Перейти к содержанию

Гамсахурдиа, Звиад

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гамсахурдиа, Звиад
ზვიად კონსტანტინეს ძე გამსახურდია

Аполитикатә партиа
Алахәылара Круглый стол—Свободная Грузия

Ахатәы хьӡы ზვიად გამსახურდია
Аира хәажәкырамза 31, 1939 ш.
Қарҭ
Аԥсра ԥхынҷкәынмза 31, 1993 ш.
Дзвели Хибула
Аԥсра зыхҟьаз огнестрельное ранение
Аԥсыжра аҭыԥ Мҭаҵминда
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Қырҭтәыла
Абызшәақәа Ақырҭуа бызшәа,
Аурыс бызшәа,
Англыз бызшәа,
Афранцыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Manana Archvadze-Gamsakhurdia,
Dali Lolua
Ани аби Константин Симонович Гамсахурдия
Ахәыҷқәа Цотне Звиадович Гамсахурдия,
Константин Звиадович Гамсахурдия
Алма-матер Тбилисский государственный университет
Аусура аполитик,
Аҭырџьман,
историк литературы,
филолог,
литературный критик
Адин Грузинская православная церковь
Анашьамҭақәа орден Национального героя
Анаԥынҵамҭа

Звиад Константин-иԥа Гамсахурдиа (ақырҭ. ზვიად გამსახურდია; (хәажәкырамза 311939 ш., Қарҭ — ԥхынҷкәынмза 311993 ш.) — ақырҭуа аҵарауаҩ-афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, аполитик, адисидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Қырҭтәыла амилаҭтә-ахы ақәиҭтәратә аиҭаҵра алидерцәа руаӡәк, Қырҭтәыла актәи апрезидент (1991-1992), Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа.

Диит Қарҭ, ақырҭуа ашәҟәыҩҩы, академик Константин Гамсахурдиа, Миранда Ԥалавандишвили рҭаацәараҿы. Далгеит Қарҭ 47-тәи абжьаратә школ (1957), Қарҭ аҳәынҭқарратә университет амраҭашәаратә Европа абызшәақәа, алитература афакультет англыз литература аспециалрала (1962). Иман ҩыџьа аҳәса, хҩык ахшара:

  • Актәи иԥҳәыс Дали Лолуа, аԥа Константин Гамсахурдиа;
  • Аҩбатәи аԥҳәыс Манана Арчваӡе-Гамсахурдиа, аԥацәа Цотне, Гиорги Гамсахурдиааа.

Аҭҵаарадырратә, алитературатә маҵура (1962-1990)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ашықәсқәа рыҩныҵҟа аус иуан Қарҭ аҳәынҭқарратә университет амраҭашәаратә Европа, алитература афакультет адоуентыс. 1973 шықәсазы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, мацара 1991 шықәсазы - аҭҵаарадыррақәа рдоктор аҭҵаарадырра ҩаӡара. 1972-1977, 1983-1990 ашықәсқәа раан дыҟан Қырҭтәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зху ақырҭуа литература аинститут русҭвелологиа аиҟәша аиҳабыс аҵарауаҩ-маҵуҩы, 1970-1977 ашықәсқәа раан Қырҭтәыла ССР ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылас. Уи иҭижьит акрызҵазкуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа (урҭ рыбжьара 4 монографиак) русҭвелологиа, ақырҭуа культура аҭоурых, ақырҭуа литература аҭоурых, аҭеологиа, Америкатәи поезиа аҭоурых азҵаарақәа рзы. Иҭыжьуп уи иажәынраалақәеи ажәамаанақәеи реизга, иара убас, Шеикспир, Бодлер, Гоголь, уб. егь. рҩымҭақәа реиҭагақәа.

Амилаҭтә-ахы ақәиҭтәратә аиҭаҵра алидер

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1956 шықәсазы Звиад Гамсахурдиа, уи иҩызцәа Асоветтә Аидгыла ала Венгриа аҟны аинтервенциа ахарадҵаратә прокламациақәа икыдырҵеит Қарҭ амҩақәа рҿы, иарбан уаҩ иимбац акциа акәын СССР амасштабла. 1976 шықәсазы Гамсахурдиа, Костава рхадарала Қарҭ иаԥҵахеит Қырҭтәыла Хельсинки аимадара. Звиад Гамсахурдиа иԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа дыҟан абри аорганизациа ахантәаҩыс.

Хельсинки агәыԥ активла иқәгылон ауаҩы изинқәа, аԥхьа инаргыланы - ақырҭцәа рзинқәа, ақырҭуа культура абаҟақәа, Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама ахьчаразы. Агәыԥ иҭнажьуан агәыԥмаӡатә хаҭалатәи аҭыжьымҭақәа (ажурналқәа: “Сақарҭвело”, “Оқрос Саҵмиси”, “Сақарҭвелос Моамбе, уб. егь.). Абри ажурналқәа Гамсахурдиа еснагь иаҵыишьуан арусификациа ашәарҭара, ақырҭцәа рдемографиатә армаҷра апроблема, акорупциа Қырҭтәыла ауахәамаҿ, аҳәаанырцә инхоз ақырҭуа ахеидкыла азинқәа. Гамсахурдиа иинициативала Қарҭ аҟны раԥхьа (хаҭалатәи аҭыжьымҭа асахьала) иҭыжьхеит аурыс дисидент ашәҟәыҩҩы Александр Солженицин “Архипелаг Гулаг”. Гамсахурдиа иқәнаган амраҭашәаратә аҳәынҭқаррақәа рсимпатиақәа аимпериатә центр иаҿагыланы ақәԥара иахҟьаны. 1975 шықәсазы, Гамсахурдиа, Костава иалырхит адунеижәларбжьаратәи аорганизациа “Адунеижәларбжьаратәи амнистиа” алахәылацәас. Ԥыҭрак ашьҭахь Гамсахурдиа далырхит ауаҩы изинқәа адунеижәларбжьаратәи ауаажәларра ((ISHR-IGFM, аштабтәарҭа иҟоуп Маинтәи Франкфурт аҟны) алахәылас. Абри ада, уи активла аус рыциуан Москва иҭрыжьуаз адисиденттә, хаҭалатәи аҭыжьымҭа ажурналаҿ “Имҩасуа ахҭысқәа рыхроника” (Аредактор: С. Ковалиов).

