Перейти к содержанию

Амҳаџьырра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Амҳаџьырра

Амҳаџьырра — Кавказтәи анхацәа адцаларала рахцара, шьаҭакыла, Османтәылатә империахь XIX ашәышықәсаҿ. Аисламтә тәылақәа рҿы абри арабтә хыҵхырҭа змоу ажәа еиҳарак азеиԥш ҵакы амоуп - “Ахцара, аемиграциа, абналара”. Кавказаҿ амҳаџьырра аконцепциа еиҳа иконкрету аҵакы аепоха аҭоурыхтә ахҭысқәа рыла ишьақәгылоуп, еиҳарак, Урыстәыла-Османтәыла аибашьрақәа Кавказ Шәышықәсатәи аибашьра иацааиуа амассатә ахцарақәа руакы иадҳәалоуп. Амҳаџьырра афактор рацәа ацын. Уи убасҟантәи адунеи аполитика ахәҭа акәын. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рԥеиԥшаз, абри азҵаара иадҳәаланы еиҿагылоу ҩ-мчык рыбжьара ақәшаҳаҭра ыҟан: амассатә ахцара аҩ-империак, Урыстәылеи Османтәылеи ринтересқәа иалан. Аемиграциа апроцесс арццакра, иахырцаз рхыԥхьаӡара азырҳара иахықәкны Урыстәылатә аиҳабыра иашьашәалоу аԥҟарақәа еиҿнакаауан: аҭыԥантәи ауааԥсыра аультиматумқәа ирзықәнаргылон, идыршәон, еиланажьуан аҭыԥантәи анхарҭа, еиҿнакаауан Кавказтәи ауаажәлар рҿы иперспективадоу азыҟазаара, иаруадаҩуан, иархьанҭон ашәахтә политика, иарбан ианыԥшуаз аҭыԥантәи ауааԥсыра рекономикатә ҭагылазаашьа, агәхьаамкра рынаҭон иҳараку ахьӡ апривилегиақәа, иҭбаау лшара рынаҭон ҿыц иаднаҵаз аганаҿ ирацәаны иаҭоу имаҷу маҵуҩы-чиновникцәа рхатәгәаԥхара, иарбанқәоу лассы-лассы ишиашоу иразҳәоз ауаа иаанрыжьырц рхатә аҵакырадгьылқәа, атәым тәылахь иахыҵырц. Ахцара еиҳарак активтә пропаганда иаҿын Османтәылатә империагьы. Иахырцаз рсахьала уи иҳараку ақыҭа-нхамҩатә культурала иалкаау аџьабаҩ, гәыкала иҟоу, ақәԥаратә ҟазшьа змоу ауааԥсыра шиоуаз.

Акрызҵазкуа ароль аман арелигиатә фактор. XIX ашәышықәсатә ақырҭуа пресса зныкымкәа еилнаргоит апропагандатә ҟазшьа змоу абжьгажәа аҵакы. Арелигиатә маҵзуҩцәа, апропагандистцәа агәраудыргон, аԥсылман цыԥхьаӡа, дарбану аурыс агәрахазымҵоу ахада, азакәан анапаҵаҟа иаанхоз, ацәеижьла иқәҵуан, абриазы урҭ Османтәыла, ишьҭкаау адгьылахь ицаракәын, агәыҩбара ахьаҵам, раԥхьа агәаҟра рацәа, амлакра, ахьҭа, даҽа гәаҟрақәак шырхыргоз, аха ари агәаҟра ицәеижьәтхоит, аԥсы аиқәырхагахоит.

Кавказ аҟынтәи Анатолиахь иахыҵит аԥсылман черкезцәа, убихцәа, ноӷараа, ачеченцәа, аингушцәа, даӷестанаа, аԥсуаа, урҭ рыбжьара, ақырҭцәа акрызҵазкуа рыхәҭа.

Амҳаџьырранӡа аҭоурыхтә хҭысқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Кавказтәи ихақәиҭу аимшьҭрақәа,ампыҵакратә политика изашьцыломызт , иқәԥон рхатә адгьыл ахьчаразы. Кавказаа азалымҵра иахҟьаны, Урыстәыла аимпериа иақәшәеит Кавказаҿ ақәԥара атактика аԥсахра. Аҳ Урыстәыла еиҳарак еиҿкаау аколониатә политика амҩаԥгара далагеит. Аҩадатәи Кавказаҿ колонизациа аказакцәа рыла инагӡахеит. Николоз I (1825-1855 ашә.) ириашон Кавказаҿ колонизациатә политика амҩаԥгара ахымԥадатәира. 1844 шықәса аҵыхәтәаны Николоз I Кавказаҿ аҳ ишьҭрамадара алаигалеит, Кавказтәи акорпкс ахадас граф Михаил Воронцов даиҭеит. 1845 ашықәс аҟынтә Урыстәыла ахадара ақәԥара атактика иаԥсахит, иалагеит абнақәа рыԥҟара, амҩақәа ралгара, иарбан ашьхауаа ирыдызцалоз иаанрыжьыр архақәа, ашьхақәа рыгәҭахьы ицарц. Михаил Воронцов иуранагӡара иазкын аган аколонизациа, Кавказтәи ашьхауаа анапаҿы раагара.

1860 шықәса ҽаҩраҭагалан аҟынтә Кавказ анапаҿы аагара ихадоу хархәагас ирыԥхьаӡеит арратә колонизациа. Уаанӡа Кавказтәи ашьхауаа ирҿагыланы еиҿкаахон аекспедициақәа, ириаауан урҭ, рнапаҿы иааргон, аха анаҩс еиҭа иқәԥон ахақәиҭразы аурысцәа ирҿагыланы. Ари иахылҿиаауан аруаа рцәыӡ ду, атәыла анапаҿы иузаамгоу иаанхон. Абри ашьҭахь иӡбахеит иаҟәыҵырц илҵшәадоу арратә аекспедициақәа рынагӡара, рҽазыркырц ашьха асистематә анырхара казакцәа рыстанциақәа рыла, мацара Кавказтәи ашьхауаа иахырцарц Ҭырқәтылахь.

Крым аибашьра (1853-1856 ш.) ашьҭахь иалагеит аҩадатәи Кавказ ауааԥсыра амассатә рахцара Османтәылатә аимпериахь. Ихаҭәаам аинформациала, аԥсадгьыл абри апериодаз (1858-1864 ш.) миллионбжак аҟынтә 900 нызықьҩыкынӡа иаанрыжьит. Ахцара Кавказаа рзы трагедиала инагӡахеит: урҭ реиҳара аӷбақәа ишырзыԥшыз, амҩа ишықәыз иҭахеит. Амигрантцәа рхыԥхьаӡара рацәа иахҟьаны Османтәыла ахадацәа амҳаџьырра зықәшәаз ианаамҭаз рыдкылара рылымшеит, иарбану ихьанҭоу алҵшәақәа зхылҿиааз. Аситуациа еиҳарак иарцәгьон ахолера, иарбану амырза еиԥш ирылалеит амҳаџьырра зықәшәаз. 1864 шықәса лаҵарамза 21 рзы шықәсырацәатә Кавказтәи аибашьра (1817-1864 ш.) иалгеит ҳәа ирыларҵәахеит.

Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи аетапаҿ 1859-1864 ашықәсқәа раан, ацаризм анапаҿы иузаамгоу Кавказтәи ашьхауаа рыԥсадгьыл аҟынтә адцаларала рахцара иалагеит. 1856 шықәсазы ҿыц иарҭаз ахада Александр Багратиони амч ҿыцла дажәлеит Кавказтәи аимамат. 1859 шықәсазы Чечентәыла зегь, ашьхатә Дагестан аурысцәа иааныркылеит. Ар маҷла Дагестан аул(ақыҭа) Ӷуниб аҟны итәаз Шамил 1859 жәабранмза 26 рзы аурысцәа рыр иҽрыиҭеит. Шамил ихатә ҭаацәала Калуга дындырхеит. 1859 шықәсазы, аурысцәа рыла аҩада-амрагыларахьала Кавказ ампыҵакра ашьҭахь ачеченцәа, дагестанаа, ашәанцәа Османтәылахь ицеит.

Урыстәыла ала аҩада-амрагыларахьала Кавказ ампыҵакра ашьҭахь, царизм иаҿагыланы ақәԥара инарыгӡон амраҭашәаратә Кавказтәи ашьхауаа. Абри азы Урыстәыла аиҳабыра абри аганаҿ идәықәнаҵеит 200 нызықьҩык раҟара ар ихадоу архәҭақәа. Александр II (1855-1881ш.) ар рԥызацәа рҟынтәи адҵа ҟаиҵон, Кавказтәи аибашьра, иарбану ахарџь рацәа зҭахыз, лассы иалгарц. Урыстәыла ала аҩада-амрагыларахьала Кавказ ампыҵакра, Шамил иҽрыҭара анырра ду рынаҭеит амраҭашәаратә Кавказ аимшьҭрақәа зегь. 1859 шықәсазы аурысцәа рнапаҿы иааргеит Абӡахцәа. Рыҽрырҭеит амраҭашәаратә Кавказ ашьхауаа ахадацәа руаӡәк, Абӡахцәа раԥхьагыла Муҳаммед Емин. 1860 шықәса жьырныҳәамза азы аурысцәа рнапаҿы иааргеит, Ҭырқәтәылаҟа ицеит Наҭхваџьаа, Махвашаа, Бесленаа. Аԥхын инҵәеит Абазақәа рхеидкылаз азхәыцратә ҿҳәара, Башилбаебаа, Баӷаа, Бараҟаа, Ҟизилбеқаа, Ҭамаа, Шахгираа рыхәҭа урҭ ирзыԥҵәоу аамҭаз Османтәылахь иахыҵит. Абриаҟара, иҭбаау аган аӡиас Белаиа, аӡиас Лаба рыбжьара зынӡа ирыцқьахеит ашьхауаа рҟынтәи. Аха ақәԥара нарыгӡон черкезтәи аимшьҭрақәа, аҭынчратә аицәажәарақәа Асаӡуаа (аџьикцәа), Шаԥсуӷцәа рыҟны лҵшәада иалгеит. Анаҩс, ахцара апроцесс иаҵанакит амраҭашәаратә Кавказ, акульминацианӡа 1863-1864 ашықәсқәа раан ианынаӡаз. Амраҭашәаратә Кавказ аимшьҭрақәа: хыԥхьаӡара рацәала адыгаа, аубихцәа, абазаа, Кубантәи ноӷаа, карачаиаа Османтәылахь иахыҵит. Иазгәаҭатәуп, агәҭантәи, аҩада-амрагыларахьала Кавказ аҟынтәи ауаа еиҳа имаҷны хыԥхьаӡарала иахыҵит, избанзар Дагестан-Чечентәыла азы Османтәыла ихаран. Кавказтәи ашьхауаа адцаларала рахцара Ҭырқәтәылахь, Урыстәыла ала Кавказтәи ашьхауаа рахь имҩаԥгоу агеноцидтә политика анагӡара акәын. Кавказтәи амҳаџьырра зықәшәаз ицон мшынла ма ахбарсҭала.

Ахцара апроцессаҿ ишьақәгылон амҳаџьырра зықәшәаз рсиақәа ақыҭақәа ирыхәаԥшны, аҭаацәа аиҳабацәа рызьӡ, рыжәла азгәаҭарала, аҭаацәа ахаҭарнакцәа рхыԥхьаӡара (аҳәса, ахацәа) рырбарала. Асиа аурыс бызшәала еиқәыршәоуп анапҩырала. Асиа ҭыԥқәак рыԥхьара иуадаҩуп. Иара убас, ахьӡык, ажәлак даҽакала иҭаҩуп, зны-зынла ирҩашьаны иануп ақыҭа ахьӡқәагьы, избанзар аҩадатәи Кавказтәи абызшәақәа афонемақәа риашара аурыс бызшәа изаанарԥшуамызт.

Адыгаа Урыстәыла аимпериа иаҿагыланы 1763 ашықәс аҟынтә 1864 шықәсанӡа иқәԥон. Ари аибашьра Кавказтәи шәышықәсатә аибашьра ахьӡала идыруп.

1861 шықәсазы цәыббрамзан, Кавказаҿ, аибашьратә нагӡамҭақәа рзонаҿ днеит Александр II, дарбану изԥылаз амраҭашәаратә Кавказ ашьхауаа рхаҭарнакцәа. Адыгаа рыхьӡала урҭ аимператор иҳәеит ирыдыркыларц урҭ рнапаҵаҟа, рхатә ԥсадгьылаҿ иаанрыжьарц, аха император иӡбамҭа ихьаҳәа-ԥаҳәадоу мапкраны иаанхон. Черкезаа мызкы рыман азхәыцразы: ма иахыҵырц Кубантәи архақәарахь, еснагьтәи ахархәараз иахьроуаз адгьылқәа, ирзаанхон рхатә жәлартә шьақәгылашьа, аӡбарҭа ма Османтәылахь иахыҵырц. Ашьхауаа ирыдрымкылаӡеит аимператор идҵа, аибашьра еиҭа ирҿыцхеит.

1862 шықәса рашәарамзаан черкезтәи аимшьҭрақәа, Абӡахцәа, Абӡахцәа, Шаԥсуӷаа знык еиҭа рҽазыркит Урыстәыла ар аанкылара. Урҭ рыцхырааразы 5 нызқьҩы аублаагьы неит. Рашәарамза-ԥхынгәымза аан амҽыӷь ақәԥарақәа нагӡахеит, аха ашьхауаа еиҭа иаҵахеит.

