Гогәуа, Алықьса Ноча-иԥа
Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа (аур. Алексей Ночевич Гогуа; хәажәкырамза 15, 1932 ш., Гәыԥ, Аџьамазра аҳабла, Очамчыра араион) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1932 шықса хәажәкырамза 15 рзы Гәыԥ Аџьамазра аҳабла Очамчыра араион.
Алагарҭатә ҵара далгеит Аџьамԥазратәи ашкол аҿы, быжь класск - Тҟәарчалтәи быжьшықәсатәи ашкол аҟны, абжьаратә - Ԥақәашьтәи абжьаратә школ аҿы.
1951 шықәсазы Алықьса Гогәуа дталоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт аурыс филологиатә факультет. 1955 шықәсазы, уи даналга, дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт. Далгоит 1960 шықәсазы.
Аус иуан Аԥсны ашәҟәҭыжьырҭаҿ, редактор еиҳабыс, ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхыкәу амазаныкәгаҩыс, ажурнал «Амцаба» аредактор хадас (1975-1989).
1988 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа А. Гогәуа Аԥсны ауаажәларратә хеидкыла, жәлар рфорум «Аидгылара» напхгара азиуан.
1989-1997 шықәсқәа рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа дахантәаҩуп.
1989 шықәсазы А. Гогәуа далхын СССР жәлар рдепутатс.
Ипрозатә рҿнамҭақәа рзы иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа.
Аҩра далагеит дышмаҷыз, раԥхьатәи иажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз. Ақьыԥхь аҿы дцырцыт поет ҳасабла, 1948 шықәсазы.
Инеицылкылан апрозатә жәар аҿы аус шыуагьы, апоезиа шизааигәац изааигәоуп, ипрозаҿ акырџьара апроза-поезиа ҳәа изышҭоу аҳарҳәара амоуп. Антологиаҿ иарбоугьы, хадарала, А. Гогәуа ипрозатә, идраматургиатә рҿиамҭақәа рахьтә иаагоуп.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 922-923
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Гогуа Алексей Ночевич (аур.)
- Гогәуа Алықьса Ноча-иԥа (аԥс.)