еиԥш, аԥсуа классикагьы, ажәлар репосгьы иаларсуп, аԥхьаҩ инаҭоит алитератураҿы иҿыцу хырхарҭак аилкаара. Еиҭагашьа змам аилкаарақәа ҽа бызшәак ахь ииаго иаԥиҵоит анеологизмқәа, иаҳҳәап акомхоз реиԥш иҟоу.

Ажанр рацәа реиларҵәара идырбееит ҩ-культурак, ԥсыуа қыҭа хәыҷык XX ашәышықәса атәыла зегьы акатаклизмқәеи аҽыԥсахрақәеи зныԥшыз ҭоурыхны иаанхоит ахааназ ԥсра зқәым Чегьем.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]