1863 ашықәс алагамҭаз Урыстәыла ар иаахҵәаны аблокада иақәдыршәеит Абӡахцәа. Ихьанҭоу аҭагылазаашьа иақәшаз Абӡахцәа рҽазыркит аурысцәа ирацәажәарц, аха ахадара урҭгьы убриҵәҟьа аультиматум рзықәдыргылеит. Урҭ рыԥсадгьыл ааныжьра ирҭахымазт, аха мшаԥымзаан аурысцәа иақәлеит Абӡахцәа рыдгьыл. Абӡахцәа ианырба, аурысцәа рыр ашьҭахь ишрыцыз хыԥхьаӡара рацәала аурыс нхацәа ҿыц рытранспорт, урҭ рыҩнқәа шааныркылоз, адоуҳала икаҳаит, избанзар ирдырит, урҭ мҩазаҵәык шырзынхаз - Османтәылахь ацара. 1864 шықәса жәабранмзаан Абӡахцәа рыхәҭа Османтәылахь ицеит, мацара ахәҭа - аӡиас Белаиа ҵаҟатәи ашшарахь.

Аурысцәа ажәылара нарыгӡон амшын Еиқәа ахықәан Шаԥсуӷцәа ирҿагыланы. 1864 абҵарамза аҵыхәтәаны Трапзонаҿ инхеит ибналаз Шаԥсуӷцәа, иалагеит амраҭашәаратә Кавказ ашьхауаа имаҷу аишьҭанеирала Османтәыла аимпериахь рахцара. 1864 шықәса ԥхынгәымзаан аурысцәа Ԥсхәу ааныркылеит. Ԥсҳәаа рыхәҭа, 105 ҭаацәарак аҩадатәи Кавказаҿ, аӡиас Ҟума аҩхаахь иахыҵит, мацара идуу ахәҭа Османтәылахь ицеит. 1864 шықәса аԥхын Османтәылахь иахыҵит 20000 Асаӡуаа (Аџьикцәа)

Черкезаараепортациа аинрал Евдокимов идҵахеит. Уи ила 1864 шықәса ԥхынгәымза 21 рзы иадгалоу аҳасабырба иашьашәаланы, амраҭашәаратә Кавказ аҟынтәи Османтәылахь иахыҵит 418 нызықьҩык, мацара Кубань, Лаба рахь ианеиҵаха 90 нызықьҩык. Ахцара апроцесс имҩасуан 1865 ашықәсаангьы. Амшын Еиқәа аҩада-амрагыларатә аԥшаҳәаҿы зынӡа иқәҵит Адыгаа, Абазақәа. Аофициалтә дыррақәа рыла, амраҭашәаратә Кавказ аҟынтәи Османтәылахь 470 нызықьҩык иахыҵит, аха ари ацифра, ирмаҷуп.

Амҳаџьырра зықәшәаз еиҳараҩык ахцараан амҩаҿ иҭахеит. Османтәыла аимпериа изаднакыломызт аемигрантцәа ралалара, анхарҭа ҭыԥда инхаз амҳаџьырра зықәшәаз амлакрала, ачымазарала рыԥсҭазаара иалҵуан. Адыгаа Ҭырқәтәыла х-провинциақәаҿ: Трапзонаҿ, Самсунаҿ, Стамбулаҿ индырхеит.

Иахьа адыгаа, адунеи акәакьқәа зегь рыҟны инхоит. Урҭ адиаспора рацәақәа рымоуп еиҿкааны, иахьанӡа рҽазыркуеит рхатә идентра аиқәырхара. Америкатәи ихьыԥшым аҭҵааҩы-аексперт Стефан Шефилд иҭҵаамҭала, адунеи зегь аҟны 6248000 Черкезаа ыҟоуп. Абрантәи аҭоурыхтә аԥсадгьылаҿ инхоит 690000 еиҳаны черкезаа. Адыгаа рҭоурыхтә аԥсадгьылаҿ мацара 10% нхоит, егьырҭ 90% адунеаҿ абас еихшахеит: Ҭырқәтәыла - 5000000, Германиа - 100000, Иорданиа - 100000, Сириа - 100000, Афранцызтәыла - 15000, АЕА - 5000, Израиль - 5000, Нидерландиа - 3000.

Адемографиатә ԥсахрақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Кавказтәи адемографиатә ситуациа амҳаџьырра зықәшәаз рахцара ашьҭахь акырӡа иԥсаххеит. Ҵаҟа, иаагоу адыррақәа рҟынтәи иубоит, ишалкаау аҩада-амраҭашәаратә Кавказаҿ инхоу аетносқәа рхыԥхьаӡара Урыстәыла-Кавказ аибашьра алгара аҟынтә 5 шықәса рышьҭахь.

Убри иамыхәаԥшыкәа, амҳаџьырра зегь раасҭа черкезаа ааха шрынаҭаз, депортациа акырӡа анырра рынаҭеит арегион даҽа ауаагьы. 1865 шықәсазы ианеиҵаха ингушаа 80% иаанрыжьит Ингуштәыла, агәҭантәи амрагыларахь иахыҵит. Иара убас, ачеченцәа рхыԥхьаӡара рацәагьы иахырцеит. Аԥсуаа 80% иркьысит амҳаџьырра, ақырҭуа аԥсылманцәа 50% иахыҵит рыԥсадгьыл аҟынтә. Аҩадатәи Кавказ аҭырқәа бызшәала ицәажәо ауаа Балкариаа, Карачаиаа амҳаџьырра ааха дук рынамҭеит.

Аофициалтә ахыҵхырҭақәа рдыррала, 1859-1869 ашықәсқәа раан Кавказ аҟынтәи Османтәылахь иахырцаз рҟынтәи 70000 Ноӷаа ракәын. 1857 шықәсазы аурыс ачынуаҩцәа руаӡәк иҭаҩымҭақәа рҿы иубоит, Кубантәи ноӷаа Османтәылахь иахыҵит. Кавказ инхоз рҟынтәи Кубантәи ноӷаа роуп раԥхьа, Османтәылахь ицаз. Кубантәи ноӷаа лассы Ставрополь агуберниаҿ инхоз Калаусо-Саблин, Едисан априставратәи ноӷаа ирышьҭагылеит. Иҿиаз аҭагылазаашьа иахҟьаны ноӷаа ирылымшеит рхатә ԥсадгьылаҿ анхара. Урҭ Муҳамед инышәынҭра аныҳәара мзызыс иахдырҟьон, Ставрополь агуберниа администрациа амеккахь ацаразы аҳәаанырцәтәи апаспортқәа рымазаракәын. Кавказ администрациа иадыруан, ауааԥсыра аиашаҵәҟьа Османтәыла еснагь анхаразы анхара шырҭахыз. Ставрополь агуберниа анапхгаҩы ахырхара ҟаиҵеит Кавказтәи администрациахь, абарҭ ауаа ацара азин рырҭарц. Амаҵуҩы иазгәаиҭон, ари ишацхраауаз Урыстәыла ашьаҭакра Кавказаҿ, избанзар, убри ада, ари ауаа рыдгьыл астратегиала акрызҵазкуа ҭыԥ шакәыз, агуберниа аганқәа дара-дара ишеиманадоз, ноӷаа Урыстәыла аӷатә нагӡамҭақәа рҿы ишырбахьазгьы, избанзар урҭ ахыԥхьакырҭа рырҭон кабардинаа, иарбанқәоу Урыстәыла архәҭақәа ақәларақәа назыгӡоз. Абри иахҟьаны еиӷьын абри аҵакырадгьылаҿ аурыс милаҭтә уааԥсыра рнырхара.

