Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара (англ. World Health Organization, WHO) – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ҷыдалатәи усбарҭоуп, иара шьақәгылоуп 194 ҳәынҭқарра-лахәылацәа рыла, урҭ рнапы иануп адунеи ауаапсыра ргәабзиарахьчара жәларбжьаратәи апроблемақәа рыӡбара.

1945 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара апҵаразы имҩапгаз аипылараҿы, егьырҭ инарываргыланы иалацәажәан, убасгьы, зымҽхак ҭбаау агәабзиарахьчара аиҿкаара апҵара. 1948 шықәса апрель 7 рзы, агәабзиаразы азин, ауаҩы изин иузаҟәымҭхо акы акәны ишыҟоу ҳасаб азуны, насгьы ауаа зегьы ргәабзиара аҩаӡара ашьҭыхра хымпадатәуп ҳәа ипхьаӡаны, иапҵан агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара. Убриаахыс аиҿкаара напхгагас иамоуп адунеи зегьы аҟны ауаапсыра ргәабзиара ахылапшра арҭбаара. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – ари, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны агәабзиарахьчара аусхк аҿы жәларбжьаратәи аусура ҳәаақәызҵо усбарҭоуп.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апкаанҵа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апкаанҵа амчра аиуит 1948 шықәса апрель 7 рзы – убринахыс есышықәса ари амш - агәабзиара адунеизегьтәи амш акәны иазгәарҭоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ирықәныҟәоит апкаанҵаҿы иарбоу апунктқәа: Агәабзиара – ари ауаҩы ачымазареи агреи имамзаара мацара акәӡам, уи идоуҳатә, исоциалтә ҭагылазаашьагьы ауп. Агәабзиара ӷәӷәа амазаара ауаҩы изин хадақәа ируакуп, иарбан расоу, дину, политикатә зхаҵароу, социалтә ҭагылазаашьоу имоу иахьмырпшыкәа. Ажәларқәа зегьы ргәабзиара фактор хаданы иҟоуп аҭынчреи ашәарҭадареи рынагӡараан, уи ахьыпшуп хазы игоу ауааи аҳәынҭқаррақәеи русеицура. Иарбан ҳәынҭқарразаалак аҟны агәабзиара ахьчареи аиӷьтәреи русхк аҿы аихьӡарақәа зегьы рзы хәы змоу акоуп. Еиуеипшым аҳәынҭқаррақәа рҿы агәабзиарахьчара еиҟарамкәа аҿиареи, ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәпареи зегьы еицырзеипшу шәарҭоуп. Ахәыҷы игәы бзианы иааӡара зегь рапхьа игылоуп, уҳәа убас егьырҭ ахәҭаҷқәагьы.

Адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хадас адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус дыҟоуп 2017 шықәса раахыс. Адоктор Тедрос имаҵура данахагыла инаркны, аиҿкааразы иаликааит хра злоу ахырхарҭақәа хәба: агәабзиарахьчара амаҵзура азеипш мҽхакы; агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа; аҳәсеи, ахәыҷқәеи, ақәыпшцәеи ргәабзиара; аҳауеи иааҳакәыршаны иҟоу апсабареи рҽеиҭакрақәа ауаҩы игәабзиара ишаныпшуа; агәабзиара адунеизегьтәи аиҿкаара апсахрақәа ралагалара. «Сара сшазхәыцуа ала, адунеи иарбан тәылазаалак аҟны, дарбанзаалакгьы ауаҩы игәы бзианы аҟазааразы аҭагылазаашьа имазароуп. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара амчқәа зегьы аднаҵароуп ҳаамҭазы еиҳа хадара злоу азҵаарақәа рыӡбара, аиҿкаара ахадацәа ари апроцесс напхгара азыруроуп, агәабзиарахьчара аусхк аҿы, адипломатиа, аполитикаҿы ирымоу апышәа рхы иархәаны, агәабзиарахьчара апроблемақәа рыӡбара иҿыцу азнеишьа арҭароуп. Ҩажәиактәи ашәышықәса аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, ҳара иҳарҿыцроуп зегьы ирзеипшу, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара», – абас иҳәоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хада, адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи ассамблеиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи ассамблеиа – аӡбамҭақәа здызкыло, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иреиҳау аусбарҭа акәны иҟоуп. Аиҿкаара иалоу 193 ҳәынҭқарра рҟынтәи аделегациақәа злахәу есышықәсатәи асессиақәа мҩапысуеит Женева, маи мзазы. Анагӡаратә комитет шьақәгылоуп агәабзиарахьчара аусхк аҿы атехникатә квалификациа змоу ҩажәи жәипшьҩык алахәылацәа рыла. Акомитет алахәылацәа алырхуеит хышықәса ҿҳәарас ирыҭаны. Агәабзиарахьчара ассамблеиа афункциа хадақәа ируакуп аиҿкаара аусураҿ азеипш политикатә хырхарҭақәа ралкаара. Агәабзиарахьчара ассамблеиа далнахуеит адиректор хада, аиҿкаара афинанстә политика иахылапшуеит, иара убас ишьақәнарӷәӷәоит апрограмматә биуџьет проект.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аусура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Егьырҭ атәылақәа рҟны аусеицура иабзоураны Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшеит агәабзиара арӷәӷәара аусхк ахырхарҭақәа жәпакы рҿы пхьаҟацара. Еиуеипшым атәылақәа рҿы аус зуа 149 биуро, арегионалтә биуроқәа 6, Женеватәи аштаб-квартиреи рҟны аус руеит 149 тәыла рҟынтә 7000-ҩык инареиҳаны ауаа. Аҳақьымцәеи, азеипш гәабзиарахьчара аспециалистцәеи, анаукатә усзуҩцәеи, аепидемиологцәеи рыдагьы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы аус руеит административтә, афинанстә, аинформациатә системақәа рнапхгараҭара аусхк аҿы азыҟаҵара иахысыз ауаа, иара убас агәабзиарахьчара астатистика, аекономика, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара аусхк аҿы аекспертцәа. Бызшәарацәала иапҵоу асаитқәеи, иара убас агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акьыпхьымҭақәеи аресурсқәеи ирыбзоураны амедико-санитартә информациа роуртә алшара рымоуп изҭаху зегьы, дара рбызшәала. Уи, амедико-санитартә информациа еиҳа ииашаны, хаҳарала аиура иацхраауеит. Бызшәарацәала аинформациа рызнагара цхыраагӡа дууп адыррақәа рхарҭәаареи, ауаа рыбжьара аилибакаара аиӷьтәреи рҟны. Уи иабзоураны агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшоит азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы апрактикатә методика еиҳа хаҭабзиарала ахархәара, жәларбжьаратәи аудиториа арҭбаара, адунеи зегь аҟны агәабзиара аганахьала алҵшәа бзиақәа раарпшра. Абасала, бызшәарацәала аинформациатә усеицура, агәабзиарахьчара мҽхакы ҭбаала аиӷьтәраҟны инструмент хаданы иҟоуп.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара анапы злаку аусхк Агәабзиарахьчара асистемақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара асистема ацхыраара ҟанаҵоит еиуеипшым атәылақәа рҿы агәабзиарахьчара аиӷьтәразы, агәабзиарахьчара апрограммақәа рхаҭабзиара ашьҭыхраҿы, уи иалкаау ароль нанагӡоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара хылаԥшра анаҭоит арегионалтә, аглобалтә ҭагылазаашьақәа, агәабзиарахьчара аусхк аҿы атенденциақәа, ачымазарақәеи агәабзиара аҭагылазаашьеи рзы аинформациатә системақәа џьарак еиднакылоит. Иҿыцу арбагақәеи амедико-санитартә информациеи хадара злоу акоуп азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы, иахәҭоу аресурсқәа рзоужьреи, ахылапшреи, ахәшьара аҭареи рзы аӡбамҭа адкылараҟны. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, зхаҭабзиара ҳараку аинформациатә ресурсқәа рхархәара, рапҵара, реимдара амеханизмқәа рырӷәӷәаразы.

Иҿкым ачымазарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иҿкым ачымазарақәа – агәыхь, аинсульт, акьыба чымазарақәа, ашьақар чымазареи арыпҳа чымазареи, аԥсихика аилагара, иара убас ақәымчреи атравмақәеи ирыхҟьаны адунеи аҿы зыпсҭазаара иалҵуа рхыпхьаӡара 70% иреиҳауп. Жәаба рахьтә аа-хҭыск ҟалоит злагала лаҟәу, мамзаргьы ибжьаратәу атәылақәа рҿы. Арҭ ачымазарақәа рыхҟьапҟьақәа агәабзиарахьчара аҳәаақәа ирҭыҵуеит, ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбаразы иаҭахуп ачымазарақәа рыхәышәтәреи рыпрофилактикеи рсистема ирыднагало аасҭа еиҳау даҽакы.

