Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шьынқәба, Баграт Уасыл-иҧа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба
Баграт Васильевич Шинкуба
Аира лаҵарамза 12, 1917 ш.
Ҷлоу
Аԥсра жәабранмза 25, 2004 ш.
Аҟәа
Аԥсыжра аҭыԥ Аҟәа
Аусура алингвист,
аҭоурыхдырҩы,
ашәҟәыҩҩы,
апоет,
аполитик
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Грузинская демократическая республика,
Асовет Еидгыла,
Қырҭтәыла
Алма-матер Абхазский государственный университет
Анашьамҭақәа орден Ленина,
орден Трудового Красного Знамени,
орден Дружбы народов,
орден «Честь и слава»,
Герой Социалистического Труда,
медаль «За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941—1945 гг.»

Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (аур. Шинкуба, Баграт Васильевич, лаҵарамза 121917 ш., Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араионжәабранмза 252004 ш., Аҟәа) — Аԥсны жәлар апоет, ашәҟәыҩҩы, аполитик, Д. Гәлиеи Шьоҭа Русҭавели рыхьӡ зхәы аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат. Иара зыхьӡ-зыԥша хара ианаӡахьоу поетуп. Иҩымҭақәа зегьы иаарылукааша рҿиамҭоуп иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах”. Ари ароман ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс - амҳаџьырра ашықәсқәа.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит 1917 шықәса лацара 12 рзы Ҷлоу ақыҭа Очамчира араион аҿы. 1926 шықәсазы дҭалоит Ҷлоутәи алагарҭатә школ, далгоит 1928 шықәсазы. 1930 дласуеит Џьгардатәи быжь шықәсатәи ашкол ахь. Абраҟа ҵарашықәск анынаигӡа, дцоит Аҟәаҟа, дҭалоит Аҟәатәи педагогтә техникум. Далгоит 1935 шықәсазы. Иара убасҟан 1935 рзы, даанахуоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт абызшәеи литературеи рыҟәша. Абраҟа иҵара анихыркуша, 1939 шықәсазы, Баграт Шьынқәба дҵоит Қарҭҟа, дрыдылкылоит Қырҭтәылатәи анаукақәа Ракадемиа иатәу Абызшәаҭҵаара аинститут аспирантураҿ. 1941 шықәсазы, аибашьра ианалага, аамҭала Аԥсныҟа дхынҳәеит , зны аус иуеит рҵаҩыс, нас агазет "Аԥсны Ҟапшь" аредакциаҿ Аԥсуа институтаҿы, Ашәҟәҩҩцәа Реидгылаҿы. 1943 шықәсазы ҩаԥхьа Қарҭҟа дхынҳәуеит, дызҭаз аспирантураҿ иҵара наигӡоит иагьхиркушоит 1944 шықәсазы. Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп. Акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1935 ш. инаркны. 1953-1958 шықәсқәа рзы Б. Шьынқәба Аԥснытәи Ашьҟуҩҩцәа Реидгыла напхгара азиуеит. 1958-1979 ш. рзы Аԥснытәи АССР Иреихаӡоу Асовет Апрезидиум дахантәаҩуп. 1967 Баграт Шьынқәба Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыр хьӡы иаҭәаршьоит. 1959, 1978, 1984 шықәсқуа рзы СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - СССР жәлар рдепутатс. Баграт Шьынқәба дакадемикуп; ихҵоуп Кабарда-Балкариеи Адыгьеиаи жәлар рышәҟуҩҩы ҳәа ахьӡ. Ипоезиатә рҿиамҭакуа рзы/ иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа"/ иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зхыу Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа. 1970 шықәса Баграт Шьынқәба далахун Мадиартәыла имҩаԥысыз Европатәи апоетцәа рфорум.

Жәлар рыбзиабара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лаҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны иаартын Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аԥсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаԥшь, уи ихаҭыԥуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаԥигон Аԥсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟәҩҩцәа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.

Иусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Раԥхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.

Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943 ш.

Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./

Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.

Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.

Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.

Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш.

"Иалкаау аԥсуа лирика" асериаҿ. Аҟәа, 1988 ш.

Аиҭагақуа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема "Аҟәа - Қарҭ", 1984 шықәса.

Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.

Инаукатә усумҭақуа рахьтә.

Аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.

Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.

Аусумҭакуа Б.Шинқәба иазкны[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Цвинариа В. Л., Творчество Б. В. Шинкуба, Тб., 1970 (Урысшәала)

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 908-909

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]