Ҳаџьымԥҳа, Инна Иури-иԥҳа
Адәныҟатәи асахьа
(«Ҳаџьымба, Инна Иури-иԥҳа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
| Инна Иури-иԥҳа Ҳаџьымԥҳа | |
|---|---|
| Инна Юрьевна Хаджимба | |
|
Инна Иури-иԥҳа Ҳаџьымԥҳа | |
| Аира |
ажьырныҳәамза 30, 1965 ш. Арасаӡыхь ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аусура | аԥсуа поет, ажурналист, апублицист |
Инна Иури-иԥҳа Ҳаџьымԥҳа (аур. Инна Юрьевна Хаджимба; ажьырныҳәамза 30, 1965 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭа) – аԥсуа поет, ажурналист, апублицист. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]1982 ш. Арасаӡыхьтәи абжьаратәи ашкол даналга дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аха 1985 ш. диасуеит М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь. Лҵара хлыркәшеит 1990 шықәсазы. Аусура далагеит Аԥснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра акорреспондентс (1994).
И. Ҳаџьымба лажәеинраалақәа рнылоит ажурналқәа «Амцабз», «Алашара», агазеҭ «Аамҭа» уҳәа егьырҭгьы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Мрашара. Ажәеинраалақәа. Аессе. Аҟәа, 1999.
- Арасаӡыхь. Ажәеинраалақәеи аминиатиурақәеи. Аҟәа, 2013.