«Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Содержимое удалено Содержимое добавлено
Нет описания правки
Ацәаҳәа 29: Ацәаҳәа 29:
Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса.
Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса.
Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.
Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.

== Абара ==
* [http://www.abkhaziagov.org/ab/news/detail.php?ID=36651]


==Ахьарԥшқәа==
==Ахьарԥшқәа==

Аверсиа 09:55, 28 цәыббрамза 2020

Дырмит Гәлиа 10 ҧсарк ашьҭахьтәи аган

Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа[1] (жәабранмза 9 (жәабранмза 21), 1874 ш., Уарча ақыҭа — мшаԥымза 71960 ш., Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны Жәлар ашәҟәҩҩы, аҧсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы.

Абиографиа

Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диит хәажәкыра 21, 1874 шықәса рзы Уарча ақыҭан анхаҩ ҕар иҭаацәараҟны. Дшыхәҷыз иҭаацәеи иареи мҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иахыган, аха уи иаб илшеит иҭаацәа рыҧсадгьылахь рыргьежьра.

1892 ш. рзы Д.Е. Гәлиа К.Д. Маҷавариани дицырхырааны еиқәиршәеит аҧсуа нбан. 1912 ш. рзы иҭыҵит Д.Гәлиа раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга.

1921 ш. рзы Гәлиа еиҿикааит, напхгарагьы азиуит аҧсуа театралтә труппа. Уи аҧсышәала иҭыҵыз раҧхьатәи агазеҭ “Аҧсны” аредақторс даман. Д.Гәлиа иҩит раҧхьатәи аҧсуа новелла “Атәым жәҩан аҵаҟа”. (1919).

Аҧсуа литература аҿиараҟны Д.Гәлиа ироль дууп. Уи абызшәеи, аҭоурыхи, аҧсуаа ретнографиеи, ахрестоматиеи, арҵага шәыҟәқәеи акыр дравторуп. Уи иара убас аҧсышәала еиҭеит Аевангелиеи ақьырсиантә матанеирақәеи.

Д.Гәлиа иҧсҭазаара далҵит 1960 шықәса рзы, Агәӡера аҳаблан.

1958 шиқәсазы ицҭазаара даналчшаз аламҭалазы ииҩыз иавтобиографиҽ Д.Гәлиа иҳәоит: ...Иџьашьатәӡам узнысыз амҩа угәы иахәоу иамыхәоу нахьынӡахәҭоу ажәлар рымац узума ҳәа уаҩ дсазцаар. Анс-арс ҳәа акәысшьом иаахцәаны аҭак аҟасцоит абас: ааи сара исыдсыршаз маҷысшьомб избанзар наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еиӷьны исылсыршар ҟалон зег реԥхьа иҟаҵатәу зег реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы.

Аҭаацәара

Аешьа — Гәлиа, Иуан Иасыф-иҧа

Аиаҳәшьа — Гәлиа, Екатерина Иасыф-иҧха

Аҧа — Гәлиа, Гьаргь  Дырмит-иҧа — иналукааша аҧсуа советтә шәҟәыҩҩы.

Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Гьаргь-иҧа — аҵарауаҩы.

Исахьаркиратә ҩымҭақәа

Ажәаеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса.

Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.

Ахьарԥшқәа

  1. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901