Шервашиӡераа раҳҭынра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шервашиӡераа раҳҭынра

Шервашиӡераа раҳҭынра — гылоуп Қырҭтәыла, Аԥснытәи автономтә республика, Гәдоуҭатәи амуниципалитет, Лыхны ақыҭа.

Аҳҭынра гылан, Лыхны ашҭа ду аҿаԥхьа. 1866 шықәса, ԥхынгәымза 26 рзы иалагеит Урыстәыла аҳра иадҳәалаз аԥсуаа ампыҵахаларатә арежим аҿагылара, уи аиқәыртәаразы, иара уи ашықәсан нанҳәамзазы, қәҭешьтәи агәыбернатор аурыс аинрал — алеитенант, Свиатопольск — Мирски, аҳҭынра иблит.

Шервашиӡераа раҳҭынра дуӡӡа аҭыӡқәа мацара нхеит.

Аханатә аҳҭынра ҩ — еихагылакны иргылан. Аҳҭынра еибыҭан маҭәахәы хкы рацәала (акьырхаҳә, аԥслымӡхаҳә, ақьырмыт, убас иҵегьы).

Аҭыӡқәа реиқәыршәашьала иубоит аргыларатәи амаҭәахәқәа ахыԥхьаӡара рацәаны рхы ишадырхәаз. Насгьы, еиҳа ижәытәӡоу XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакуа акьырхаҳәцәы рхы иадырхәеит. XIX ашәышықәсазы аҳҭынра рҿцны ирҭбаан.

Аҵакырадгьыл ампыҵахалара азууп Урыстәыла ала. Иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны, аҳҭынра аиҭашьақәыргылара алшара ыҟаӡам.

Шервашиӡераа раҳҭынра ианашьоуп Қырҭтәла амилаҭтәи ахадара змоу абаҟа астатус.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015.