Адисиденттә ауранагӡаразы Звиад Гамсахурдиа асоветтә ашәарҭадаратә комитет дҭанакит 1956, 1977-1979 ашықәсқәа раан. 1977 шықәса мшаԥымза 1 азы Звиад Гамсахурдиа далырцеит Қырҭтәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟынтә “Анти-асоветтә пропаганда азы”.

Гамсахурдиа иопонентцәа ласс-лассы иазгәарҭон, 1978 шықәсазы, КГБ адцаларала, уи “Ацәгьаура дахьхәит”. Абри иадҳәаланы азҿлымҳара ҟаҵатәуп Париж аҟны иҭрыжьуаз ақырҭуа аемигранттә журнал “Гушаги” 1994 шықәса абҵарамза 1 азы аредакциатә асаламшәҟәы “Ерҭи сицоцхле”, иахьану:

  • “... Звиад Гамсахурдиа изыԥшуп мацара аҭакра акәымкәа, иара убас - атәыла алцарагьы. Мераб Костава иҟны аиқәышаҳаҭрала, Гамсахурдиа иаартны “Ацәгьаура дахьхәит“. Иазгәаҭатәуп, иашаҵәҟьа абри “Ахьхәра” ашьҭахь асоветтә адисиденттә аиҭаҵра иаҿыз Петр Григоренко ишазгәаиҭоз: “Агәра сгоит, иҟалоит аамҭа, ақырҭуа ауаа Звиад Гамсахурдиа, Мераб Костава ахатә идуӡӡоу амилаҭтә фырхацәас ианырыԥхьаӡоу” - ҳәа”.

Ахы ақәиҭтәра амш аҟынтә (1979) Звиад Гамсахурдиа аиҭаҵра аԥхьа дгылеит Мераб Костава иаҿыхраз, иарбан иалҵыз 1987 шықәсазы. Гамсахурдиа иалкаара аурыс алибералтә дисидентқәа рҟынтә иааԥшит аартызаара рыларҵәара ашьҭахь. Уи игәҭакы акәын ауаҩы изинқәа рыкәымкәа, иара убас ақырҭцәа рзинқәа. 1990 шықәса ԥхынгәымзаан диҿагылеит Андриа Сахаров абри аҵыхәтәантәи ауснагӡатә иахҟьаны аҿыц мультинационалтә аимадара аԥҵара иазкны. 1970 ашықәсқәа раан Гамсахурдиа иҿагылара ахырхара аман аимпериа ацентрахь, 1980 ашықәсқәа раан Гамсахурдиа аӷацәас иԥхьаӡон Қырҭтәыла аҟны амилаҭтә аиҵарақәа, “Аҟаԥшь интервенциа”. Гамсахурдиа, уи идгылаз ақырҭцәа ирыԥхьаӡон аҭоурыхла аизҳара змаз уаас, иарбану ахы ианархәар акәын апривилегиақәа аԥсадгьылаҿ.

  • “Кахети еснагь иҟан адемографиала зегь раасҭа ицқьоу араион, ақырҭуа аелементқәа еснагь иахьырацәаз, еснагь иӷәӷәан. Уажәы убас иаҳзеиҿыркааит аус абри акоммунистцәа, ишԥеиқәҳархоу Кахети. Арахь аҭаҭарцәа рыҽдырӷәӷәоит, убрахь лекаа рыҽдырӷәӷәоит, абрахь аерманцәа рыҽдырӷәӷәоит, абрахь ашәанцәа рыҽдырӷәӷәоит, Кахети илбаардарц акагьы рыгым”.

Гамсахурдиа иакәын аорганизатор хада 1987-1990 ашықәсқәа раан имҩаԥгаз ихадоу аҭынчратә амассатә акциа зегь, урҭ рыбжьара 1989 шықәса мшаԥымзатә апротесттә акциа, иарбану изылгаз мшаԥымза 9 рзы реимырпрала, изылҵшәаны Звиад Гамсахурдиа дҭаркит, акциа аорганизатор еиԥш 1989. Мераб Костава иԥсҭазаара алҵра ашьҭахь Звиад Гамсахурдиа ахаҿы дгылеит “Қырҭтәыла ацкьа Илиа аиаша ауаажәларра”.

1990 шықәса хәажәкырамзаан иҟалеит аиԥырҵра амилаҭтә аиҭаҵратә мчқәа рыбжьара. Апартиақәа рыхәҭак ихымԥадатәиуп ҳәа иаԥхьаӡон Асоветтә Аидгыла азакәанқәа рыла алхрақәа рымҩаԥгара, алхрақәа раиааира, абри амҩала иԥшаау аиҳабыра ахархәара Қырҭтәыла Асоветтә Аидгыла аилазаара аҟынтә азакәантә, алегитимтә алҵразы. Абри амҩа убасҟан “Литва амҩа” иахьӡырҵон, избанзар Литва 1990 шықәса хәажәкырамза 11 рзы иашаны абас иалагеит СССР аҟынтә алҵра. Даҽа мчқәак алхрақәа амҩала аполитикатә аизҳара алшара ыҟам ҳәа ирыԥхьаӡон, иаҳәон асоветтә армиа алҵра Қырҭтәыла аҟынтә. Урҭ рлозунг акәын: “Зны - ахақәиҭра: анаҩс - ахьыԥшымра”. Звиад Гамсахурдиа дырҿагылеит абри аҵыхәтәантәи ауаа, ирыхьӡыиҵеит урҭ “Анти-амилаҭтә аиҭаҵра”, еиҿикааит аполитикатә блок “Аишәа агьажь - ихақәиҭу Қырҭтәыла”. Уи ихадоу иполитикатә хықәкын зны ахьыԥшымра иазкны ареферендум амҩаԥгара, анаҩс - абри ареферендум иақәныҟәаны Қырҭтәыла ахьыԥшымра арҿыцратә декларациа адкылара.