Апсҭазаара аҵыхәтәанынӡа агәабзиара арӷәӷәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аусура зегьы адҳәалоуп апсҭазаара аҵыхәтәанынӡа агәабзиара арӷәӷәаразы ацхраара аҟаҵара, ҳасаб рызнауеит аекологиатә факторқәа, агендертә аспектқәа, аиаша адгылара, ауаҩы изинқәа рықәныҟәара разхьарпшра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урҭ русура хықәкыс иамоуп атәылақәа рыбжьареи, хазы игоу тәылақәак рҟны ананамгацәеи амалуааи рыбжьареи аиҟарамра армаҷра.

Ачымазара ҿкқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, ВИЧ, арыпҳа чымазара, ашыӡ, ирхашҭхьоу атропикатә чымазарақәа рцәырҵраан ахәышәтәреи амедицинатә цхырааралеи реиқәыршәаразы, иара убас вакцинала аанкылара зылшо ачымазарақәа реиҵатәразы. Арҭ ачымазара ҿкқәа рыхәышәтәраҿы иаагәоуҭаратәы апрогресс ыҟоуп, аха ари ахырхарҭаҿы макьана иҟаҵатәу рацәоуп.

Аепидемиатә хылапшреи аҭактә уснагӡатәқәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ароль ахь иаҵанакуеит атәылақәа ацхыраара рыҭара хықәкыс измоу агәабзиарахьчара анапхгара аҳәаақәҵара, апыжәара зҭатәу алкаара, астратегиа аус адулара, аҭаҵәахқәеи афинанстә ресурсқәеи рыла реиқәыршәара, иара убас агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ахылапшра. Убри инаҷыданы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атәылақәа ацхыраара рнаҭоит рмилаҭтә потенциал арӷәӷәараҟны, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан анырра аҟаҵаразы, урҭ рышьҭахь аиҭашьақәыргылараҟны.

Акорпоративтә маҵзурақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акорпоративтә маҵзурақәа рахь иаҵанакуеит ацхыраагӡатә функциақәа, аинструментқәа, аресурсқәа, урҭ рыбзоурала аусурақәа зегьы рынагӡара алыршахоит. Иаагозар, акатегориа «акорпоративтә маҵзурақәа» еиднакылоит анапхгаратә усбарҭақәа, аполитика аус адуларазы аҳәынҭқарра-алахәылацәа реипыларақәа еиҿызкаауа; жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аус рыдулараан аиуристтә ҟәша ирыднагало аконсультациақәа; агәабзиарахьчара иадҳәалоу аинформациа аларҵәаразы ауаажәларра реимадаразы аусзуҩцәа рҟынтәи ацхыраара; ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы адунеи аҿы иреиӷьу аекспертцәа адзыпхьало аперсонал аус рыдуларазы аҟәша аусура, иара убас иарӷәӷәоит агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аофисқәа 150 инареиҳаны рҿы аус зуа 7-нызқьҩык аусзуҩцәа ауадақәеи ахархәагақәеи рыла еиқәзыршәо амаҵзурақәа. Иазгәаҭатәуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абзоурала ишҭыжьу ашәҟәы, аиҿкаара аҭоурых зегьы зныпшуа, аплакатқәеи асахьақәеи рыла еиқәыршәоу. Асахьақәа иаадырпшуеит жәашықәсала агәабзиарахьчара аганахьала ахырхарҭақәа рыҽшырыпсахуаз, арекламатә тенденциақәа, аҳәынҭқарратә нормативтә актқәа, апхьаҩцәа ирыднагалоит рыхшыҩ азырышьҭырц ауаажәларратә гәабзиарахьчара шыҿиоз, насгьы урҭ реиӷьтәра шалшо. Ашәҟәы иагәылоуп адунеи еиуеипшым атәылақәа рҟынтәи ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы аплакатқәа реизга ду, англыз, арабтә, аиспан, акитаи, аурыс, афранцыз бызшәақәа рыла. Ашәҟәы рызкуп агәабзиарахьчара аспециалистцәа, аполитикатә усзуҩцәа, апрограммақәа рнапхгаҩцәа, амедицинатә институтқәа рыстудентцәа, уи рхы иадырхәар рылшоит аграфикеи, асоциалтә усуреи, мамзаргьы агәабзиарахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызҿлымҳау. Аа-хык иргәылоуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионқәа зегьы рҟынтәи аплакатқәа реизга.

