Тикараӡе, Екатерина

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Екатерина Тикараӡе (ақырҭ. ეკატერინე ტიკარაძე; хәажәкырамза 31976 ш., Қарҭ) — Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рминистр.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҵара[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • 1993 - 1998 шш. - аквалификациа - аҳақьым, амедицинатә институт, Қарҭ, Қырҭтәыла
  • 2005 шықәса - азеиԥш профиль астоматолог, аҳәынҭқарратә сертификат, Қарҭ, Қырҭтәыла
  • 2007 - 2008 шш. - ацламҳәа-ахаҿы аинсплантациа акурс наӡа, апрактикеи аҵарадырреи ракадемиа, Лудвиқсҳафен, Германиа
  • 2015 - 2016 шш. - агоспитальтә сектор аҿы анапхгара акомпетенциа, агәабзиарахьчара академиа, Миунстер, Германиа
  • 2016 - 2019 шш. - аменеџьменти абизнеси радминистрациа амагистр, агәабзиарахьчара аменеџьмент, агоспитальтә сектор аекономикеи ахылаԥшреи, Дануба ауниверситет, Кремс, Вена, Австриа

Аусуратә ԥышәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • 2006 - 2008 шш. - афонд "Астоматологцәа аҳәаақәа рыда" Ниунберг, Германтәыла, апроект аҿиара аменеџьер
  • 2008 - 2013 шш. - Медтранс, Арбон, Швециа, ахԥатәи атәылақәа рҿы агоспитальтәи аԥгаԥсатәи сектор аҿиара абжьагаҩ
  • 2009 - 2015 шш. - аилахәыра "Достақари" Сачхере, Қырҭтәыла, астомотологиатә клиника аменеџьер аконцептуалтә зҵаарақәа рзы
  • 2015 - 2016 шш. - Апартниортә фонд, Қарҭ, Қырҭтәыла, "Ҭбилиси кластер" агәабзиарахьчаратә сектор аҿиара Евроеидгыла астандартқәа инрықәыршәаны
  • 2015 - 2019 шш. - аилахәыра "Сачхертәи араионтә хәышәтәырҭа аполиклиникатә еидҵара", Сачхере, Қырҭтәыла, агенералтә директор
  • 2015-2019 шш. - аилахәыра "Достақари", Сачхере, анагӡаратә директор
  • 2019 шықәса рашәара 18 инаркны иахьанӡа - Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рминистр

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]