Анапхгаратә шықәсқәа (1990-1992)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аблок аиааира агеит 1990 шықәса абҵарамза 28 актәи адемократәиатә, апартиарацәатә алхрақәа. Қырҭтәыла Ареспублика иреиҳаӡоу ахеилак актәи асессиаҿ (1990 шықәса жьҭаарамза 14) Звиад Гамсахурдиа далырхит иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс. Абри ауалԥшьа уи 1991 шықәса хәажәкырамзанӡа инаигӡон. Иарбоу асессиа аӡбамҭала атәыла иахьӡҵахеит “Қырҭтәыла Ареспублика”, идырҿыцит Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аҳәынҭқарратә атрибутика: абираҟ, агерб, агимн. Ахьыԥшымра арҿыцраанӡа ирылаҳәахеит еиҭасуа апериодуп ҳәа.

1990 шықәсазы ашьакаҭәаратә конфликт ҟалеит аладатәи Ауаԥстәыла Автономтә округаҿ ақырҭуа, ауаԥс, уааԥсыра рыбжьара. Аладатәи Ауаԥстәыла арегионтә ахеилак ирыланаҳәеит, аокруг Қырҭтәыла ишалҵуаз, ишалалоз аҩадатәи Ауаԥстәыла Автономтә Республика. Аҭакыс, Қырҭтәыла иреиҳаӡоу ахеилак 1990 шықәса ԥхынҷкәынмзаан аладатәи Ауаԥстәыла Автономиа ақәнахит. Х-ганкахьтәи аиҿагылара арегионаҿ ақырҭуа, ауаԥсаа , асоветтә бџьарла еибыҭоу амчқәа рыбжьара 1991 шықәса хәажәкырамза азы иалгеит 51 уаҩык рҭахарала, 25000 уаҩык адцаларала рахцарала. Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс алхра ашьҭахь Гамсахурдиа даҿагылеит ауаԥсаа рыӡбамҭа, Урыстәыла амахинациа еиԥш Қырҭтәыла иаҿагыланы, ауаԥс асепаратистцәа “Кремль агентцәас, уи амаҭәахәқәас, атеррористцәас” иааирԥшит. 1991 шықәса жәабранмзаан уи Михаил Горбачов изынаицҳаит асаламшәҟәы, дахьаҳәоз асоветтә армиа архәҭақәа, Асоветтә Аидгыла аҩныҵҟатәи арқәа иацҵоу аконтигент ралгара ԥыхьатәи аладатәи Ауаԥстәыла Автономтә округ аҵакырадгьыл аҟынтә.

1991 шықәса хәажәкырамза 31 жәлартә референдумаз азҵаара “Шәақәшаҳаҭума, ирҿыцхарц Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ахьыԥшымра 1918 шықәса лаҵарамза 26 акт иашьаҭакны?” Қырҭтәыла алхратә абжьы азин змоу ауааԥсыра 98% ақәшаҳаҭратә аҭак ҟаҵахеит. 1991 шықәса мшаԥымза 9 рзы, ареферендум алҵшәақәа ирышьаҭакны, Қырҭтәыла Ареспублика иреиҳаӡоу ахеилак ирыланаҳәеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымра арҿыцра.

Гамсахурдиа изы иҿырԥшыгоу лидерцәан Роналд Реиган, Шарл Де Голь. Уи иӷәӷәоу апрезиденттә ҳәынҭқарра даҳәон. Гамсахурдиа иопонентцәа иӷәӷәаны акритика ирҭон, рхаҭа ишишьҭаз еиԥш “Иузыдымкылоу адиктатортә ҟазшьазы”, иарбан уи апрезидентыс иалхраанӡа икритика иамаҭәарыз. 1991 шықәса мшаԥымза 14 рзы, Қырҭтәыла Ареспублика иреиҳаӡоу ахеилак иаланагалеит Ареспублика апрезидент имаҵура, иашьашәалоу аԥсахрақәа, ацҵамҭақәа иаланагалеит аус зуа аконституциаҿ. Убриҵәҟьа амшан иреиҳаӡоу ахеилак Ареспублика апрезидентыс далнахит Звиад Гамсахурдиа. Актәи апрезиденттә алхрақәа мҩаҧысит 1991 шықәса лаҵарамза 26 рзы, Звиад Гамсахурдиа аиҳара дула, абжьқәа 86% рыла дахьаиааиз.

Апрезидент ипостаҿ Гамсахурдиа ихьанҭоу аекономикатә, аполитикатә аҭынхара иоуит, иалукаартә Қырҭтәыла аизыҟазаашьақәа рҿы Асоветтә Аидгыла аҟны. Лассы имҩасуан аекономика акаҳара, аполиаризациа азун ауааԥсыра. Ихадоу апроблема Қырҭтәыла ахыԥхьаӡара рацәатә аетникатә аиҵара апозициа акәын (урҭ ауааԥсыра 30% ракәын). 1990 шықәса абҵарамзатә алхрақәа рҿы 250 аҭыԥ аҟынтә урҭ мацара 9 роуит. Амилаҭтә аиҵарақәа рызҵаара иҵарны иқәгылан Қырҭтәыла ахьыԥшымраанӡагьы, иарбан аетникатә аҿыгыларақәа зхылҿиааз 1989 шықәсазы Аԥсны аҟны. Гамсахурдиа иакәын ақырҭуа анационализм, асоциалтә консерватизм иццоу. Дадгылан еилаԥсоу аекономика. Уи еиқәирхеит аҳәынҭқарратә ахатәра адгьыл, ааглыхтә анаплакқәа, аиҳабыра аконтроль азнауан ахәқәеи адәахьтәи ахәаахәҭреи. 1991 шықәса ҭагалан Гамсахурдиа мап икит аекономикатә аиқәышаҳаҭраз ԥыхьатәи асоветтә республикақәа рыбжьара.