Ахцара зҭахыз рзы ацасқәа аус рыдиулеит Кавказтәи аҳ ишьҭрамадаҩ Александр Багратиони. Кавказ ацәаҳәа арӷьарахьтәи ахәҭа аиҳабы аинрал-леитенант Филипсон Муҳамед инышәынҭра аныҳәараз ицаз рзы адҵа ҟаиҵеит. Амҳаџьырра зықәшәаз зегь ируалԥшьан аҳәаанырцә ицаанӡа иашьҭанеиуа 3 шықәса иаҵанакуа ашәахтәқәа ршәарц; ноӷаа амҳаџьыррахь рцара иаруадаҩуан ашәахтәқәа рызҵаара. Урыстәыла аиҳабыра абри азҵаараҿ азагхара ҟанаҵеит, иаӡбеит, урҭ рцара аԥхьа мацара шықәсыктәи ашәахтәқәа ршәарц. 1859 шықәса нанҳәа-цәыббрамза аан ноӷаа 2000 ҭӡы Османтәылахь иахыҵит. Егьырҭ рыԥсадгтыл ааныжьра рҭахымызт. Абри Урыстәыла аиҳабыра агәҭыха рынаҭеит.

Ставрополь агубернатор абри иазкны Кавказтәи аҳ ишьҭрамадаҩ Александр Багратиони изииҩит. Брианчанинов игәаанагарала, иахәҭан иарбоу ауаа рыԥсадгьыл аҟынтә иқәырцарц, идуу, 300 ҭӡык змоу аулқәаны Ҟулмух астепқәа рҿы; аӡиасқәа Кугулт дуу, Комула азааигәара, еиҳа иашаны уи адгьылқәа рҿы индырхарц. Убри иахҟьаны, ауаа рҿы агәҭынчымра иаламгарц, абри зегь урҭ идырдырракәын, Урыстәыла аиҳабыра ала инагӡоу агәыҳалалра еиԥш урҭ Османтәылахь рахцара ацынхәрас. Ставрополь агубернатор агәыҩбара изаҵамызт, ноӷаа абри ишақәшаҳаҭымхоз, зегьы аӡәдагымкәа Османтәылахь ишцоз.

И. Бентковски ила ирыларҵәоу адыррақәа рыла, 1859 шықәсазы Османтәылахь иахыҵит Калаусо-Саблин, Бешта-Кум априставрақәа рҟынтәи 8046 (иаанхеит 9428), Калаусо-Џьембулуков аҟынтә 2067 (иаанхеит 18586). Ноӷаа Османтәылахь рахцара анаҩстәи апериодаҿгьы инагӡахеит. Османтәыла аҟынтә ноӷаа мацара имаҷу рыхәҭа хынҳәит. 1862 шықәса цәыббрамзаан Кубантәи ар аиҳабы аинрал адиутант Евдокимов иҩуан:

“1858,1859,1860,1861 ашықәсқәа рыҩныҵҟа рыԥсадгьылахь амҳаџьырра зықәшәаз рхыԥхьаӡара маҷк хынҳәит - зықьынӡа ноӷаа. Урҭ рырхынҳәра абри аган афеида еиҳа ианаҭеит, ааха аасҭа, избанзар урҭ иалалеит анхацәа ркатегориа.”

Аублаа (аубыхцәа) рымҳаџьырра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1861 шықәса рашәарамзаан аӡиас Соча аҩхааҿ аубыхцәа ринициативала еизеит амраҭашәаратә Кавказ ашьхатә аимшьҭрақәа зегь рхаҭарнакцәа. Урҭ ирыӡбеит иаԥырҵарц иӷәӷәоу аимадара, мацара анапхгаразы иалырхит 15 хаҿык рҟынтәи ишьақәгылоу ахеилак, иарбану Амеџьлис зыхьӡҵахаз. Ашьхауаа агәынагӡара рмоуит аҩныҵҟатәи аиҿкаашьа ашьақәыргылараз. Урҭ рҽазыркуан ироурц Ҭырқтәылеи Англызааи рыцхыраара. Нанҳәаан Амеџьлис алахәылацәа, аубихцәа раԥхьагылаҩ Керентух Берзек, Измаил Бараҟаи-иԥа Ӡиаш ашәҟәы изырыҩит Англызаа рконсул Аҟәа аҟны Диксон, иҳәеит аиҳабыра идирдырырц Урыстәыла ар ала Кавказтәи аимшьҭрақәа ирҿагыланы ахырхарҭа змоу агрессиа иазкны, азҿлымҳара ҟарҵарц.

1862 шықәса Урыстәыла ар Кавказтәи ашь-хеибаркыра ашьапаҿы, аубыхцәа рыԥсадгьыл аҟны иазааигәаны ицәырҵит, иарбану Амеџьлис аҷыдалкаатә аизара мзызыс иззыҟалаз. 1862 шықәса аҵыхәтәаны ашьхауаа рдепутациа польшатәи ареволиуционер ицны, амраҭашәаратә Кавказ ашьхауаа ирыдгыланы иқәԥоу Ҭеофил Лапински дрыцны Лондон аҟны иҿагылеит Англызаа рыпремиер-министр лорд Палмерстон, Урыстәыла агрессиа иаҿагыланы ацхыраараз диҳәеит, уи азы мап ицәыркит.

1864 шықәса жәабранмзаан Урыстәыла ар амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аибашьратә нагӡамҭақәа рпаралельла иалагеит Кавказтәи ашь-хеибаркыра ахысра, аубыхаа, џьиқаа рыԥшаҳәаҿы Урыстәыла арратә-амшынтә мчқәа рыӷбақәагьы надгылеит. В. Геиман ихадарала Кавказтәи ашь-хеибаркыра дахысит, аӡиас Туаԥсе аҩхааҿ дҭысит, амшын Еиқәа аԥшаҳәатә цәаҳәа арыцқьара далагеит. Геиман дыриаит Шаԥсыӷаа, хәажәкырамза 25 аӡиас Соча аилаламҭаҿ ԥыхьатәи аурыс абаа Навагински ааникылеит.

Мшаԥымзаан Кавказтәи аҳ ишьҭрамадаҩ Михаил Романов ихаҭа днеит аибашьратә архәҭақәа рзонаҿ, џьиқаа, аубыхаа, даҽа шьхауаак аультиматум рзықәиргылеит. Мшаԥымза 15 ашьҭахь аубыхцәа зынӡа иахыҵит Османтәылахь. Абри аамҭаз амшын Еиқәа аԥшаҳәатә цәаҳәа, Таман адгьылбжьахабжа аҟынтә Адлер аҟынӡа, иҭәын Кавказтәи ашьхауаа рыла, иарбанқәоу аӷбақәа иззыԥшыз Ҭырқәтәылахь ацаразы.

