Перейти к содержанию

Ԥлиа, Шамил Хәсеин-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ԥлиа, Шамиль Хәсеин-иԥа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа (аур. Шамиль Хусейнович Пилиа; абҵарамза 151932 ш., Оҭҳара ақыҭа Гарԥ аҳабла, Гәдоуҭа араионԥхынҷкәынмза 212013 ш., Аҟәа) — Аԥсуа поет, апрозаик, ажурналист, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы.

Диит 1932 шықәса абҵарамза 15 рзы Оҭҳара ақыҭа Гарԥ аҳабла Гәдаоуҭа араион.

Оҭҳаратәи абжьаратә школ даналга, 1949 шықәсазы дҭалеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, далгеит 1954 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1952 шықәсазы.

Аус иуеит рҵаҩыс, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥщь» арудакциаҿ, Аԥсны асахьаҭыҳыҩцәа рфонд адиректорс; 1971 - 1978 шықәсқәа рзы СССР амшын флот иатәу аҳәаанырҵәҟа иныҟәо аӷбақәа ркапдан актәи ихаҭыԥуаҩыс /комиссарс/ дыҟоуп, 1978 шықәса инаркны 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза мзанӡа Аԥсуа телехәаԥшреи арадиодырраҭареи рҳәынҭкарратә Комитет дахантәаҩуп. 1997 шықәса инаркны акыраамҭа Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу ауааажәларратә хеидкыла дахантәаҩуп.

  • Сымхы. Аҟәа, 1959 шықәса.
  • Ажәҩашқәа амшьын ихуп. Аҟәа, 1965 шықәса.
  • Нарҭ-ӡы. Аҟәа, 1980 шықәса.
  • Гәбаа арҩаш. Аҟәа, 982 шықәса.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 925