Аҧара
Авикипедиа, аенциклопедиа хту
Аҧара - зегь злоу егьырҭ атауарқәеи амаҵзурқәеи рыхәҧса аваҟәыла.
Содержание |
Аҧарақәа рҭоурых[ариашамҭа]
Лидиатәи монета
Анҟьа, аҧарақәа ацәырҵранӡа иҟан абартер - иҧиоу иҧарадоу атауарқәа реиҭниҧсахлара. Еиуеиҧшым адунеи арегионқәа рҿы, аҧараҵас ирыман еиҧшым амаҭәарқәа (атауартәи ҧарақәа)
- Океаниатә дгьылбжьахақәаҿ - абырлашцырақәа,
- Зеландиа Ҿыц аҟны - акылҵәара змоу ахаҳәқәа,
- акыр атәылақәа ирыман арахәеи аҧстәқәа рцәеи аҧарақәа ахаҭыҧан,
- Кавказ аҟны - аџьыкахыштәи қьырсҭахҵәахақәа,
- еиҳа ихьшәаны аҧараҵас аметалл ахархәара алагеит.
Аҧхьатәи ақьаад ҧарақәа ацәырҵит Китаи аҿы, 910 шықәсазы.
Ажәа аетимологиа[ариашамҭа]
Аҧсуа ажәа "аҧара" тиурктәи «Para» ахылҵит.
Афункциақәа[ариашамҭа]
Аҧарақәа амоуп абарҭ афункциақәа:
Ихадоу аҧаратә функциақәа[ариашамҭа]
- Аҳәҧса ашәага — еиуа-еиҧшым тауарқәа рхәқәа рыла рҭнырҧсахлоит.
- Аикәшара ахархәага
- Ашәара ахархәага
- Аизга ахархәага
Егьырҭ ҧаратә функциақәа[ариашамҭа]
- Ахазына ашьақәыргылара ахархәага
- Адунеитә ҧарақәа рфункциа