Аубыхцәа рыхәҭаак амҩа ишықәыз иҭахеит, рыхәҭак ачымазара, амлакра иқәнахит, Османтәыла аимпериаҿ иахырцаз аубыхцәа иԥсалам адгьылқәа рҿы адиспенсиала индырхеит, урҭ лассы асимилиациа иахьырзухаз. 1992 шықәса абҵарамза 7 рзы аубыхаа рбызшәала ицәажәоз аҵыхәтәантәи аубых, Тевԥик Есенчи иԥсҭазаара далҵит. Аубыхаа рбызшәала иахьа ицәажәаӡом, мацара агәалашәара рзаанымхазар, зны урҭ изхылҵыз аубых шиакәыз. Иахьазы аубыхаа рбызшәа ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп.

Амҳаџьырра иркьысит 80000-нӡа аԥсуаа, 150000-нӡа ақырҭуа аԥсылманцәа Аҷоу аҟынтә, Самцхе-Џьавахети аҟынтә. XIX ашәышықәсан иарбоу аимпериақәа раренас Қырҭтәыла иҟалеит. Аҭоурыхтә аҩадатәи Қырҭтәыла ауааԥсыра рықәцара-рахцара ахьаа уаанӡагьы зныкымкәа иахнагахьан, аха амҳаџьырра зегь раасҭа амассатә, атрагедиа ацын.

Ашәахтәқәа раԥхьатәи идуу цәаҳәан 1828-1829 ашықәсқәа Урыстәыла-Османтәыла аибашьра иацын, аԥсуаа рымҳаџьырра 1867 шықәсазы - аҩбатәи цәаҳәан, 1877-1878 ашықәсқәа Урыстәыла-Османтәыла аибашьра анаҩстәи ахцара - ахԥатәи.

Аҭоурыхтә аҩадатәи Қырҭтәыла аҟынтәи иахцоу амҳаџьырра еиҳарак аԥсылман қырҭцәа ракәун. Урҭ рхылҵышьҭақәа иахьатәи Ҭырқәтәыла аганқәа зегь рҟны инхон, аха зегь раасҭа еиҳаны амшын Еиқәа аԥшаҳәа, Амармалташьтә мшын арегионқәа рҿы. Ақырҭуа амҳаџьырра ахылҵшьҭра, еиҳарак, ирдыруеит рхатә хыҵхырҭа, рдацқәа иазкны, ридентра аиқәырхара иашьҭоуп.

1828-1829 ашықәсқәа Урыстәыла-Османтәыла аибашьра ашьҭахь, Адрианополь аинааларала, Урыстәыла иаиуит Ахалцихе, Ахалқалақи аҵакыра (Самцхе-Џьавахети, Ԥоцхови, Палакацио), аинаалара 13-тәи ахәҭаҷ иашьашәаланы, еивоу аҵакырадгьылқәа руааԥсыра 18 мза рыҩныҵҟа ахцара-аиҭагара азин аиуит. Ҭырқәтәылахь иахырцеит ианеиҵаха 75 нызықьҩык аԥсылманцәа. Амҳаџьырра абри ацәаҳәа ашьҭа иахьатәи Ҭырқәтәыла аҟны иуадаҩны иубоит. Ишаҳбоу еиԥш, Османтәыла аҩныҵҟатәи арегионқәа рыда, Самцхе-Џьавахети аҟынтә ахҵәацәа рыхәҭак усгьы иааигәоу апровинциақәа рҿы инхеит. Абри агәаанагара ишьақәнарӷәӷәоит убригьы, XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа Аҷоу-Қобулети, Ҷорохи аӡҭачыра анырхараҿ ишышьақәырӷәӷәахоу ацәаҳәа, иарбану аофициалла Ахалцихетәи амҳаџьырра зыхьӡыз. Хаҭала, 1835 шықәсазы имҩаԥгоу ауааԥсыра ашәҟәы ранҵара адыррақәа рҿы “Ахалцихетәи амҳаџьырра зықәшәазгьы” иарбоуп. Ақырҭуа аиужьраҽ инхоу ирзаанхон ақырҭуа аидентра, аха, иаҳбоит иқырҭуам ауааԥсыраҿ инхаз рхатә ԥсадгьыл иахцоу месхетираа аҵыхәтәаны идырӡуан аимадара абиԥара рыҟны, асимилиациа хьаас ирыман. Абриоуп, иҟалап ихадоу амзыз убриазы, иахьатәи Ҭырқәтәыла аҟны месхетиаа амҳаџьырра иақәшәаз рышьҭа даара иуадаҩны иуԥылоит, аха иҟоуп агәаанагара, Шавшети-Џьавахети анырхара уи ацәаҳәа, иарбану рхы “Ахисха аҟынтәи иааз”, Ахалцихе аҟынтәи иааз аҭырқәцәа ҳәа ирышьҭан, ахәҭакгьы, асимилиациа зауыз ақырҭцәа рхылҵышьҭроуп. Ирыцҳарахаз, иахьа ажәытәтә ареалра апатреҭ арҿыцра алшара ыҟаӡам.

Аԥсуаа раԥхьатәи амассатә рахцара 1867 шықәсазы инагӡахеит, уи ашьҭахь, аурысцәа амраҭашәаратә Кавказ ампыҵакрала ианалгаз Урыстәыла-Османтәыла аибашьра, 1864 шықәсазы иқәнахит Аԥсны ахадара, убра аурыс анапхгара еиҿкаахеит. 1867 шықәсазы аԥсадгьыл ианеиҵаха 20 нызықьҩык аԥсуаа иаанрыжьит. Аҩбатәи амассатә ахцара 1877-1878 ашықәсқәа Урыстәыла-Османтәыла аибашьра амҩасраан, 1877 шықәса нанҳәамзаан инагӡахеит, Ҭырқтәыла аҟны ианеиҵаха 30 нызықьҩык аԥсуаа рахцара. Ахцара хазтәи аҭагылазаашьақәа анаҩс апериодаангьы иҟан. Амҳаџьыр аԥсуаа Османтәыла аҩныҵҟатәи апровинциақәа реиԥш, иара убас ахықәаҿ, аԥсадгьыл азааигәара инхон.

XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан аԥсуаа ргәыԥк, ианеиҵаха 2000 ҭаацәарак инхеит Аҷоу аҟны. Аҷоу аԥсуа уааԥсыра еиҳа иазҳаит 1877 шықәсазы, иара убас XIX ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раан, Османтәыла аҟынтә ихынҳәыз аԥсуаа рҭаацәа Урыстәыла аиҳабыра Аԥсныҟа ахынҳәра азин ианрынамҭаз.