Гамсахурдиа иҭак Асоветтә Аидгыла апрезидент Михаил Горбачов иҿагыланы еиҿкааз путча азы еиҭа акритика амаҭәарыс иҟалеит. Нанҳәамза 19 рзы Гамсахурдиа, Қырҭтәыла аиҳабыра, иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум ирыларҳәеит Қырҭтәыла ауааԥсыра рыҽдырҭынчырц, иаанхарц аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы, инарыгӡарц рхатә усқәа, иацымныҟәарц апровокациақәа ма иисанкциатәым нагӡамҭақәа. Анаҩстәи амшаан Гамсахурдиа ираиҳәеит адунеижәларбжьаратәи алидерцәа иазхарҵарц Ареспубликақәа (урҭ рыбжьара Қырҭтәыла), иарбанқәоу рхы Асоветтә Аидгыла аҟынтә ихьыԥшым ҳәа ирыларҳәаз. Уи иаартны ирылаиҳәеит нанҳәамза 21 рзы, апутча ихаҭа Михаил Горбачов ишеиҿикааз, избанзар ихатә популиарра иазирҳарц асоветтә апрезиденттә алхрақәа раԥхьа. Абри алаҳәара апрезидент Џьорџь Буш “Арччага” (англыз. ridiculous) ихьӡиҵеит. Гамсахурдиа апозициа, Асоветтә Аидгыла, АЕШ ирхараиҵон ақырҭуа ауааԥсыра ирҽыгылоу ачарҳәара. 1991 шықәса нанҳәамзаан Москва апутча ашьҭахь асоветтә аинралцәа Гамсахурдиа идырҵеит амилаҭтә гвардиа аиԥхьырттара. Ихаҭа Гамсахурдиа еснагь иаҵыишьуан, уи амилаҭтә гвардиа ишеиԥхьымырттоз. Звиад Гамсахурдиа иӡбеит акомпромисахь дцарц апутчистцәа рыҟны, аха уи агварди еиԥхьыимырттаӡеит, ишьҭихит аӡбамҭа агвардиа ареорганизациа иазкны, изшьашәалангьы агвардиа ахада амаҵура иқәыххеит, амилаҭтә гвардиа иҟалеит амилициа ҷыдалатәи аҵакы змоу аиҟәшас. Амилаҭтә гвардиа ахада Ҭенгиз Китовани аҳәатәы ацымныҟәара рылаиҳәеит, ихатә аҵакыраҿ иҟаз архәҭақәа Қарҭ иалигеит нанҳәамза 24 рзы. Абри аамҭазы апутча Москва еилаҳаит, Гамсахурдиа иаартны идиныҳәалеит Борис Ельцин апутчистцәа риааира. Қырҭтәыла абри аилаҩынтра иацәцеит ашьакаҭәарада, аха уи аопонентцәа акритика изыруан еилыккам апозиациа азы. Гамсахурдиа абри аҩыза акритика иҵарны аҭак азыҟаиҵеит, иахараиҵеит изакә игәрагам амчқәа Москва аҟны аконспирациа уи аҩныҵҟатәи аӷацәа рыҟны Қырҭтәыла ахьыԥшымратә аиҭаҵра аԥырхагахаразы. Нанҳәамза 19 рзы апремиер-министр Ҭенгиз Сигуа, ҩыџьа даҽа министрцәак амаҵура аанрыжьит Гамсахурдиа иполитика апротест азы. Абри ах-министрк апозициа иадгылеит, ихьӡырҵон уи “Адемогог, атоталитар”. Аемоциатә ателевизиатә ақәгылараҿ, Гамсахурдиа иҳәеит, уи иӷацәа атәыла аҩныҵҟа ишаҿыз “Асаботаж, аӷалатра”. Нанҳәамза 26 рзы Гамсахурдиа азин аимҭеит Қырҭтәыла акоммунисттә партиа, иреиҳаӡоу ахеилак амандат рымнахит акомпартиа аҟынтә иалхыз 64 депутатк.

Гамсахурдиа идикылон адемократиатә закәанқәа, аха апроблема ахылҿиаауан урҭ адемократиатә рынагӡара. 1991 шықәса лаҵарамзаан, Гамсахурдиа иӡбамҭала, аопозициа акандидатцәа аҳәынҭқарратә апресса ахархәара азин аԥкра аиуит агазеҭқәа аредакторцәа Гамсахурдиа ила иаҭахон. Москва апутча ашьҭахь аурыс бызшәала агазеҭқәа мызкала иаҟәыххеит, ҭагалан иадыркит аурыс бызшәала аҭыжьымҭа “Новая Газета” убри амзызла, уи иаартны ишрыланаҳәоз амилаҭтә аҿагылара иазкны, иҭаркит ажурналистцәакгьы. Цәыббрамзаан 200 журналистк иқәгылеит ацензура апротест азуразы. 1991 шықәса азын мацара нацәкьысла иуԥхьаӡаша ихьыԥшым агазеҭ иаанханы иҟан. Абас адыррақәа иҿиеит, Қырҭтәыла ателевизиа аҩбатәи аканал иара убас ишаркхаз, избанзар уи аусеицзуҩцәа аиҳабыра иаҿагыланы амитигқәа рҿы рҽаладырхәит.

