Перейти к содержанию

Қәҭарба, Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа Қәҭарба
Хайри Хаиатиевич Кутарба

Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа Қәҭарба
Аира мшаԥымза 101959 ш.
Ҭырқәтәыла, Диузџье, Акчокоџьа араион Есма-Ҳаным ақыҭа
Аусура Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа дреиуаны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз шәҟәыҩҩуп, ҭоурыхдырҩуп, еиҭагаҩуп, публициступ

Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа Қәҭарба (Ҳаири Ерсои) (аур. Хайри Хаиатиевич Кутарба; мшаԥымза 101959 ш., Ҭырқәтәыла, Диузџье, Акчокоџьа араион Есма-Ҳаным ақыҭа) - Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа дреиуаны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз шәҟәыҩҩуп, ҭоурыхдырҩуп, еиҭагаҩуп, публициступ. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2007). Аԥсшәа даараӡа ибзианы идыруеит, ихатәы бызшәала даԥхьоит, дыҩуеит, асахьаркыратә ҩымҭақәа аԥиҵоит ҭырқәшәала.

1966 ш. иқыҭа гәакьаҿы алагарҭатә школ дҭалеит, анаҩс Диузџьеҟа диасит, уа абжьаратә школ далгеит (1975). 1976 ш. дҭалеит Анкаратәи амедицинатә институт (Ҳаџьеԥ-ҭеԥе), аха хара имгакәа, 1978 ш. Сҭампылтәи ауниверситет анџьныр-ргыларатә факультет дҭалоит.

Аԥсныҟа даныхынҳә аус иуан ателехәаԥшратә канал «Абаза ТВ» аҟны, аԥсышәала имҩаԥигон ателедырраҭарақәа рцикл «Ҳара ҳдиаспора».

Ҳ. Қәҭарба данхәыҷыз инаркны афольклор дазҿлымҳан, убасҟан жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа рышьаҭала ажәабжь кьаҿқәеи алакәқәеи иҩуа далагеит. Дышнеи-шнеиуаз истатиақәеи иажәабжьқәеи икьыԥхьуан Кавказаа рхылҵшьҭрақәа иртәыз апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны. («Нхыҵ Кавказ» уҳәа егьырҭгьы); аԥсуа-адыгеи кавказ егьырҭ ажәларқәеи рҭоурых иазкны аҭоурыхтә усумҭақәа ҭижьуан (иаагозар, «Ачарқьесқәа рҭоурых», Сҭампыл, 1992; еицырҩит Аисун Қамаџьи иареи).

Ҳ. Қәҭарба Ҭырқәтәылан ауасхыр шьҭеиҵеит ажурнал «Алашара». 1990 ш. иҩызцәа ицырхырааны еиҿикааит ашәҟәҭыжьырҭа «Нарҭ», уа иҭрыжьуан аԥсуа-адыга жәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ирызкыз аҭҵаамҭақәа, ашьхаруа диаспора ахаҭарнакцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Урҭ иреиуоуп: С. Е. Берзеџь ишәҟәы «Ҭырқәтәыла ахақәиҭратә еибашьраҿы ачерқьес хҵәацәа», Иашар Бага (Ҳаҭҟо) иажәеинраалақәа реизга «Аччаԥшь», М. Кандур ироман «Кавказ. 1-тәи атом. Ачечен аҳәақәа», Оздемир Озбаи ишәҟәы «Кавказаа» рхылҵшьҭра еиуоу Анатолиатәи иажәабжьқәа», Шевалие Теитбоут де Марини «Амҩантәи ианҵамҭақәа» аҭырқәшәахь аиҭага уҳәа егьырҭгьы. Араҟа Ҳ. Қәҭарба еиқәиршәеит егьҭижьит ашәҟәы «Ачерқьесқәа рбызшәа, рлитература, рҭоурых». Иҭижьит иара убас ихаҭа аҭырқәшәахь еиҭеигаз Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах», Гь. Амҷба ишәҟәы «Абжьарашәышықәсақәа раантәи аԥсуааи алазқәеи», И. Аргәын ишәҟәы «Аԥсуаа рыԥсҭазаареи рыбзазареи» (еицеиҭаргеит Иалчын Карадашьи иареи). Зынӡа 44 шәҟәы ҭижьит. Аха 1991 ш. аҭыжьырҭа «Нарҭ» адыркит. Ҩышықәса рышьҭахь Иунал Џьуџьуи иареи ҩаԥхьа иаадыртит аҭыжьырҭа «Нарҭ». 1998 ш. аҭыжьра хациркит ажурнал «Алашара» (зынӡа 13 номер ҭыҵит).