Иазгәаҭатәуп убригьы, Аҷоу аҟны инхо аԥсуаа рыхәҭак 1877-1878 ашықәсқәа Урыстәыла-Османтәыла аибашьра ашьҭахь аҩадатәи Қырҭтәыла иалагаз амассатә амҳаџьырра апроцессаҿ рышҽаларгалаз, Аҷоу аҟынтә, шавшетираа, кларџьетираа ирыцны Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи апровинциақәа рҿы инхеит (иахьагьы иҟоуп урҭ рышьҭа Ҭырқәтәыла аҟны аԥсуа амҳаџьыруаа рхылҵышьҭақәа рыбжьара). Амҳаџьырра ашьҭахь зынӡа иуаҩыдахеит аҩада-амраҭашәаратә, агәҭантәи Аԥсны, иҭацәит атәыла ашьхатә ганқәа: Ҵабелда, Дал, Ԥсхәу. Ари апроцесс иакьымсӡеит мацара Самурзаҟано.

1877-1878 ашықәсқәа аибашьра ашьҭахь, Берлин атрактат амчала, Урыстәыла аимпериа аҵакыраҿ иалалеит Баҭымтәи, Ҟарстәи аокругқәа (Аҷоу, Шавшети, Кларџьети, Кола, Артаан, Тао ахәҭа). Ари аҵакырадгьыл зегь Кавказтәи архәҭа ар рԥыза инапаҿы иаагахеит, арратә еиԥш, убас административтә усқәа рҿыҭ.

Ҿыц иҿиаз аокруг аӷбакыдгыларҭа қалақькны (Баҭым), х-округны (Баҭым, Артвин, Аҷоу) еихшахеит. Иҿиаз аҭагылазаашьа ауааԥсыра рзы даара иуадаҩхеит. Абри улаԥш иҵашәо шьақәырӷәӷәагоуп амҳаџьырра. Ауааԥсыра иреиҳау ахәҭа убасҟанҵәҟьа иахыҵит Османтәыла аҩныҵҟатәи апровинциақәа рахь, аганқәа рыспонтантә аӡбамҭа акәымкәа, ма ауааԥсыра аибашьратә нагӡамҭақәа рзона аҟынтә рхы аԥыргара иахҟьаны, абри акәын ҩба иреиҳау аимпериа ала иӡбоу, рхатә интересқәа ирышьашәаланы ишьҭыху аӡбамҭа.

1878 шықәса жәабранмза 19 рзы (хәажәкырамза 3 рзы) Урыстәыла-Османтәыла рыбжьара Сан-Стефано аинрааларатә аиқәышаҳаҭра 21-тәи ахәҭаҷ иашьашәаланы, Урыстәыла анапаҵаҟа иҟалаз аҵакырадгьылқәа ауааԥсыра 3 шықәса аҿҳәара аҩныҵҟа ихақәиҭу амиграциа алшара рыман. Берлин аконгресс (1878 шықәса рашәарамза-ԥхынгәымза) Сан-Стефано аинраалара адеталь рацәа еиҭеихшахеит, аха иарбоу ахәҭаҷ азы апретензиа аганқәа рҟынтәи аӡәгьы иҟаимҵеит.

Ишашьашәалоу еиԥш, 1879 шықәса жьырныҳәамза 27 рзы (жәабранмза 8 рзы), Стамбулаҿ Урыстәыла-Османтәылеи рыбжьара еиқәыршәахеит аинрааларатә аиқәышаҳаҭра, иарбан а-7-тәи ахәҭаҷ иашьашәаланы Урыстәыла ҿыц анапаҵаҟа иҟоу аҳәаанырцә рахцара азин роурц. Ахцара аофициалтә ҿҳәарас ишьақәыргылахеит: 1879 шықәса жәабранмза 3 аҟынтә 1882 шықәса жәабранмза 3 аҟынӡа. Аиашаҵәҟьа, ахцара апроцесс еиҳа заа, аибашьра апериодаҿ иалагеит, иԥҵәоу аҿҳәара анаҩсгьы акыраамҭа аҩныҵҟа инагӡахеит, аха зегь раасҭа идуу цәаҳәан инырхоу аофициалтә апериод.

Аибашьра аҟынтә иԥыххау ауааԥсыра рзы амҳаџьырра атрагедиа ҿыцны иҟалеит. Амшын Еиқәа аԥшаҳәатә регионқәа рҟынтәи Османтәыла аҩныҵҟатәи арегионқәа рҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра рацәа иахыҵит. Ахыҵра апроцесс аҩбатәи ашәышықәсаангьы ицон, практикала, апериод зегь, 1878-1921 ашықәсқәа рыҩныҵҟа. Абри агәаанагарала, зегь раасҭа иуадаҩыз актәи адунеитә аибашьра апериод акәын, аладатәи Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ арратә операциақәа акырӡа имасштабу ацәқәырԥақәа ианахысыз. Ари апериодаҿ, акырӡа ирацәаны аҭаацәа иахыҵит, аха ахәҭак лассы ихынҳәит ашьҭахь. 1915 шықәсазы агазеҭ “Иахьатәи агәаанагара” радикалла ахәшьара анаҭон аҭагылазаашьа, абри иазкны иаиҩуан:

  • “Зегь раасҭа иқәхуп Гонио аучастка, амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы инхоз, аӡиас Ҷорохи аԥшаҳәаҿы ишьҭаз ақыҭақәа аҷоутәи аӡы аҟынтә - Артвинынӡа абра инхоу аӡәгьы дыҟам - ирымшьыз, - тҟәас дыргеит.”

1878 шықәса аҟынтә 1880 ашықәсқәа алакны иахырцаз рхыԥхьаӡара 22 аҟынтә 25 нызықьҩык рҟынӡа еиҭасуеит. 1906 шықәса ԥхынҷкәынмза 25 арыцхәла иазгәаҭоу аҩымҭаҿ Артвин аокруг аиҳабы Баҭым аокруг арратә губернатор иирдыруан, аҭыԥантәи ауааԥсыра рахцара аԥсадгьылтә зҵаара амырманшәаламра, ихьанҭоу абзазаратә ҭагылазаашьақәа ишырхылҿиааз. Ахықәкы-хырхарҭала иаԥҵоу хацәгьашьа змам аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, мацара 1906 шықәса аҩбатәи абжаҿ Артвин аокруг аҟынтә Османтәылахь ицеит 420 уаҩык, мацара ацаразы имазеин 1200 уаҩык.

1916 шықәса жәабранмза 11 рзы Урыстәыла аимпериа аҳәынҭқарратә аиҿцәажәараан ақырҭуа депутат асоциал-демократиатә фракциа аҟынтә Акаки Чхенкели ақырҭуа аԥсылманцәа ринтересқәа рыхьчаразы ажәа иҳәеит, игәалаиршәеит 1915 шықәса жьырныҳәамза 15, аурыс ар рԥыза ианиаиҳәаз, аҳ ишьҭрамадаҩ Воронцов-Дашков иҟынтәи ишидҵаз аладатәи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа аҭыԥантәи ҭынч инхоу ауааԥсыра рҟынтәи ирыцқьарц.