1991 шықәса цәыббрамзаан Гамсахурдиа иаԥиҵеит амилаҭтә ахыхьчаратә ахеилак, иалукааша азинмчрақәа анаишьеит уи. Цәыббрамза 2 рзы амилаҭтә-адемократиатә партиа, иарбану зегь раасҭа иактиву аопозициатә партиақәа руакы акәын уи апериодаз, аиҿкаарала имҩаԥысит амитинг Русҭавели ибаҟа аҟны. Амитинг ҷыдалатәи агәыԥқәа абџьармцала ирылалеит, еиԥхьырдттеит. “Амилаҭтә ахьыԥшымратә партиа” иалагеит амлагара “Имели” ахыбра аҟны, цәыббрамза 10 рзы абарикадақәа дыргылеит Русҭавели апроспектаҿ. Цәыббрамза 11 рзы 27 аполитикатә партиа, иарбанқәоу уаанӡа дара-дара еиҿагылаз,, еидгылеит Гамсахурдиа амаҵура аанижьырц азы. Гамсахурдиа иблок “Аишәа агьажь” иалҵит агәыԥ “Қартиа - 91”. Иреиҳаӡоу ахеилакаҿ аопозициа иаҳәон апрезиденттә система апарламенттәны аԥсахраз. Аиҳабыреи аопозициеи рыбжьара аҿцәажәаратә араундқәа зегь иаԥыххеит. Цәыббрамза 16 рзы дааныркылеит ЕДП алидер Гиорги Ҷантуриа аиҳабыра ахырбгаларазы Москва аҟынтә ацхыраара аԥшаара адҵала. Уи аҳаирплан аҟынтә дылбааргеит, иарбану Москваҟа ицаракәыз. Абри иахылҿиааит даҽа аиҿагыларақәак, иааныркылеит ажурналистцәа Валери Кварацхелиа, Гога Хаиндрава, “Мхедриони” ахада Џьаба Иоселиани, уб. егь. Цәыббрамза 21 рзы иҟалеит еиҭа ашьакаҭәаратә аиҿагыларак. Аиҳабыра анагӡамҭақәа иаршит Гамсахурдиа иахь ауаажәларра изыҟазаара аҩныҵҟа, аҳәаанҭыҵгьы. Абри апериод зегь раасҭа акрызҵазкуа амоментын амилаҭтә гвардиа аиҩшара про-, анти-аиҳабыратә архәҭақәаны. Аиҿагыларақәа ҩ-ганк рыбжьара аамҭа-аамҭала иҟалон Қарҭ аҟны абҵарамзеи жьҭаарамзеи апериодаҿ, иарбан амассатә аӡхәы зхылҿиааз. Иформалтәым адгылақәа, иарбанқәоу рыбжьара идуӡӡан Мхедриони, ақалақьаҿ абарикадақәа рыргылара иалагеит.

Цәыббрамза 25 рзы Гамсахурдиа Қарҭ аҟны иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаирҵәеит иреиҳаӡоу ахеилак аҟны аиқәышаҳаҭрада ирылаиҳәеит. Иаангылеит иреиҳаӡоу ахеилак аусура. Гамсахурдиа дмақаруан иреиҳаӡоу ахеилак ахы ақәиҭтәрала, ишиашоу апрезиденттә напхгара алагаларала. Ирылаҳәахеит амобилизациа ателевизиала еснагь ирышьҭуан уи адгаламҭа, инеирц ауаа Русҭавели апроспектаҿ аиҳабыратә ҩны ахьчаразы.

Арегионқәа рҟынтәи, иалукаартә Гыртәыла аҟынтә инаргон адгылаҩцәа Қарҭ, иарбанқәоу аиҳабыратә ҩны аҿаԥхьа амшьамбақьалақәа еиҵызхуаз.

Абҵарамзаан Гамсахурдиа иааникылеит аполитикатә партиақәа ирызкны азакәан аусура, дамихит апрокурор хада, заатәи аҭакратә ҿҳәара иазҳаит ҳԥа рҟынтә жә-мзанӡа, избанзар Гиорги Ҷантуриа ихы ақәиҭтәра абахҭа аҟынтә дыҭырмыжьырц. Заҟа ирӷәӷәоз аҟара Гамсахурдиа ихатә аиҳабыра, еиҳарак имаҷхон уи иполитикатә анырра. 1991 шықәса ҭагалан уи реалла анапхгара рзиуан Қарҭ ихадоу араионқәа, араионқәак апрефектцәа рыла. Уи иҿагыланы еидгылеит ақырҭуа аполитикатә аопозициа, уи иҿагылеит амраҭашәаратә тәылақәа. АЕШ аконгрессменцәа рделегациа, иарбану ахаҭарнак Стен Ҳоиер аԥхьа дгылан, ихатә аҳасабырбаҿ иҳәеит, ишыҟаз “Ауаа рзинқәа иҵару апроблемақәа ҿыц аиҳабыра аҩныҵҟа, иарбану изҭахымыз урҭ рҿахҵәара ма иаԥхьаӡон урҭ ма зынӡа џьаракы аҟаҵара абриазы макьана”. Америкатәи коментаторцәа ирыларҳәон, ауаҩы изинқәа азҵаара ихадоу амзызқәа руакы шакәыз, иаԥырхагаз Қырҭтәыла адунеижәларбжьаратәи азхаҵара. 1991 шықәса ԥхынҷкәынмза 5 рзы Беловежтәи аиқәышаҳаҭрала Асоветтә Аидгыла ихыбгалеит. 1991 шықәса аҵыхәтәаны Қырҭтәыла акәын ԥыхьатәи асоветтә Республикақәа руакы, иарбану измоуцыз де-иуре азхаҵара.

Арратә аилаҩынтра (1991-1992)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1991 шықәса ԥхынҷкәынмзаан аопозициа ахыбрақәак, урҭ рыбжьара Қырҭтәыла апарламент, Гамсахурдиа дахьыҟаз, ирыжәлеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, Кавказтәи арратә аокруг ахада ԥыхьатәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал Суфиан Бепаев иазгәаиҭон, 1991 шықәса ԥхынҷкәынмза 24, 28 рзы, бџьарла еибыҭоу аопозициа акритикатә аҭагылазаашьаҿ ианыҟалаз, иарбоу арратә аокруг зыԥсы ҭоу амчлеи атехникалеи иацхрааит арратә аилаҩынтра аиҿкаараҿ. Ихьанҭоу ақәԥарақәа Қарҭ аҟны имҩасуан 1992 шықәса жьырныҳәамза 6 аҟынӡа, изыхҟьаны ианеиҵаха 113 уаҩык иҭахаз.

Жьырныҳәамза 6 рзы Гамсахурдиа, уи иеиҳабыра ахаҭарнакцәа иакәшаны иҭакыз ахыбра аҟынтә ицеит, Азербаиџьанҟа ибналеит, аха уаҟа ахыԥхьакырҭа рмоуӡеит. Аермантәыла Гамсахурдиа аамҭак даднакылеит, мап акит уи иекстрадициазы Қырҭтәылахь. Қырҭтәыла аҟны еибарххоу аизыҟазаашьа аицәатәхара ахы аԥыргара иахықәкны Аермантәыла аиҳабыра Гамсахурдиа алшара инаҭеит Урыстәыла асепаратисттә регионаҿ, Чечентәылахь, дыбналарц, уи Џьохар Дудаев иеиҳабыра ахыԥхьакырҭа ахьинаҭаз.