1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Ҳ. Қәҭарба еиҳа дазхьаԥшуа далагеит алитературатә рҿиара. Аинтернет иҭагалоу аиҿцәажәарақәа руак (апрель, 2007ш.) аҿы апроза иаҵанакуа аепикатә жанр иазхьаԥшра иазкны иазгәеиҭеит: «Аԥхьаӡа иргыланы сара сышәҟәыҩҩхап ҳәа сашьҭамызт… Аԥхьа изҩыз сышәҟәқәа аҭоурых иазкын. Урҭ рҟны сҽазысшәон ҳкультура ахҭысқәеи афакҭқәеи рышьақәыргылара, ҳкультура аԥшӡареи абеиареи аарԥшра. Аха аҭоурыхтә усумҭақәа инарҭбааны изрылаҵәом. Убри аҟнытә, сышнеи-шнеиуаз аҭоурыхтә роман ажанр сазкылсит. Ҩ-романк ҭсыжьхьеит, даҽа ҩба аҭыжьра иазсырхиоит. Тема хадас ирымоу – адыгааи аԥсуааи рхырҵәара ауп». (www.natpress.ru/idex.php?newsid=2653). Абраҟа ашәҟәыҩҩы игәаанагара иҳәеит Ҭырқәтәылан ижәлари ихатәы бызшәеи рлахьынҵа иазкны: «Уаҩык иаҳасабала сара сгәы иҵымхар ауамызт, Ҭырқәтәылан инхо сџьынџьуаа ассимилиациа иахьамҽханакуа, рхатәы бызшәеи ркультуреи ахьырцәыӡуа. Иубарҭан Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә идеологиа уи ишацхраауаз, иара убас аҭоурых еицазкуа, аиаша аҳәара аԥшьызго иаазмырбуа аполитикатә системагьы». Уи иажәақәа рыла, абызшәа ацәыӡра амилаҭ хдырра ацәыӡра ашҟа икылнагар ауеит.

Ҳ. Қәҭарба машәыршақә акәым аҭоурыхтә проза дзазхьаԥшыз, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны хх ашә. ҳажәлар рҭоурых аҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа рпроблемақәа рыла. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҟоу егьырҭ ашьхарыуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиԥш еиликаауан, атрагедиа ахыҵхырҭақәа хх ашә. ашҟа ушиарго, насгьы ашәҟәыҩҩы уаанӡа инапы злакыз аҭҵааратәи аиҭагаратәи усура акырӡа ицхрааит аҭоурыхтә ҩымҭақәа раԥҵараан. Араҟа иазгәаҭазар ауеит Б. Шьынқәба, иара убас адиаспора иаҵанакуа егьырҭ ачерқьес шәҟәыҩҩцәа Кавказтәи аибашьра иазкны иаԥырҵахьаз аҩымҭақәа.

2005 ш. рзы иҭыҵит раԥхьатәи ироман «Ахырҵәара», 2006 ш. – аҩбатәи ашәҟәы. Ароман аԥхьатәи ахәҭа аԥсшәахь еиҭеигеит Оқҭаи Ҷкотуа (зыԥсадгьыл аҟны инхо Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак), егькьыԥхьын 2009 ш. ажурнал «Алашара» аҟны, ҩ-хәҭак аманы хазы шәҟәны иҭыжьын 2011 ш. Аԥсныҳәыншәҟәҭыжьырҭа аҟны. Ароман аҟны автор иааирԥуеит XIX ашә. Кавказтәи аибашьра иахҟьаны Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуаа ртрагедиа, атәым жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаашьа, ианыԥшуеит аԥсуаа рыбзазара, рҵас-рқьабз, ртрагедиа. Аҩымҭаҿы раԥхьаӡа акәны ахҭысқәа аарԥшуп Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак иблала.