Ақырҭуа аԥсылманцәа Османтәыла аимпериа аҩныҵҟатәи арегионқәа рахь рахцара амзызқәа руакы Урыстәыла аколонизатортә политика шакәыз. Ахцара хазтәи аҭагылазаашьақәа 1921 ашықәс ашьҭахьгьы иҟан: акоммунисттә режим ахы аԥыргара иахықәкны, ауааԥсыра ртәыла аҟынтә ибналон, Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи апровинциақәа рҿы инхон.

Ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз рнырхара ареал Ҭырқәтәыла аҟны

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ақырҭцәа Ҭырқәтәыла арегионқәа зегь рыҟны инхоит, аха иааԥшит, ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭра рнырхарақәа аконцентрациа азуп Анатолиа ҩ-регионкаҿ - амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы, Амармалташьтә мшын аԥшаҳәаҿы.

Зегь реиҳа ақырҭуа анырхара Артвин, Орду, Қоџьаел, Сақариа, Бурса апровинциақәа рҿы иҟоуп. Иара убас, иҟалар алшоит инхозар Амасиа, Балиқесир, Дузџье, Иалова, Синоп, Самсун, уб. егь. апровинциақәа.

Диарбеқьыр апровинциа Ерган араион Орҭаиаз амҳаџьырраан Шавшети аҟынтә иахыҵыз рнырхара.

Ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз Ҭырқәтәыла амшын Еиқәа арегионаҿ

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Амшын Еиқәа арегионаҿ ианеиҵаха 280 ақырҭуа қыҭа ыҟоуп, урҭ рыбжьара реиҳарак мацара ақырҭцәа нхоит, иҟоуп еиларҵәоу ақыҭақәагьы. Ақырҭцәа ирыцны еицынхон алазцәеи аҭырқәцәеи. Ауаажәларрала, амшын Еиқәа инхоу рыбжьара ирацәоуп Аҷоу аҟынтә, хаҭала, Ҷарисҵҟали аҩхаа аҟынтәи, Маҷахела аҟынтә, Баҭым иазааигәоу ақыҭақәа рҟынтә, Чақви аҟынтә, Қобулети аҟынтә иахырцаз рқыҭақәа.

Еиуеиҧшым адокументқәа, адәахьтәи аусурақәа раан иԥшаау аинформациа анализла, иахырцаз, раԥхьа, амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы инеизаап, ишаҳбоу еиԥш, аҳәынҭқарратә политика иалҵшәаны, нас урҭ рышьҭра иҟалеит еиҳа амраҭашәарахь, Амармалташьтә мшын арегионаҿ.

Ҭырқәтәыла амшын Еиқәа арегионаҿ амҳаџьырра зықәшәаз ақырҭцәа рхылҵышьҭрала анхарҭаҭыԥ провинциақәоуп:

  1. Амасиа апровинциа — ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭра 11 ақырҭуа қыҭа ыҟоуп.
  2. Дузџье апровинциа — 23 ақырҭуа қыҭа ыҟоуп.
  3. Гиресун апровинциа — 20 қыҭа ыҟоуп ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭра ахьынхоу.
  4. Орду апровинциа — ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз 129 қыҭа.
  5. Ризе апровинциа — қыҭак.
  6. Самсун апровинциа — 37 қыҭа ыҟоуп.
  7. Синоп апровинциа — 40 қыҭа.
  8. Ҭоқаҭ апровинциа — 18 ақырҭуа қыҭа ыҟоуп.
  9. Кастамону апровинциа — қыҭак.

Иарбоу апровинциа ақыҭақәа рҿы ихаданы инхоит Аҷоу аҟынтә (Қеда, Хуло, Шьуахеви), Маҷахела аҟынтә, Баҭым аҟынтә, Қобулети аҟынтә, Кларџьети аҟынтә (Нигали), Шавшети аҟынтә ицаз амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭрақәа.

Еидкыланы, адокументқәа ирықәныҟәаны, амҳаџьырраан, аҭыԥантәи ауааԥсыра ианеиҵаха абжа (50%) иахырцеит.

Ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз Амармалташьтә мшын арегионаҿ

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ақырҭуа амҳаџьырра зықәшәаз рнырхарақәа Ҭырқәтәыла Амармалташьтә мшын арегион ианеиҵаха 140 қыҭаҿ иҟоуп. Белиқесыр зегь раасҭа идуу ақырҭуа анырхара Гонени ауп. Убра инхо 75000 анхацәа рҟынтәи 3000 қырҭуоуп. Белиқесыртәи ақырҭцәа Кларџьети аҟынтә иахырцаз амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭрақәа роуп. Аиҳарак - мурӷулаа, иара убас, Борчхи иазааигәаны Ҷорохи армарахьтәи аԥшаҳәаҿы ақыҭақәа руааԥсыра. Бурсаҿ ақырҭцәа реиҳарак Аҷоу аҟынтә ицаз амҳаџьырра зықәшәаз роуп. Ихаданы, хыхьтәи Аҷоу аҟынтә - Хуло, Шьуахеви араионқәа рҟынтә. Еиҳа имаҷуп амшын аԥшаҳәауаа - Чақви, Махинџьаури акәша-мыкәша аҟынтә. Иҟоуп Маҷахела аҟынтә, Карнати Марадиди аҟынтә, Мурӷули аҟынтә, Кларџьети даҽа регионқәак рҟынтә иахырцаз рқыҭақәагьы.

Иалови апровинциа 6 раионк аҟынтә х-раионкаҿ (Армутлу, Ҭермали, Чинарџьиқ) гурџьааи алазцәеи рқыҭақәа роуп. Иановаҿ инхон Маҷахела аҟынтә, Кларџьети аҟынтә иахырцаз, иара убас алазцәа. Ақырҭцәа рхыԥхьаӡара абри апровинциаҿ иҟалап 10000 иахыԥар.

Сақариа апровинциа 13 араион аҟынтә 8 “ақырҭуоуп”. Зегь раасҭа ауаа ахьынхоу апункт Ҳендек аҟны иҟоуп - 23, урҭ рҟынтәи 9 гурџьаа, 10 - еилаԥсоу, 4 - лазцәа. Иазгәаҭатәуп, Ҳендек аҟны 10 аԥсуа қыҭа шыҟоу. Ҳендек аҟны, ихаданы, Кларџьеттәи амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭрақәа ыҟоуп. Саԥанџьа араион ақырҭуа анырхараҿ ирацәоуп Нигалтәи амҳаџьырра зықәшәаз рхылҵышьҭрақәа, убра Аҷарисҵҟали арегионқәа рҟынтәи иахыҵқәазгьы инхоит, аха аиҳарак, Марадиди, Кирнаҭи, Хеба, Буӷлевани аҟынтәи амҳаџьырра зықәшәаз роуп.