Ԥыҭрак ашьҭахь иааԥшит ишьақәырӷәӷәам арҵабыргыгақәа, Гамсахурдиа иҿагыланы ақәгылара асоветтә архәҭақәа ишацхраауаз. 1992 ԥхынҷкәынмза 15 рзы аурыс газеҭ “Московские новости” ирыланарҵәеит асаламшәҟәы, изшьашәаланы Кавказтәи арратә аокруг ԥыхьатәи авице-напхгаҩы, аинрал-полковник Суфиан Бепаев ишишьҭыз архәҭа аопозициа ацхрааразы. Урҭ рҽалагаларада, агазеҭ ашьақәырӷәӷәамҭала, “Гамсахурдиа идгылаҩцәа иааиааиуан”. Агазеҭ иара убас ишьақәнарӷәӷәон, аопозициа иара убас ишацхрааз аспец архәҭа ԥхынҷкәынмза 28 рзы ателевизиатә антенна агараҿы.

Аиҳабыра аамҭала иаԥсахит арратә ахеилак. Уи актәи адҵарақәа руакы Гамсахурдиа апрезидент ихьӡ аформалла имхра акәын. Арратә ахеилак ԥыҭрак ашьҭахь ахы “Аҳәынҭқарратә ахеилакны” ирыланаҳәеит, анапхгаҩыс Едуард Шеварднаӡе иԥхьеит 1992 шықәса хәажәкырамзаан. Азинмчра аԥсахра нагӡахеит, fait accompli еиԥш, иарбанызаалак аформалтә ареферендум ма алхрақәа рыда. Шеварднаӡе анапхгара наигӡон, “Де-факто” апрезидент еиԥш, 1992 шықәса ҭагалан алхрақәа мҩаԥгахаанӡа, уи Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩыс дахьалырхыз.

Арратә аилаҩынтра амшқәа раан, 1991 шықәса ԥхынҷкәынмза 25 аҟынтә 1992 шықәса жьырныҳәамза 6 аҟынӡа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымра де-иурены иазхарҵеит еиҭа 20 ҳәынҭқаррак, урҭ рыбжьара Америка Еиду Аштатқәа (иарбану де-фактоны Қырҭтәыла асуверенитет азхазҵаз 1991 шықәса мшаԥымза 9 рзы). Арратә аилаҩынтра амшқәа раан, уи ашьҭахьгьы Қарҭ аҟны, Қырҭтәыла даҽа ақалақьқәак рҿы асистемала имҩасуан апрезидент Звиад Гамсахурдиа идгылаҩцәа апротесттә, аҭынчратә рмитингқәа, адемонстрациақәа. Иҟоуп игәаҭам арҵабыргыгақәа абри амитинг иалахәыз рыргәаҟра, икыдҵаны рышьра иазкны.

Арратә аилаҩынтра ашьҭахь аорганизациа “Мхедриони”, агвардиа иалагеит Гамсахурдиа идгылаз арегионқәа реиԥхьыттара, иарбану иалукааша иҵару асахьа зоуз Гыртәылеи Аԥсныи рҟны. Абри еиҭа иарҵырит амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны аҿагыларатә аиҭаҵра, иарбану еиҳа-еиҳа бџьарла еибыҭоу аиҿагыларахь ииасыз, изырмазеиз Гамсахурдиа ихынҳәра Қырҭтәылахь.

Аиҳабыратә маҵура аҟынтә амхра ашьҭахь Гамсахурдиа инаигӡон ихаҭа ихы Қырҭтәыла алегитимтә апрезидентыс аарԥшра. 1992 шықәса жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза аан уи иԥхьеит Финлиандиа ахь (Финлиандиа апарламент Қырҭтәыла аҟны аиҩызаратә гәыԥ), Австриа ахь (ауаа рзинқәа адунеижәларбжьаратәи ауаажәларра). Ҩ-тәылакаҿ уи апресконференциақәа, аиԥыларақәа мҩаԥигеит апарламентарцәа рыҟны, аофициалтә хаҿқәа рыҟны.

Аиҿагыларақәа про-, анти-Гамсахурдиатә мчқәа рыбжьара инагӡахон 1992-93 ашықәсқәа. Зегь раасҭа акрызҵазкуа аинцидентқәа руакы ҟалеит Қарҭ аҟны 1992 шықәса рашәарамза 24 рзы, Гамсахурдиа бџьарла еибыҭоу идгылаҩцәа аҳәынҭқарратә телевизиа ацентр аныргаз. Урҭ инарыгӡеит арадио ацҳамҭа аужьра атекстла: “Алегитимтә аиҳабыра ирҿыцуп. Аҟаԥшь Хунта анҵәамҭа иааигәахеит”. Аха урҭ амилаҭтә гвардиа ателевизиа аҟынтә сааҭқәак рыҩныҵҟа идәылнацеит. Урҭ рхықәкы Шеварднаӡе иеиҳабыра иаҿагыланы амассатә ақәгылара алагара аҟалара акәын, аха ари аҽазкра лҵшәада иалгеит.

Аиҳабыра аҭакыс иӷәӷәоу арежим шьақәнаргылеит Қырҭтәыла зегь аҟны “Звиадизм” ахәаҽразы. Убри иамыхәаԥшыкәа, Қырҭтәыла ауаа рзинқәа реилыргара иӷәӷәаны акритика шазыруаз адунеижәларбжьаратәи аорганизациақәа, Шеварднаӡе хаҭалатәи ипрестиж абзоурала атәыла аформалтә азхаҵара усгьы иаиуит.

