Иԥштәылоу амшынқәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Иҧштәылоу амшынқәа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Иԥштәылоу амшынқәа - ари атермин рхы иадырхәоит Адунеиаҿ иҟоу амшынқәа ргәып азы, зыхьӡқәа рҟны аԥшәы иахьыуԥшауа.

Амшын Еиқәа афотоҭыхымҭа акосмос аҟнытә
Амшын Ҩежь афотоҭыхымҭа акосмос аҟнытә
Амшын Ҟаԥшь рфотоҭыхымҭа акосмос аҟнытә
Мшаԥыи лаҵареи иҟаҵоу акосмос аҟнытә Амшын Шкәакәа асахьақәа

Амшын Еиқәа - Атлантикатә амшынду бассеин аҩныҵҟатәи амшыноуп.(ақәӡара аҵанакоит 422 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2210 м, бжьаратәалатә 1240 м)

Амшын Ҩежь - Амрагыларатә Азиа иҟоу амшыноуп. (ақәӡара аҵанакоит 416 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 106 м, бжьаратәалатә - 40 м)

Амшын Шкәакәа - Урустәыла европатәи ахәҭа аҩадатәи иаҵанакуа амшыноуп (ақәӡара аҵанакоит 90 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 343 м, бжьаратәалатә 67 м ).

Амшын Ҟаԥшь - Африкеи Аравиатә Адгьылбжьахабжеи рыбжьара ишьҭалоу амшыноуп(ақәӡара аҵанакоит 430 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2211 м, бжьаратәалатә 490 м)