Қоџьаели апровинциа 12 араион аҟынтә 6 рҿы ақырҭцәа икомпакту рнырхарақәа ыҟоуп. Ақырҭуа ауааԥсыра аиҳарак Қоџьаели апровинциаҿ Кларџьети аҟынтә иахырцаз рхылҵышьҭрақәа роуп. Ақырҭцәа рхыԥхьаӡара Қоџьаели апровинциаҿ шәнызықьҩык еиҳауп.

XIX ашәышықәсатә ақырҭуа апрессаҿ икьыԥхьхон ақырҭуа аԥсылманцәа рыԥсҭазаара аазырԥшуа асаламшәҟәқәа. Урҭ рҟынтәи ирацәаны ахцара убри апроцесс иазкын. Иарбану “амҳаџьырра” ахьӡала иаанхаз ауаа рыхшыҩаҿ, иинтересу алитератураҿ. Ақырҭуа аԥсылманцәа абзера рыдызкылоу Сергеи Месхи 1881 шықәса ипубликациа агазеҭ “Дроеба” аҟны иарбоу ахьаа иакьысуеит, уи иемоциа аарԥшра дахцәажәоит: “Ибааԥсу асахьа акәзаап абри ауаа рахцара: избаз ирҳәеит, иаҳзырыҩит ҳара, арҭ адгьыл гәыдыркылоит, аҵлақәа, аҩнқәа, зегьы, аԥсы зхоу, изхами, иаанрыжьуа зегь, алаӷырӡ каҭәаны, угәы збылуа аҵәыуарала иаԥырҵны, убас ицоит.”

Амҳаџьырра атема иазкны иаԥҵоу алитература

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Кавказаа амҳаџьырра иазкны акымкәа исахьарку аҿырԥшы иаԥҵоуп.

  • Баграт Шьынқәба “Аҵынҵәарах” иаҳнарбоит аубыхцәа рытрагедиатә аԥеиԥш, рыԥсадгьыл аҟынтә урҭ рахцара, Османтәыла аимпериаҿ ихьанҭоу рыԥсҭазаара иазкны. Ашәҟәаҿы иарбоуп аҵыхәтәантәи аубых - Заурҟан Золак игәалашәарақәа: ишынхоз, ишааиз аубыхцәа аҭырқәахараанӡа. “Заурҟан Золак ибиографиа, уи шьала иҭәу иҭоурых ихәу ишьҭа еиԥш дашьҭоуп аубыхаа рытрагедиа.” Агәалашәарақәа иҭаҩуп аԥсуа абызшәадырҩы Шәарах Квацба ила.[1]
  • Михаил Лохвицки (Аџьук Гиреи) иҭоурыхтә жәабжь “Мехҭатеха” XIX ашәышықәса ханеижәатәи ашықәсқәа раан Кавказаҿ иҟалаз ахҭысқәа, иҟалазҵәҟьа ахҭыс иашьаҭаркуп. Аҩымҭаҿ иарбоуп Урыстәыла аколонизатортә политика, аҭыԥантәи анхацәа рыпротест. Османтәыла аӷбақәа иазыԥшу ашьхауаа амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы ишьҭан, бжьык мыргакәа рыԥсҭазаара иалҵуан. Абри ароман анагӡамҭоуп Михаил Лохвицки “Анцәа иԥшаара”, иахьарбоу адыгаа, черкезаа аимшьҭрақәа рытрагедиа, урҭ рықәԥара ахақәиҭразы.
  • Самсон Ҷанба “Агәаҟратә шәа” амҳаџьырра атема иазкуп. Ажәабжьаҿ иарбоуп Османтәыла аимпериахь иахцоу Кавказтәи амҳаџьырра зықәшәаз иузхымгоу рыԥсҭазаара.
  • Лев Толстои инҵамҭаҿгьы иарбоуп Урыстәыла-Османтәыла шәышықәсатә аибашьра апассажқәа. Л. Толстои “Кавказтәи ажәабжьқәа” рцикл иалоуп акымкәа ажәабжь, иаҳҳәап: “Абна аԥҟара”, “Кавказтәи атҟәа”, “Ақәԥара”, “Иларҟәу” уи ишәҟәаҿы Кавказ “Угәы ззыҳәоу атәыла” изахьӡуп.
  • Симон Џьанашьиа -“Черкезтәи ашәҟәқәарҿгьы”- иарбоуп амҳаџьырра атрагедиа.

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

2011 шықәса лаҵарамза 20 рзы Қырҭтәыла апарламент апленартә аилатәараҿ еилнаргеит Урыстәыла-Кавказтәи аибашьраан черкезаа ргеноцид азхаҵара азҵаара. Идкылоу арезолиуциа иашьашәаланы, Қырҭтәыла азакәанԥҵаратә орган еицҿакны аӡбамҭала (95 абжьы 0 иаҿаргыланы) Қырҭтәыла апарламент иазханаҵеит Урыстәыла аимпериа ала черкезаа ргеноцид. Қырҭтәыла актәи тәылоуп, иарбану иазхазҵаз черкезаа рымҳаџьырра.

2011 шықәса ԥхынгәымза 12 рзы ишьҭыҳу ақәҵара иашьаҭакны зыԥсҭазаара иалҵыз амҳаџьырра зықәшәаз ргәалашәара ахьӡ камшәаразы Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ, Анаклиаҿ амемориал дыргылеит.

  • ოქროსცვარიძე ნ., ოჯახი და საოჯახო ყოფა თურქეთელ ქართველებში, ილიას სახელმწიფო უნივერსიტეტი, 2014;
  • ტყავაშვილი მ., ნოღაელთა მუჰაჯირობა (1858-1860 წლები), ახალი და უახლესი ისტორიის საკითხები, თბ., 2013;
  • ფუტკარაძე ნ., ქართველი მუჰაჯირები თურქეთის შავიზღვისპირეთში, ბათ., 2017;
  • ჩოხარაძე მ., ქართული ენის გეოგრაფია თურქეთში, ბათ., 2016;
  • ტყავაშვილი მ. ნოღაელთა მუჰაჯირობა (1858-1860 წლები), ახალი და უახლესი ისტორიის საკითხები, თბ., 2013;
  • ხორავა ბ., აფხაზთა 1867 წლის მუჰაჯირობა, თბ., 2004;
  • Levene M., Penny R., The massacre in history, NY., 1999
  • ახვლედიანი ხ., სახალხო-განმათავისუფლებელი ბრძოლის ისტორიიდან სამხრეთ საქართველოში, ბათ., 1956;
  • ლომსაძე შ., სამცხე-ჯავახეთი (XVIII საუკუნის შუაწლებიდან XIX საუკუნის შუაწლებამდე), თბ., 1975;
  • მეგრელიძე შ., აჭარის წარსულიდან (მუჰაჯირობა 1878-1882 წწ.), თბ., 1964;
  • Дзидзария Г. А., Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия. 2 изд, Сух., 1982.
  1. Баграт Шьынқәба, «Ацынҵәарах» (аур. Последний из ушедших), Аҟәа, "Алашара", 1974