Гамсахурдиа ихынҳәра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1993 шықәса цәыббрамза 24 рзы Звиад Гамсахурдиа Қырҭтәылахь дхынҳәит (Аҳаирпланла Сенаки днеит, Жәаргьыҭахь дахьынтәинеиз). Жәаргьыҭ уи “Ибналаз аиҳабыра” ирҿыцит. Иара иҳәамҭала уи инаигӡон “Аҭынчратә аҿагылара илегалым арратә Хунта иаҿагыланы”, аконцентрациа наигӡон анти-Шеварднаӡе акоалициа аиҿкаараз, иарбану Гыртәылеи Аԥсныи арегионқәа руааԥсыра адгылара ишьаҭаркыз. Уи иара убас акрызҵазкуа арратә амч аизгара, иарбану акырӡа ихақәиҭны изылшоз аиҭаҵра ихадоу аиҳабыра иԥсыҽу ахыхьчаратә система абзоурала. Раԥхьа Гамсахурдиа ҿыц алхрақәа рымҩаԥгара даҳәон, аха уи ируаа лассы инарыгӡеит аиҳабыратә аидгылақәа рыла иааныжьыз ахыԥхьаӡара рацәала арратә амунициа анапахьы агара, иарбан 1993 шықәса абҵарамзаан амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны атәылауаҩратә аибашьра алагара ицхрааз.

Гамсахурдиа идгылаҩцәа акрызҵазкуа ақалақьқәак, атранспорттә аимадара рнапаҿы иааргеит. Аиҳабыратә мчқәа ашьҭахь аиҿкаарада ихьаҵуан, Гамсахурдиа имчқәеи Қарҭи рыбжьара аҿагылара маҷ аанрыжьуан.

Аха Гамсахурдиа имчқәа рыла аекономикала акрызҵазкуа амшын Еиқәа апорт Ԥоҭи анапахьы агара Урыстәыла, Аермантәыла (Иарбану зынӡа Қырҭтәыла апорт иадҳәалаз), Азербаиџьан аинтересқәа ашәарҭара рынаҭеит. Абри аситуациаҿ ах-тәылак акны “quid pro quo” реиҭаҵра ҟанаҵеит, Шеварднаӡе иеиҳабыра иадгылеит, дарбану ихатә аганахьала иақәшаҳаҭхаз ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реимабзиараҿ аҽалархәра. Адгылара Аермантәыла, Азербаиџьан аҟынтә мацара аполитикатә акәын, Урыстәыла инанагӡеит арқәа рмобилизациа Қырҭтәыла ихадоу аиҳабыра ацхырааразы. Абҵарамза 20 рзы, 2000 нызықьҩык аурыс аруаа алалеит ақырҭуа аихамҩа ахьчаразы, имаҷны бџьарла еибыҭоу ақырҭуа аруаа алогистикатә, бџьарла ацхыраара рынаҭеит. Ақәгылара ахәаҽра лассы инарыгӡеит, Жәаргьыҭ убриҵәҟьа ашықәсаз жьҭаарамза 6 рзы икаҳаит.

1993 шықәса абҵарамза анҵәамҭаз апрезидент Звиад Гамсахурдиа, уи идгылаҩцәак цашьа рымамызт рхы Гыртәыла ашьхатә ахәҭаҿы иԥхьарымкыр. 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рзы Қырҭтәыла апрезидент иԥсҭазаара далҵит Хоби араион ақыҭа Хибула аҟны (абри афактаз 2004 ашықәс аҟынтә имҩаԥысуеит аусеилыргара Қырҭтәыла апрезидент идҵара N-174 иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа, апрокуратура ала). 1994 шықәса жәабранмзаан уи иԥсы Грозноахь иргеит. Уи иԥсҭазаара алҵра аҭагылазаашьақәа идырӡам. Абритантә пресса адыррала, аԥсыбаҩ ирбеит ахызаҵәык аманы ихаҿы. Иҟоуп уи иԥсҭазаара алҵра акымкәа аверсиа, аха урҭ риашара ашьақәыргылара алшара ыҟам.

Ԥыҭрак ашьҭахь, Гамсахурдиа иԥҳәысеиба аинтерфакс аинформациатә агентра адырра алҭеит, уи лхаҵа иҽшыишьыз ԥхынҷкәынмза 31 рзы, иара, уи иколлегақәа ргәыԥ аҭаацәаракаҿ рхы ианыԥхьаркуаз Мхедриони аҟынтә. Аурыс медиа алаҳәарала уи ихьчаҩцәа ираҳаит ахысыбжь ауадаҿ, анаҩс ирбеит, Гамсахурдиа иҽшыишьыз Стечкин итапанчала. Ԥыҭрак ашьҭахь Чечентәыла анапхгаҩцәа ирыладырҵәеит урҭ рҳәарала аҽышьраанӡа иҩыз ашәҟәы:

  • “Ахдыррала, сара абри анагӡамҭа насыгӡоит Қырҭтәыла анапхгаратә режимахь апротест азы, избанзар сара исымаӡам алшара, апрезидент еиԥш, аситуациа аҭыԥ иқәысҵарц, исырҿыцыр азакәан, аиҿкаашьа”.

Абри ахҭысқәа акоментаторцәа Қырҭтәыла аҳәаа анҭыҵ иацныҟәоит агәаанагара, Гамсахурдиа иҽшыишьыз.

Аҩныҵҟатәи усқәа рминистрра ашьақәырӷәӷәамҭала Гамсахурдиа уи идгылаҩцәа гәҭакыла дыршьит, ма уи иԥсҭазаара далҵит уи ԥыхьатәи ар рԥыза иҟны, Лоҭи Қобалиа иҟны, аиҿцәажәара иахҟьаны.

Гамсахурдиа иԥсҭазаара алҵра Қырҭтәыла аиҳабыра 1994 шықәса жьырныҳәамза 5 рзы ирыланаҳәеит. Уи идгылаҩцәак ихарҵомызт абри адырра 1994 шықәса жәабранмза 15 рзы уи иԥсыбаҩ аԥшааранӡа. Звиад Гамсахурдиа иԥсы жәабранмза 24 рзы Грозно аҟны иамардеит. 2007 шықәса хәажәкырамза 3 рзы Чечентәыла ҿыц иарҭаз апрезидент Рамзан Кадыров ирылаиҳәеит, Гамсахурдиа инышәынҭра, ирӡу Грозно аҟны аибашьрақәа раан, ишырыԥшааз ақалақь ацентраҿ. Гамсахурдиа иԥсыбаҩ аидентра шьақәдырӷәӷәеит аурыс аекспертцәа Донтәи Ростов аҟны, уи 2007 шықәса хәажәкырамза 28 рзы Қырҭтәылахь дааргеит.

