Кембриџь ауниверситет

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Алого

Кембриџь – Оксфорд анаҩс Британиа Ду иҟоу зегь раасҭа ижәытәтәу аҩбатәи университетуп, адунеи аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ аннакылоит, еиҳа иеицырдыруа ауниверситетқәа ируакуп. Ауниверситет аԥҵан 1209 шықәсазы, Кембриџь инхо оксфордтәи астудент ақалақь иаланхоз ԥҳәыск данишь ашьҭахь ақалақь иалҵыз аҵарауаа еидкыланы. Кембриџьтәи ауниверситет шьақәгылоуп 31 коллеџь рыла. Ақалақь аҿы инхо ауааԥсыра реиҳарак арҵаҩцәеи астудентцәеи роуп. Астудентцәа зегь аҵара анырҵо Кембриџь инхозароуп. Кембриџь амҩадуқәа рҿы иуԥылоит ииаҵәеиқәароу, мамзаргьы еиқәаҵәоу, амаҭәа зшәу аҿар маҷымкәа. Астудентцәеи аспирантцәеи рҵареи рыҭҵаарадырратәи усуреи ашколқәа (дара 6 ыҟоуп) рыҟны имҩаԥысуеит. Ашколқәа афакультетқәеи акафедрақәеи рыла ишьақәгылоуп. Кембриџьтәи ауниверситет аҟны арҵара мҩаԥысуеит 28 курс рыла.

Тринити Колеџь
Петерҳаус колеџь
Кембриџь ауниверситет абиблиотека

Арҭ акурсқәа ирыҵанакуеит абарҭ амаҭәарқәа:

Иахьа аколлеџьқәа хԥа аҳәсса рымацара рыдыркылоит. Егьырҭ 28 коллеџь – илаԥсоуп. Аколлеџьқәа ҩба аспирантцәа мацара ры - дыркылоит. Аколлеџьқәа 4 – еиҳарак астудентцәа еиҳабацәа ма аспирантцәа (21 ш. иреиҳау). Егьырҭ 25 коллеџь астудентцәа реиԥш аспирантцәагьы рыдыркылоит.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]