Месси, Лионел

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Лионел Месси (2018)

Лионе́л Андре́с Ме́сси (аисп. Lionel Andrés Messi; рашәарамза 241987 ш., Росарио, Аргентина) — аргентинатә ашьапылампыласҩы, ашьапылампыл клуб «Барселона» ажәылаҩ, 2011 шықәсы аахыз дҟаҵоуп - амилаҭтә Аргентинатә команда капитанс. Иа дыԥхьаӡоуп адунеиаҿы зегьы иреӷьу ахәмарҩыс.

Месси дааӡан «Барселонатәи» ашьапылампыл академиа, раԥхьатәи акоманда аҿы 17-шықәса аахыз дыхәмаруеит.

2005, 2007-2013, 2015-2016 ашықәсқәа рзы Месси дыԥхьаӡан иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Аргентина аҟны, 2007, 2009, 2010, 2011 шықәсқәа рзы иа дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Ла Лигаҿы. 2009 шықәсазы дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Европатәи аклубтәи ашьапылампыл аҿы, убри ашықәсазы иреиӷьу ажәылаҩс дыԥхьаӡан. Убасҟангьы иаҭашьахеит «Ахьтәы ампыл» иреиӷьу Европатәи ашьапылампыл асыҩҳәа, насгьы «Абрилианттә ампыл» адунеи аҿы зегь иреӷьу ашьапылампыласыҩҳәа. Иреиӷьу ашьапылампыласыҩ 2010 шықәсазы. 2011 шықәсазы Лионел дыԥхьӡан Европатәи иреӷьу ашьапылампыласыҩс.