Гамсахурдиа иԥсыбаҩ анышә имардеит 2007 шықәса мшаԥымза 1 азы Мҭаҵминда апантеонаҿ даҽа еицырдыруа ақырҭцәа рывараҿ. Уи апату иқәҵараз Светицховели аҟны имҩаԥгаз апараклисаҿ зықьыла ауаа неит еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтәи. Апрезидент Михаил Саакашвили иҳәамҭала:

  • “Ҳара инаҳагӡоит аӡбамҭа, иарбану ишьҭыххаз 2004 шықәсазы - анышә дамаҳдарц апрезидент Гамсахурдиа уи иԥсадгьылаҿ. Абри иашоу аӡбамҭа ауп”

2013 шықәса цәыббрамза 26 рзы Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашвили Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ ианаишьеит.

2003 шықәса абҵарамза 21-23 агәилтә револиуциа ашьҭахь, 2004 шықәса жьырныҳәамзаан, апрезидент Михаил Саакашвили иинициативала ишьҭыххеит акымкәа актәи апрезидент Звиад Гамсахурдиа, уи иеиҳабыра рреабилитациа азы. Иаҟәыҵит Гамсахурдиа, уи идгылаҩцәа рахь 1992 шықәса жьырныҳәамза 4 рзы иқәыргылаз ашьаусӡбаратә ус #7492801, ашьаусӡбаратә ашьҭалара.

Қырҭтәыла аҟны амилаҭтә аиҿагылара ақәырӡраз ахырхара змаз акрызҵазкуа аусмҩаԥгатә акәхеит 1991-1993 ашықәсқәа раан арепрессиа зызуз рреабилитациа, даҽа иадҳәалоу актқәак. Урҭ рыбжьара 2004 шықәса жәабранмза 21 рзы Қырҭтәыла апрезидент Михаил Саакашвили идҵала иаԥҵахеит 1991-1993 ашықәсқәа раан иҿиаз ахҭысқәа ирылҵшәаны инагӡаз аиҳабыра адцаларала аԥсахра, Қырҭтәыла апрезидент Звиад Гамсахурдиа иуаҩытәыҩсатә ликвидациа, иара убас аиҳабыра аԥсахра иахықәкны амч ахархәара иадҳәалоу афактқәа, аҭагылазаашьақәа, иацыз (1991-2003 ашықәсқәа раан иҟалаз, уб. егь.) ахҭысқәа рыҭҵааратә комиссиа. Ишашьашәалоу еиԥш Қырҭтәыла апрокурор хада иаԥиҵеит аперсоналтә аусеилыргаратә гәыԥ.

Аперсоналтә аусеилыргаратә гәыԥ аусура дуу мҩаԥнагеит, иқәнаргылеит ақәҵара Звиад Гамсахурдиа, уи идгылаҩцәа ирҿагыланы 1992 шықәса иқәыргылаз #7492801 ашьаусӡбаратә ашьаусӡбаратә аус, ашьаусӡбаратә ашьҭалара аҟәыхра иазкны, ацәгьаура аҟамзаара иахҟьаны.

Қарҭ Қашвети ауахәамаҿ иқәгылараан (жьырныҳәамза 25, 2004 ш.) апрезидент Саакашвили апату ақәиҵеит Қырҭтәыла актәи апрезидент игәалашәара. Звиад Гамсахурдиа ихьӡ иахьӡҵахеит Қарҭ Мтквари(Кура) арӷьарахьтәи аԥшаҳәа, ихадоу амҩа Жәаргьыҭ аҟны, абжьаратә школ Русҭави аҟны. Иара убас, абаандаҩра аҟынтә рхы иақәиҭыртәит уи идгылаҩ аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа. 2004 шықәса аофициалла ирыларҵәахеит Звиад Гамсахурдиа ишықәс ҳәа. 2005 шықәсазы акультуратә аминистрра акультуратә баҟа астатус анаҭеит Константин, Звиад Гамсахурдиаа рыҩны-амузеи Қарҭ аҟны - “Колхтәи абааш”. Звиад Гамсахурдиа, уи идисиденттә усура акрызҵазкуа аҭыԥ амоуп 2006 шықәса лаҵарамза 26 рзы Қарҭ аҟны иаԥҵоу асоветтә ампыҵакратә музеи аекспозициаҿ.

  • Otto von Habsburg.- ABC (Spain), November 24, 1993.
  • J. „Soviet Analyst“, Vol. 21, No: 9-10, London, 1993, pp. 15–31.
  • ჟ. „გუშაგი“, პარიზი, #1, 1994 (ქართულ და ინგლისურ ენებზე).
  • Konstantin Gamsachurdia, Swiad Gamsachurdia: Dissident - Präsident - Märtyrer, Perseus-Verlag, Basel, 1995.
  • CAUCASUS and unholy alliance, Publishing House „Kirja_Leitzinger“, Vantaa (Finland), 1997.
  • „Memorial Page of President Zviad Gamsakhurdia“ by Dr. Levan Z. Urushadze
  • ლევან ურუშაძე, ზვიად გამსახურდია და საერთოკავკასიური სახლის იდეა.- საინფორმაციო-ანალიტიკური ბიულეტენი „ადამიანის უფლებები“, თბილისი, #16-19, 1996.
  • ლევან ურუშაძე, ზვიად გამსახურდიადან მიხეილ სააკაშვილამდე.- გაზ. „ეროვნული თანხმობა“, თბილისი, #2, 2004, გვ. 6-7.
  • Валерия НОВОДВОРСКАЯ, „МОЯ ВИНА, МОЯ ВОЙНА“ დაარქივებული 2007-09-26 საიტზე Wayback Machine.
  • გურამ შარაძე, ზვიად გამსახურდიას სიკვდილი და დასაფლავება, თბილისი, 1995.