Ачымазара ҿкы COVID-19[аредакциазура | акод аредакциазура]

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара асаит аҟәшақәа руак аҿы иупылоит аинформациеи ҳаамҭазтәи акоронавирустә ҿкы COVID-19 иадҳәаланы аиҿкаара иҟанаҵо абжьгарақәеи, ари ачымазара рапхьаӡа акәны ашәҟәы иҭагалан Китаи, Ухань ақалақь аҿы 2019 шықәса, декабр 31 рзы. Ари адаҟьаҿы есыҽны ианырҵоит ачымазара ацәырҵра иазку актуалра злоу аинформациа. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит жәларбжьаратәи аекспертцәа, аиҳабырақәа, апартниорцәа, ҿыц ицәырҵыз ачымазара ҿкы иазкны анаукатә рбагақәа иаарласны риуразы, уи аларҵәара ахылапшразы, атәылақәеи, урҭ руаапсыреи ргәабзиара ахьчаразы абжьгарақәа рыҟаҵаразы, ачымазара аламырҵәараз ргәырҽанырҵарц.

- Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьгарақәа Шәацклапшла COVID-19 иазкны аиҿкаара авеб-саит аҿы ишәоурц зылшо иҿыцӡоу аинформациа. Еиҳарак ачымазара имарианы имҩасуеит, аха иҟоуп аҽанарцәгьогьы. Акоронавирустә чымазара аҽацәыхьчаразы, уааигәасигәа иҟоу ргәабзиара ахьчаразы абасеипш апҟарақәа ирықәныҟәалатәуп: Лассы-лассы шәнапқәа шәыӡәӡәала, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьала. Избанзар, унапы авирус ақәтәазар, сапынла иуӡәӡәар, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла иурыцқьар, урҭ ашьуеит.

– Ауаарацәа ахьыҟоу аҭыпқәа рҿы шәеизааигәаны шәымгылалан Ауаарацәа ахьыҟоу аҭыпқәа рҿы метрак шәыбжьаны шәгылазароуп, еиҳаракгьы урҭ еимҳәозар, рпынҵа еихачызар, ашоура рымазар. Избанзар, акоронавирус чымазара змоу ауаҩы данеимҳәо, ма данеимсо икәшамыкәша авирус злоу ацәыкәбарқәа ипсаҟьоит. Уи иааигәара шәгылазар шәыпсып анылажәгаҩажәго ачымазара ҿкы шәара шәахь ииасыр ауеит.

– Излауала, напыла шәырхьымкьыслан шәылақәа, шәпынҵа, шәҿы Избанзар, ауаҩы инапала дрыхькьысыр алшоит авирус зықәтәоу амаҭәарқәа. Шәнапы аинфекциа шамоу шәылақәа, шәпынҵа, шәҿы шәрыхькьысыр, шәцәеижь аҟынтәи авирус шәыҩныҵҟа ицар ҟалоит.

– Ареспиратортә гигиена апҟарақәа ирықәныҟәалатәуп Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәҿы асалфетка адкылаз, ма шәмашьхәылҵ, уи ашьҭахь иаразнак асалфетка ахҩа змоу агәамсам зҭарыпсо аконтеинер иҭашәыршә, шәнапы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьа, ма сапынла ишәыӡәӡәа. Избанзар, шәанеимҳәо, шәанеимсо шәпынҵеи шәҿи ашәыркыр авирус алаҵәара ааннакылар ҟалоит. Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәнапы шәпынҵа, шәҿы иадышәкылар амикробқәа шәнапаҿы иаанхар алшоит, анаҩс амаҭәарқәа, мамзаргьы ауаа шәрылакьысыр урҭ рахь ииасуеит.

– Шәшоура халар, шәеимҳәозар, шәыпсып лагаҩагара шәцәыцәгьазар, иаразнак амедицинатә цхыраарахь шәадҵаал. Шәара акоронавирус чымазара ахьалаҵәоу атәылақәа рҟынтәи шәаазар, мамзаргьы уантәи иааз, авирус чымазара змоу ауаа шәрыдтәалазар, уи азы амедицинатә усзуҩы адырра иҭатәуп. Ашоура ахалара, аимҳәа, апсып лагаҩагара аныцәгьоу, иаразнак аҳақьымцәа ирыдҵаалатәуп, избанзар уи ачымазара ҿкы ицәырнагазар ауеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа амзызқәа рацәаны иамазар ауеит, урҭ рыбжьара иҟазар алшоит 2019-nCoV. Шәацклапшла иҿыцу аинформациа, шәрықәныҟәала амедицинатә специалистцәа рабжьгарақәа.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]